Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 август ад. 20—25
  • Иегова изы иҟашәҵалар шәылшо шәалагәырӷьала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова изы иҟашәҵалар шәылшо шәалагәырӷьала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АГӘЫРӶЬАРА ЗХЬЫԤШУ
  • АГӘЫРӶЬАРА ЕИЗҲАРҲАЛАР ШҲАЛШО
  • АГӘЫРӶЬАРА ҲЗААЗГО АХЫҚӘКҚӘА
  • Адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылареи рынагӡареи иҳацхраауа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Иаҳҵозеи ҳара аталантқәа ирызку ажәамаана аҟынтәи?
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Аҿар, иқәшәыргылома шәара адоуҳатә хықәкқәа?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Агәырӷьара Анцәа иҟынтә ҳамҭоуп
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 август ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 33

Иегова изы иҟашәҵалар шәылшо шәалагәырӷьала

«Ула иабо уалагәырӷьалар еиӷьуп, иумоуа уеилаҳалар аасҭа» (ЕККЛ. 6:9).

АШӘА 111 Агәырӷьаразы амзызқәа

АХҲӘААa

1. Иҟарҵозеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы еиҳаны Иегова имаҵ руларц азы?

АРИ АДУНЕИ аҵыхәтәа ирласны ааигәахара иаҿуп, убри аҟынтә иҟаҳҵаша рацәоуп (Матф. 24:14; Лука 10:2; 1 Пиотр 5:2). Ҳара зегьы Иегова имаҵ аураҿы аџьабаа рацәаны иаҳбалар ҳҭахуп. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы еиҳаны ажәабжь рҳәаларц рыӡбеит. Шьоукы пионерс амаҵ аура хықәкыс иқәдыргылеит. Егьырҭ Вефиль аҿы амаҵ аура, ма аргыларатә проектқәа рыҽрыладырхәларц рыӡбеит. Иара убас маҵзуратә цхырааҩыс, ма аизара аиҳабыс аҟалара зҽазызшәо аишьцәа рхыԥхьаӡара даара ирацәоуп (1 Тим. 3:1, 8). Иегова ижәлар уи аҩыза агәазыҟашьа ахьрымоу игәы ҟанаҵоит! (Аԥсал. 110:3; Ис. 6:8).

2. Ҳхы ҳбалар шԥалшо иаҳҭаху адоуҳатә хықәкқәа анаҳзынамыгӡо?

2 Зны-зынла иқәҳаргылаз адоуҳатә хықәкқәа ҳзынамыгӡакәа иаанхоит. Шьоукы рықәра, ма даҽа ҭагылазаашьақәак ирыхҟьаны ирҭахыз аҭакԥхықәрақәа рмоуӡеит. Уи ргәы канажьуеит (Ажәам. 13:12). Иаҳҳәап, Мелиссаb Вефиль аҿы амаҵ аура, ма Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол аҿы аҵара дахысырц лҭахуп, аха лықәра илнаҭаӡом. Лара илҳәоит: «Сара сгәыхәтәы сзынагӡаӡом. Зны-зынла уи ӷәӷәала сгәы канажьуеит».

3. Иҟарҵалар акәзеи еиҳаны аҭакԥхықәрақәа заурц зҭаху?

3 Иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова имаҵ аураҿы еиҳаны иҟарҵаларц азы доуҳала иӷәӷәазароуп, адоуҳатә ҟазшьақәагьы еиздырҳароуп. Ганкахьала дара ахшыҩ бзиа рымазар, еилҟьазар, рымч ҭазар ауеит. Аха даҽа ганкахьала агәеилых бзиеи, ачҳареи, аҟәымшәышәреи рзымхозар алшоит. Ишәзымхо аҟазшьақәа еизшәырҳала. Убасҟан аизара аиҳабацәа шәанақәымгәыӷуа аҭакԥхықәрақәа шәыдырҵар ауеит. Абар Ник дзықәшәаз. 20 шықәса анихыҵуаз маҵзуратә цхырааҩыс дахьыҟарымҵоз даара игәы иалан. Иара иҳәоит: «Сара ииашамкәа иҟасҵоз сзеилкаауамызт». Аха Ник игәы каижьуамызт. Иара ирацәаны ажәабжь иҳәон, насгьы аизараҿы идырҵоз адҵақәа зегь гәыкала инаигӡон. Иахьа Ник афилиалқәа руак акомитет аҿы амаҵ иуеит.

4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

4 Шәгәы канажьуама доуҳатә хықәкык макьана иахьышәзынамыгӡо? Ус акәзар Иегова уи изеиҭашәҳәа (Аԥсал. 37:5—7). Уи адагьы аԥышәа змоу ақьырсианцәа шәразҵаар ауеит шәмаҵзура еиӷьышәтәыр шшәылшо. Анаҩс ишәырҭо алабжьарақәа шәрықәныҟәа. Иҟалап убасҟан ишәҭаху аҭакԥхықәрақәа шәыдырҵар, ма шәхықәкқәа нашәыгӡар. Аха Мелисса леиԥш макьана хықәкқәак шәзынамыгӡаргьы алшоит. Ишәыцхраауазеи усҟан агәырӷьара ахьчара? Ари азҵаара аҭак ҳаурц азы шәааи еилаҳкаап: 1) агәырӷьара зхьыԥшу, 2) уи еизҳарҳалар шҳалшо, насгьы 3) агәырӷьара ҳзаазго ахықәкқәа.

АГӘЫРӶЬАРА ЗХЬЫԤШУ

5. Изхьыԥшузеи агәырӷьара? (Екклезиаст 6:9).

5 Екклезиаст 6:9 (шәаԥхьа) иану ажәақәа агәырӷьара зхьыԥшу ҳаилдыркаауеит. Ауаҩы имоу далагәырӷьозар иԥсҭазаара дахашшаалаӡом. Аха имам деилаҳауазар ахаан имоуа дазхәыцлоит. Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Агәырӷьара ҳамазарц азы иҳамоу ахә ҳшьалароуп, насгьы иаҳзынагӡо ахықәкқәа ықәҳаргылалароуп.

6. Иарбан ажәамааноу уажәы ҳзыхцәажәо, насгьы ҳаззааҭгылозеи еиҳарак?

6 Ҳәарада, ауаҩы есымша иҿыцу ахықәкқәа ықәиргылалар, насгьы урҭ наигӡалар иҭахуп. Иҳалшома нас иҳамоу ҳзырхара? Ааи, уи адагьы уи ҳалагәырӷьалар ауеит. Иҳацхраауазеи уи аҿы? Шәааи Иисус аталантқәа ирызкны иааигаз ажәамаана ҳахцәажәап (Матф. 25:14—30). Ҳара еиҳараӡак ҳазааҭгылоит ҳҭагылазаашьақәа рҿы агәырӷьара ааҳарԥшлар, насгьы уи еизҳарҳалар шҳалшо.

АГӘЫРӶЬАРА ЕИЗҲАРҲАЛАР ШҲАЛШО

7. Иаҳзеиҭашәҳәа Иисус аталантқәа ирызкны иааигаз ажәамаана.

7 Иисус иааигаз ажәамаанаҿы амҩа хара змаз ахаҵа итәцәа аталантқәа рзишан, урҭ уск ахь ирышьҭырц рыдиҵеит. Дара рылшарақәа дрызхәыцны актәи атәы хә-талантк ииҭеит, аҩбатәи — ҩ-талантк, ахԥатәи — таланткc. Ҩыџьа атәцәа ирыдыз аус ҭакԥхықәрала иазнеит. Ахԥатәи атәы аԥара аус ахь имышьҭӡеит, убри аҟынтә иԥшәма иразра ицәыӡит.

8. Дзеигәырӷьалар илшози актәи атәы?

8 Актәи атәы иԥшәма игәра ганы хә-талантк ахьииҭаз даараӡа игәы иахәазар ҟалап. Уи мал дуун. Ус анакәха аԥшәма итәы даараӡа игәра игон. Иаҳҳәар ҳалшозеи аҩбатәи атәы изкны? Иара актәи атәы иоуз аҟара ахьимоуз игәы иалсыр ауан. Аха иҟаиҵеи иара?

Иарбан ҿырԥшу аҩбатәи атәы иҳаиҭаз, Иисус аталантқәа ирызкны иааигаз ажәамаанаҿы? 1. Иԥшәма ҩ-талантк ахьииҭаз деигәырӷьон. 2. Иара гәыкала иԥшәма изы аџьабаа ибеит. 3. Иԥшәма ииҭаз аталантқәа раҟара адиргылеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 9—11.)

9. Иҟаимҵазеи аҩбатәи атәы? (Матфеи 25:22, 23).

9 Шәаԥхьа Матфеи 25:22, 23. Ажәамаанаҿы џьаргьы иҳәаӡам аҩбатәи атәы ҩ-талантк мацара ахьиоуз игәы иалсит ҳәа. Иисус имҳәаӡеит уи атәы абас дгәамҵуан ҳәа: «Абри мацара аума сара исиҭаз? Актәи атәы хә-талантк анииҭоз сара ҩ-талантк заҵәык зсиҭеи? Сызлаиеицәои сара уи? Сыԥшәма сзыԥсоу изымдыруазар исиҭаз аталантқәа адгьыл аҿы ижны сусқәа ҟасҵалоит».

10. Ихы ишԥаирхәеи аҩбатәи атәы ирҭаз аталантқәа?

10 Актәи атәы иеиԥш аҩбатәи атәгьы идыз адҵа ҭакԥхықәрала дазнеит, насгьы гәыкала иԥшәма изы аџьабаа ибеит, ииҭаз аталантқәа раҟара адиргылеит. Иибаз аџьабаазы иԥшәма дирҽхәеит, еиҳаны аҭакԥхықәрақәагьы идиҵеит.

11. Иҳацхраауазеи агәырӷьара аизырҳара?

11 Убас еиԥш ҳаргьы Иегова имаҵзураҿы иҳадырҵо адҵақәа гәыкала инаҳагӡозар, еиҳагьы агәырӷьара ҳауеит. Убри аҟынтә гәацԥыҳәарала ажәабжь шәҳәала, насгьы аизара аусқәа шәыҽрылашәырхәла (Аус. 18:5; Аур. 10:24, 25). Аизарақәа ибзианы шәҽырзыҟашәҵала, иҟашәҵо аҭакқәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭнахларц азы. Аизарақәа рҿы адҵақәа шәыманы шәықәгылозар, урҭ ибзианы шәҽырзыҟашәҵала. Аишьцәа аказы ишәыҳәазар еиҵамырхакәа ианаамҭоу инашәыгӡа. Уи баша шәаамҭа зго усуп ҳәа шәмыԥхьаӡалан. Шәҟазара аиӷьтәра шәҽазышәшәала (Ажәам. 22:29). Иегова изы шаҟа аџьабаа жәбо аҟара убриаҟара шәеиҩызарагьы ӷәӷәахалоит, ишәымоу агәырӷьарагьы еизҳалоит (Гал. 6:4). Иара убас ишәҭахыз аҭакԥхықәрақәа егьырҭ ианрыдырҵо урҭ шәрыцгәырӷьалоит (Рим. 12:15; Гал. 5:26).

12. Иҟарҵазеи Мелиссеи Ники еиҳаны агәырӷьара роуларц азы?

12 Ҳхынҳәып Мелисса лҿырԥшахьы. Лара еилылкаауеит Вефиль аҿы амаҵ аура, ма Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол ахысра уажәшьҭа ишлылымшо. Аха лара илҳәоит: «Сара пионерс амаҵ зуеит. Уи гәыкала иҟасҵоит. Уи адагьы, еиуеиԥшым ажәабжьҳәаратә методқәа сыҽрыласырхәуеит. Уи саргәырӷьоит». Ицхраазеи Ник маҵзуратә цхырааҩыс дахьыҟарымҵоз азы игәы акамыжьра? Иара иҳәеит: «Иҟасҵар сылшоз схы азысышьҭит. Ирацәаны ажәабжь сҳәон, насгьы ибзианы аизарақәа сҽырзыҟасҵон, сҭакқәа рыла аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭысхларц азы. Иара убас Вефиль аҿы амаҵ ауразы арзаҳал хасырҭәааит. Шықәсык ашьҭахь уахь ааԥхьара сырҭеит».

13. Ҳхы шԥаҳбало иҳаду адҵақәа гәык-ԥсыкала инаҳагӡозар? (Екклезиаст 2:24).

13 Шәара ишәыдырҵо адҵақәа гәык-ԥсыкала инашәыгӡозар ишәыдырҵар алшома еиҳау аҭакԥхықәрақәагьы? Ник иҿырԥшы ишаҳнарбо еиԥш ишәыдырҵар алшоит. Аха ус иҟамларгьы шәара Мелисса леиԥш гәык-ԥсыкала ишәыду адҵақәа ахьынашәыгӡо азы агәырӷьара шәоуеит, шәџьабаагьы агәахәара шәзаанагалоит. (Шәаԥхьа Екклезиаст 2:24.) Уи адагьы, ҳара ҳзы насыԥ дууп иаҳбо аџьабаа Иҳақәиҭу Иисус Христос дахьаргәырӷьо.

АГӘЫРӶЬАРА ҲЗААЗГО АХЫҚӘКҚӘА

14. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи адоуҳатә хықәкқәа рганахь ала?

14 Ҳара Иегова имаҵзураҿы уажәы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, иаанагома уи уаҳа ахықәкқәа ықәҳаргылалаӡом ҳәа? Адоуҳатә хықәкқәа хымԥада иқәыргылалатәуп. Ус ҟаҳамҵалар ажәабжьҳәараҿы ҳҟазара ҳзеиӷьтәлаӡом, насгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳазрыцхраалаӡом. Адоуҳатә хықәкқәа рынагӡаразы аҟәыӷареи ахӡырымгареи ҳалазароуп, насгьы егьырҭ рҭахрақәа ҳара ҳҭахрақәа раасҭа ихаданы иҳаԥхьаӡалароуп (Ажәам. 11:2; Аус. 20:35).

15. Иарбан хықәкқәоу инашәыгӡар шәылшо, агәырӷьара шәоурц азы?

15 Иарбан хықәкқәоу иқәшәыргылар шәылшо? Иегова шәиҳәала шәҭагылазаашьақәа шәрызхәыцны зынагӡара шәылшо ахықәкқәа рықәыргылара дшәыцхраарц (Ажәам. 16:3; Иак. 1:5). Иҟалап ари астатиаҿы раԥхьатәи абзацқәа рҿы иаагаз ахықәкқәа руак анагӡара шәылшар, иаҳҳәап ицхырааҩу пионерс, ма пионерс амаҵ аура, Вефиль аҿы амаҵ аура, ма аргыларатә проектқәа рыҽрылархәра. Ишәылшома даҽа бызшәак аҵара, амаҵзураҿы шәхы иашәырхәаларц азы, ма уи абызшәала иахьцәажәо шәиасырц азы? Ажәабжьҳәара еиҳаны шәҽалашәырхәлар шшәылшо еилышәкаар ауеит ашәҟәы «Организованы, чтобы исполнять волю Иеговы» 10-тәи ахы аҟынтә, мамзаргьы аизара аиҳабацәа шәрыдҵаалар шәылшоитd. Шәхықәкы анагӡара еиҳа-еиҳа шәазааигәахацыԥхьаӡа шәеихьӡарақәа егьырҭгьы ирбарҭахоит, шәхаҭагьы агәырӷьара шәымазаауеит.

16. Иҟашәҵар шәылшозеи шәҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны хықәкык анагӡара шәылымшозар?

16 Аха иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны хыхь зыӡбахә ҳәаз ахықәкқәа рынагӡара ҳалымшозар? Усҟан ҳамч зықәхо даҽа хықәкык ықәҳаргылароуп. Иааҳгап вариантқәак.

Иарбан хықәкқәоу иқәшәыргылар шәылшо? (Шәахәаԥш абзац 17.)f

17. Ицхраауазеи аиашьа ирҵаҩратә ҟазара аиӷьтәра, 1 Тимофеи иахь 4:13, 15 иану инақәыршәаны?

17 Шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 4:13, 15. Уара иӡааху аиашьа уакәзар, ажәахәқәа рыла еиҳа еиӷьны ақәгылара, насгьы урҵаратә ҟазара аиӷьтәра уҽазышәала. Уи гәыкала иҟаҵала. Убасҟан узыԥхьо, иуҳәо, насгьы идурҵо иузыӡырҩуа ргәаҵанӡа инеиуеит. Аброшиура «Аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара еиӷьтәла» ибзианы аҭҵаара хықәкыс иқәыргыл. Аха иаразнак аурокқәа зегьы рыҭҵаара уаламган. Урҭ акакала иҭҵаала. Арҵараҿы аџьабаа ду збо аизара аиҳабацәа ацхырааразы урыҳәала, иаҳҳәап адҵақәа змоу алабжьарақәа рызҭо аиашьаe (1 Тим. 5:17). Аха уҟазара аиӷьтәра адагьы иузыӡырҩуа рыгәрахаҵара арӷәӷәара урыцхраала, насгьы еилыркаауа ахархәара ргәазҭаҵала. Уи уаргьы иузыӡырҩуагьы агәырӷьара рзаанагалоит.

Иарбан хықәкқәоу иқәшәыргылар шәылшо? (Шәахәаԥш абзац 18.)g

18. Иҳацхраар алшозеи еиҳа ҟазарыла ажәабжь аҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи?

18 Ҳара зегьы ихадоу адҵа ҳадуп: ажәабжь аҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи (Матф. 28:19, 20; Рим. 10:14). Ишәҭахума уи адҵа еиҳа ҟазарыла анагӡара? Уи аҿы ишәыцхраауеит аброшиура «Уҟазара еиӷьтәла». Аурокқәа аус анрыдыжәуло ахықәкқәа ықәшәыргылала, уа иаагоу алабжьарақәа рхархәашьа шәҵарц азы. Аусуратә тетрад «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» аҿгьы алабжьарақәа шәыԥшаар шәылшоит. Иара убас аусура амшқәа раан имҩаԥысуа аизарақәа рҿы иддырбо аицәажәарақәа рыхкқәа рвидеонҵамҭақәагьы шәыцхраар ауеит. Еиуеиԥшым авариантқәа шәхы иашәырхәацыԥхьаӡа шәара ишәнаало шәыԥшаауеит. Убасҟан аҟазара злоу рҵаҩцәаны шәҟалоит, агәырӷьарагьы шәымазаауеит (2 Тим. 4:5).

Иарбан хықәкқәоу иқәшәыргылар шәылшо? (Шәахәаԥш абзац 19.)h

19. Ишәыцхраар алшозеи ақьырсиантә ҟазшьақәа реизырҳара?

19 Иқәшәыргылаша ахықәкқәа шәанрызхәыцуа зегь раасҭа ихадоу ақьырсиантә ҟазшьақәа реизырҳара шакәу шәхашәмыршҭлан (Гал. 5:22, 23; Кәал. 3:12; 2 Пиотр 1:5—8). Ишԥаҟаҵалатәу уи? Иаҳҳәап шәара шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәар шәҭахуп. Ус акәзар ишәыцхраар алшо ҳпубликациақәа рҿы иаагоу алабжьарақәа шәрыхәаԥшыр ауеит. Иара убас шәеиҭарыхәаԥшыр алшоит еиуеиԥшым аԥышәарақәа раан агәрахаҵара ӷәӷәа аазырԥшыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыӡбахә ахьаҳәо JW Broadcasting® аҭыжьымҭақәа. Шәазхәыц урҭ шәырҿыԥшлар шшәылшо. Уи ахәарҭа ду шәзаанагоит.

20. Иҟаҵалатәузеи ҳзыргәырӷьо рацәазарц, насгьы ҳгәы казыжьуа маҷзарц азы?

20 Ҳәарада, ҳара зегьы иаҳҭахуп Иегова изы еиҳаны аҟаҵара. Адунеи ҿыц аҿы уи ҳалшоит. Аха уаанӡа шәааи Иегова имаҵзураҿы иҳалшо ҟаҳҵалап. Усҟан ҳаԥсҭазаараҿы ҳзыргәырӷьо рацәахоит, насгьы ҳгәы казыжьуа маҷхоит. Аха зегь раасҭа ихадоу «насыԥ-шара змоу Анцәа» Иегова ҳмаҵзурала дҳараҳклоит (1 Тим. 1:11). Шәааи Иегова изы иҳалшо зегь ахьыҟаҳҵо ҳалагәырӷьалап!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥаҳацхраауеи Иисус аталантқәа ирызкны иааигаз ажәамаана, инаҳагӡо адҵақәа зеиԥшразаалакгьы урҭ рылагәырӷьара?

  • Ишԥаҳалшо ҳарҵаҩратә ҟазара аиӷьтәра?

  • Иарбан шәымч зықәхо хықәкқәоу иҵегьы иқәшәыргылар шәылшо?

АШӘА 82 Шәылашара лашалааит

a Ҳара Иегова бзиа даҳбоит, гәыкала имаҵ ҳауларгьы ҳҭахуп. Убри аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы еиҳаны ажәабжь аҳәара рҽазыршәоит, насгьы аизараҿы еиҳаны аҭакԥхықәрақәа рыдырҵарц азы рхы аус адырулоит. Аха иҳалшо зегь шыҟаҳҵогьы хықәкқәак ҳзынамыгӡозар? Иҳацхраауазеи ҳгәы камыжькәа агәырӷьара ахьчара? Арҭ азҵаарақәа рҭак Иисус аталантқәа ирызкны иааигаз ажәамаанаҿы иҳаԥшаауеит.

b Хьыӡқәак ԥсахуп.

c ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Усҟантәи аамҭазы талантк арҳаразы иаабац аусуҩы 20 шықәса аус иур акәын.

d Иӡааху аишьцәа Абиблиа ргәазҭанаҵоит маҵзуратә цхырааҩцәаны, насгьы аизара аиҳабацәаны аҟалара рҽазыршәаларц. Уи азы дара иҟарҵалар рыхәҭоу атәы аҳәоит ашәҟәы «Организованы, чтобы исполнять волю Иеговы» 5-тәи, 6-тәи ахқәа рҿы.

e ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Алабжьарақәа рызҭо аиашьа — уи аизара аиҳабы иоуп. Иара аизара аиҳабацәеи амаҵзуратә цхырааҩцәеи иреиҳәоит аус здырулаша, еиҳа еиӷьны ажәахәқәа рыманы иқәгылаларц, ахцәажәарақәа мҩаԥыргаларц, насгьы аизарақәа рҿы абзацқәа ирыԥхьаларц. Иара уи аныҟаиҵо хаҭала данрацәажәо, насгьы уи аҩыза аҭахра аныҟоу ауп.

f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиашьа ирҵаҩратә ҟазара еиӷьитәырц ахықәкы ықәиргылеит. Ихықәкы наигӡарц азы ҳпубликациақәа ҭиҵаауеит.

g АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиаҳәшьа лхатә усқәа данырҿу ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭалҳәаларц хықәкыс иқәлыргылеит. Убри аҟынтә лымаҵ зуа аԥҳәыс асаит jw.org ахь ухьазырԥшуа абӷьыц лылҭоит.

h АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Ақьырсиантә ҟазшьақәа реизырҳара хықәкыс иқәзыргылаз аиаҳәшьа даҽа иаҳәшьак аҳамҭа лылҭоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра