АҴАРАЗЫ АСТАТИА 34
«Игәашәҭ, насгьы еилышәкаа шаҟа дқьиоу Иегова» — ишԥаҟаҵатәу уи?
«Игәашәҭ, насгьы еилышәкаа шаҟа дқьиоу Иегова, насыԥ имоуп иара хыхьчарҭас дызмоу ауаҩы» (АԤСАЛ. 34:8).
АШӘА 117 Абзиара ҟаҳҵалап
АХҲӘААa
1, 2. Иҟаҵалатәузеи Иегова шаҟа дқьиоу еилаҳкаарц азы, Аԥсалом 34:8 иану инақәыршәаны?
ШӘХАҾЫ иаажәг ахаан ишәымфац фатәык шәыдыргалазшәа. Уи ибзианы шәахәаԥшыр, шәафҩыр, ишыҟарҵо шәазҵаар, изфахьоу агьама зеиԥшроу шәразҵаар, агьама шәхаҿы иаажәгар ауеит. Аха уи хаау-ихааму еилышәкаарц азы шәхаҭа агьама жәбароуп.
2 Абиблиеи ҳпубликациақәеи ҳанрыԥхьо, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова дышрыцхраауаз анаҳзеиҭарҳәо, Иегова дышқьиоу ҳхаҿы иааҳгоит. Аха уи шаҟа дқьиоу ҳхаҭагьы иԥаҳшәароуп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 34:8.) Шәхаҿы иаажәг абри аҩыза аҭагылазаашьа: шәара шәаамҭа зегь амаҵзура иазышәкларц шәҭахуп, аха уи азы шәыԥсҭазаара шәырмариар шшәыхәҭоу еилышәкаауеит. Иисус иҳәеит Анцәа Иаҳра раԥхьатәи аҭыԥ аҿы изыргыло Иегова зда ԥсыхәа ыҟам зегь шриҭо. Шәара изныкымкәа урҭ ажәақәа шәрыԥхьахьеит, аха иҟалап, урҭ шәыԥсҭазаараҿы ишынаӡо гәашәымҭахьацзар (Матф. 6:33). Аха уеизгьы, Иисус иажәақәа рыгәра жәгеит, убри аҟынтә аԥара зыхҭнышәҵо шәазхәыцуа шәалагеит, аусура иазышәкуа аамҭа шәырмаҷит, насгьы амаҵзура шәхы азышәышьҭит. Уажәшьҭа Иегова дышшәыхӡыӡаауа шәыблақәа рыла ижәбеит. Даҽакала иуҳәозар, шәара игәашәҭеит, насгьы еилышәкааит Иегова шаҟа дқьиоу.
3. Дыззылԥхода Иегова ҷыдала, Аԥсалом 31:19 иану инақәыршәаны?
3 Иегова ауаа зегь рахь, дыззымдыруагьы уахь иналаҵаны, ақьиара ааирԥшуеит (Аԥсал. 145:9; Матф. 5:45). Аха иара бзиа дызбо, насгьы гәык-ԥсык ала имаҵ зуа ҷыдала дырзылԥхоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 31:19.) Шәааи Иегова урҭ ирзыҟаиҵо ҳамҭақәак ҳрыхцәажәап.
4. Ишԥааирԥшуеи Иегова ақьиара изааигәахара зҽазызшәо рахь?
4 Иегова илабжьарақәа ҳрықәныҟәацыԥхьаӡа ҳаԥсҭазаара шеиӷьхо ҳбоит. Анцәа изкны адыррақәа еизҳарҳацыԥхьаӡа иара иахь ҳабзиабара еизҳауан, насгьы иара ицәымӷу ахәыцрақәеи ашьцыларақәеи рааныжьра дҳацхраауан (Кәал. 1:21). Ҳаԥсҭазаара Иегова изкны ҳҽанӡааҳх ҳара ҳахь иааирԥшуа ақьиара еиҳагьы иаҳнырит, избанзар ҳара зегьы аламыс цқьа ҳаиҭеит, насгьы иҩызцәа гәакьақәаны аҟалара ҳалиршеит (1 Пиотр 3:21).
5. Ишԥааирԥшуеи Иегова ажәабжь зҳәо рахь ақьиара?
5 Ҳара ажәабжьҳәаратә ус ҳҽаналаҳархәуа Иегова ҳара ҳахь ақьиара шааирԥшуа ҳныруеит. Шәыԥхашьаҩума шәара? Иегова ишаҳаҭцәа рыбжьара ус иҟоу рацәаҩуп. Иҟалап шәыҽӡаашәхаанӡа ишәзымдыруа ауаа рышә шәасны Абиблиа иану шырзеиҭашәҳәало шәхаҿгьы ишәзаамгозҭгьы. Аха иахьа уи аус шәыԥсҭазаара иахәҭакуп. Уи адагьы, Иегова ажәабжьҳәара бзиа абара дшәыцхрааит! Аха иара уи аҿы даанымгылаӡеит. Ажәабжьҳәараҿы шәгәы шәзырхьуаз ак аншәарҳәоз, Иегова агәҭынчра ахьчара дшәыцхраауан. Шәзацәажәоз ауаҩы аинтерес анааирԥшуаз, Иегова ианаало абиблиатә жәеинраала шәгәалаиршәон. Иара дахьшәыцхраауа абзоурала ажәабжь аҳәара шәаҿуп, шәахьынхо аҭыԥ аҿы ауаа ажәабжь бзиа азыӡырҩра шырҭахымгьы (Иер. 20:7—9).
6. Ишԥашьақәнарӷәӷәо Иегова иҳаиҭо арҵара ҳара ҳахь ақьиара шааирԥшуа?
6 Иегова ажәабжь шҳәалатәу ҳирҵоит. Убри алагьы ҳара ҳахь ақьиара ааирԥшуеит (Иоанн 6:45). Аусура амшқәа раан имҩаԥысуа аизарақәа рҿы ҳара ҳахәаԥшуеит ажәабжьҳәараҿы ҳхы иаҳархәар ҳалшо аицәажәарақәа рыхкқәа ирызку авидеонҵамҭақәа. Раԥхьа ҳзышьцылам аметодқәа рхархәара ҳацәшәалар ауеит, аха уеизгьы урҭ ҳхы иаҳархәалар ауаа ҳзыӡырҩра еиҳа ирҭаххар алшоит. Аизарақәеи аконгрессқәеи рҿы ҳгәазҭарҵоит ажәабжьҳәараҿы иҿыцу аметодқәа рхархәара. Уи аҟаҵара ҳацәшәозар ауеит, аха уеизгьы иҟаҳҵалар, Иегова даҳзылԥхалоит. Уажәшьҭа шәааи ҳалацәажәап зҭагылазаашьақәа ирмыхәаԥшӡакәа Иегова зегь иреиӷьу изҭо ирзыԥшу аҳамҭақәа. Уи ашьҭахь еилҳаргоит адоуҳатә хықәкқәа рынагӡара иҳацхраауа.
ИЕГОВА ИГӘРА ЗГО ДЫРЗЫЛԤХОИТ
7. Дышԥаҳзылԥхо Иегова имаҵ аураҿы еиҳаны аҟаҵара ҳҽазаҳшәозар?
7 Иеговеи шәареи шәеиҩызара еиҳа иӷәӷәазаауеит. Еилҳаргап Колумбиа инхо Самуельb зыхьӡу аизара аиҳабы иҿырԥшы. Иԥҳәыси иареи пионерс амаҵ аура ргәаԥхон. Аха дара Иегова изы еиҳаны иҟарҵаларц рҭахын, убри аҟынтә ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхоз аҭыԥахь ииасырц рыӡбеит. Уи ахықәкы анагӡаразы мап зцәыркыр акәхазгьы ҟалеит. Самуель еиҭеиҳәоит: «Матфеи 6:33 иану алабжьара ҳақәныҟәеит, насгьы иаҳҭахымыз амаҭәақәа раахәара ҳаҟәыҵит. Аха зегь раасҭа иуадаҩыз ҳуаҭах ааныжьра акәын. Уи ишаҳҭахыз еиԥшҵәҟьа иҟаҵан, ауалгьы ақәмызт». Иҿыцу аҭыԥ аҿы Самуель иԥҳәыси иареи еилыркааит уаанӡа идырҳауаз аԥара фынтә еиҵаны ирыздырхалар шрылшоз. Анаҩс иҳәоит: «Ҳара иаҳбон Иегова ҳшымҩақәиҵоз, насгьы ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵоз. Ҳара еилаҳкааит Иегова дшаҳзыразу, бзиагьы ҳшибо». Ишәылшома шәара амаҵзураҿы еиҳаны аҟаҵаразы шәыԥсҭазаараҿы ак шәыԥсахыр? Ишәылшозар, агәра ганы шәыҟаз Иегова еиҳа шәшизааигәахо, насгьы иара дышшәеиҷаҳало (Аԥсал. 18:25).
8. Ишәнарҵозеи Ивани Викториеи рҿырԥшы?
8 Амаҵзура еиҳа агәырӷьара шәзаанагалоит. Ҳрызхәыцып Киргизиа инхо пионерс амаҵ зуа Ивани Викториеи зыхьӡу хаҵеи ԥҳәыси ражәақәа. Дара амал арҳара иашьҭамызт, Иегова иорганизациа иҳаднагало алшарақәа зегьы рхы иадырхәаларц азы, иаҳҳәап аргыларатә проектқәа рыҽрылархәра. Иван еиҭеиҳәоит: «Иҿыцу адҵа ҳауцыԥхьаӡа уи гәык ала инаҳагӡон. Ҳәарада ҳааԥсон, аха ҳамчқәа зегь Иегова иахьизаҳкуаз агәырӷьара ду ҳзаанагон. Ҳара ҳаигәырӷьоит аҩызцәа ахьҳарҳаз, насгьы иаҳгәалаҳаршәар ҳалшо ахҭысқәа ахьҳамоу» (Марк 10:29, 30).
9. Илыцхраауазеи иаҳәшьак, лҭагылазаашьақәа шыцәгьоугьы, гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара, насгьы иарбан лҵшәақәоу уи иаанаго?
9 Имариам аҭагылазаашьақәа раангьы Иегова имаҵзура агәырӷьара ҳзаанагалар алшоит. Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит Мраҭашәаратәи Африка инхо Миреи зыхьӡу зықәрахь инеихьоу еибо ҳаҳәшьа лҿырԥшы. Уаанӡа лара дҳақьымын, аха тәанчара данца пионерс амаҵ аура далагеит. Миреи абаҩхьаа лымоуп, убри аҟынтә аныҟәара лцәыцәгьоуп. Ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь аҳәара дцозаргьы, сааҭк аасҭа еиҳаны амаҵ лзуӡом. Аха астендқәа рыла ажәабжь аҳәара еиҳа илылшоит. Миреи аиҭанеирақәеи абиблиатә ҵарақәеи рацәаны илымоуп. Урҭ рыбжа ҭелла имҩаԥылгоит. Илыцхраауазеи Миреи гәацԥыҳәарала ажәабжьҳәара аҽалархәра? Лара илҳәоит: «Сара Иеговеи Иисус Христоси гәык-ԥсыкала бзиа избоит. Иара убас Иегова сиҳәоит ажәабжьҳәараҿы иахьынӡасылшо еиҳаны аҟаҵара дсыцхрааларц» (Матф. 22:36, 37).
10. Ирзыԥшузеи еиҳаны Иегова имаҵ аура зҭаху, 1 Пиотр 5:10 аҿы иану инақәыршәаны?
10 Иегова иҟынтә еиҳаны арҵара шәоуеит. Маврики инхо Кенни зыхьӡу апионер изы уи ҳамҭа духеит. Аҵабырг анеиликаа иара ауниверситет аанижьит, аӡы иҽӡааихит, насгьы иаамҭа зегь амаҵзура иазикуа далагеит. Иара иҳәоит: «Сара еснагь сымҩақәырҵаларц сҭахуп аԥааимбар Исаиа ииҳәаз абарҭ ажәақәа: „Абар сахьыҟоу! Сышьҭы сара“» (Ис. 6:8). Кенни аргыларатә проектқәеи абиблиатә публикациақәа ибызшәахьы реиҭагареи иҽалаирхәуан. Иара иҳәоит: «Исыдыз адҵақәа ибзианы рынагӡара исыцхраауаз арҵара соуит». Аха иара иҟазара мацара акәӡам еизирҳаз. Иара иациҵоит: «Сара сылшарақәа ахьынӡаҟоу збеит, насгьы Иегова дсыргәырӷьаларц азы аус здызулаша аҟазшьақәа еилыскааит». (Шәаԥхьа 1 Пиотр 5:10.) Ишәылшома шәаргьы шәылшарақәа шәрызхәыцыр? Иҟалап шәыԥсҭазаараҿы ԥсахрақәак ҟаҵаны Иегова иҳадигало арҵара аиура шәылшар.
Хаҵеи-ԥҳәыси ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥ аҿы амаҵ руеит; иқәыԥшу аиаҳәшьа Аҳратә зал аргылараҿы дрыцхраауеит; зықәрахь инеихьоу хаҵеи-ԥҳәыси ҭелла ажәабжь рҳәоит. Дара зегьы амаҵзура агәырӷьара ду рзаанагоит. (Шәахәаԥш абзац 11.)
11. Ишԥарылшеи Аладатәи Кореиа инхо хҩык аиҳәшьцәа еиҳа гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)
11 Аԥышәа змоу ажәабжьҳәаҩцәагьы иҿыцу амаҵзуратә хкқәа рыҽрыладырхәларц азы арҵара рҭахуп. Аладатәи Кореиа инхо аизара аиҳабацәа еиҭарҳәеит апандемиа COVID-19 аан реизара еихьӡарас иҟанаҵаз. Абар дара ирҳәаз: «Агәамбзиара иахҟьаны ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь аҳәара зцәыцәгьаз уажәшьҭа авидеоконференциала ажәабжь рҳәоит. 80 шықәса ирҭысхьоу хҩык аиҳәшьцәа акомпиутер ахархәашьа рҵан, ирацәаны ажәабжь рҳәоит» (Аԥсал. 92:14, 15). Ишәҭахума шәаргьы еиҳа гәацԥыҳәарала ажәабжьҳәара шәҽалашәырхәлар, насгьы Иегова шаҟа дқьиоу еилышәкаар? Шәааи еилаҳкаап уи ахықәкы анагӡаразы иҟаҵалатәу.
АДОУҲАТӘ ХЫҚӘКҚӘА РЫНАГӠАРАЗЫ ИҞАҴАЛАТӘУ
12. Изықәиргәыӷуазеи Иегова иқәгәыӷуа ауаа?
12 Иегова иқәгәыӷшьа шәҵала. Анцәа игәра ҳгозар, насгьы зегь иреиӷьу иаҳҭозар, иара меигӡарахда азылԥхарақәа шҳаиҭо ҳақәиргәыӷуеит (Мал. 3:10). Колумбиа инхо Фабиола зыхьӡу аиаҳәшьа уи шиашаҵәҟьоу лхатә ԥышәала еилылкааит. Лҽанӡаалх ашьҭахь хара имгакәа лара пионерс амаҵ аура лҭаххеит. Аха аусурагьы пионерс амаҵ аурагьы реидбалара лылшарымызт, избанзар лхаҵеи хҩык лхәыҷқәеи ныҟәылгалар акәын. Убри аҟынтә Фабиола тәанчара дцартә еиԥш лықәрахь даннеи, Иегова длыцхраарц азы дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа иҳәара далагеит. Лара илҳәоит: «Абжьааԥны атәанчаҩы идокументқәа рырхиара аамҭа рацәаны иагоит. Аха сара уи мызкы заҵәык ала исзыҟарҵеит. Уи даараӡа иџьашьахәын!» Ҩымз рышьҭахь лара лгәыхәтәы наӡеит. Уажәы лара 70 шықәса дырҭысхьеит, насгьы пионерс амаҵ луеижьҭеи 20 шықәса инареиҳаны иҵуеит. Уи аамҭа иалагӡаны лара ааҩык аҳәса Иегова имаҵ аура алагара дрыцхрааит. Фабиола илҳәоит: «Зны-зынла уаҳа сылымшошәа збоит, аха Иегова есымша дсыцхраауеит исымоу аихшанҵа ақәныҟәара».
Ишԥаадырԥши Авраами Сарреи, Иакови, Иордан аӡиас ируаз аԥшьаҩцәеи Иегова ишиқәгәыӷуаз? (Шәахәаԥш абзац 13.)
13, 14. Шәызҿыԥшлар шәылшода Иегова шәиқәгәыӷларц, насгьы иҿыцу адоуҳатә хықәкқәа нашәыгӡаларц азы?
13 Иегова иқәгәыӷуаз шәырҿыԥшла. Абиблиаҿы иаагоуп зхы иамеигӡакәа Иегова изы аџьабаа збоз ауаа рыхҭысқәа рацәаны. Аха дара Иегова ҷыдала дырзылԥхаанӡа ак ҟарҵар акәын. Иаҳҳәап, Авраам «дахьцоз аҭыԥ еилкааны ишимамызгьы» иҩны анаанижь ашьҭахь ауп Иегова иҟынтә азылԥхарақәа аниоу (Аур. 11:8). Иаковгьы аухантәарак амаалықь даниақәԥоз ашьҭахь ауп Иегова ҷыдала данизылԥха (Аҟаз. 32:24—30). Израильаагьы аԥшьаҩцәа аӡиас ршьапы анҭадыргыла ауп Иордан ирны Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь анеира анрылша (Иис. Н. 3:14—16).
14 Иахьагьы Иегова иқәгәыӷуа, насгьы иҿыцу ахықәкқәа ықәзыргыло ақьырсианцәа рацәаҩуп. Даргьы ҳарҿыԥшлар ҳалшоит. Урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыӡбахә шәаԥхьар шәылшоит, иаҳҳәап, «Они с готовностью предоставили себя для служения»c захьӡу астатиақәа рҿы. Убас еиԥш иҟоу астатиақәа рыԥхьара еснагь изгәаԥхоз Пеитон иԥҳәыс Даианеи иареи ирҳәоит: «Урҭ ахҭысқәа рыԥхьара гьамала акрызфо ауаа рыхәаԥшра иаҩызоуп. Дара шаҟа урыхәаԥшуа аҟара, убриаҟара ухаҭагьы иуҭаххоит Иегова шаҟа дқьиоу агәаҭара, насгьы уи аилкаара». Аамҭак ашьҭахь Пеитони Даианеи ажәабжьҳәаҩцәа рыцхыраара ахьаҭахыз аҭыԥ ахь ииасит. Шәрыԥхьахьоума шәара урҭ астатиақәа? Иара убас шәрыхәаԥшыр шәылшоит асаит jw.org аҿы иҟоу «Проповедь в отдалённых районах. Австралия», насгьы «Проповедь в отдалённых районах. Ирландия» захьӡу авидеонҵамҭақәа. Урҭ шәыцхраауеит еиҳаны Иегова имаҵ ауразы иҟаҵалатәу аилкаара.
15. Избан ҟәыӷарала аҩызцәа ралхра зхадоу?
15 Ҟәыӷарала аҩызцәа алшәхла. Ахаан иумфац фатәык агьама абара узымариахоит, уи згәаԥхо ианрыцуфо. Убас еиԥшҵәҟьа, Иегова имаҵ аура аԥсҭазаараҿы зегь раԥхьа изыргыло ҩызцәас ишьҭаҳхыр, Иегова имаҵ аураҿы еиҳаны аҟаҵара ҳҭаххоит. Кенти Вероникеи уи бзианы ирдыруеит. Дара ирҳәоит: «Ҳҩызцәеи ҳҭаацәареи иҿыцу амаҵзуратә хкқәа рыҽрылархәра ҳгәазҭарҵон. Ҳара еилаҳкааит зыԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳра раԥхьатәи аҭыԥ аҿы изыргыло аамҭа рыцухугозар, иҿыцу ак алагара ушацәымшәо». Кенти Вероникеи уажәы Сербиа иҷыдоу пионерцәас амаҵ руеит.
16. Избан ак мап ацәкра ҳазхиазар зхадоу, Иисус иажәамаана иаҳәо инақәыршәаны? (Лука 12:16—21).
16 Иегова изы ак мап ацәкра шәазхиаз. Иегова игәы аҟаҵара зынӡа ҳхы мап ацәкра акәӡам иаанаго (Еккл. 5:19, 20). Зны-зынла ауаҩы Иегова имаҵ аураҿы еиҳаны аҟаҵара шилшогьы, ихатә интересқәа мап рыцәкра дазхиаӡам. Убри ауп Иисус иажәамаанаҿы зыӡбахә иҳәаз ауаҩгьы ихьыз. Уи Анцәа игәаанагара акәымкәа, ихы акәын дзызхәыцуаз. (Шәаԥхьа Лука 12:16—21.) Франциа инхо Кристиан зыхьӡу аиашьа иҳәоит иҭаацәареи Иеговеи уаанӡа уиаҟара аамҭа шырзалимхуаз. Уи анеиликаа иԥҳәыси иареи пионерцәас амаҵ аура иалагарц рыӡбеит. Уи азы дара русура ааныжьны аҩнқәеи аофисқәеи реилыргара иалагеит, насгьы идырҳауаз рыздырхон. Иаԥсазма уи аҟаҵара? Кристиан иҳәоит: «Уажәы еиԥш ҳмаҵзура ахаан агәырӷьара ҳзаанамгацызт! Шаҟа ҳаигәырӷьозеи аҩынтәраан ҳазҭаауа, насгьы Абиблиа зҳарҵо ауаа Иегова дахьеилыркаауа».
17. Илыцхраазеи Шерон иҿыцу ажәабжьҳәаратә метод ашьцылара?
17 Иҿыцу амаҵзуратә хкқәа шәыҽрылашәырхәла (Аус. 17:16, 17; 20:20, 21). Апандемиа COVID-19 аан ажәабжьҳәаратә методқәа рҽанырыԥсах, Еиду Аштатқәа рҿы инхо пионерс амаҵ зуа Шерон урҭ рышьцылара лцәыуадаҩын. Раԥхьа лара ҭелла ажәабжьҳәара лзыгәаӷьуамызт. Аха араионтә хылаԥшҩык уи шыҟаҵалатәу анылирба Шерон иааиԥмырҟьаӡакәа ҭелла ажәабжь аҳәара далагеит. Лара илҳәоит: «Раԥхьа сшәон, аха уажәшьҭа уи агәырӷьара ду сзаанагоит. Ҭелла еиҳа ирацәаҩны ауаа ажәабжь рзеиҭаҳҳәоит, уаанӡа ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь анаҳҳәоз аасҭа».
18. Иарбан лабжьароу иҳацхраауа ауадаҩрақәа ҳашрықәшәогьы еиҳаны ажәабжь аҳәара?
18 Аплан шьақәшәыргыл, насгьы уи шәақәныҟәала. Ауадаҩрақәа анҳамоу ҳара ацхырааразы Иегова ҳиҳәоит, насгьы ҳхы шымҩаԥаҳгаша ибзианы ҳазхәыцуеит (Ажәам. 3:21). Европатәи атәылақәа руак аҿы ациган гәыԥ аҟны пионерс амаҵ зуа Сониа уи аҿы илыцхраауа лҳәоит: «Сара аплан шьақәыргыланы ақьаад ианысҵоит, нас иахьызбо аҭыԥ аҿы иқәысҵоит. Уи адагьы, сыстол аҿы амҩеихда зну асахьа сзықәгылоуп. Аӡбара сыдыскылаанӡа уи асахьа сахәаԥшуеит, насгьы исыдыскыло аӡбара сахьнанаго сазхәыцуеит». Сониа ауадаҩрақәа анлымоугьы агәазыҟашьа бзиа аарԥшра лҽазылшәоит. Лара илҳәоит: «Зҽызыԥсахуа аҭагылазаашьақәа исԥырхагоу ак еиԥш срыхәаԥшлар алшоит, ма ԥхьаҟа ацара зласылшо ацҳа еиԥш сахәаԥшлар ауеит. Зегь зхьыԥшу уи сшазыҟоу ауп».
19. Шәгәы зызҭанаҵазеи ари астатиа?
19 Шаҟа ирацәоузеи Иегова иҳаиҭо аҳамҭақәа! Шәааи уи ирҳаракразы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап. Убас аџьшьара шааҳарԥшуа иҳарбоит (Аур. 13:15). Иҿыцу амаҵзуратә хкқәа шәыҽрылашәырхәла. Убри ала Иегова еиҳагьы дышәзылԥхаларц алшара ишәҭоит. «Игәашәҭ, насгьы еилышәкаа шаҟа дқьиоу Иегова», насгьы есыҽны ибзиоу ак шәзыҟаҵара илшәыршала. Убасҟан Иисус иеиԥш шәаргьы ишәҳәар ауеит: «Сара фатәыс исымоу Саазышьҭыз игәаԥхара аҟаҵареи иусқәа рынагӡареи ауп» (Иоанн 4:34).
АШӘА 80 «Ижәдыр, иагьеилышәкаа шаҟа дразу Иегова»
a Иегова бзиарас иҟоу зегь дахыҵхырҭоуп. Иара ауаа зегь рахь ақьиара ааирԥшуеит, ауаа цәгьақәа рахьгьы. Аха еиҳараӡак имаҵзуҩцәа аҳамҭақәа рыҭара игәаԥхоит. Ари астатиаҿы еилҳаргоит иара уи шыҟаиҵо, насгьы еиҳаны имаҵ аура зҽазызшәо ириҭо аҳамҭа ҷыдақәа.
b Хьыӡқәак ԥсахуп.
c Урҭ астатиақәа уаанӡа «Ахьчаратә бааш» аҿы иркьыԥхьуан, уажәы асаит jw.org аҿы иҟоуп (О НАС > СЛУЧАИ ИЗ ЖИЗНИ > ДУХОВНЫЕ ЦЕЛИ).