Агәырӷьара Анцәа иҟынтә ҳамҭоуп
АУАА зегьы насыԥ рымазарц рҭахуп. Аха арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы зегьы ауадаҩрақәа ирықәшәоит (2 Тимофеи иахь 3:1). Шьоукы агәырӷьара рцәыӡуеит, избанзар аиашамра иақәшәоит, ичмазаҩхоит, русурҭа рцәыӡуеит, мамзаргьы ирзааигәоу дырцәыԥсуеит. Егьырҭ ргәы дзырхьуа даҽа ҭагылазаашьақәак ирықәшәоит. Иегова ишаҳаҭцәагьы ргәы каҳар, насгьы агәырӷьара рцәыӡыр алшоит. Шәаргьы ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа шәақәшәазар, ишԥашәылшо ҿыц агәырӷьара аиура?
Ари азҵаара аҭак ҟаҳҵарц азы раԥхьа агәырӷьара закәу еилаҳкаар ауп, насгьы шьоукы ауадаҩра ӷәӷәақәа шрымазгьы, агәырӷьара ахьчара шрылшаз еилҳаргар ауп. Усҟан иаҳбоит агәырӷьара ахьчареи аизырҳареи шҳалшо.
ИЗАКӘЫЗЕИ АГӘЫРӶЬАРА?
Агәырӷьара иаанагаӡом еснагь аччара. Шәазхәыц: ижәны иҟоу ауаҩы абжьааԥны еиԥш акәымкәа еиҳаны дыччалар ауеит, аха ианихыԥсаалак аччара даҟәыҵуеит, насгьы еиликаауеит иуадаҩрақәа мыӡбаӡакәа ишынхаз. Иара аамҭала акәын игәалаҟазаара анбзиаз, убри аҟынтә уи ииашаҵәҟьоу гәырӷьарамызт (Ажәамаанақәа 14:13).
Ииашаҵәҟьоу агәырӷьара акәзар, уи ибзиоу ак анҳауа, мамзаргьы ҳаназыԥшу иҳазцәырҵуа, ҳгәаҟынтә иаауа цәанырра ӷәӷәоуп. Агәырӷьара ҳамазар, ҳҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы насыԥ ҳамазаауеит (1 Фессалоникаа рахь 1:6, АдҾ). Ҳәарада, ҳгәы ҳзырхьуа акы ҳақәшәар алшоит, аха уеизгьы агәырӷьара ҳцәыӡӡом. Ҿырԥштәыс иааҳгап апостолцәа. Урҭ Иисус иӡбахә ауаа иахьрыладырҵәоз азы ирыпҟеит. Аха дара «асинедрион идәылҵит Иҳақәиҭу Иисус иҵыхәала ирыхҭнырҟьаз ахьрылаӡаз, абарҭ агәаҟрақәа иахьрыԥсахаз иеигәырӷьаны» (Аусқәа 5:41). Дара зеигәырӷьоз иахьырыпҟаз акәӡам, аха Анцәа изиашаны иахьаанхаз ауп.
Агәырӷьара ари ауаҩы ициуа, мамзаргьы ахала еизҳауа ҟазшьаӡам. Избан? Избанзар ииашаҵәҟьоу агәырӷьара Анцәа иԥшьоу идоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа ируакуп. Анцәа идоуҳа ҳацхраауеит иҿыцу уаҩны аҟалара, уахь иаҵанакуеит агәырӷьара аизырҳара (Ефесаа рахь 4:24; Галаҭаа рахь 5:22). Агәырӷьара анҳамоу ауадаҩрақәа рыхгара еиҳа иаҳзымариахоит.
ҲАЗҾЫԤШЛАР ҲАЛШО АҾЫРԤШТӘҚӘА
Иегова иҭахын адгьыл аҿы зегьы анасыԥ рымазарц, аха иахьа адунеи цәгьарала иҭәуп. Ус ишыҟоугьы, Иегова агәырӷьара ицәыӡӡом. Абиблиаҿы иануп: «Иҩнаҭаҿы амчи агәырӷьареи ҩноуп» (1 Ашықәсынҵа 16:27). Иара убас Иегова имаҵзуҩцәа иҟарҵо аус бзиақәа дреигәырӷьоит (Ажәамаанақәа 27:11).
Ҳара ҳгәы иамыхәо акы ҳанақәшәо агәырӷьара ҳмырӡуазар Иегова ҳаиҿыԥшуеит. Ҳгәы акажьра аҭыԥан, уажәы иҳамоу азылԥхарақәа ҳхы рзаҳашьҭуеит, насгьы ачҳара аарԥшны ҳаԥхьаҟа аҭагылазаашьа анеиӷьхо ҳазыԥшупa. (Шәахәаԥш албаага.)
Абиблиаҿы иануп ауадаҩрақәа змаз, аха уеизгьы агәырӷьара зыхьчоз ауаа рҿырԥштәқәа. Авраам агәырӷьара ихьчон иԥсҭазаара ашәарҭара ианҭагылаз, насгьы егьырҭ ауаа ауадаҩрақәа анизцәырыргоз (Аҟазаара 12:10—20; 14:8—16; 16:4, 5; 20:1—18; 21:8, 9). Ишԥаилшеи уи? Иара Амессиантә Аҳра аҵаҟа адунеи ҿыц аҿы данынхало аамҭа дазхәыцуан (Аҟазаара 22:15—18; Ауриацәа рахь 11:10). Иисус иҳәеит: «Авраам, шәара шәаб, Сара сбарамш дазгәырӷьон» (Иоанн 8:56). Ҳара Авраам ҳаиҿыԥшуеит ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу агәырӷьара ҳаназхәыцуа (Римаа рахь 8:21).
Павели Силеи агәрахаҵара ӷәӷәа рыман, насгьы имаҷымкәа ауадаҩрақәа ишрықәшәозгьы ргәырӷьара дырӡӡомызт. Иаҳҳәап, ӷәӷәала ипҟаны абахҭа ианҭарыжь, «Павели Силеи Анцәа иҳәон, уи ибзырӡы рҳәон» (Аусқәа 16:23—25). Дара ргәаҟрақәа рыхгара рылшон, избанзар Анцәа иқәыргәыӷрақәа ирызхәыцуан. Урҭ ирдыруан ргәаҟрақәа зыхҟьоз Христос иахьишьҭанеицәаз шакәыз. Уи дара агәырӷьара рнаҭон. Ҳара Павели Силеи ҳарҿыԥшуеит Анцәа ҳизиашаны имаҵ анаҳуа иаанаго алҵшәа бзиақәа ҳхаҳмыршҭуазар (Филиппаа рахь 1:12—14).
Иахьагьы имаҷҩымкәа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ауадаҩрақәа ишрықәшәогьы, агәырӷьара дырӡӡом. Иаҳҳәап, ноиабр, 2013 шықәсазы Афилиппинқәа рҿы афырҭын «Хаииан» иахҟьаны 1 000-ҩык инареиҳаны Иегова ишаҳаҭцәа рыҩнқәа рцәыӡит. Ақалақь Таклобан инхоз Џьорџь иҩны ашьаҭа нымхакәа еилаҳаит. Иара иҳәоит: «Абри аҩыза ишақәшәазгьы, аишьцәа насыԥ рымоуп. Ҳгәырӷьара зеиԥшроу ҳәашьа сзаҭом». Иегова иаҳзыҟаиҵо ҳазхәыцуазар, насгьы аџьшьара ааҳарԥшуазар, ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳанрықәшәогьы агәырӷьара ҳцәыӡӡом. Иарбан мзызқәоу ҳара еиҭа агәырӷьара аарԥшразы иҳамоу?
АГӘЫРӶЬАРАЗЫ АМЗЫЗҚӘА
Зегь раасҭа агәырӷьара ҳазҭо Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа роуп. Ҳара Зегьирхаку Анцәа ду даҳдыруеит. Иара Ҳаб, Ҳанцәа, насгьы Ҳҩыза иоуп! (Аԥсалом 70:17, 18 [71:17, 18, АдҾ]).
Иара убас ҳара ҳаигәырӷьоит Иегова аԥсҭазаареи уи алагәырӷьара алшареи ахьҳаиҭаз (Екклезиаст 3:12, 13). Иара ҳаизааигәахаларц алшара ҳаиҭоит, убри аҟынтә еилаҳкаауеит ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу (Кәаласаа рахь 1:9, 10). Аха аӡәырҩы ауаа ирзеилкааӡом аԥсҭазаара хықәкыс иамоу. Егьырҭ ҳазлареиԥшым аҵишьырц азы Павел иҩит: «„Анцәа бзиа иибо ирызирхиаз — блакы иамбацт, лымҳак иамаҳацт, гәыки-ԥсыки ирзеилымкаацт“. Анцәа урҭқәа Иара Идоуҳала иаҳзааиртит» (1 Коринфаа рахь 2:9, 10). Ҳара Иегова игәаԥхареи игәҭаки ҳдыруеит аҟынтә, агәырӷьара ҳамоуп.
Аха Иегова уи аасҭа еиҳау ҳзыҟаиҵеит. Иара ҳагәнаҳақәа ҳанажьхартә алиршеит (1 Иоанн 2:12). Иара иаарласны иҟало адунеи ҿыц аҿы анхаразы агәыӷра ҳаиҭеит (Римаа рахь 12:12). Уи инеиҳангьы, Иегова уажәнатә имаҵ зуа рыбжьара ирацәаҩны аҩызцәа ҳаиҭеит (Аԥсалом 132:1 [133:1, АдҾ]). Иара убас уи Аҩсҭааи адемонцәеи рҟынтә ҳихьчоит (Аԥсалом 90:11 [91:11, АдҾ]). Иегова иҳаиҭаз иссиру арҭ аҳамҭақәа ҳрызхәыцлар, ҳгәырӷьара еизҳалоит (Филиппаа рахь 4:4).
АГӘЫРӶЬАРА ШЕИЗЫРҲАЛАТӘУ
Илшома агәырӷьара аазырԥшуа ақьырсиан уи еиҳагьы аизырҳара? Иисус иҳәеит: «Сара абри шәасҳәоит сгәырӷьара шәара шәҿы иҟазарц, шәара шәгәырӷьарагьы акы згым акәны инаӡахааит» (Иоанн 15:11). Арҭ ажәақәа иаҳдырбоит ҳара еснагь агәырӷьара аизырҳара шҳалшо. Агәырӷьара амца иаҿҳарԥшыр ҳалшоит. Амца еиҳагьы еибакырц ҳҭахызар, уи амҿы ақәаҳҵалар ауп. Ишәхашәмыршҭлан: иԥшьоу адоуҳа агәырӷьара амазаара иҳацхраауеит. Убри аҟынтә агәырӷьара еизҳарҳаларц ҳҭахызар, иԥшьоу Анцәа идоуҳа ҳаҳәалар ауп, насгьы Анцәа идоуҳала иҩу Иажәа ҳазхәыцлар ауп (Аԥсалом 1:1, 2; Лука 11:13).
Иара убас ҳара агәырӷьара ҳцәыӡӡом Иегова дзыргәырӷьо аусқәа наҳагӡозар (Аԥсалом 34:27, [35:27, АдҾ]; 111:1 [112:1, АдҾ]). Избан? Избанзар ҳара иҵабыргу Анцәа ицәшәаразы, насгьы игәаԥхара анагӡаразы ҳшоуп. Абиблиаҿы иануп уи ауп «Анцәа ауаҩы иҟынтә дыззыԥшу» ҳәа (Екклезиаст 12:13). Убри аҟынтә Иегова имаҵ анаҳуа ҳара агәырӷьара ду ҳауеитb. (Шәахәаԥш албаага.)
АГӘЫРӶЬАРА АЛҴШӘА БЗИАҚӘА ААНАГОИТ
Агәырӷьара анеизҳарҳауа, уи алҵшәа бзиақәа аанагоит. Иаҳҳәап, ҳара Иегова дҳаргәырӷьоит, ауадаҩрақәа анҳамоугьы гәырӷьарыла имаҵ ҳуазар (Ҩынтәзакәан 16:15; 1 Фессалоникаа рахь 5:16—18). Иара убас ииашаҵәҟьоу агәырӷьара анҳамоу, ҳара еилаҳкаауеит амазара аԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ишхадам. Ҳара Анцәа Иаҳразы ҳмазарагьы ҳаигӡом (Матфеи 13:44). Иегова изы еиҳаны аҟаҵара ҳаназхиоу алҵшәа бзиақәа шаанаго анаҳбо, иҳамоу агәырӷьара еизҳауеит, иҟаҳҵаз ҳгәы иахәоит, егьырҭгьы агәырӷьара рзааҳгоит (Аусқәа 20:35; Филиппаа рахь 1:3—5).
Уи адагьы, шаҟа ҳгәырӷьо аҟара ҳгәабзиара иазеиӷьхоит. Абиблиаҿы иануп: «Игәырӷьо агәы ахәшә иаҩызоуп» (Ажәамаанақәа 17:22). Аштат Небраска аҿы иҟоу ауниверситет аҟны аус зуа ҵарауаҩык агәабзиара ҭиҵаауеит. Уи иҟаиҵаз алкаа Абиблиа иану иақәшәоит. Иара иҳәоит: «Шәара иахьа насыԥ шәымазар, насгьы шәыԥсҭазаара агәахәара шәзаанагозар, уи шәаԥхьаҟа агәабзиара аиура ишәыцхраар алшоит».
Ҳара имариам аамҭақәа рзы ҳанхоит, аха иԥшьоу адоуҳа ҳаҳәозар, Анцәа Иажәа ҭаҳҵаауазар, насгьы ҳазхәыцуазар, ииашаҵәҟьоу агәырӷьара ҳауеит. Иара убас ҳгәырӷьара еиҳахоит Иегова иаҳзыҟаиҵо ҳазхәыцуазар, егьырҭ рыгәрахаҵара ҳаҿыԥшуазар, насгьы Анцәа игәаԥхара наҳагӡозар. Усҟан ҳара Аԥсалом 63:11 (64:10, АдҾ) иану шиашоу агәра ҳгоит: «Аиаша-уаҩы Анцәа Ҳазшаз дизгәырӷьоит, Иара инапы даныԥшылоит».
a Ҳара иааиуа астатиақәа руак аҿы адоуҳа иалҵшәоу даҽа ҟазшьак ҳалацәажәоит, уи ачҳара ауп.
b Агәырӷьара аизырҳара еиҭа иҳацхраауа еилышәкаарц азы шәахәаԥш арамка «Агәырӷьара аизырҳара еиҭа иҳацхраауа».