Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 21
  • Аишьцәа Иосиф иахь ирымаз ацәымӷра

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аишьцәа Иосиф иахь ирымаз ацәымӷра
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Анцәа иҳәатәы назыгӡоз арԥыс тәыс дҟалоит
    Учимся на примерах из Библии
  • Иегова Иосиф дихамышҭӡеит
    Учимся на примерах из Библии
  • Иара иҿырԥшыгоу аб иакәын
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Аҭаацәара Мсырҟа ииасуеит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Шәахәаԥш еиҳаны
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 21

АЖӘАБЖЬ 21

Аишьцәа Иосиф иахь ирымаз ацәымӷра

УАХӘАԤШИ, шаҟа илахь еиқәны, игәгьы каҳаны дыҟоу ари арԥыс. Ари Иосиф иоуп. Иашьцәа уажәыҵәҟьа ауп уи Мсырҟа амҩа иқәыз ауаа данраадырхәа. Уаҟа Иосиф дытәхоит. Избан, анык илыхшаз иашьцәа, абас ицәгьаны изизныҟәаз? Избанзар урҭ Иосиф дшьыцыргоит.

Аб Иаков даара бзиа дибон Иосиф. Уи изиӡахыз иауу амаҭәа ԥшӡала дшигәаԥхоз ааирԥшит. Иаков ӷәӷәала Иосиф бзиа дшибоз анырба, Иосиф дшьыцырго иалагеит 10-ҩык аишьцәа, цәымӷысгьы дыркит.

Иосиф ҩ-ԥхыӡк ибеит. Урҭ аҩ-ԥхыӡк рҟны иашьцәа иеихырхәон. Иосиф иашьцәа арҭ аԥхыӡқәа анырзеиҭеиҳәа, урҭ еиҳагьы дырцәымӷхеит.

Ҽнак зны, Иосиф иашьцәа ауасақәа андырҳәуаз, Иаков Иосиф диҳәоит, иашьцәа рбара дцарц. Иосиф дара рахь днеиуашәа анырба аишьцәа рахьынтә џьоукы ирҳәоит: ‘Шәааи, даҳшьып!’ — ‘Мап, ус ҟашәымҵан!’ — дрыҳәоит зегь иреиҳабу Рувим. Усҟан Иосиф деилырхуеит, аӡы зҭамыз ажрагьы дҭарыжьуеит. Уи ашьҭахь урҭ еилатәоит, нас изыруша аӡбразы.

Уи аамҭазы уаҟа ииасны ицоит измаилаа. Иуда анык ицылхылҵыз иашьцәа ирыдигалоит: ‘Шәааи, измаилаа драаҳархәап’. Убас егьыҟарҵоит дара. Урҭ Иосиф 20 раӡны ҳәа дырҭиуеит. Закәытә хәымгароузеи, насгьы закәытә гәымбылџьбароузеи ари!

Аха аишьцәа раб иарҳәои? Урҭ аалаган аџьма ршьуеит, Иосиф имаҭәа ԥшӡақәагьы уи ашьа акырынтә иӡааршьоит. Уи ашьҭахь амаҭәа раб Иаков изааргоит, иагьиарҳәоит: ‘Абар иаҳбаз. Уахәаԥши, ари Иосиф имаҭәа акәӡами?’

Иаков ибоит — ари иара имаҭәа ауп. ‘Гыгшәыгк дафазар акәхап Иосиф’,— дҵәыуоит иара. Абасала, аишьцәа ирхәыцыз рықәҿиеит. Иаков даараӡа дгәырҩоит. Акырымшгьы дҵәыуоит. Аха Иосиф дымԥсӡеит. Уааи, еилаҳкаап, уи дыҭҟәаны дахьнаргаз дзықәшәаз.

Аҟазаара 37:1—35.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра