АШӘА 117
Абзиара ҟаҳҵалап
(2 Ашықәсынҵа 6:41)
- 1. Шаҟа бзиара ҳурбазеи, - Ҳаб, уа уразра рацәоуп. - Уи уусқәа рҿы иаҳбарҭоуп, - Уҟоуп гәыкала, уԥшьоуп. - Ахә ҳамшьои, Иегова, улԥха, - Ҳа ҳзыԥсам угәыбылра. - Ҳумҵахырхәаларц уаԥсами, - Уҳарҽхәоит еснагь ҳара! 
- 2. Ҳанцәа, бзиарас иулоу - Ҳашьцәа русқәа рҿы иааԥшуеит. - Дара рхымҩаԥгашьа бзиа - Рмаҵзурала жәлар ирбоит. - Ахьча иеиԥш напхгара ҳауҭоит - Аҵара ҳара иаҳҵарц, - Удоуҳа цқьа ҳауҭарц ҳуҳәоит, - Аус бзиақәа ҟаҳҵарц! 
- 3. Ҳашьцәа рахь, еилых ҟамҵакәа, - Иааҳарԥшлап агәыбылра. - Аус бзиақәа ҳарҿиозар, - Урҭ ҳарҩызцәахоит ҳара. - Ҩныз, еизараз, ҳахьцалакгьы, - Аус бзиа ҟаҳҵалап. - Уи азы умч ҳауҭарц ҳуҳәоит, - Гәыҭбаарала иҟоу Ҳаб! 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 103:10; Марк 10:18; Гал. 5:22; Еф. 5:9.)