Агәыҳалалра. Ишԥеизырҳатәу уи?
ДОУСЫ иҭахуп иара ибзиоу, агәыҳалалра злоу уаҩны дрыԥхьаӡалар. Аха агәыҳалалра аарԥшра иахьа имариам. Ҳара ҳрыланхоит абзиара аҟаҵара иацәыхароу ауаа (2 Тим. 3:3). Дара рхала ирыӡбоит абзиареи ацәгьареи закәу, «абзиара цәгьараны, ацәгьара бзиараны» ирыԥхьаӡоит (Ис. 5:20). Уи адагьы уаанӡатәи ҳаԥсҭазаашьеи ҳанамӡареи анырра ҳарҭоит. Убри аҟынтә акыршықәса Иегова имаҵ зуа Еннa лцәаныррақәа рҩызцәа ҳамазар ауеит. Лара илҳәоит: «Сара суаҩ бзианы аҟалара сылшоит ҳәа агәра агара сцәыуадаҩуп».
Насыԥны, агәыҳалалра аарԥшышьа ҳҵар ауеит. Уи Анцәа иԥшьоу идоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа ируакуп. Анцәа идоуҳа ҳацхраауеит иарбанзаалак ауадаҩра аиааира: адунеи анырра, ҳакәша-мыкәша иҟоу ауаа рнырра, насгьы ҳанамӡара. Шәааи агәыҳалалра иаҵанакуа инарҭбааны ҳалацәажәап, насгьы еилаҳкаап уи еиҳа еиӷьны иааҳарԥшлар шҳалшо.
ИЗАКӘЫЗЕИ АГӘЫҲАЛАЛРА?
Агәыҳалалра аазырԥшуа ауаҩы абзиара аҟаҵареи ацқьара ахьчареи иҽазишәоит. Уи гра змам ҟазшьоуп. Ари аҟазшьа аазырԥшуа ауаҩы егьырҭ ауаа рзы еснагь ихәарҭо́у аҟаҵара дашьҭоуп.
Шәара ижәбахьазар акәхап ауаа рҭынхацәа ма рҩызцәа рзы иқьиоу уск иргәарԥханы ианыҟарҵо. Аха Анцәа агәыҳалалра аазырԥшуа уааны ҳиԥхьаӡаларц азы уи мацара азхом. Ҳәарада, ҳара агәыҳалалра инаӡаны иаҳзаарԥшӡом, избанзар Абиблиаҿы иануп: «Дыҟаӡам адгьыл аҿы гәнаҳак ҟамҵакәа, аус қьиақәа мацара ҟазҵо уаҩ иашак» (Еккл. 7:20). Апостол Павел имӡакәа иҳәеит: «Издыруеит сара сҿы, исымоу агәнаҳақәа рцәаҩаҿ ҽеи шыҟам» (Рим. 7:18). Еилкаауп агәыҳалалра еизҳарҳарц азы агәыҳалалра злоу Анцәа Иегова ицхыраара шаҳҭаху.
«ИЕГОВА ДҚЬИОУП»
Иегова агәыҳалалра аарԥшраҿы аҿырԥш бзиа ҳаиҭоит. Иара изкны Абиблиаҿы иануп: «Уара уқьиоуп, уусқәагьы қьиоуп. Исырҵа уԥҟарақәа» (Аԥсал. 119:68). Шәааи ҳарзааҭгылап ари ажәеинраалаҿы зыӡбахә ҳәоу Иегова игәыҳалалра зныԥшуа ҩ-ганк.
Иегова дқьиоуп. Агәыҳалалра Иегова ихаҭара иузаҟәымго ҟазшьоуп. Шәааи иаҳгәалаҳаршәап Иегова Моисеи абарҭ ажәақәа аниеиҳәа иҟалаз: «Сара иусырбоит сқьиара зегьы». Иегова Моисеи ихьӡ-иԥша иирбеит, агәыҳалалрагьы уахь иналаҵаны, анаҩс иҳәеит: «Иегова, Иегова, агәрыцҳашьареи агәыҭбаареи злоу Анцәа, агәыԥжәара иахымыццакуа, абзиабара злоу қьиаралеи ҵабырглеи иҭәу, зықьҩыла ауаа рахь абзиабара злоу ақьиара аазырԥшуа, азакәандареи, ацәгьоуреи, агәнаҳаи раназыжьуа, аха ахаан ахьырхәра иацәызмыхьчо» (Ақәҵ. 33:19; 34:6, 7). Ари иаҳнарбоит Иегова еснагь агәыҳалалра шааирԥшуа. Иисус агәыҳалалра аарԥшраҿы зегь раасҭа дҿырԥшыган, аха иара иҳәеит: «Анцәа заҵәык ида аӡәгьы дҳалалым» (Лука 18:19).
Иегова игәыҳалалра ишамҭақәа ирнубаалоит
Иегова иусқәа қьиоуп. Иегова иусқәа зегьы игәыҳалалра атәы рҳәоит. Абиблиаҿы иануп: «Иегова зегь рахь ақьиара ааирԥшуеит, насгьы игәшаҭара иусқәа зегьы ирныԥшуеит» (Аԥсал. 145:9). Иара еилых ҟамҵакәа ауаа зегь рахь агәыҳалалра ааирԥшуеит. Иаҳҳәап, урҭ аԥсҭазаара риҭоит, насгьы инхаларц азы дрыцхраауеит (Аус. 14:17). Иара убас ҳагхақәа ҳанаижьуеит. Аԥсаломшәаҳәаҩ иҩуеит: «О, Иегова, уара уқьиоуп, анажьра уазхиоуп» (Аԥсал. 86:5). Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова ауаа цқьақәа игәыҳалалра шрыгимыжьуа (Аԥсал. 84:11).
«АҚЬИАРА ААРԤШЫШЬА ШӘҴА»
Ҳара Анцәа ҳиеиԥшны ҳшоуп, убри аҟынтә агәыҳалалра аарԥшра ҳалшоит (Аҟаз. 1:27). Аха уи ахала иҟалаӡом. Анцәа Иажәа ҳгәазҭанаҵоит: «Ақьиара аарԥшышьа шәҵа» (Ис. 1:17). Ишԥаҳҵари уи? Ҳарзааҭгылап х-знеишьак.
Актәи, ҳара Анцәа иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭарц ҳиҳәалар ҳалшоит. Уи ақьырсианцәа агәыҳалалра аарԥшра ирыцхраауеит (Гал. 5:22). Ҳара ацәгьара ҳцәымӷзароуп, абзиара бзиа иаҳбалароуп, уи аҿы иԥшьоу адоуҳа ҳацхраауеит (Рим. 12:9). Абиблиаҿы иануп Иегова ажәа хирқәеи аус бзиақәеи рыла ҳгәы шышьҭихуа (2 Фес. 2:16, 17).
Аҩбатәи, ҳара Анцәа Иажәа ҳаԥхьалароуп. Усҟан Иегова агәыҳалалра аарԥшра иаанаго ҳирҵоит, насгьы «аус бзиақәа» ҳарзыҟаиҵоит (Ажәам. 2:9; 2 Тим. 3:17). Ҳара ҳгәы ахазынаҭра иаҿҳарԥшыр ҳалшоит. Абиблиа ҳанаԥхьо, насгьы еилаҳкааз ҳаназхәыцуа, ҳхазынаҭра зеиԥшыҟам Анцәа ихәыцрақәеи игәҭакқәеи рыла иҳарҭәуеит. Урҭ есымша ахәарҭа ҳзааргоит (Лука 6:45; Еф. 5:9).
Ахԥатәи, ҳара абиблиатә ааԥхьара «абзиа уаҿыԥшла» ақәныҟәара ҳҽазаҳшәоит (3 Иоанн 11). Абиблиаҿы имаҷымкәа ҳазҿыԥшыр ҳалшо ауаа рыӡбахә ануп. Ҳәарада, Иеговеи Иисуси роуп зеиԥшыҟам аҿырԥшы ҳазҭо. Дарбан еиҭа зус қьиақәа рыла еицырдыруаз? Иҟалап иаразнак шәхахьы иааиуазар Тавифеи Варнавеи (Аус. 9:36; 11:22—24). Абиблиаҿы урҭ рыӡбахә шәанаԥхьо, шәхазы имаҷымкәа ахәарҭа алыжәгар шәылшоит. Иазгәашәҭ дара егьырҭ ишрыцхраауаз. Шәазхәыц шәҭынхацәа, ма аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рҟынтә шәзыцхраар шәылшо. Уи адагьы, Тавифеи Варнавеи рус қьиақәа рзы Анцәа азылԥхарақәа шриҭаз шәазхәыц. Шәаргьы убас еиԥш иҟоу аҳамҭа шәзыԥшуп.
Иахьагьы иҟоуп аус қьиақәа ҟазҵо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Шәрызхәыц агәыҳалалра аарԥшра бзиа избо, аизара аусқәа рзы гәык-ԥсык ала аџьабаа збо аизара аиҳабацәа. Иаҳхамышҭлап иара убас ражәақәеи русқәеи рыла «аус бзиақәа рыҟаҵара» иашьҭоу, насгьы аҿырԥш бзиа ҳзырбо Анцәа изиашоу аиаҳәшьцәагьы (Тит 1:8; 2:3). Розлин зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Сара сҩыза гәакьа еснагь лҽазылшәоит аизараҿы егьырҭ рыцхраара, насгьы ргәы ашьҭыхра. Лара урҭ рҭагылазаашьа аилкаара лҽазылшәоит, насгьы лассы-лассы аҳамҭа хәыҷқәа рзыҟалҵоит, ма илылшо ала дрыцхраауеит. Лара ииашаҵәҟьаны аус қьиақәа ҟазҵо уаҩуп».
Иегова имаҵзуҩцәа ааиԥхьоит: «Абзиара шәашьҭаз» (Ам. 5:14). Ус ҟаҳҵалар, Анцәа инормақәа бзиа иаҳбоит, убасҟан агәыҳалалра аарԥшра ҳҭаххоит.
Ҳара иқьиоу уаҩны ҳаҟазар ҳҭахуп, насгьы аус қьиақәа рыҟаҵара ҳҽазаҳшәоит
Ҳара ҳамхәыцлар ауп агәыҳалалра аарԥшра зылшо узыршанхо ак ҟазҵо, ма зыхә ҳараку аҳамҭақәа узҭо мацара иоуп ҳәа. Асахьаҭыхҩы зныкала ишәыга ақьаад иахьшьны асахьа изҭыхӡом, уи азы акырынтә иахьишьроуп. Убас еиԥш ҳаргьы ҳуаҩ қьианы ҳаҟазарц азы ирацәаны аус қьиақәа ҟаҳҵалароуп, урҭ уиаҟара улаԥш иҵамшәозаргьы.
Абиблиа ҳаанаԥхьоит иарбанзаалак аус бзиақәа рыҟаҵара ҳазхиазарц (Тит 3:1). Ауаҩ иахь аинтерес ааҳарԥшуазар, «бзиарак ахьизыҟаҳҵаша, доуҳала излаизҳаша гәцаракны» ҳаҟазаалоит (Рим. 15:2). Иаҳҳәап, иҳамоу акы ицеиҩаҳшар ҳалшоит (Ажәам. 3:27). Мамзаргьы шьыбжьхьа афара дааҳаԥхьар, ма игәы шьҭызхуа акы ҳалацәажәар ауеит. Дычмазаҩхазар, аацҳара изаҳашьҭыр, ҳаиҭаар, ма аҭел ҳаизасыр ҟалоит. Ирацәоуп «уаҩы хәарҭа изҭаша, игәрахаҵара зырҵаулаша» аҳәара ҳалзыршо азнеишьақәа (Еф. 4:29).
Ҳара Иегова иеиԥш зегьы аус қьиақәа рзыҟаҳҵалар ҳҭахуп. Убри аҟынтә ауаа еилых ҟамҵакәа ҳарзыҟоуп. Уи аҟаҵаразы зегь раасҭа еиӷьу лшароуп Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь рзеиҭаҳәара. Иисус ишҳадиҵаз еиԥш ҳара ҳҽазаҳшәоит ҳазцәымӷу рахьгьы ақьиара аарԥшра (Лука 6:27). Ақьиара аарԥшра есымша ииашоуп, уи иаҿагыло азакәан ыҟаӡам (Гал. 5:22, 23). Ҳара ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳанрықәшәо, ма ииашамкәа ианҳазныҟәо, ақьиара ааҳарԥшуазар, егьырҭ ауаа аҵабырг ахь аинтерес рызцәыраҳгоит, насгьы Анцәа дҳараҳкуеит (1 Пиотр 3:16, 17).
АГӘЫҲАЛАЛРА ИУЗААНАГО АҲАМҬА
Ажәамаанақәа 14:14 аҿы иануп ауаҩ қьиа «иусқәа изааргаз алҵшәа игәы арҭәуеит» ҳәа. Иаанагозеи уи? Ауаа қьиарыла ҳанырзыҟоу, даргьы ҳара ҳахь уи аҟазшьа аадырԥшыр рылшоит (Ажәам. 14:22). Аха ус иҟамларгьы, ҳус қьиақәа рыбзоурала ргәы ҳартатар ҳалшоит (Рим. 12:20).
Ацәгьара аҟаҵара иаҟәыҵны ақьиара бзиа избаз рыԥсҭазаара еиҳа еиӷьхеит. Абар Ненси лҿырԥштәы. Лара еиҭалҳәоит: «Сара ауаҩы иҳәатәы саҳаӡомызт, ламысдарала схы мҩаԥызгон, аӡәгьы пату иқәысҵомызт. Аха ақьиара иазку Анцәа инормақәа анеилыскаа, урҭ инарықәыршәаны сыԥсҭазаара анысыԥсах, еиҳа насыԥ соуит, насгьы схы шьҭысхыртә сҟалеит».
Агәыҳалалра аарԥшра ҳгәазҭазҵо зегь раасҭа ихадоу амзыз, уи Иегова дахьаргәырӷьо ауп. Ҳара иҟаҳҵо аус қьиақәа аӡәырҩы ирымбозаргьы, уи Иегова ибоит. Иара идыруеит иҟаҳҵо ҳус қьиақәа зегьы, насгьы урҭ ҳанрызхәыцуаҵәҟьагьы (Еф. 6:7, 8). Иарбан ҳамҭоу иаҳзыԥшу? Ажәамаанақәа 12:2 аҿы иануп: «Ауаҩ қьиа Иегова иҟынтә аразра иоуеит». Убри аҟынтә, шәааи анаҩсгьы аус қьиақәа ҟаҳҵалап. Иегова агәра ҳиргоит аус қьиақәа ҟазҵо «ахьӡ-аԥша, аҳаҭыр» шриҭо (Рим. 2:10).
a Хьыӡқәак ԥсахуп.