АЖӘАБЖЬ 23
Афараон иԥхыӡқәа
ИҴИТ ҩышықәса, Иосиф уажәыгь абахҭа дҭакыуп. Аҩынаҳаҩ уаҳа дагьигәаламшәеит уи. Уахык зны афараон ҩ-ԥхыӡ ҷыдак ибеит, урҭ реилкаарагьы иҽазишәоит. Иубома дшыцәоу? Адырҩаҽны ашьыжьымҭан, афараон идырҩцәа даарыԥхьаны аԥхыӡқәа рзеиҭеиҳәоит. Аха дара ирылшом урҭ реилыргара.
Абраҟа аҩынаҳаҩ аҵыхәтәан Иосиф дигәалашәоит. Уи афараон иеиҳәоит: ‘Абахҭа санҭакыз, аԥхыӡқәа еилзыргоз аӡәы дсыцҭакын’. Афараон ирыдиҵоит, Иосиф уажәыҵәҟьа абахҭа аҟнытә дааргаразы.
Уи ашьҭахь афараон Иосиф изеиҭеиҳәоит иԥхыӡқәа: ‘Сара избеит иԥсыланы иааӡоу ажә ԥшӡақәа бжьба. Нас зцәеи зыбаҩи еикәыршоу ажәқәа даҽа бжьба. Анаҩс зцәеи зыбаҩи еикәыршаз ажәқәа иԥсыланы иааӡақәаз рфеит.
Аҩынтә раан ԥхыӡла избеит иҟьаланы арыцқәа ҿаҳәҳәы изҿаз ачахқәа бжьба. Урҭ гәыцәк аҟны иҿан. Нас избеит сара иҩаз ачарыцқәа зҿаз ачахы пақәа даҽа бжьба. Ачахы пақәагьы ачахы бзиақәа бжьба рылбаадара иалагеит’.
Иосиф афараон иеиҳәоит: ‘Рыҩԥхыӡк акоуп иаанаго. Иԥсыланы иааӡоу ажәқәа бжьбеи ачахы бзиақәа бжьбеи иаанагоит бжьы шықәса. Зцәеи зыбаҩи еикәыршоу ажәқәа бжьбеи ачахы пақәа бжьбеи иаанагоит иашьҭанеиуа даҽа бжьышықәса. Иааиуеит афатә барақьаҭла Мсыр ианыҟало бжьышықәса. Урҭ рышьҭахь иааиуеит афатә даара имаҷны ианыҟало бжьышықәса’.
Убри азы афараон Иосиф иеиҳәоит: ‘Ауаҩ ҟәыш далх, дагьыҟаҵа хадас афатә еидкылараҿы абарақьаҭра ианаамҭоу бжьышықәса рыҩнуҵҟа. Усҟан бжьышықәса афатә даара имаҷӡаны ианыҟало, ауаа амла иакуам’.
Афараон игәаԥхоит ари аидеиа. Уи Иосиф далихуеит афатә еизгарази аҵәахрази. Иосиф дҟалоит афараон ишьҭахь Мсыр амчра знапаҿы иҟоу аӡәы иакәны.
Аашықәса рышьҭахь, амлакра аныҟала, Иосиф ибоит ԥыҭҩык ауаа иара иахь ишаауа. Иудыруама изусҭцәоу? Ииашоуп, арҭ 10-ҩык иашьа еиҳабацәа роуми! Иаков урҭ Мсырҟа ишьҭит, избанзар урҭ рыҩны, Ханаан, афатә нҵәеит. Иосиф иашьцәа идыруеит, дара дрыздыруам. Иудыруама, избан? Избанзар Иосиф хаҵа наӡааӡак иакәхахьеит, даҽакалагьы деилаҳәоуп.
Иосиф игәалашәоит, даныхәҷыз ԥхыӡ ишибаз иашьцәа ааны иеихырхәошәа. Иугәалашәома, уи атәы ҳаԥхьахьеит? Усҟан Иосиф еиликаауеит, уи Мсырҟа даазышьҭыз Анцәа шиакәу, игәҭакгьы шыбзиаз. Угәы ишԥаанагои, иҟаиҵари уажәшьҭа Иосиф? Уааи, еилаҳкаап.