Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 апрель ад. 20—25
  • Иегова шәыхә ҳаракны ишьоит!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова шәыхә ҳаракны ишьоит!
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА БЗИА ҲАИБАӠОМ ҲӘА АХӘЫЦРА ШӘАРҬОУП
  • АПОСТОЛ ПАВЕЛ ИҾЫРԤШЫ ИАҲНАРҴО
  • АНЦӘА ИАЖӘА АҬҴААРЕИ, АНЦӘАИҲӘАРЕИ, АҨЫЗЦӘА БЗИАҚӘЕИ ШҲАЦХРААУА
  • ИЕГОВА ИБЗИАБАРАҾЫ ШӘААНХАЛА
  • Абзиабара аизырҳара шәаҟәымҵлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Шәыбзиабара хьшәашәартә алшәмыршан
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ҳара Ҳаб Иегова гәык-ԥсыкала бзиа даҳбоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ишԥааирԥшуеи Иегова ҳара ҳахь ибзиабара?
    Ахьчаратә бааш 2015
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 апрель ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 17

Иегова шәыхә ҳаракны ишьоит!

«Иегова... шәыхә ҳаракны [ишьоит]» (ҨЫНТӘ. 7:7).

АШӘА 108 Азиашара зныԥшуа абзиабара

АХҲӘААa

Жәҩантәи Ҳаб хаҭала зегьы ҳахә ҳаракны ишьоит. (Шәахәаԥш абзац 1.)

1. Иидыруазеи Иегова имаҵзуҩцәа ирызкны?

АБИБЛИАҾЫ иануп Анцәа ҳахә ҳаракны ишишьо (Ҩынтә. 7:7). Шаҟа ҳгәы шьҭнахуазеи уи! Иегова ибоит ҳҟазшьа бзиақәа, насгьы имаҵ аураҿы иҟаҳҵар ҳалшо идыруеит. Иара убас, иҩызахара дҳацхраауеит. Иегова ҳизиашаны ҳаанхар, ахаангьы ҳаанижьӡом (Иоанн 6:44).

2. Избан шьоукы Иегова бзиа ишибо агәрагара зырцәыцәгьоу?

2 Аӡәы иҳәар ауеит: «Сара издыруеит Иегова ижәлар бзиа ишибо, аха агәра шԥазгари хаҭала сара бзиа сшибо?» Избан шьоукы уи аҩыза азҵаара зрызцәырҵуа? Абар зхәыҷра уадаҩыз Оксанаb зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәо: «Аӡы сҽанӡаасх, нас пионерс амаҵ аура саналага сгәырӷьара ҳәаа амамызт. Аха жәохә шықәса рышьҭахь саныхәыҷыз исхызгоз ҭаха сынамҭо иалагеит. Сгәы иаанагон Иегова дысзыразым, насгьы бзиа сибаӡом ҳәа». Абар зхәыҷра уадаҩыз Иуа зыхьӡу даҽа иаҳәшьак илҳәаз: «Сара Иегова дсыргәырӷьалар сҭахын, убри аҟынтә сыԥсҭазаара изыскит. Аха агәра ганы сыҟан иара ахаангьы бзиа сшиимбало».

3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Иҟалап, Анцәа изиашоу урҭ аиҳәшьцәа реиԥш, шәаргьы Иегова бзиа дыжәбозар, аха иара бзиа шәшибо агәрагара шәцәыцәгьазар. Избан Иегова шәыхә ҳаракны ишишьо агәраганы шәыҟазар зшәыхәҭоу? Иҟашәҵар шәылшозеи Иегова бзиа шәибаӡом ҳәа шәгәы иаанагозар? Шәааи арҭ азҵаарақәа еилҳаргап.

ИЕГОВА БЗИА ҲАИБАӠОМ ҲӘА АХӘЫЦРА ШӘАРҬОУП

4. Избан Иегова бзиа ҳаибаӡом ҳәа ҳхәыцуазар, уи ашәарҭара заҵоу?

4 Абзиабара ауаҩы инарҟаҵо рацәоуп. Иегова бзиа ҳшибо, насгьы дышҳацхраауа агәраганы ҳаҟазар, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, гәык-ԥсыкала имаҵ ҳаулоит. Аха Иегова ҳахә ҳаракны ишишьо агәра ҳамгозар, ҳамч кәадахоит (Ажәам. 24:10). Ааи, ҳгәы каҳаны ҳаҟазар, насгьы Иегова бзиа ҳшибо агәра ҳамгозар, Аҩсҭаа даҳиааир илшоит (Еф. 6:16).

5. Ишԥарныруеи шьоукы Иегова бзиа ибаӡом ҳәа ргәы иахьаанаго?

5 Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа шьоукы Иегова ицәыхарахеит, алакҩакра ахьрызцәырҵыз азы. Џьеимс зыхьӡу аизара аиҳабык иҳәоит: «Сара Вефиль аҿы амаҵ зуан, насгьы атәым бызшәала имҩаԥысуаз аизарахь сныҟәон, аха иҟасҵоз зегьы Иегова ахә шишьо агәрагара сцәыцәгьан. Аамҭак азы сыҳәарақәагьы дырзыӡырҩӡом ҳәа сгәы иаанаго салагеит». Заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа Евагьы илҳәоит: «Сара издыруан Иегова бзиа сибаӡом ҳәа ахәыцра шшәарҭоу, избанзар уи Иегова имаҵ аураҿы иҟауҵо зегь иаԥырхагахоит, адоуҳатә усқәа угәы рыхшәоит, насгьы Иегова имаҵ аура агәырӷьара узаанагалаӡом». Пионерс амаҵ зуа аизара аиҳабы Маиклгьы иҳәоит: «Иегова ухә шишьо агәра умгозар, уицәыхарахоит».

6. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи Иегова бзиа ҳшибо агәрагара ҳцәыцәгьазар?

6 Ишаҳбо еиԥш, ҳгәы казыжьуа ахәыцрақәа ҳагәрахаҵара дырԥсыҽыр ауеит. Аха иҟаҳҵар ҳалшозеи иҽеим ахәыцрақәа ҳазцәырҵуазар? Урҭ иаразнак иаҳԥыраҳцалароуп. Анцәа шәиҳәала «ауаа реилкаара аасҭа еиҳау Анцәа ишәиҭо аҭынчра» шәгәи-шәыхшыҩи ахьчарц, насгьы шәгәы казыжьуа ахәыцрақәа шәыриааирц (Аԥсал. 139:23; Флп. 4:6, 7). Ишәхашәмыршҭын шәымацара шәшыҟам. Анцәа изиашоу егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы ргәы казыжьуа ахәыцрақәа ирҿагылоуп. Ажәытәан инхоз Анцәа имаҵзуҩцәагьы убас еиԥш иҟаз ауадаҩрақәа рыман. Апостол Павел урҭ дреиуан. Шәааи ҳазхәыцып уи иҿырԥшы иаҳнарҵо.

АПОСТОЛ ПАВЕЛ ИҾЫРԤШЫ ИАҲНАРҴО

7. Иарбан уадаҩрақәоу Павел дзықәшәоз?

7 Иҟалап, зны-зынла шәгәы иаанагозар, ишәыду аҭакԥхықәрақәа шәымч рықәхом ҳәа. Ус акәзар, Павел ибзианы деилышәкаауеит. Иара еизарак акәымкәа, аизарақәа зегь хьаас иман (2 Кор. 11:23—28). Иҟалап агәырӷьара шәымызхуа, иузымхәышәтәуа чымазарак шәымазар. Павелгьы агәҭынчымра изцәырызгоз, ашҳам иаҿирԥшыз уадаҩрак иман. Иҟалап уи ачымазара акәызҭгьы (2 Кор. 12:7—10). Аха шәынамӡара иахҟьаны шәгәы каҳауазар? Павелгьы игәы анкаҳауаз ыҟан. Иара «насыԥ змам уаҩуп» ҳәа ихы иазиҳәеит, избанзар ииашаны ихы мҩаԥигаларц азы еснагь ихы аус адиулалар ихәҭан (Рим. 7:21—24).

8. Ицхраази Павел, ауадаҩрақәа дышрықәшәозгьы, Иегова дизиашаны аанхара?

8 Павел ауадаҩрақәа шимазгьы, Иегова имаҵ аура даҟәыҵӡомызт. Иабантәиааигоз амч? Павел игыз шидыруазгьы, Иисус иҿыхратә ԥсхҭынҵара ахәарҭа изаанагар шалшоз идыруан. Иара Иисус иажәақәа игәалашәон: «Избан акәзар Анцәа Ихшаазаҵә даиҭаратәы аԥсабара бзиа ибеит,— Иара дхазҵауа дарбанзаалакь дҭамхаразы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара иауразы» (Иоанн 3:16; Рим. 6:23). Павел, ҳәарада, уи аҩыза агәрахаҵара иман. Иара агәра ганы дыҟан, агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз дахьхәыр, Иегова ишианаижьуа (Аԥсал. 86:5).

9. Иаҳдырҵозеи Галаҭаа рахь 2:20 иану Павел иажәақәа?

9 Павел идыруан Анцәа ибзиабара шаҟа иӷәӷәаз, избанзар Иегова иара изы Иԥа димеигӡаӡеит. (Шәаԥхьа Галаҭаа рахь 2:20.) Ҳрыхәаԥшып Галаҭаа рахь 2:20 аҩбатәи ахәҭаҿы иану угәы шьҭызхуа Павел иажәақәа: «Анцәа Иԥа... сара бзиа сибеит, ихгьы сықәиҵеит». Павел идыруан Анцәа ибзиабара ҳәаа шамам. Иара ус дхәыцӡомызт: «Сара еилыскаауеит Иегова егьырҭ изакәазы бзиа ибо, аха сара бзиа сзибаша акгьы сылам». Иара Рим инхоз ақьырсианцәа иреиҳәеит: «Агәнаҳаура ҳанаҿыз аамҭазы ҳара ҳзы Христос [дыԥсит]» (Рим. 5:8, АдҾ). Ааи, Анцәа ибзиабара ҳәаа амаӡам.

10. Иаҳдырҵозеи Римаа рахь 8:38, 39 иану ажәақәа?

10 Шәаԥхьа Римаа рахь 8:38, 39. Павел агәра игон Анцәа бзиа дшибо. Иара идыруан «Анцәа ибзиабара ҳаҟәызыҭхо мчы-лшара шыҟам». Павел еиликаауан Иегова израильаа рахь ачҳара шааирԥшуаз еиԥш, хаҭала иара иахьгьы агәшаҭара шааирԥшыз. Даҽакала иуҳәозар, иара иҳәеит: «Иегова Иԥа заҵә сара сзы дыԥсырц дааишьҭит. Ишԥасылшо нас Анцәа бзиа сибаӡом ҳәа аҳәара?» (Рим. 8:32).

Анцәа изы ихадоу уажәы иҟаҳҵо, насгьы ҳаԥхьаҟа иҟаҳҵало ауп, анкьа иҟаҳҵахьаз агхақәа ракәымкәа. (Шәахәаԥш абзац 11.)c

11. Избан Павел, 1 Тимофеи иахь 1:12—15 аҿы зыӡбахә ҳәоу агәнаҳақәа шыҟаиҵахьазгьы, Анцәа бзиа дшибо агәраганы дзыҟаз?

11 Шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 1:12—15. Иҟалап Павел дқьырсианхаанӡа иҟаиҵоз аусқәа анигәалашәоз, иламыс даргәаҟуазҭгьы. Сара зегь раасҭа агәнаҳа змоу уаҩуп ҳәагьы иҳәеит. Уи џьашьатәӡам, избанзар Павел еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы гәымбылџьбарала Христос иҵаҩцәа дрышьҭашәарыцон — иҟан абахҭа иҭеикуаз, иҟан зышьра дақәшаҳаҭызгьы (Аус. 26:10, 11). Шәазхәыц Павел ихы шибарыз зҭаацәа рышьра дақәшаҳаҭыз иқәыԥшу ақьырсиан диқәшәазҭгьы. Ҳәарада, Павел игхақәа дрыхьхәуан, аха идыруан иҟаиҵахьаз шизымԥсахуаз. Павел Иисус иара изы дшыԥсыз агәра игон аҟынтә иҳәеит: «Анцәа илыԥха-игәыԥхала иахьа сызлажәбо, сызлажәдыруа [ала сыҟоуп]» (1 Кор. 15:3, 10). Ишәнарҵозеи уи шәара? Шәара шәхы агәра ашәыргароуп Иисус шәара шәзы дшыԥсыз, насгьы уи абзоурала Иегова шәиҩызахар шшәылшо (Аус. 3:19). Анцәа изы ихадоу уажәы иҟаҳҵо, насгьы ҳаԥхьаҟа иҟаҳҵало ауп, анкьа иҟаҳҵахьаз агхақәа ракәымкәа, ихадаӡам усҟан Иегова ишаҳаҭ ҳакәзу-ҳакәымзу (Ис. 1:18).

12. Иҳацхраар шԥарылшо 1 Иоанн 3:19, 20 иану ажәақәа аӡәгьы ҳаиҭахымшәа, насгьы бзиа ҳимбошәа ҳгәы иаанагозар?

12 Иисус шәыгәнаҳақәа шәхихырц азы дшыԥсыз шәаназхәыцуа, уи шәаԥсам ҳәа шәгәы иаанагар ауеит. Избан убас еиԥш иҟоу ахәыцрақәа ҳазцәырҵлар залшо? Ҳара ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә аӡәгьы ҳаиҭахымшәа, насгьы бзиа ҳимбошәа ҳгәы ҳажьалар ауеит. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 3:19, 20.) Убас еиԥш иҟоу ахәыцрақәа анҳазцәырҵлак, «Анцәа ҳара ҳгәы аҵкыс» дшеиҳау ҳхаҳмыршҭлароуп. Ҳара ҳхы агәра аҳаргалароуп жәҩантәи Ҳаб бзиа ҳшибо, насгьы ҳагхақәа шҳанаижьуа. Анцәа дшаҳзыҟоу еилаҳкааларц азы есыҽны Иажәа ҭаҳҵаалароуп, еснагь ҳиҳәалароуп, насгьы ижәлар ҳрылагылазароуп. Избан уи зхадоу?

АНЦӘА ИАЖӘА АҬҴААРЕИ, АНЦӘАИҲӘАРЕИ, АҨЫЗЦӘА БЗИАҚӘЕИ ШҲАЦХРААУА

13. Ишԥаҳацхраауеи Анцәа Иажәа аҭҵаара? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Урҭ Анцәа Иажәа шрыцхраауа».)

13 Есыҽны Анцәа Иажәа ҭышәҵаала — усҟан Анцәа иҟазшьақәа еиҳа еиӷьны еилышәкаауеит, насгьы бзиа шәшибо агәра жәгоит. Анцәа Иажәаҿы шәзыԥхьо шәазхәыцлар, шәхәыцшьа аҽаԥсахлоит, насгьы ииашам шәхәыцрақәеи шәцәаныррақәеи шәыриааиуеит (2 Тим. 3:16). Акгьы даԥсамшәа зхы збоз Кевин зыхьӡу аизара аиҳабы иҳәоит: «Сара 103-тәи Аԥсалом саԥхьон, насгьы сазхәыцуан. Уи даҽакала схы ахәаԥшра исыцхрааит, насгьы Иегова бзиа сшибо сеилнаркааит». Хыхь зыӡбахә ҳәаз Евагьы илҳәоит: «Есыхәылбыҽха сара Иегова изы ихадоу сазхәыцуеит. Уи сгәы арҭынчуеит, сыгәрахаҵарагьы арӷәӷәоит».

Урҭ Анцәа Иажәа шрыцхраауа

  • «Сара схы азышьҭны Абиблиа ҭысҵаауеит. Усҟан Иеговеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи срызхәыцуеит» (Маикл).

  • «Абиблиа аҭҵааразы исымоу аихшанҵа бзиа сгәы казыжьуа азымхәыцра исыцхраауеит. Сара зны-зынла Абиблиа аҭҵаара, ма аԥхьара сҭахӡам, аха саналагалак еилыскаауеит Иегова бзиа сшибо агәра сиргарц алшара шисҭо» (Кевин).

  • «Сара аԥсаломқәа рыԥхьара сгәаԥхоит. 27-тәи Аԥсалом зегь раасҭа бзиа избоит. Лассы-лассы сеиҭарыԥхьоит ажәеинраалақәа 1-тәи инаркны 6-тәи аҟынӡа, 10-тәи, 12-тәи инаркны 14-тәи аҟынӡа, насгьы урҭ срызхәыцуеит» (Оксана).

  • «Сара есышьыжь абиблиатә цыԥҵәаха аԥхьареи анцәаиҳәареи рзы аамҭа алхра сҽазысшәоит. Анцәа Иажәаҿы еснагь исыцхраауа ак сыԥшаауеит» (Џьеимс).

  • «Абиблиа аҭҵаара ашьҭахь Иегова еиҳа сшизааигәахаз збоит. Сара агәҭынчра соуеит, избанзар Иегова сирӷәӷәоит. Анцәа Иажәа аҭҵаара сыцхрааит Иегова сшихамышҭуа агәрагара» (Сеиџьи).

14. Ишԥаҳацхраауеи анцәаиҳәара?

14 Лассы-лассы Анцәа шәиҳәала (1 Фес. 5:17). Аӡәы шәиҩызахар шәҭахызар, уи лассы-лассы шәиацәажәалоит, насгьы шәгәы иҭоу изеиҭашәҳәалоит. Иеговагьы ҳаиҩызахарц ҳҭахызар убас ҟаҳҵалароуп. Ҳхәыцрақәеи ҳцәаныррақәеи, ҳагәҭыхақәеи изеиҭаҳҳәозар, игәра шаҳго ааҳарԥшуеит, насгьы бзиа ҳшибо шеилаҳкаауа иҳарбоит (Аԥсал. 94:17—19; 1 Иоанн 5:14, 15). Хыхь зыӡбахә ҳәаз Иуа илҳәоит: «Иегова саниҳәо, амш аҩныҵҟа сзықәшәаз адагьы, уи шыснырыз изеиҭасҳәоит. Хәыҷы-хәыҷла Иегова адиректор иеиԥш акәымкәа, зхәыҷқәа бзиа избо Аб иеиԥш сихәаԥшуа салагеит». (Шәахәаԥш арамка «Шәаԥхьахьоума шәара ари ашәҟәы?».)

Шәаԥхьахьоума шәара ари ашәҟәы?

Шәаԥхьахьоума ашәҟәы «Приближайся к Иегове»? Мап акәзар, ишәылшома шәхатә ҭҵаараан уи шәаԥхьар? Калифорниа (США) инхо ҳаҳәшьак илҳәоит: «Ари ашәҟәы сахьаԥхьоз, насгьы сахьазхәыцуаз абзоурала сыԥсҭазаара еиҳа еиӷьхеит, насгьы жәҩантәи Ҳаб сизааигәахеит. Иегова дысҩызахеит. [...] Сгәы Анцәа Иегова иахь бзиабарала иҭәуп, уи зыбзоуроу еиҳарак ари ашәҟәы ауп».

15. Агәраганы ҳаҟазар зҳалшозеи Иегова ҳахә ҳаракны ишишьо?

15 Шәҩызцәа бзиақәа шәрацәажәала. Урҭ Иегова иҟынтә ҳамҭоуп (Иак. 1:17). Иегова ҳахә ҳаракны ишишьо агәра ҳгоит, избанзар бзиа ҳазбо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ахьыҟоу адоуҳатә ҭаацәара ҳаиҭеит (Ажәам. 17:17). Павел Кәаласаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы ицхраауаз игәы шьҭызхуаз ақьырсианцәа рыӡбахә иҳәеит (Кәал. 4:10, 11). Иисусгьы иҩызцәа рҟынтә ацхыраара иҭахын. Урҭ рыбжьара ауаа реиԥш амаалықьцәагьы ыҟан. Иара урҭ рыхә ҳаракны ишьон (Лука 22:28, 43).

16. Ишԥаҳацхраауеи аҩызцәа бзиақәа Иегова изааигәахара?

16 Шәрыҳәома аизара аҟынтә шәҩызцәа ацхырааразы, насгьы ишәыдышәкылома уи? Доуҳала ишәу ҳҩыза ҳагәҭыхақәа изеиҭаҳҳәозар, уи иаанагаӡом ҳагәрахаҵара ԥсыҽуп ҳәа. Уи ҳара ҳахьчар алшоит. Абар хыхь зыӡбахә ҳәаз Џьеимс ииҳәо: «Доуҳала ишәу ақьырсианцәа ҩызцәас иахьсымоу, сара сзы цхыраара дууп. Сгәы казыжьуа ахәыцрақәа ансызцәырҵуа, дара ачҳара аарԥшны исзыӡырҩуеит, насгьы бзиа сшырбо сарҳәоит. Уи Иегова бзиа сшибо, насгьы хаҭала дышсеиҷаҳауа агәра снаргоит». Шаҟа ихадоузеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҩызцәас иҳамазар!

ИЕГОВА ИБЗИАБАРАҾЫ ШӘААНХАЛА

17, 18. Ҳаззыӡырҩлар ҳахәҭада ҳара, насгьы избан?

17 Аҩсҭаа иҭахуп ииашаны ахымҩаԥгаразы аџьабаа абара ҳаҟәыҵырц. Иара Иегова бзиа ҳимбошәа, насгьы аиқәырхара ҳаԥсам ҳәа ҳгәы иаанагалар иҭахуп. Аха, ишеилаҳкааз еиԥш, уи еиҳау амц ыҟам.

18 Иегова бзиа шәибоит. Иара шәыхә ҳаракны ишьоит. Иисус иеиԥш шәаргьы Иегова шәизыӡырҩлар, наӡаӡа ибзиабараҿы шәаанхоит (Иоанн 15:10). Убри аҟынтә Аҩсҭаа шәизымӡырҩлан, ишәықәыӡбо шәыгәгьы шәызымӡырҩлан. Иҳалоу абзиарақәа зегьы збо Иегова шәизыӡырҩла. Ишәхашәмыршҭлан иара шәыхә шишьо, хаҭала шәыхә шишьо!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан Иегова бзиа ҳаибаӡом ҳәа ахәыцра зшәарҭоу?

  • Иаҳнарҵозеи апостол Павели ҳаамҭазы инхо ақьырсианцәеи рҿырԥшы?

  • Иҳацхраар шԥалшо Анцәа иажәа аҭҵаареи, анцәаиҳәареи, аҩызцәа бзиақәеи?

АШӘА 141 Аԥсҭазаара иџьашьахәу ҳамҭоуп

a Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы Иегова бзиа ишибо агәрагара рцәыцәгьоуп. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Иегова хаҭала ҳара бзиа ҳшибо агәраганы ҳаҟазар зҳалшо, насгьы уи агәрагара ҳцәыцәгьазар, иҟаҳҵар ҳалшо ҳазхәыцуеит.

b Хьыӡқәак ԥсахуп.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Павел аҵабырг еиликаанӡа ақьырсианцәа дрышьҭашәарыцон, аӡәырҩгьы абахҭа иҭеикит. Аха Иисус иара изы иҟаиҵаз анеиликаа иҽиԥсахит, насгьы аишьцәа ргәы шьҭихуа далагеит, урҭ рыбжьара уаанӡа дзышьҭашәарыцоз рыуацәагьы ыҟазар ауан.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра