Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 декабр ад. 27—29
  • «Ауаҩ иаша Иегова дилагәырӷьалоит»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Ауаҩ иаша Иегова дилагәырӷьалоит»
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ААМҬАЛАТӘИ АГӘЫРӶЬАРА
  • АХААН ИАҲЦӘЫМӠУА АГӘЫРӶЬАРА
  • НАУНАГӠАТӘИ АГӘЫРӶЬАРА
  • Агәырӷьара Анцәа иҟынтә ҳамҭоуп
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 декабр ад. 27—29

«Ауаҩ иаша Иегова дилагәырӷьалоит»

ДАИАНА 80 шықәса дырҭысхьеит, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟа лара илхылгаз рацәоуп. Альцгеимер ичымазара иаргәаҟуаз, насгьы абыргцәа рыҩнаҿы инхоз лхаҵа дыԥсит. Уи лзымхакәа, ҩыџьа лԥацәагьы лцәыԥсит. Лара лхаҭа лакәзар, акьыба ачымазара лыман. Аха аишьцәеи аиаҳәшьцәеи Даиана аизараҿы, ма ажәабжьҳәараҿы данырбо, лара ахаан лылахь еиқәӡам.

Џьон 43 шықәса инареиҳаны раионтә хылаԥшҩыс амаҵ иуан. Иара имаҵзура даара бзиа ибон, насгьы уи еиӷьишьоз даҽа уск ыҟамызт. Аха ичмазаҩхаз иҭынха дибаларц азы идыз аҭакԥхықәра аанижьыр акәхеит. Џьон дыздыруаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аизараҿы данырбо зынӡаск иҽшимԥсахыз рбоит. Иара агәырӷьара ицәымӡӡеит.

Ирыцхраауазеи Даианеи Џьони агәырӷьара ахьчара? Ишԥаилшо агәаҟрақәа ирықәшәо ауаҩы агәырӷьара ахьчара? Ишԥаилшо ауаҩы агәырӷьара ахьчара бзиа иибо адҵа уаҳа ианизынамыгӡо? Абиблиа арҭ азҵаарақәа рҭак ҳнаҭоит. Уа иануп: «Ауаҩ иаша Иегова дилагәырӷьалоит» (Аԥсалом 64:10). Ҳара ахаан иаҳцәымӡуа агәырӷьара ҳзаазго, насгьы иаҳзаазымго ҳдыруазар, арҭ ажәақәа еиӷьны еилаҳкаауеит.

ААМҬАЛАТӘИ АГӘЫРӶЬАРА

Иҟоуп агәырӷьара ҳзаазго еиуеиԥшым аусқәа. Иаҳҳәап, шәазхәыц изакәытә цәаныррақәоу ирымоу бзиа еибабоу арԥыси аԥҳәызбеи аҭаацәара ианалало, ани аби ахшара данроуа, мамзаргьы аӡәы Иегова имаҵ аураҿы иҿыцу аҭакԥхықәра анидырҵо. Абри зегьы ҳара агәырӷьара ҳзаанагоит, избанзар Анцәа иҳаиҭо ҳамҭақәоуп. Иара аҭаацәалазаара аԥиҵеит, ахшара аиуразы алшара ҳаиҭеит, насгьы иорганизациаҿы еиуеиԥшым аусқәа ҳадиҵоит (Аҟазаара 2:18, 22; Аԥсалом 127:3; 1 Тимофеи иахь 3:1).

Аха усқәак иаҳзаарго агәырӷьара аамҭак ашьҭахь иаҳцәыӡыр алшоит. Илахьеиқәҵагоуп, аха ҳхатә ҩыза ҳиԥсахыр, мамзаргьы дыԥсыр ауеит (Иезекииль 24:18; Осиа 3:1). Ахәыҷқәа рҭаацәа рҳәатәы харымҵар, насгьы Анцәа иҿагылар ҟалоит, аизара иалырцаргьы алшоит. Иаҳҳәап, Самуил иԥацәа ишахәҭаз еиԥш Иегова имаҵ руамызт. Давид иакәзар, Вирсавиа лҿы иҟаиҵаз агәнаҳа иахҟьаны иҭаацәараҿы ауадаҩра ӷәӷәақәа иман (1 Самуил 8:1—3; 2 Самуил 12:11). Абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа, ҳәарада, ҳалахь еиқәырҵоит, насгьы ҳгәы ҳдырхьуеит.

Зны-зынла ҳчымазара иахҟьаны ҳмаҵзура уаҳа иаҳзынамыгӡалар ҟалоит, ма ҳҭаацәа реиҷаҳара аҭаххар ауеит, мамзаргьы аорганизациаҿы ԥсахрақәак ҟалар алшоит. Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны змаҵзура ааныжьра зықәшәаз ирҳәоит уи даара ишықәхьаарго.

Ишаҳбаз еиԥш усқәак иаҳзаарго агәырӷьара ԥыҭрак ашьҭахь иаҳцәыӡыр алшоит. Нас иҟоума ауадаҩрақәа раангьы иаҳцәымӡуа агәырӷьара? Ааи, иҟазароуп, избанзар Самуили, Давиди, Анцәа изиашаз егьырҭ амаҵзуҩцәеи ауадаҩрақәа ианрықәшәозгьы агәырӷьара рцәыӡуамызт.

АХААН ИАҲЦӘЫМӠУА АГӘЫРӶЬАРА

Иисус идыруан ииашаҵәҟьоу агәырӷьара закәу. Абиблиа иануп адгьыл ахь даанӡа иара Иегова иҿаԥхьа еснагь дышгәырӷьоз (Ажәамаанақәа 8:30). Аха адгьыл аҿы иара зны-зынла даара иӷәӷәаз аԥышәарақәа дрықәшәон. Ус шакәызгьы, иара Иаб игәаԥхара ахьынаигӡоз деигәырӷьон (Иоанн 4:34). Иаҳҳәар ҳалшозеи аҵыхәтәантәи игәаҟрақәа ирызкны? Абиблиа иануп: «Аԥхьаҟа изыԥшыз агәырӷьара азы иара... хачҳарала агәаҟратә шьаҟа ихигеит» (Ауриацәа рахь 12:2, АдҾ). Иисус ииашаҵәҟьоу агәырӷьара иазкны ииҳәаз иаҳнарҵо рацәоуп.

Зны 70-ҩык аҵаҩцәа ажәабжьҳәара ашьҭахь Иисус иахь иааит. Дара иҟарҵаз аус џьашьахәқәа даараӡа иреигәырӷьон, адемонцәаҵәҟьагьы ауаа ирхырцон. Аха Иисус ус реиҳәеит: «Шәара шәзеигәырӷьаша аԥсымчқәа шәҳәатәы ахьхарҵауа акәым — шәыхьӡқәа ажәҩан иахьану ауп» (Лука 10:1—9, 17, 20). Ааи, Иегова дахьаҳзыразу иаҳзаанаго агәырӷьара акы иаҳзадкылом, насгьы иҷыдоу аҭакԥхықәра аасҭа ихадоуп.

Иара убас зны Иисус ауаа рацәа данрацәажәоз, иауриаз ԥҳәыск уи ииҳәоз даараӡа лгәаҵанӡа инеит аҟынтә илҳәеит уан насыԥ лымоуп абас еиԥш иҟоу аԥа дахьлымоу ҳәа. Аха Иисус ҭакс илеиҳәоит: «Бзазара рымоуп Анцәа иажәа заҳауа, иацныҟәауа» (Лука 11:27, 28). Ҳхәыҷқәа ҳандыргәырӷьо ҳара насыԥ ҳамоуп. Аха ахаан иаҳцәымӡуа агәырӷьара анҳауа Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа анбзиоу, насгьы ҳанизыӡырҩуа ауп.

Иегова дшаҳзыразу анаҳдыруа агәырӷьара ду ҳамоуп. Ауадаҩрақәа агәахәара шаҳзаарымгогьы урҭ агәырӷьара ҳамырхӡом. Ауадаҩрақәа раан азиашара анааҳарԥшуа ҳгәырӷьара еиҳагьы еизҳауеит (Римаа рахь 5:3—5). Иара убас Иегова иқәгәыӷуа иԥшьоу адоуҳа риҭоит, агәырӷьара уи адоуҳа алҵшәақәа ируакуп (Галаҭаа рахь 5:22). Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит Аԥсалом 64:10 иану: «Ауаҩ иаша Иегова дилагәырӷьалоит».

Ицхраазеи Џьон агәырӷьара ахьчара?

Уи иҳаилнаркаауеит Даианеи Џьони ауадаҩрақәа раангьы агәырӷьара зырцәымӡуаз. Даиана илҳәоит: «Ахәыҷы иаб даницу акгьы дшацәымшәо еиԥш, Иегова саницу сара акгьы сацәшәаӡом». Лара иацылҵоит: «Сара избоит Анцәа дшысзылԥхо, иара анаҩсгьы сылахь еиқәымкәа иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжьҳәаразы алшара сиҭоит». Џьонгьы гәацԥыҳәарала анаҩсгьы ажәабжь иҳәоит, бзиа иибоз аҭакԥхықәра ааныжьра шиқәшәазгьы. Ицхраауазеи иара? Уи иҳәоит: «1998 шықәсазы Амаҵзура аиӷьтәразы ашкол аҿы рҵаҩыс аҟалара дҵас иансырҭа нахыс сара схатә ҭҵаара еиҳаны аамҭа азызкуа салагеит». Иара иҳәоит иԥҳәыси иареи аԥсахрақәа рыҟаҵара уиаҟара ирцәыцәгьамызт ҳәа, избанзар дара еснагь Иегова ирыдиҵоз анагӡара иазхиан. Џьон иациҵоит: «Ҳара урҭ аԥсахрақәа ахьыҟаҳҵаз ҳахьхәӡом».

Ирацәаҩуп Аԥсалом 64:10 иану шиашоу агәра згаз. Иаҳҳәап, ҭаацәарак Еиду Аштатқәа рҿы 30 шықәса инареиҳаны Вефиль аҿы амаҵ руан. Аха анаҩс иҷыдоу пионерс амаҵ аура рыдырҵеит. Дара ирҳәоит: «Бзиа иубо ак ануцәыӡуа, ҳәарада, угәы ухьуеит, аха нас уи ахьаа ухгоит». Урҭ аҭакԥхықәра ҿыц анроу ашьҭахь иаразнак аизараҿы ажәабжьҳәаҩцәа амаҵ рыцура иалагеит. Дара ирҳәоит: «Ҳара зҵаарақәак ирызкны лымкаала Анцәа ҳиҳәон. Иара ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵоз анаҳбоз ҳгәы даараӡа ишьҭыҵуан, насгьы ҳгәырӷьон. Аизарахь ҳанааи ашьҭахь дук мырҵыкәа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи пионерс амаҵ аура иалагеит, иара убас доуҳала аихьӡарақәа ҟазҵо ҩыџьа ауаа Абиблиа дырҵара ҳалагеит».

НАУНАГӠАТӘИ АГӘЫРӶЬАРА

Ҳәарада, еснагь агәырӷьара ахьчара мариамзар алшоит. Зны-зынла ҳгәы каҳалар ауеит. Аха Иегова Аԥсалом 64:10 иану ажәақәа рыла ҳгәы ирӷәӷәоит. Ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо ҳгәы шкаҳауагьы Иегова ҳизиашаны ҳаанхозар, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова ҳашилагәырӷьало. Иара убас ҳара иҳалшоит Иегова ҳзықәиргәыӷыз ажәҩан ҿыци адгьыл ҿыци аныҟало аамҭа азыԥшра. Усҟан ҳара зегьы ҳнаӡахоит, насгьы Иегова иусқәа зегьы наӡаӡа ҳрылагәырӷьалоит (Исаиа 65:17, 18).

Шәхаҿы иаажәг уи зеиԥшрахо. Ҳара агәабзиара ӷәӷәа ҳамазаауеит, насгьы есышьыжь ҳамчқәа ҭаны ҳааԥшлоит. Анкьа ҳзықәшәоз ҳгәы казыжьуаз ахҭысқәа зеиԥшразаалакгьы, уаҳа акгьы ахьаа ҳзаанагалаӡом. Иегова иҳәеит: «Уаанӡатәи уаҳа иргәалашәалаӡом, ргәахьгьы уаҳа иааиӡом». Ҳара иаҳцәыԥсхьоу иаҳзааигәоу ауаа ҳарԥылалоит, усҟан 12 шықәса зхыҵуаз Иисус зыԥсы ҭеиҵаз аӡӷаб лҭаацәа реиԥш ҳхы ҳбалоит. Дара ргәырӷьара ҳәаа амамызт (Марк 5:42). Адгьыл иқәынхало ауаа зегьы ииашаҵәҟьаны уаа иашақәахоит, насгьы наунагӡа Иегова илагәырӷьалоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра