Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 маи ад. 18—22
  • Иаԥсахуама анаҩсгьы Абиблиа шәыԥсҭазаара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иаԥсахуама анаҩсгьы Абиблиа шәыԥсҭазаара?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ШӘАРА ИЕГОВА ИРГӘЫРӶЬАРА ШӘЫЛШОИТ
  • ИЗБАН УИ УБАС ИЗЫМАРИАМ?
  • АНЦӘА ИАЖӘА ШӘХАҬАРА АԤСАХЫРТӘ АЛШӘЫРША
  • ԤХЬАҞАТӘИ АԤЕИԤШ ШӘАЗХӘЫЦЛА
  • «Шәыхшыҩ рҿыцуа шәҽышәыԥсахла»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Аҩсҭаа идунеи ахәыцшьа шәаҿагыл!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • «Ажәытәтәи шәхаҭара» ааныжьра шәылшоит!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Иегова шәыхә ҳаракны ишьоит!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 маи ад. 18—22

Иаԥсахуама анаҩсгьы Абиблиа шәыԥсҭазаара?

«Еснагь шәҽышәыԥсахла, шәыхшыҩи шәдырреи рҿыцуа» (РИМ. 12:2).

АШӘАҚӘА: 61, 52

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан аӡы ҳҽанӡааҳхлак ашьҭахьгьы аҽыԥсахра зҳахәҭоу?

  • Избан Анцәа ҳаԥсыҽрақәа рҿагыларазы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ҳәа дзазыԥшу?

  • Ишԥаҳалшо Анцәа Иажәа анаҩсгьы ҳаԥсахлартә алшара аҳҭар?

1—3. а) Иарбан ԥсыҽрақәоу ҳазҿагылоу аҽӡаахра ашьҭахьгьы? б) Иарбан зҵаароу иҳазцәырҵыр алшо, ҳаԥсыҽрак аиааира ҳгәы ишаанагоз еиԥш акәымкәа еиҳа ицәгьахазар? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

КЕВИН1 раԥхьаӡа акәны аҵабырг анеиликаа, зегь раасҭа ииҭаххаз Иегова изааигәахара ауп. Аха уи аамҭазы иара акыр шықәса алашыҩкратә хәмаррақәа дрылахәын, аҭаҭын дахон, лассы-лассы арыжәтә иҽаиршьуан, анаркотикқәа идикылон. Анцәа дизыразхарц азы, Кевин дызҿыз аусқәа аанижьыр акәын, избанзар Абиблиа ишаҳәо ала, урҭ Анцәа дрықәыӡбоит. Иара Иегова диқәгәыӷуан аҟынтә уи илшеит, насгьы Анцәа Иажәа иамоу амч ицхрааит (Аур. 4:12).

2 Даҟәыҵма Кевин аӡы иҽанӡааих ашьҭахь аҽыԥсахра? Мап. Иара ақьырсиан имазар акәу аҟазшьақәа анаҩсгьы еизирҳалар, насгьы еиӷьитәлар акәын (Еф. 4:31, 32). Иаҳҳәап, иара игәеиҭеит зны-зынла игәыԥжәара аанкылара шицәыцәгьоу. Кевин иҳәоит: «Сгәыԥжәара аанкылара еиҳа исцәыцәгьан, иҽеим ашьцыларақәа рааныжьра аасҭа!» Кевин гәык-ԥсык ала Анцәа диҳәон, Абиблиа инарҵауланы иҭиҵаауан. Уи абзоурала аҽыԥсахра илшеит.

3 Кевин иеиԥш, ҳара ҳҟынтәи аӡәырҩы аӡы рыҽӡаархаанӡа имаҷымкәа аҽыԥсахрақәа ҟарҵеит, абиблиатә нормақәа инарықәыршәаны анхаразы. Аха аӡы ҳҽанӡааҳх ашьҭахьгьы, ҳара еилаҳкаауан Иеговеи Иисус Христоси еиҳа еиӷьны рҿыԥшразы анаҩсангьы аҽыԥсахрақәа шыҟаҵалатәу, урҭ уиаҟара улаԥш иҵамшәозаргьы (Еф. 5:1, 2; 1 Пиотр 2:21). Иҟалап шәара игәашәҭазар зегь акритика рзура шшәылоу, ауаа шәышрыцәшәо, уҳәан-сҳәан аҳәара цәгьа ишыжәымбо, ма иҽеим даҽа ҟазшьак шаашәырԥшуа. Иҟалап иҽеим ҟазшьак аиааира шәгәы ишаанагоз еиԥш акәымкәа еиҳа ицәгьахазар. Ус акәызҭгьы, шәхы шәазҵаауазар ауан: «Сара аҽыԥсахра дуқәа рыҟаҵара сылшеит, нас избан егьырҭ аԥсыҽрақәа риааира абас изысцәыцәгьоу? Иҟасҵар сылшозеи Абиблиа уаанӡа еиԥш сыԥсҭазаара ианырларц азы?»

ШӘАРА ИЕГОВА ИРГӘЫРӶЬАРА ШӘЫЛШОИТ

4. Избан ҳусқәа зегь рыла Иегова иргәырӷьара зҳалымшо?

4 Ҳара Иегова деилаҳкааит, насгьы бзиа даҳбоит аҟынтә, гәык-ԥсык ала иргәырӷьара ҳҭахуп. Аха уи егьа иаҳҭахызаргьы, ҳанамӡара иахҟьаны зны-зынла Анцәа игәамԥхо ҟаҳҵоит. Ҳара апостол Павел ицәаныррақәа ицеиҩаҳшоит: «Сара абзиа аура-анагӡара сҭахуп, аха аҟаҵара сылшом» (Рим. 7:18; Иак. 3:2).

5. Иарбан усқәоу аӡы ҳаҽӡааҳхаанӡа иаанҳажьыз, аха иарбан ԥсыҽрақәоу анаҩсгьы ҳазҿагылоу?

5 Ҳара агәнаҳа мҩа аанҳажьит. Ус ҟаҳамҵазҭгьы, ақьырсиантә еизара ҳахәҭакны ҳзыҟаломызт (1 Кор. 6:9, 10). Аха уеизгьы ҳара ҳнаӡам (Кәал. 3:9, 10). Убри аҟынтә иҟәыӷарахомызт аӡы ҳҽанӡааҳхлак ашьҭахьҵәҟьа, мамзаргьы акыр шықәса анцалак уаҳа агхақәа ҟаҳҵалаӡом, насгьы еснагь ииашоу агәазыҟашьа ҳамазаалоит ҳәа ахәыцра. Ԥсыҽрақәак риааиразы ашықәсқәа аҭаххар ауеит.

6, 7. а) Излаҳалшозеи, ҳара ҳшынаӡамгьы, Иегова иҩызахара? б) Избан Иегова иҳанаижьларц иҳәара еснагь изҳалшо?

6 Иаҳҭынхаз анамӡара Иегова иҩызахареи имаҵ ауреи иаҳԥырхагамхар ауп. Шәазхәыц: Иегова ааԥхьара анҳаиҭаз, идыруан зны-зынла агхақәа шыҟаҳҵало (Иоанн 6:44). Анцәа ибзианы ҳаидыруеит, насгьы ҳгәы иҭоу ибоит аҟынтә, иарбан ԥсыҽрақәоу еиҳа зҿагылара ҳцәыцәгьахо идыруан. Иара еиликаауан зны-зынла агхақәа шыҟаҳҵало. Аха уеизгьы ҳаиҩызцәахар иҭахын.

7 Абзиабара Анцәа игәазҭанаҵеит ҳҿихырц азы Иԥа иаашьҭра. Ари ауаа рзы Анцәа иҟынтә хәы змам ҳамҭоуп (Иоанн 3:16). Агха анҳахьуа, Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны Анцәа иҳанаижьырц ҳиҳәозар, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит анаҩсгьы иареи ҳареи ҳаиҩызцәаны ҳшаанхо (Рим. 7:24, 25; 1 Иоанн 2:1, 2). Ҳгәы иаанагома ҳара ҳацқьам, насгьы ҳагәнаҳақәоуп аҟынтә, аҿыхра ахәарҭа ҳзаанагар алшом ҳәа? Ҳәарада, мап! Уи иаҿҳарԥшыр ҳалшоит ҳнапқәа аныҟьашьу ӡыла рыӡәӡәара мап шацәаҳамкуа. Аҿыхра зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа рзы иҟаҵоуп. Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара абзоурала, ҳшынаӡамгьы Иегова ҳаиҩызахар ҳалшоит. (Уаԥхьа 1 Тимофеи иахь 1:15.)

8. Избан ҳаԥсыҽрақәа ҳамбошәа зыҟаҳамҵар акәу?

8 Ҳәарада, ҳаԥсыҽрақәа ҳамбошәа ҟаҳҵом. Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара арӷәӷәаразы, Иԥеи иареи еиҳа еиӷьны ҳарҿыԥшлароуп, насгьы дара ишырҭаху ҳҟаларц ҳҽазаҳшәалар ауп (Аԥсал. 15:1—5, АдҾ). Иара убас ҳара ҳаԥсыҽрақәа ҳарҿагылоит, иахьынӡалшо ала урҭ рааныжьра ҳҽазаҳшәоит. Убри аҟынтә ааигәа аӡы ҳаҽӡааҳхызаргьы, акыр шықәса Анцәа имаҵ ҳуазаргьы, ҳара зегьы ҳааҟәымҵӡакәа ҳҽаҳаԥсахлароуп (2 Кор. 13:11, АдҾ).

9. Иабантәиаадыруеи ҳааҟәымҵӡакәа уаҩ ҿыцны аҟалара шҳахәҭоу?

9 Ҳҽаҳаԥсахларц, насгьы уаҩ ҿыцны ҳҟаларц азы, иахәҭоуп иааиԥмырҟьаӡакәа аџьабаа абара. Павел ақьырсианцәа ирзиҩуан: «Шәхы-шәгәы иҭаргалахьан ԥасатәи, ажәытә уаҩ иԥсҭазаара-еилабаа ишаԥырҵтәыз, ацәеижь иарҵысуа агәнаҳарақәа шәышхырымхышаз, шәхәыцшьа, шәдунеидкылашьа рҿыцуа, гәрахаҵаралеи цқьаралеи Анцәа иеиԥшу ауаҩ ҿыц ицәеижь шәцәеижьха, уи иеилаҳәашьала шәҽеилашәҳәа» (Еф. 4:22—24). Абырзен текст аҿы ажәа «аҿыцхара» инымҵәаӡо апроцесс аанарԥшуеит. Ус анакәха, ҳааҟәымҵӡакәа уаҩ ҿыцны ҳҟалалароуп. Уи ҳгәы шьҭнахуеит, избанзар Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи шаҟа шықәса ҵуазаалакгьы, ҳара ауаҩ ҿыц иаҳасабала ҳқьырсиантә ҟазшьақәа анаҩсгьы реизырҳареи реиӷьтәреи ҳалшоит. Ааи, Абиблиа еснагь ҳаԥсҭазаара аԥсахлар ауп.

ИЗБАН УИ УБАС ИЗЫМАРИАМ?

10. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи Анцәа Иажәа анаҩсгьы иаҳнырларц азы, насгьы иарбан зҵаарақәоу уи инадҳәаланы ицәырҵыр алшо?

10 Анцәа Иажәа анаҩсгьы иаҳнырларц азы, аџьабаа рацәаны ибалатәуп. Аха азҵаарақәа ҳазцәырҵыр ауеит: «Избан абас изымариам? Иегова даҳзылԥхозар, адоуҳатә қәҿиарақәа еиҳа ирласны иҟаҳҵар ҳахәҭаӡами? Илымшаӡои Иегова ҳаԥсыҽрақәа риааиреи аҟазшьа бзиақәа раарԥшреи ҳалшартә аҟаҵара, уи азы мыцхәы аџьабаа ҳамбакәа?»

11—13. Избан Иегова ҳаԥсыҽрақәа рҿагыларазы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ҳәа дзазыԥшу?

11 Жәҩантәыла, насгьы уа иҟоу зегьы ҳанрызхәыцуа, агәра ҳгоит Иегова илымшо акгьы шыҟам. Иаҳҳәап, иара амра ишеит, уи даара амч ӷәӷәа амоуп. Ессекунд амра даараӡа ирацәаны аԥхарреи алашареи ахылҵуеит. Адгьыл аҿы ауаҩы анхара алшара иоурц азы, уи иаанашьҭуа аенергиа маҷӡак ауп ииҭаху (Аԥсал. 73:16 [74:16, АдҾ]; Ис. [Ис.] 40:26). Иегова гәахәарыла имаҵзуҩцәа иаҭаху амч риҭоит, дара уи ианаргәаҟуа (Ис. [Ис.] 40:29). Ааи, Иегова илшон ҳаԥсыҽрақәа риааиреи иҽеим агәазыҳәарақәа мап рыцәкреи ҳзымариахарц амч ҳаҭара. Аха изыҟаимҵозеи уи?

12 Ҳара Иегова хәы змам аҳамҭа ҳаиҭеит — алхра ахақәиҭра. Хатәгәаԥхарала ҳамч зегь азкны Анцәа игәаԥхара анынаҳагӡо, даараӡа бзиа дшаҳбо, насгьы иргәырӷьара шаҳҭаху ааҳарԥшуеит. Иара убас уи ала Анцәа имчра ҳадгылоит. Аҩсҭаа Иегова закәанла напхгара аҟаҵара азин шимоу гәрамгарҭас иҟаиҵеит. Убри аҟынтә иқьиоу жәҩантәи Ҳаб даараӡа ахә ҳаракны ишьоит ари аимактә зҵаараҿы иган аанкыларазы аҽазышәарақәа анааҳарԥшуа, насгьы уи хатәгәаԥхарала ианыҟаҳҵо (Иов [Иов] 2:3—5; Ажәам. [Прит.] 27:11). Ҳаԥсыҽрақәа рҿагылара ҳҽаназаҳшәо, уи аҟаҵара мариамзаргьы, Иегова ҳизиашаны ҳаанхоит, насгьы инапхгара ацныҟәара шаҳҭаху ааҳарԥшуеит.

13 Убри азоуп аҟазшьа бзиақәа реизырҳаразы Иегова иааҳалшо зегь аҟаҵара ҳгәы зазҭеиҵо (уаԥхьа 2 Пиотр 1:5—7; Кәал. 3:12). Иегова ҳхәыцрақәеи ҳцәаныррақәеи аконтроль рзуразы аџьабаа ҳбалоит ҳәа дазыԥшуп (Рим. 8:5; 12:9). Убас аныҟаҳҵо, агәырӷьара ҳауеит, насгьы Абиблиа ҳаԥсҭазаара анаҩсгьы ишаԥсахуа ҳбоит.

АНЦӘА ИАЖӘА ШӘХАҬАРА АԤСАХЫРТӘ АЛШӘЫРША

14, 15. Иарбан ҽазышәарақәоу иааҳарԥшыр ҳахәҭоу, Анцәа игәаԥхо аҟазшьақәа реизырҳаразы? (Шәахәаԥш арамка «Абиблиеи анцәаиҳәареи урҭ рыԥсҭазаара аԥсахит».)

14 Ишԥаҳалшо аҟазшьа бзиақәа реизырҳара, уи ала Иегова дыргәырӷьо? Иԥсахтәу ҳхала иаҳмыӡбакәа, Анцәа Иажәа иану ҳацныҟәозар ауп. Римаа рахь 12:2 аҿы иануп: «Ари адунеи злаҟоу, ишьақәнаргылахьоу уи аҵас-қьабз рыла шәыҟамыз, урҭ шәырзымхьын, шәырмеилаҳан, еснагь шәҽышәыԥсахла, шәыхшыҩи шәдырреи рҿыцуа, гәыбылрала, разрала, здаҟам Анцәа игәаҳәарала шәыҽԥышәшәала, уи аилкаара шәашьҭаз». Иегова Иажәеи иԥшьоу адоуҳаи рыбзоурала игәаԥхара аилкаара, уи инақәыршәаны анхара, насгьы ҳаԥсҭазаара аԥсахра дҳацхраауеит. Иегова иҭахрақәа ҳрықәшәаларц азы, есыҽны Иажәа ҳаԥхьалар, абиблиатә жәеинраалақәа ҳрызхәыцлар, насгьы иԥшьоу адоуҳа ҳаҳәалар ауп (Лука 11:13; Гал. 5:22, 23). Анцәа иԥшьоу идоуҳа иаҳнаҭо анапхгара ҳанацныҟәо, насгьы Иажәаҿы иаҳзаатуа ихәыцшьа анҳауа, ҳажәақәеи ҳусқәеи еиҳа-еиҳа иара игәаԥхалоит. Аха усҟангьы иҳамоу ԥсыҽрак ҳҽаҳамҭарц азы, ҳгәаҳҽанызар ауп (Ажәам. [Прит.] 4:23).

Ибзиоуп ҳаԥсыҽрақәа рҿагылара иҳацхраауа ажурналқәеи аброшиурақәеи рҟынтәи астатиақәа реизгареи абиблиатә жәеинраалақәа рыхҩылаареи, насгьы уи аматериал ҿыц аԥхьареи (Шәахәаԥш абзац 15.)

15 Есыҽны Абиблиа аԥхьара адагьы, ҳара ҳпубликациақәа рыла Анцәа Иажәа ҭаҳҵаалар ауп. Уи зеиԥшыҟам иҟазшьақәа реилкаареи иара иҿыԥшреи иҳацхраауеит. Шьоукы иргәаԥхоит абиблиатә жәеинраалақәа рыхҩылаара, насгьы ажурналқәа «Сторожевая башня», «Пробудитесь!» рҟынтәи астатиақәа реизгара. Дара аамҭа-аамҭала уи аматериал ҿыц иаԥхьоит. Уи ақьырсиантә ҟазшьақәа реизырҳареи рыԥсыҽрақәа рҿагылареи ирыцхраауеит.

16. Избан ҳгәы зкаҳмыжьлар акәу, доуҳала ирласны иаҳзымҳауазар?

16 Иҟалап доуҳала ирласны ишәзымҳауашәа жәбозар. Аха ишәхашәмыршҭын ақьырсиантә ҟазшьақәа иаразнак ала реизырҳара шалымшо. Уи аамҭа зҭаху инымҵәаӡо процессуп. Абиблиа ҳаԥсҭазаара анаҩсгьы иаԥсахларц ҳҭахызар, ачҳара ааҳарԥшлар ауп, насгьы аџьабаа ҳбалар ауп. Раԥхьа Аҩыра иаҳәо инақәыршәаны анхара ҳцәыцәгьахар ауеит, убри аҟынтә зны-зынла уи ишаҳҭахым иҟаҳҵалар акәхоит. Аха Иегова шаҟа ҳаиҿыԥшуа, насгьы ихәыцшьа ҳауа аҟара, ҳхәыцрақәеи ҳхымҩаԥгашьеи рыла иргәырӷьара ҳзымариахоит (Аԥсал. 36:31 [37:31, АдҾ]; Ажәам. [Прит.] 23:12; Гал. 5:16, 17).

ԤХЬАҞАТӘИ АԤЕИԤШ ШӘАЗХӘЫЦЛА

17. Иарбан ԥеиԥшу Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа ирзыԥшу?

17 Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа ҳаԥхьаҟа анаӡара роуеит, насгьы наӡаӡа имаҵ аура раҭәашьахоит. Усҟан Анцәа игәаԥхо аҟазшьақәа раарԥшразы ҳаԥсыҽрақәа рҿагылара аҭаххаӡом. Анцәа иҿыԥшра ҳара агәырӷьара ҳзаанагалоит. Уажәы, ҳшынаӡамгьы, Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара абзоурала бзиа ҳазбо Анцәа гәахәарыла имаҵ аура ҳалшоит. Ари аҩыза алшара роуеит Анцәа Иажәа анаҩсгьы зыԥсҭазаара аԥсахра алзыршо зегьы.

18, 19. Иабантәиаадыруеи Абиблиа ҳаԥсҭазаара аԥсахразы амч шамоу?

18 Хыхь зыӡбахә ҳәаз Кевин игәыԥжәара ааникыларц азы даараӡа ихы аус адиулон. Иара абиблиатә принципқәа дрызхәыцуан, насгьы дрықәныҟәон. Иара убас уи аизара аиҳабацәа ирҭоз ацхыраареи алабжьарақәеи идикылон. Шықәсқәак рыла Кевин имаҷымкәа ақәҿиарақәа ҟаиҵеит. Ԥыҭрак ашьҭахь иара маҵзуратә цхырааҩыс дҟалеит, аҵыхәтәантәи 20 шықәса иара аизара еиҳабыс амаҵ иуеит. Аха уи иахьагьы еиликаауеит уаанӡа имаз аԥсыҽрақәа дыриааиларц азы, анаҩсгьы агәҽанызаара шааирԥшлар акәу.

19 Кевин иҿырԥшы иаҳнарбоит Анцәа изиашоу ауаа анаҩсгьы рҽырыԥсахларц азы Абиблиа шрыцхраауа. Шәааи Абиблиа ҳаԥсҭазаара анаҩсгьы иаԥсахлартә, насгьы Иегова изааигәахара иҳацхраалартә алшара аҳҭалап (Аԥсал. 24:14 [25:14, АдҾ]). Иегова ҳҽазышәарақәа дшырзылԥхо анаҳбо, Абиблиа аԥсҭазаара аԥсахразы амч шамоу еиҳагьы агәра ҳгоит (Аԥсал. 33:9 [34:8, АдҾ]).

^ 1 Абзац 1. Ахьӡ ԥсахуп.

Абиблиеи анцәаиҳәареи урҭ рыԥсҭазаара аԥсахит

Уаанӡа Рассел игәрахаҵара ицеиҩызшоз акритика рзиуан, насгьы дара рҟынтә мыцхәы дазыԥшын. Мариа-Викториа уҳәан-сҳәан аҳәара цәгьа илбомызт. Линда илзымдыруаз ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәара дацәшәон. Аӡы зыҽӡаазххьоу арҭ ақьырсианцәа аҽыԥсахреи рыԥсыҽрақәа риааиреи рылшом ҳәа ргәы иаанагон. Аха уеизгьы дара рынамӡара иаҿагылан, насгьы имаҷымкәа ақәҿиарақәа ҟарҵеит. Ишԥарылшеи уи дара?

Рассел: Сара гәык-ԥсык ала Иегова сиҳәон, насгьы есыҽны Абиблиа саԥхьон. Уи даараӡа исыхәеит. 2 Пиотр 2:11 иану ажәақәеи аизара аиҳабацәа исырҭоз алабжьарақәеи даара иснырит.

Мариа-Викториа: Сара гәык-ԥсык ала Иегова сиҳәон сцәажәашьа ацклаԥшра дсыцхраарц азы. Иара убас еилыскааит уҳәан-сҳәан аҳәара бзиа избо иааигәаны рыҿцәажәара аҽацәыхьчара шсыхәҭоу. Аԥсалом 63:2—5 (64:1—4, АдҾ) иану санаԥхьоз, еилыскааит аӡәы сара сҟынтә Иегова дихьчарц азы диҳәаларц шысҭахым! Сара избеит уҳәан-сҳәан рыларҵәара саҟәымҵызҭгьы, егьырҭ иҽеим аҿырԥшы шрысҭоз, насгьы Иегова ихьӡ шсырԥхашьоз.

Линда: Сара ҳбуклетқәа зҿлымҳарыла сеиҭарыԥхьеит, ауаа ирыдызгалаларц азы. Еиуеиԥшым амаҵзура ахкқәа рыҽрылархәра бзиа избо ирҿысҵааз рацәоуп. Иара убас сара анаҩсгьы Иегова сиқәгәыӷуеит, насгьы ацхырааразы сиҳәоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра