Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 25
  • Аҭаацәара Мсырҟа ииасуеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҭаацәара Мсырҟа ииасуеит
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иегова Иосиф дихамышҭӡеит
    Учимся на примерах из Библии
  • Аишьцәа Иосиф иахь ирымаз ацәымӷра
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иара иҿырԥшыгоу аб иакәын
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Анцәа иҳәатәы назыгӡоз арԥыс тәыс дҟалоит
    Учимся на примерах из Библии
Шәахәаԥш еиҳаны
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 25

АЖӘАБЖЬ 25

Аҭаацәара Мсырҟа ииасуеит

ИОСИФ уаҳа илшом ицәаныррақәа рыҵәахра. Имаҵуцәа зегьы ирыдиҵоит, ауаҭах идәылҵырц. Иашьцәеи иареи анеизаанха, аҵәыуара далагоит. Уазхәыцыр улшоит, аишьцәа шаҟа уамашәа ирбаз, избанзар ирзеилкаауам уи дзырҵәыуа. Аҵыхәтәан уи иҳәоит: ‘Сара Иосиф соуп. Саб иԥсы ҭоума?’

Иашьцәа ирҳәо рзымдыруа аҟынӡа ишанхеит. Урҭ гачамкит ашәара иахҟьаны. Аха Иосиф иҳәоит: ‘Иҟалозар, шәааскьа иҵегь’. Урҭ анааигәаха, иара иҳәоит: ‘Сара Мсырҟа ишәҭииз, шәашьа Иосиф соуп’.

Нас уи гәыкала ихы нарзынаирхеит: ‘Шәхы гәыбӷан ашәымҭан, сара арахь сахьышәҭииз. Анцәа иоуп Мсырҟа саазышьҭыз, ауаа еиқәсырхарц азы. Афараон атәыла зегьы сахаиргылеит. Шәца ирласны саб иахь, изеиҭашәҳәа абри зегьы. Арахьгьы дааиааит, дагьынхалааит абра’.

Уи ашьҭахь Иосиф иҽынрыдыжьланы игәыдикылоит, зегьы гәыдиҳәҳәалоит, иагьигәӡуеит. Афараон Иосиф иашьцәа шиҭааз аниарҳәа, уи иеиҳәеит: ‘Аҽыуардынқәа рыманы рабгьы рҭаацәарақәагьы арахь иааргаразы ицааит. Мсыр адгьылқәа иреиӷьӡоу рысҭоит!’

Дара убас егьыҟарҵоит. Араҟа иаарԥшуп, Иосиф иаб дшиԥыло, уи иҭаацәа зегь иманы данаа.

Ари аамҭазы Иаков иҭаацәара даара иазҳахьан. Иаков ихәыҷқәеи, имоҭацәеи иареи зегь неилаҵаны, Мсырҟа ииасыз ауаа 70-ҩык ыҟан. Иҭаацәараҿы иҟан, иара убас, ирацәаны аҳәсақәа, амаҵуҩцәагьы рацәаны иҟаларын. Урҭ зегь Мсырҟа нхара ииасит. Урҭ Израилаа ҳәа ирышьҭан, избанзар Анцәа Иаков ихьӡ Израил ала иԥсахит. Наҟ-наҟ ишаабо еиԥш, израилтәи ажәлар Анцәа ҷыдала кыр изаԥсахеит.

Аҟазаара 45:1—28; 46:1—27.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра