АБИОГРАФИА
«Уажәшьҭа ажәабжьҳәара бзиа избоит!»
САРА исызҳаит Зеландиа Ҿыц Аладатәи адгьылбжьаха аҿы иҟоу Балклута захьӡу ақалақь хәыҷ аҿы. Санхәыҷыз Иегова ҩызас дысзыҟан, имаҵ аурагьы сгәаԥхон. Аизарақәа рахь сгәырӷьаҵәа сныҟәон, уа даара исгәаԥхон. Сшыԥхашьаҩугьы есымчыбжьа ажәабжьҳәара сҽаласырхәуан. Иегова имаҵ ахьызуаз сара сзы ҳаҭыр дуун, насгьы аҵара сыцызҵози егьырҭ ауааи аҵабырг рзеиҭаҳәара сацәыԥхашьаӡомызт. Убри аҟынтә 11 шықәса анысхыҵуаз аӡы сыҽӡаасхит.
АГӘЫРӶЬАРА СЦӘЫӠИТ
Маҷк иансызҳа Иегова сицәыхарахо салагеит. Аҵара сыцызҵоз ахақәиҭра рымазшәа сгәы иаанагон, сара ак сзымхозшәа сбон. Сҭаацәа ишьақәдыргылоз аԥҟарақәеи ақьырсиантә нормақәеи мыцхәы иџьбароушәа збон. Иегова имаҵ аура сара сзы еидарахеит. Иегова дшыҟоу есқьынгьы агәра згон, аха уажәшьҭа сицәыхарахо салагеит.
Ажәабжьҳәара зынӡа саҟәыҵит ҳәа сызҳәаӡом, аха уи иаҭахуп ҳәа ауп ишыҟасҵоз. Ажәабжьҳәара санцозгьы уи ахаан сҽазыҟасҵомызт, убри аҟынтә аицәажәара алагареи уи ацҵареи сцәыцәгьан. Уи иахҟьаны ажәабжьҳәара агәырӷьара снаҭомызт, насгьы алҵшәа аанагомызт. Убри аҟынтә еиҳагьы сгәы ахшәо салагеит. Сара схәыцуан: «Угәы злахымшәозеи есымчыбжьа, есымза ажәабжь аҳәара?»
17 шықәса анысхыҵ сара ахақәиҭра сҭаххеит, убри аҟынтә сымаҭәақәа ааизганы Австралиаҟа сцеит. Сҭаацәа уи даара ргәы днархьит. Дара хьаас срыман, аха уа Иегова имаҵ аура иацысҵоит ҳәа игәыӷуан.
Австралиа сара еиҳагьы доуҳала сыԥсыҽхеит, аизарақәа рахь зны-зынла акәын санныҟәоз. Сҩызцәагьы сара исеиԥшын. Ҽынла ҳара Аҳратә зал ахь ҳцон, уахынла ҳкәашарц, насгьы иаҳжәырц аклубахь ҳцон. Уи зегь анысгәалашәо еилыскаауеит сызшьапык ала аизараҿы сшыҟаз, сызшьапык ала ари адунеи аҿы сшыҟаз. Аха уахьгьы арахьгьы насыԥ сымамызт.
ИХАДОУ АК ЕИЛЫСКААУЕИТ
Ҩышықәса раҟара ашьҭахь сара иаҳәшьак слабадырит. Лара илзымдырӡакәа сыԥсҭазаара сазлырхәыцит. Усҟан хәҩык аиҳәшьцәеи сареи ҳаицынхон. Араионтә хылаԥшҩы иԥҳәыс Тамареи иареи мчыбжьык ҳара ҳҿы иаангыларц раҳҳәеит. Иара аизара аусқәа дырҿнаҵы, лара ҳара аамҭа ҳацылхылгон. Уи ҳгәы лырҿыӷьуамызт. Сара уи даара исгәаԥхон! Тамара ахынраалара лылан, лацәажәара агәахәара узаанагон. Сара иџьасшьон доуҳала иӷәӷәаз ауаҩы абриаҟара аччара-ахәмарра бзиа иахьылбоз.
Тамара амаҵзураҿы агәацԥыҳәара ду аалырԥшуан. Лара амаҵзурахьы илымаз абзиабара уаргьы ажәабжьҳәара угәанарԥхон. Уи зегь иреиӷьыз Иегова илҭон аҟынтә агәырӷьара лыман. Сара иаҭахуп ҳәа акәын ишыҟасҵоз, убри аҟынтә насыԥ сымамызт. Тамара лгәазыҟашьеи лгәырӷьареи сара сахь ииасит. Лара лҿырԥшы ихадоу ак аилкаара исыцхрааит: Иегова иҭахуп ҳара зегьы гәырӷьарала имаҵ ҳауларц (Аԥсал. 100:2).
ҾЫЦ АЖӘАБЖЬҲӘАРА БЗИА ИЗБОИТ
Саргьы исҭахын Тамара леиԥш агәырӷьара сымазарц. Уи азы иԥсахтәыз рацәан. Зегьы иаразнак иузыԥсахуам. Аха хәыҷы-хәыҷла иқәсыргылаз схықәкахьы сцон. Раԥхьа сара ажәабжьҳәара аҽазыҟаҵара салагеит, насгьы зны-зынла ицхырааҩу пионерс амаҵ зуан. Уи сыцхрааит ажәабжьҳәараҿы аԥхашьара аиааира. Иара убас ажәабжьҳәараҿы Абиблиа лассы-лассы схы иасырхәо салагеит. Уи ажәабжьҳәара бзиа абара исыцхрааит. Аамҭак ашьҭахь есымза ицхырааҩу пионерс амаҵ аура салагеит.
Сара иқәыԥшыз аиҳәшьцәа рыдагьы, зықәрахь инеихьогьы ҩызцәас ишьҭысхит. Дара аҵабырг бзиа ирбон, насгьы Иегова имаҵ гәыкала ируан. Урҭ сырҿыԥшны ахықәк ҿыцқәа ықәсыргылеит, насгьы есыҽны Абиблиа аԥхьара салагеит. Амаҵзура агәырӷьара сзаанагон, убри аҟынтә пионерс амаҵ аура салагеит. Абриаҟара шықәса ашьҭахь раԥхьаӡа акәны насыԥ соуит, аизараҿгьы аҩнеиԥш схы збон.
ЕСНАГЬ АЖӘАБЖЬ СЫЦЫЗҲӘАЛО АҨЫЗА ДСОУИТ
Шықәсык ашьҭахь сара Алекс сиабадырит. Иара иқьиаз гәыкала Иеговеи амаҵзуреи бзиа избоз иашьан. Иара маҵзуратә цхырааҩыс дыҟан, насгьы пионерс амаҵ иуеижьҭеи фышықәса ҵуан. Уи адагьы, Алекс ажәабжьҳәаҩцәа рыцхыраара ахьаҭахыз Малави мызқәак рыҩныҵҟа амаҵ иуан. Уа иара амиссионерцәа драбадырит. Урҭ рҿырԥштәы иара даара ицхрааит. Дара Алекс игәазҭарҵеит Анцәа Иаҳра еснагь раԥхьатәи аҭыԥаҿ аргылара.
2003 шықәсазы Алекси сареи ҳаибагеит. Убри инаркны ҳаамҭа зегь Иегова имаҵ аура иазаҳкуеит. Арҭ ашықәсқәа иаҳдырҵаз рацәоуп. Иара убас ҳара иаҳбеит Иегова имаҵзуҩцәа меигӡарахда азылԥхарақәа шриҭо.
АЗЫЛԤХАРА ҾЫЦҚӘА
Ақалақь Глену аҿы ажәабжь сҳәоит (Мрагыларатәи Тимор)
2009 шықәсазы ҳара Мрагыларатәи Тимор аҿы миссионерцәас амаҵ аура ҳадыргалеит. Уи Малаитәи архипелаг иахәҭаку адгьылбжьахақәа руак аҿы иҟоу тәыла хәыҷуп. Ҳара уи даара иџьаҳшьеит, ҳагьеигәырӷьеит, аха убри аамҭазгьы маҷк ҳшәон. Хәымз рышьҭахь уи атәыла аҳҭнықалақь Дили ахь ҳаиасит.
Мрагыларатәи Тимор аҿы аԥсҭазаара егьырҭ атәылақәа рҿы аԥсҭазаара иузаҿырԥшуам. Уа ҳара ҳзы зегь ҿыцын: ркультура, рбызшәа, рыфатә, рынхашьа-рынҵышьа. Ажәабжьҳәараҿы ҳара лассы-лассы иаҳԥылон иӷарыз, аҵара змамыз, игәаҟыз ауаа. Аибашьра бааԥс иахҟьаны аӡәырҩы инвалидцәан, насгьы ремоциатә гәабзиара ԥхасҭанa.
Мрагыларатәи Тимор аҿы амаҵзура ахаан исхашҭуам. Ҽнак зылахь еиқәыз, 13 шықәса зхыҵуаз, Мариа зыхьӡыз ӡӷабк дысԥылеитb. Шықәсқәак раԥхьа лан дыԥсит, лабгьы зны-зынла акәын данылбоз. Лықәлацәа аӡәырҩы реиԥш, Мариа лыԥсҭазаара ззылкша лыздырӡомызт. Исгәалашәоит лцәаныррақәа ртәы анысзеиҭалҳәоз инеимаҭәаны аҵәыуара дшалагаз. Сара абызшәа цқьа исымҵацызт аҟынтә илҳәоз зынӡа исзеилкаауамызт. Убри аҟынтә Иегова лгәы ашьҭыхра дсыцхраарц сиҳәеит. Нас угәы шьҭызхуа абиблиатә жәеинраалақәа сылзаԥхьеит. Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа сара избон Мариа лҭеиҭыԥши, лхымҩаԥгашьеи, лыԥсҭазаареи аҵабырг ишаԥсахуаз. Лара аӡы лыҽӡаалхит. Уажәы лхаҭагьы абиблиатә ҵарақәа мҩаԥылгоит. Уажәшьҭа Мариа бзиа дызбо адоуҳатә ҭаацәара ду лымоуп.
Иегова Мрагыларатәи Тимор аҿы ажәабжьҳәаратә ус дазылԥхоит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи абжеиҳараҩык аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟа ауп аӡы рҽанӡаарх. Ус шакугьы, аӡәырҩы пионерцәас, маҵзуратә цхырааҩцәас, насгьы аизара аиҳабацәас амаҵ руеит. Иҟоуп аиҭагаратә офис аҿы амаҵ зуагьы. Урҭ аҭыԥантәи абызшәала адоуҳатә фатә архиараҿы ацхыраара ҟарҵоит. Сара даара сеигәырӷьоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизараҿы ашәа шырҳәо, рхы-рҿы шеихаччо, насгьы доуҳала ишеизҳауа анызбо.
Алекси сареи аизарақәа ирыдым атерриториахь ҳцоит, ауаа Ахәылԥаз ахь ааԥхьара раҳҭарц азы
ЕИӶЬУ АԤСҬАЗААРА СХАҾГЬЫ ИСЗААГОМЫЗТ
Мрагыларатәи Тимор аҿы амаҵзура Австралиа амаҵзура зынӡа еиԥшымызт. Аха Тимор амаҵ аура еиӷьу ак ыҟамызт. Зны-зынла ҳара иҭәыз автобус ҳҭаланы ҳцалар акәын. Уи адагьы уи аԥсыӡрҩеи аџьармыкьа аҟынтә ауҭраҭыхқәеи ҭаҵаны иааргон. Зны-зынла ҳара абиблиатә ҵара ашоура бааԥс ахьыҩназ аҩнаҿы имҩаԥаҳгон. Уи адагьы уа акәытқәа еибарыҩуа иҩнан. Аха арҭ ауадаҩрақәа зегь ҳашрықәшәозгьы сара лассы-лассы исҳәон: «Ишԥабзиоу ара!»
Ажәабжьҳәарахь амҩа ҳақәуп
Сара сҭаацәа ҭабуп ҳәа расҳәоит Иегова изакәанқәа ахьысдырҵоз, насгьы иуадаҩу ахбыџра аамҭазгьы иахьсыцхраауаз азы. Сара схатә ԥышәала агәра згеит Ажәамаанақәа 22:6 аҿы иану ажәақәа шиашоу. Сани саби даараӡа еигәырӷьоит Алекси сареи Иегова имаҵ ахьаҳуа. 2016 шықәса инаркны ҳара Австралиеи Зеландиа Ҿыци рҿы араионтә маҵзура ҳҽалаҳархәуеит.
Ахреи Камеи ирызку амультфильмқәа тимортәи ахәыҷқәа идсырбоит
Исызхаҵом уаанӡа ажәабжьҳәара еидараны ишысыԥхьаӡоз. Уажәы уи даараӡа бзиа избоит. Сара еилыскааит аԥсҭазаараҿы иҟалалакгьы агәырӷьара узаазго Иегова имаҵ аура шакәу. Алекси сареи амаҵзура иазаҳкыз аҵыхәтәантәи жәаа шықәса сара сзы зегь раасҭа инасыԥу аамҭоуп. Уажәшьҭа сара издыруеит Давид аԥсаломқәа руак аҿы Иегова изкны изиҳәаз: «Уара иуқәгәыӷуа зегьы гәырӷьалоит, наӡаӡа ргәырӷьабжь галоит. ...уара ухьӡ бзиа избо зегьы улагәырӷьалоит» (Аԥсал. 5:11).
Ахынраалара злоу ауаа Абиблиа дырҵара агәахәара ду узаанагоит!