АҴАРАЗЫ АСТАТИА 2
«Шәыхшыҩ рҿыцуа шәҽышәыԥсахла»
«Шәыхшыҩ рҿыцуа шәҽышәыԥсахла, Анцәа ииҭаху, игәы иақәшәо, ибзиоуп, ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо еилышәкааларц азы» (РИМ. 12:2).
АШӘА 88 Умҩақәа сзаарт
АХҲӘААa
1, 2. Иҟаҳҵалар акәзеи аӡы ҳҽанӡааҳхлак ашьҭахьгьы? Иҳаилшәыркаа.
ШАҞА лассы-лассы шәыҩны еилшәыргозеи? Аҩн ҿыц шәыҩналараны шәыҟазҭгьы, уа зегь цырцыруа еилшәыргозҭгьы акәхарын. Аха иҟалози шәаныҩналалак ашьҭахь ацқьара ацклаԥшра шәаҟәыҵызҭгьы? Ишаҳдыруа еиԥш, асабеи агәами ахьынтәаауа уздырӡом. Ҳаҩны цқьаны иаанхаларц азы уи есымша еилҳаргалароуп.
2 Убас еиԥшҵәҟьа ҳара ҳхәыцшьеи ҳҟазшьақәеи есымша аус рыдаҳулалароуп. Ҳәарада, аӡы ҳаҽӡааҳхаанӡа ҳара «ҳцәеижьи ҳхәыцшьеи зҟьашьуа зегь аҟынтә [ҳҽаҳрыцқьарц]» азы аԥсахрақәа ҟаҳҵеит (2 Кор. 7:1). Аха уи аҿы ҳаангылар ҟалаӡом. Апостол Павел ишиҳәаз еиԥш, ҳара ҳааҟәымҵӡакәа ҳҽеиӷьаҳтәлароуп (Еф. 4:23). Избан? Избанзар ари адунеи ирласны ҳабжьнахыр алшоит. Уи аҩыза ҳмыхьырц азы, насгьы Иегова игәы ҳақәшәаларц азы ҳхәыцшьеи, ҳгәазыҳәарақәеи, ҳҟазшьақәеи есымша игәаҳҭалароуп.
ШӘЫХШЫҨ ШӘЫРҾЫЦЛА
3. Иаанагозеи ҳахшыҩ арҿыцра? (Римаа рахь 12:2).
3 Иҟаҵалатәузеи ҳахшыҩ ҳарҿыцларц, даҽакала иуҳәозар ҳхәыцшьа ҳаԥсахларц азы? (Шәаԥхьа Римаа рахь 12:2.) Уи азы ҳаԥсҭазаара ус бзиақәак рыла арԥшӡара мацара азхаӡом. Ҳара есымша игәаҳҭалароуп ҳгәаҭа зеиԥшроу, насгьы Иегова инормақәа иахьынӡалшо еиӷьны ҳрықәшәаларц азы ҳаҽҳариашалароуп.
Иаадырԥшуама аҵареи аусуреи рганахь ала ишәыдышәкыло аӡбарақәа Анцәа Иаҳра шәыԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ишхадоу? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 4, 5.)c
4. Иҟаҵалатәузеи ари адунеи анырра ҳнамҭаларц азы?
4 Ҳара ҳанынаӡахалак есымша Иегова дҳаргәырӷьалоит. Аха уажәы игәы ҳақәшәаларц азы ирацәаны аџьабаа ҳбалароуп. Иазгәашәҭ Римаа рахь 12:2 аҿы Павел ҳахшыҩ арҿыцра Анцәа ииҭаху аилкаара ишадиҳәалаз. Убри аҟынтә ари адунеи ҳнырлартә алҳмыршалароуп. Уи аҭыԥан ҳхықәкқәеи иҳадаҳкыло аӡбарақәеи Анцәа ихәыцшьа шырныԥшуа ҳазхәыцроуп.
5. Ишԥаҳалшо ҳхәыцшьа зеиԥшроу гәаҳҭалар? (Шәахәаԥш асахьа.)
5 Иаҳҳәап, Иегова иҭахуп имш шааигәоу ҳхаҳмыршҭларц, насгьы уи ҳазыԥшызарц (2 Пиотр 3:12). Шәхы шәазҵаа: «Иаанарԥшуама сыԥсҭазаара ари адунеи аҵыхәтәа шаҟа иааигәоу шеилыскаауа? Иаадырԥшуама аҵареи аусуреи рганахь ала исыдыскыло аӡбарақәа Иегова имаҵ аура сара сзы зегь раасҭа ишхадоу? Агәра згома Иегова сҭаацәеи сареи ҳшаанимыжьуа? Мамзаргьы ҳхы зланыҟәаҳгарызеи ҳәа есымша сгәаҭеиуоу?» Шәхаҿы иаажәг Иегова шаҟа дгәырӷьо, игәы ҳақәшәаларц азы иҳалшо зегь шыҟаҳҵо анибо (Матф. 6:25—27, 33; Флп. 4:12, 13).
6. Иҟаҳҵалар акәзеи ҳара есымша?
6 Ҳара есымша ҳхәыцшьа зеиԥшроу гәаҳҭалароуп, насгьы иаҭаху аԥсахрақәа ҟаҳҵалароуп. Павел коринфаа ирзиҩит: «Гәрахаҵарала шәынхоу-шәнымхоу гәашәҭала. Шәзеиԥшроу еилышәкаала» (2 Кор. 13:5). Хаҵарала анхара иаанаго ақьырсиантә еизарақәа рҭаареи аамҭа-аамҭала ажәабжь аҳәареи мацара акәӡам. Уи иара убас иаанагоит ҳхәыцшьеи, ҳгәазыҳәарақәеи, ҳмотивқәеи аус рыдулара. Убри аҟынтә ҳара есымша ҳахшыҩ ҳарҿыцлароуп. Ишԥа? Ҳара Иегова Иажәа ҳаԥхьалароуп, дышхәыцуа ахәыцшьа ҳҵалароуп, насгьы дҳаргәырӷьаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп (1 Кор. 2:14—16).
ИҾЫЦУ ХАҬАРАЛА ШӘҼЕИЛАШӘҲӘА
7. Иҟаҳҵалар акәзеи иҵегьы, Ефесаа рахь 4:31, 32 иану инақәыршәаны, насгьы избан уи мариамзар залшо?
7 Шәаԥхьа Ефесаа рахь 4:31, 32. Ҳахшыҩ арҿыцра адагьы, ҳара уаҩ ҿыцны ҳҟалароуп (Еф. 4:24). Уи азы аџьабаа батәуп. Агәыԥжәареи аԥсахеибакреи реиԥш иҟоу аҟазшьақәа аанҳажьырц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп. Избан уи зымариам? Избанзар ҟазшьа цәгьақәак ҳалаҽны иҟоуп. Иаҳҳәап, Абиблиаҿы иануп шьоукы агәыԥжәара рыҽшарҭо, насгьы аԥсахеибакра шрылоу (Ажәам. 29:22). Иҳалаҽны иҟоу аҟазшьа цәгьақәа ҳамиааиларц азы аӡы ҳҽанӡааҳхлак ашьҭахьгьы ҳааҟәымҵӡакәа ҳхы аус адаҳулалароуп. Уи ус шакәу анаҩстәи ахҭыс ишьақәнарӷәӷәоит.
8, 9. Ишԥаанарԥшуеи Стивен иҿырԥшы ажәытәтәи ҳцәаҩа аанҳажьырц азы ҳааҟәымҵӡакәа аџьабаа ҳбалар шакәу?
8 Стивен зыхьӡу аиашьа аԥырқьҳәа дыҵҟьон. Иара иҳәоит: «Аӡы сҽанӡаасх ашьҭахьгьы схы аус адызулалар сыхәҭан. Иаҳҳәап, зны ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь анаҳҳәоз, ӷьычк смашьына дҭалан, арадио иманы дыҩит. Сара уи сишьҭалеит. Сихьӡарц маҷк шсыгыз, арадио каижьын, дыбналеит. Иҟалаз егьырҭ ианырзеиҭасҳәа, аизара аиҳабы ус дсазҵааит: „Стивен, уихьӡазҭгьы изууааз?“ Уи азҵаара сархәыцит, насгьы еиҳагьы схы аус адызуларц сгәазҭанаҵеит»b.
9 Стивен иҿырԥшы ишаҳнарбо еиԥш, иҽеим аҟазшьақәа ҳариааит ҳәа ҳаҟазаргьы, урҭ иаалырҟьаны дырҩегь иҳазцәырҵыр ауеит. Шәаргьы ус шәыхьхьазар, шәгәы кашәмыжьын, насгьы акгьы шәылымҵит ҳәа шәымхәыцлан. Апостол Павелгьы иҳәахьан: «Абзиара аҟаҵара анысҭаху, ацәгьарахь схы хоит» (Рим. 7:21—23). Иахьа ақьырсианцәа зегьы иҽеим аҟазшьақәа ирҿагылоит. Избанзар урҭ аамҭа-аамҭала иҳазцәырҵуеит, ҳаҩны агәами асабеи шеизо еиԥш. Ҳара Анцәа иҿаԥхьа ҳацқьазарц азы еснагь ҳхы ҳацклаԥшлароуп. Ишԥаҟаҵалатәу уи?
10. Иҟаҵалатәузеи иҽеим аҟазшьақәа аанҳажьырц азы? (1 Иоанн 5:14, 15).
10 Иегова шәиҳәала иҽеим аҟазшьа ааныжьра дшәыцхраарц. Агәра ганы шәыҟаз шәыҳәарақәа шиаҳауа. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 5:14, 15.) Иегова џьашьахәыла шәҟазшьа иԥсахӡом, аха иҽеим аҟазшьа ааншәыжьырц азы амч шәиҭар илшоит (1 Пиотр 5:10). Уи азы шәыҳәарақәа инарықәыршәаны шәхы мҩаԥыжәгала, насгьы ажәытәтәи шәцәаҩа ааныжьра ишәԥырхагахар алшо зегьы шәҽацәышәыхьчала. Иаҳҳәап, шәара иҽеим ҟазшьақәак ааншәыжьыр шәҭахуп. Урҭ бзиоушәа иаазырԥшуа акы шәаԥхьаанӡа ма шәахәаԥшаанӡа ибзианы шәхәыц. Иара убас иҽеим агәаҳәарақәа аншәызцәырҵуа, урҭ шәырҿагылала (Флп. 4:8; Кол. 3:2).
11. Иҟаҵалатәузеи уаҩ ҿыцны ҳҟаларц азы?
11 Ажәытәтәи ҳцәаҩа ааныжьра мацара азхаӡом. Уаҩ ҿыцныгьы ҳҟалароуп. Ишԥаҟаҵалатәу уи? Анцәа иҟазшьақәа еилкааны шәиҿыԥшла (Еф. 5:1, 2). Иаҳҳәап, Иегова шаҟа игәы ҭбаау узырбо абиблиатә цыԥҵәахак шәанаԥхьо, шәхы шәазҵаала: «Сара егьырҭ иранасыжьуама?» Иегова арыцҳара иақәшәо шрыцҳаишьо атәы Абиблиаҿы шәанаԥхьо шәхы шәазҵаала: «Сгәы иҵхома акы иаргәаҟуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи, насгьы уи сусқәа ирныԥшуама?» Уаҩ ҿыцны шәҟаларц азы шәыхшыҩ арҿыцра шәаҟәымҵлан, насгьы шәхы аус адыжәулонаҵы ачҳара аашәырԥшла.
12. Ишԥаицхрааи Стивен Абиблиа?
12 Хыхь зыӡбахә ҳәаз Стивен хәыҷы-хәыҷла уаҩ ҿыцны дҟалеит. Иара иҳәоит: «Аӡы сҽанӡаасх ашьҭахьгьы сыԥсахы еибазыркыр алшоз аҭагылазаашьақәа изныкымкәа срықәшәон. Аха сара ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы аҽынкылашьеи ииашаны ахымҩаԥгашьеи сҵеит. Аӡәырҩы ауаа, сыԥшәмагьы урҭ днарылаҵаны, уи азы сдырҽхәоит. Схаҭагьы уи уамашәа избоит! Аха сара агәра ганы сыҟоуп уи зыбзоуроу сара шсакәым, аха Абиблиа ауаа рыԥсахразы иамоу амч шакәу».
ЕСНАГЬ ИҼЕИМ АГӘАҲӘАРАҚӘА ШӘЫРҾАГЫЛАЛА
13. Иҳацхраауазеи ииашоу агәаҳәарақәа реизырҳара? (Галатаа рахь 5:16).
13 Шәаԥхьа Галатаа рахь 5:16. Иегова иҽеим агәаҳәарақәа рҿагылара дҳацхраарц азы меигӡарахда иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭоит. Ҳара иԥшьоу адоуҳа ҳауеит Абиблиа анҭаҳҵаауа, насгьы аизарақәа рахь ҳанныҟәо. Уа ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи аамҭа рыцаҳхаҳгоит. Даргьы ҳара ҳаиԥш ииашаны ахымҩаԥгара рҽазыршәоит. Уи ҳара ҳгәы шьҭнахуеит (Аур. 10:24, 25; 13:7). Уи адагьы, ҳара иԥшьоу адоуҳа ҳауеит, ԥсыҽрак аиааира дҳацхраарц азы, гәык-ԥсык ала Анцәа ҳаниҳәо. Иҽеим агәаҳәарақәа уеизгьы иҳазцәырҵлар шалшогьы, урҭ ҳаҽраҳҭалаӡом. Избанзар Галатаа рахь 5:16 ишану еиԥш, адоуҳа ишрыҵанаҳәо еиԥш зхы мҩаԥызго ргәаҳәара ҟьашьқәа рыҽрырҭалаӡом.
14. Избан ҳааҟәымҵӡакәа ииашоу агәаҳәарақәа еизҳарҳалар зҳахәҭоу?
14 Абиблиа аҭҵаара, аизарақәа рахь аныҟәара, насгьы Анцәа иҳәара шәаҟәымҵын. Иара убас шәааҟәымҵӡакәа ииашоу агәаҳәарақәа еизшәырҳала. Избан уи зхадоу? Избанзар ахаан згәы казмыжьуа аӷа ҳамоуп — уи иҽеим ҳгәаҳәарақәа роуп. Аӡы ҳҽанӡааҳх ашьҭахьгьы ҳҽызцәыҳахьчалар ҳахәҭоу акы ҳгәы азыҳәалар алшоит. Иаҳҳәап, аԥара ықәҵаны ахәмарра, арыжәтә, ма апорнографиа (Еф. 5:3, 4). Иқәыԥшу иашьак иҳәоит: «Иҽеим агәаҳәарақәа рҟынтә зегь раасҭа зҿагылара сцәыцәгьоу — уи ахацәа ахьысгәаԥхо ауп. Сгәы иаанагон уи агәаҳәара уаҳа ахаан исызцәырҵӡом ҳәа. Аха уи уажәгьы ҭаха снаҭом». Ишәыцхраауазеи иҽеим шәгәаҳәара даара иӷәӷәазар?
Иҽеим агәаҳәара шәызцәырҵуазар, уи шәаҿагылар шәылшоит; егьырҭ ақьырсианцәагьы ус еиԥш иҟоу ауадаҩра рыман, аха уи иаиааит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)
15. Ҳгәы шьҭнахыр шԥалшо иҽеим агәаҳәарақәа ауаа зегь ишрызцәырҵуа ахьаҳдыруа? (Шәахәаԥш асахьа.)
15 Шәызҿагыло иҽеим агәаҳәара даара иӷәӷәазаргьы, ишәхашәмыршҭлан, ус еиԥш иҟоу ауадаҩра змоу шәымацара шшәакәым. Абиблиаҿы иануп: «Шәзықәшәо аԥышәарақәа ауаа зегь зықәшәо аԥышәарақәа роуп» (1 Кор. 10:13а). Арҭ ажәақәа Павел Коринф инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи иреиҳәеит. Урҭ рҟынтә шьоукы аҵабырг еилыркаанӡа рхатә ҩыза дрыԥсахуан, игомосексуалистцәан, насгьы арыжәтә рҽадыршьуан (1 Кор. 6:9—11). Шәгәы иаанагома урҭ аӡы рҽанӡаарх ашьҭахь уаҳа ахаан иҽеим агәаҳәарақәа рызцәырҵӡомызт ҳәа? Ирызцәырҵуазҭгьы ҟаларын. Урҭ Анцәа идоуҳала ишалхызгьы инаӡамыз уаан. Ҳәара аҭахума, дара аамҭа-аамҭала ирызцәырҵуаз иҽеим агәаҳәарақәа ирҿагылалар акәын. Ари азхәыцра ҳгәы шьҭнахыр алшоит. Ишԥа? Уи иаҳнарбоит ҳазҿагыло иҽеим агәаҳәара зеиԥшразаалакгьы, уи иаиааихьоу шыҟоу. Шәаргьы «ахаҵара́ ӷәӷәа аарԥшны» уи шәиҿагылар шәылшоит, «избанзар шәара ижәдыруеит адунеи зегь аҿы шәашьцәагьы шәара шәзықәшәо агәаҟрақәа рҩызцәа ишрықәшәо» (1 Пиотр 5:9).
16. Иарбан хәыцшьоу ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоу, насгьы избан?
16 Ҳзықәшәо ауадаҩра аӡәгьы изеилкааӡом ҳәа ахәыцра шәарҭоуп. Избанзар ус шәхәыцлар, акгьы шәзыԥсахӡом ҳәа, насгьы иҽеим шәгәаҳәара шәзаиааиӡом ҳәа шәгәы иаанагар ауеит. Аха Абиблиа иҳанаҳәо даҽакуп: «Анцәа еснагь иажәа наигӡоит азы, ишәызхымго аԥышәара шәақәшәартә алиршаӡом. Аԥышәара шәақәшәаргьы, уи ахгара дшәыцхраауеит» (1 Кор. 10:13б). Ус анакәха, иҽеим ҳгәаҳәара ӷәӷәазаргьы, уи ҳаҿагылар ҳалшоит. Иегова ицхыраарала уи ҳиааиртә алҳаршаӡом.
17. Иҳалшозеи ҳара, иҽеим агәаҳәарақәа зны-зынла ишҳазцәырҵлогьы?
17 Ҳшәыҳәоит, ахаан ишәхашәмыршҭлан: ҳара ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә иҽеим агәаҳәарақәа ҳазцәырҵлоит. Иосиф Потифар иԥҳәыс данылцәыбнала ишыҟаиҵаз еиԥш, иҽеим агәаҳәарақәа шәырҿагылала (Аҟаз. 39:12). Урҭ рынагӡара уалс ишәыдӡам!
АНАҨСГЬЫ ШӘХЫ АУС АДЫЖӘУЛАЛА!
18, 19. Иарбан зҵаарақәоу зҭак ҟашәҵар шәыхәҭоу, анаҩсгьы шәыхшыҩ шәырҿыцларц азы?
18 Ҳахшыҩ ҳарҿыцларц азы есымша ҳхы аус адаҳулалароуп. Ҳхәыцшьеи ҳхымҩаԥгашьеи Иегова игәы иақәшәаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп. Уи азы есымша ҳхы гәаҳҭалароуп. Ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Иаадырԥшуама сусқәа аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳшынхо шеилыскаауа? Уаҩ ҿыцны аҟалара сшаҿу убарҭоума? Иҽеим сгәаҳәарақәа рҿагылара сылшарц азы, Иегова иԥшьоу идоуҳа соулартә еиԥш схы мҩаԥызгома?»
19 Арҭ азҵаарақәа рҭак аныҟашәҵало, шәхы аҟынтә амцхә шәазымԥшлан. Шәшынаӡам шәхашәмыршҭлан, насгьы еихьӡарас иҟашәҵахьоу шәазхәыцла. Акы еиҳа еиӷьны иҟашәҵар шалшоз гәашәҭазар, шәгәы кашәмыжьлан. Филиппаа рахь 3:16 иану шәықәныҟәала: «Ҳхаҵара́ ҳарӷәӷәахьазаргьы, шәааи, ишыҟаҳҵац еиԥш анаҩсгьы иҳарӷәӷәалап». Агәра ганы шәыҟаз: шәыхшыҩ арҿыцра шәҽахьазышәшәо азы Иегова дышәзылԥхоит.
АШӘА 36 «Ихьчала угәы»
a Апостол Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи иреиҳәон рхәыцшьеи рхымҩаԥгашьеи ари адунеи анырра анамҭалартә иацклаԥшларц. Уи ҳара ҳзгьы лабжьара бзиоуп. Избанзар ҳара иаҳҭахӡам ибжьысыз ари адунеи маҷк иадамзаргьы иаҳнырырц. Убри аҟынтә ҳхәыцшьа Анцәа ишигәамԥхо шаагәаҳҭалак еиԥш, иаразнак иҳариашалароуп. Шәааи ҳалацәажәап уи ҟаҳҵалар шҳалшо.
b Шәахәаԥш 2015 шықәса, ииуль 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Я катился по наклонной».
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иқәыԥшу аиашьа иҟаиҵара дазхәыцуеит: ауниверситет дҭалару, иаамҭа зегь Анцәа имаҵ аура иазикру.