АҴАРАЗЫ АСТАТИА 14
Ишәылшо зегь ҟашәҵома шәара Анцәа имаҵ аураҿы?
«Инагӡала ууаз ажәа, ишаҭәоу аиԥш умаҵура бала» (2 ТИМ. 4:5).
АШӘА 57 Ауаа зегьы ажәабжь рзеиҭаҳҳәоит
АХҲӘААa
Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь иҵаҩцәеи иареи анеиқәшәа, иреиҳәеит ицаны аҵаҩцәа азыҟарҵаларц. (Шәахәаԥш абзац 1.)
1. Ирҭахузеи Анцәа имаҵзуҩцәа зегьы, насгьы избан? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)
ИИСУС ХРИСТОС ишьҭанеицәа ажәларқәа зегь рҿы аҵаҩцәа азыҟарҵаларц реиҳәеит (Матф. 28:19). Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа зегьы ари адҵа «ишаҭәоу аиԥш» анагӡара шрылшо еилыркаар рҭахуп (2 Тим. 4:5). Ари зегь раасҭа ихадоу, насгьы хырԥашьа змам усуп. Аха иҟалап ҳара шаҟа ҳҭаху аҟаҵара ҳалымшозар.
2. Иарбан уадаҩрақәоу ҳара ҳзықәшәо?
2 Ҳара ҳаамҭеи ҳамчи ҳамызхуа егьырҭ аусқәагьы ҳамоуп. Иҟалап ҳҭаацәа ныҟәаҳгаларц азы ирацәаны аус ҳаулар акәзар. Мамзаргьы ҳҭаацәараҿы даҽа ҭакԥхықәрақәак наҳагӡозар ауеит, ачымазара ҳаргәаҟуазар алшоит, адепрессиа ҳамазар ҟалоит, ма ҳашықәсқәа ахьцаз иахҟьаны даҽа уадаҩрақәак ҳрықәшәозар ауеит. Ишԥаҳалшо арҭ аҭагылазаашьақәа рҿы «ишаҭәоу аиԥш» ҳмаҵзура анагӡара?
3. Еилаҳкаауазеи Матфеи 13:23 аҟынтә?
3 Ҳҭагылазаашьа иахҟьаны Иегова имаҵ аураҿы шаҟа ҳҭаху ҳзыҟамҵозар, агәкажьра аҭахӡам. Иисус идыруан Аҳра аус аҿы зегьы еиԥшны аџьабаа шырзымбо. (Шәаԥхьа Матфеи 13:23.) Иегова ахә ҳаракны ишьоит имаҵ аураҿы гәык-ԥсыкала иҟаҳҵо зегьы (Аур. 6:10—12). Аха иҟалап ҳҭагылазаашьақәа еиҳаны аҟаҵара шҳалдыршо ҳбозар. Ари астатиаҿы еилҳаргоит ҳара ишҳалшо Анцәа имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара, ҳаԥсҭазаара армариара, иара убас ажәабжьҳәаратә, насгьы арҵаратә ус аҿы ҳҟазара аиӷьтәра. Аха раԥхьа шәааи еилаҳкаап «ишаҭәоу аиԥш» ҳмаҵзура анагӡара иаанаго.
4. Иаанагозеи «ишаҭәоу аиԥш» ҳмаҵзура анагӡара?
4 Ҳмаҵзура «ишаҭәоу аиԥш» инаҳагӡаларц азы ҳара ажәабжьҳәаратә, насгьы арҵаратә ус аҿы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп. Аха аус злоу уи шаҟа аамҭа азаҳкуа мацара акәӡам. Иегова изы еиҳарак ихадоу ҳмотивқәа роуп. Ҳара Иеговеи иаҳзааигәоу ауааи бзиа иаҳбоит, убри аҟынтә ҳқьырсиантә маҵзураb гәык-ԥсыкала инаҳагӡоит (Марк 12:30, 31; Кәал. 3:23). Гәык-ԥсыкала Анцәа имаҵ аура иаанагоит иара иҳадиҵаз аус аҿы ҳхы ҳамеигӡаӡакәа иҳалшо зегьы аҟаҵара. Ажәабжь аҳәара алшара ахьҳамоу ахә ҳаракны иаҳшьозар, уи иахьынӡаҳалшо ауаа зегь рҟынӡа анагара ҳҽазаҳшәалоит.
5, 6. Ишԥаилшо ажәабжьҳәара ирацәаны аамҭа азкра злымшо ауаҩы уи раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара? Иаажәга аҿырԥштәы.
5 Шәхаҿы даажәг агитара ахәмарра бзиа избо арԥыс. Иара уахгьы-ҽынгьы уи арҳәара цәгьа ибом. Убри аҟынтә иӡбоит аԥсшьарамшқәа рзы акаҳуажәырҭаҿы агитара арҳәара далагарц. Аха уи азы иоуа аулафахәу ахьизымхо аҟынтә дәқьанк аҿы кассирс аусура далагоит. Уа иара ашәахьа инаркны ахәашанӡа аус иуеит. Уажәшьҭа иара иаамҭа абжеиҳарак ззикуа даҽа уск шакәугьы, ихы иҭоу агитара ахәмарра ауп. Иара даараӡа иҭахуп уи аганахь ала иҟазара еиӷьитәларц, насгьы иаамҭа зегь уи ахәмарра иазикларц. Убри аҟынтә аха шааиоулак еиԥш агитара аирҳәоит, уи минуҭк акәзаргьы.
6 Убас еиԥш иҟалап уара ажәабжьҳәара иазуклар улшо аамҭа маҷзар, аха уи бзиа иубо аус ауп. Убри аҟынтә ажәабжь бзиа ауаа ргәаҵанӡа анагара улшарц азы уҟазара аиӷьтәра уҽазушәоит. Аха уаамҭа зго аусқәа рацәазар алшоит, убри аҟынтә иҟалап ухы уазҵаауазар: «Ишԥасылшо нас ажәабжьҳәаратә ус сыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара?»
АНЦӘА ИМАҴ АУРА ЗЕГЬ РААСҬА ИХАДОУ АҬЫԤ АҾЫ АРГЫЛАРА ШШӘЫЛШО
7, 8. Ишԥаҳалшо Иисус амаҵзураҿы иааирԥшуаз агәазыҟашьа аҿыԥшра?
7 Иисус амаҵзура ишазнеилатәу аганахь ала зеиԥшыҟам аҿырԥшы ҳирбеит. Иара изы Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа рзеиҭаҳәара аасҭа ихадаз даҽа уск ыҟамызт (Иоанн 4:34, 35). Иахьынӡаилшоз еиҳаны ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәарц азы иара шьапыла ирацәаны дныҟәон. Иисус еснагь ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара дашьҭан, рыҩны даныҟазгьы, егьырҭ аҭыԥқәа рҿы ианиқәшәозгьы. Иисус изы амаҵзура еиԥш ихадаз ак ыҟамызт.
8 Христос ҳаиҿыԥшларц ҳҭахызар, ҳара ҳахьыҟазаалакгьы, насгьы ианакәзаалакгьы ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара ҳҽазаҳшәалароуп. Ҳара ажәабжь бзиа аҳәара ҳалшарц азы ахамеигӡара аарԥшра ҳазхиоуп (Марк 6:31—34; 1 Пиотр 2:21). Шьоукы ирылшоит иҷыдоу пионерс, пионерс, ма ицхырааҩу пионерс амаҵ аура. Даҽа шьоукы атәым бызшәа рҵеит, иҟоуп ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥқәа рахь ииасызгьы. Аха раԥхьаӡа иргыланы ажәабжьҳәаратә ус аизҳазыӷьара зыбзоуроу уи аҩыза амаҵзура хкқәа ззынамыгӡо, аха ирылшо зегь ҟазҵо Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа роуп. Иегова иҳалымшо дазыԥшӡам. Иара насыԥшара змоу Анцәа иоуп, убри аҟынтә иҭахуп агәырӷьаҿҳәаша жәабжь ауаа ирылаҳәо имаҵ анаҳуа, ҳаргьы агәырӷьара ҳамазарц (1 Тим. 1:11; Ҩынтә. 30:11).
9. а) Ишԥаиргылоз Павел ажәабжьҳәаратә ус раԥхьатәи аҭыԥ аҿы, аус иулар анаҭахызгьы? б) Дышԥазыҟаз Павел ажәабжьҳәаратә ус, Аусқәа 28:16, 30, 31 иану инақәыршәаны?
9 Апостол Павел Анцәа имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы ишыргылалатәу аганахь ала зеиԥшыҟам аҿырԥшы ҳаиҭеит. Аҩбатәи имиссионертә ныҟәараан иара Коринф даныҟаз, аԥара даргәаҟуан. Убри аҟынтә аԥара ирҳарц азы ақьалақәа рыҟаҵара далагеит. Аха Павел изы уи зегь раасҭа ихадаз аус акәмызт. Иара аус зиуаз амаҵзураҿы иҟаиҵоз ахарџьқәа ихала ихиҩаларц, насгьы Коринфаа хәыда-ԥсада ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара илшарц азы ауп (2 Кор. 11:7). Аус иулар шакәызгьы, Павел анаҩсгьы ажәабжьҳәара раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иргылон, убри аҟынтә ессабша ажәабжь иҳәон. Иҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсах, ажәабжьҳәара еиҳаны аамҭа азкра илшеит, иара «иаамҭа зегьы Иисус — Христос шиакәу атәы Иудеиаа рызнагара иазикуан» (Аус. 18:3—5, 2 Кор. 11:9). Ԥыҭрак ашьҭахь иара ҩышықәса рыҩныҵҟа иҩны данҭакыз иара иахь инеиуаз зегь ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәон, насгьы асаламшәҟәқәа иҩуан. (Шәаԥхьа Аусқәа 28:16, 30, 31.) Павел ажәабжьҳәаратә ус анагӡара ак иԥырхагахартә алиршомызт. Иара иҩит: «Ари... иҳаҭәашьоу маҵуроуп, гәеиҵахарак ҳаурангьы ҳаҟам» (2 Кор. 4:1). Павел иеиԥш ҳаргьы аусура ирацәаны аамҭа азаҳклар акәзаргьы, Аҳра аус ҳаԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иҳаргылалар ҳалшоит.
Ҳмаҵзура ишаҭәоу еиԥш анагӡаразы ирацәаны алшарақәа ҳамоуп (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 11.)
10, 11. Ишԥаҳалшо ишаҭәоу еиԥш ҳмаҵзура анагӡара, ҳгәамбзиара иахҟьаны ирацәаны ажәабжь ҳзымҳәозаргьы?
10 Ҳақәра, мамзаргьы ҳгәамбзиара иахҟьаны шаҟа ҳҭаху ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь ҳзымҳәозаргьы, даҽакала ажәабжь ҳҳәалар ҳалшоит. Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа ауаа ахьыҟаз зехьынџьара ажәабжь рҳәон. Дара Аҳра ажәабжь аҳәаразы алшарақәа зегьы рхы иадырхәон — «ҩнык аҟнытә даҽа ҩнык ахь» ицон, ауаа рацәа ахьеизоз аҭыԥқәа рҿы ажәабжь рҳәон, русқәа ианырҿызгьы ауаа ирацәажәон (Аус. 17:17; 20:20). Ҳара ирацәаны аныҟәара ҳцәыцәгьазар, ауаа ахьиасуа аҭыԥ аҿы ҳтәар, насгьы имҩасуа ажәабжь бзиа раҳҳәалар ҳалшоит. Мамзаргьы ҳара иҳалшоит ҳхатә усқәа ҳанырҿу ауаа ҳрацәажәалар, асаламшәҟәқәа ҳаҩлар, ма ҭелла ажәабжь ҳҳәалар. Ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь аҳәара злымшо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аӡәырҩы абас ала ажәабжь аҳәара ахьрылшо даараӡа иеигәырӷьоит.
11 Ҳгәамбзиара иахҟьаны ҳара ирацәаны иаҳзыҟамҵозаргьы, ҳмаҵзура «ишаҭәоу аиԥш» инаҳагӡалар ҳалшоит. Шәазхәыц еиҭах апостол Павел иҿырԥштәы. Иара иҳәеит: «Амч-алшара зтәугьы ҳара ҳакәӡам — Анцәа иоуп» (2 Кор. 4:7). Павел имиссионертә ныҟәарақәа руак аан данычмазаҩха, Анцәа иҟынтә амч-алшара ада ԥсыхәа имамызт. Иара Галаҭаа ирзиҩит: «Ижәдыруеит раԥхьаӡа акәны агәырӷьажәа аӡбахә алацәажәаразы сгәабзиара ԥсыҽны шәара шәҿы сышнеиз» (Гал. 4:13). Убас еиԥш, иҟалап шәаргьы шәгәамбзиара абзоурала аҳақьымцәеи, амедиаҳәшьцәеи, ишәхылаԥшуа егьырҭ ауааи ажәабжь рзеиҭаҳәара шәылшозар. Ҩнаҭацыԥхьаӡа ҳанныҟәо ус еиԥш иҟоу ауаа ҳрықәымшәар алшоит, избанзар уи аамҭазы дара аус руеит.
ҲАԤСҬАЗААРА ҲАРМАРИАР ШҲАЛШО
12. Ҵакыс ирымоузеи ажәақәа «убла аныбзиаха»?
12 Иисус иҳәеит: «Ацәеижь азы лашарбагас иҟоуп абла. Убри аҟнытә убла аныбзиаха, илашоуп уцәеижь зегьы» (Матф. 6:22). Ииҳәарц ииҭахызи Иисус? Иара иҳәарц иҭахын ҳхы ззаҳашьҭыр ҳахәҭоу хықәкы заҵәык шакәу, насгьы уи ҳалаԥш ахгара шҳахәҭам. Иара уи аганахь ала аҿырԥш бзиа ҳзынижьит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, избанзар иԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадаз Анцәа имаҵ аура акәын. Иисус иҵаҩцәагьы иреиҳәон рхы ззырышьҭлаша Иегова имаҵ ауреи Анцәа Иаҳреи шракәу. Ҳара ҳаԥсҭазаараҿы ажәабжьҳәаратә ус раԥхьатәи аҭыԥ аҿы ианҳаргыло, насгьы «Анцәа Иаҳреи Уи иҵабырги» ҳанрышьҭоу Иисус ҳаиҿыԥшуеит (Матф. 6:33).
13. Ишԥаҳалшо Анцәа имаҵ аура еиҳаны аамҭа азаҳклар?
13 Ҳмаҵзура ҳхы азаҳашьҭырц азы ҳара уиаҟара ихадам аусқәа ирацәаны аамҭа рықәҳмырӡлароуп. Усҟан ауаа Иегова дырдырырц, насгьы бзиа дырбарц азы еиҳаны ҳрыцхраалар ҳалшоитc. Иаҳҳәап, иҳалшома ҳара аусура еиҳа имаҷны аамҭа азалҳхлар, амчыбжь аҩныҵҟа еиҳаны ажәабжь аҳәара ҳалшарц азы? Иҳалшома ирацәаны аамҭа ҳамызхуа агәырҿыхагақәа еиҵаны аамҭа рзаҳклар?
14. Иҟарҵазеи хаҵеи-ԥҳәыси еиҳаны ажәабжьҳәара рылшарц азы?
14 Абар Елаиас зыхьӡу аизара аиҳабы иԥҳәыси иареи рҿырԥштәы. Елаиас иҳәоит: «Ҳара иҳаӡбеит амаҵзура еиҳаны аамҭа азаҳкларц, аха усҟан пионерс амаҵ аура ҳзалагомызт. Ус шакәызгьы, ҳара еилаҳкаауан уеизгьы ак ҟаҳҵар шҳалшо. Убри аҟынтә еиҳаны ажәабжь аҳәара иҳацхраауаз ԥсахрақәак ҟаҳҵеит. Иаҳҳәап, ирацәаны аԥара аныхра ҳаҟәыҵит. Иара убас ҳара еилаҳкааит агәырҿыхагақәа мыцхәы аамҭа шрықәҳарӡуаз, убри аҟынтә еиҵаны аамҭа рзаҳкуа ҳалагеит, насгьы еиҳа имаҷны аус ҳауларц азы ҳаиҳабацәа ҳрацәажәеит. Уи абзоурала ҳара хәылбыҽхала ажәабжьҳәареи еиҳаны абиблиатә ҵарақәа рымҩаԥгареи ҳалагеит. Уи адагьы мызк ахь ҩынтә аусура амшқәа рзгьы ажәабжь ҳҳәалар ҳалшон. Изакәытә гәырӷьара дуузеи уи иаҳзаанагаз!»
АЖӘАБЖЬҲӘАРЕИ АРҴАРЕИ РҾЫ ҲҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘЫР ШҲАЛШО
Аизара «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» аҿы еилаҳкаауа амаҵзураҿы ҳхы иаҳархәалар, ажәабжьҳәареи арҵареи рҿы ҳҟазара еиӷьаҳтәлоит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)d
15, 16. Ишԥаҳалшо ажәабжьҳәараҿы ҳҟазара аиӷьтәра, 1 Тимофеи иахь 4:13, 15 иану инақәыршәаны? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Смаҵзура ишаҭәоу еиԥш анагӡара исыцхраауа ахықәкқәа».)
15 Ишахәҭоу еиԥш ҳмаҵзура наҳагӡаларц азы ҳара иара убас ажәабжьҳәаратә ус аҿы ҳҟазара еиӷьаҳтәлар ауп. Иҟоуп азанааҭқәа еснагь адырреи аҟазареи аизырҳара зҭаху. Ажәабжьҳәаратә ус азгьы ус ҳҳәар ҳалшоит. Ажәабжьҳәараҿы ҳҟазара еиӷьаҳтәларц азы еснагь аџьабаа ҳбалароуп (Ажәам. 1:5; шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 4:13, 15).
16 Иҳацхраар алшозеи уи аҿы? Ҳара ҳхы иаҳархәалароуп есымчыбжьа имҩаԥысуа аизара «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» аҿы иҳаҳауа алабжьарақәа. Ари аизараҿы ҳара ҟазарыла ажәабжь аҳәашьа ҳҵоит. Иаҳҳәап, аизара ахантәаҩы адҵа зманы иқәгылоз алабжьара анриҭо, ҳара ҳҟазара аиӷьтәра иҳацхраауа алабжьарақәа гәнаҳкылалар ауеит. Анаҩс ажәабжьҳәараҿы уи алабжьара ҳақәныҟәар ҳалшоит. Иара убас ҳара иҳалшоит ажәабжьҳәаразы иҟоу ҳгәыԥ ахылаԥшҩы дҳацхраарц ҳиҳәар, ма ажәабжьҳәара ҳиццар. Мамзаргьы аԥышәа змоу ажәабжьҳәаҩцәа, иаҳҳәап, апионер, ма араионтә хылаԥшҩы ажәабжьҳәара ҳиццар ауеит. Ауаа аҵабырг дҳарҵаларц азы иҳамоу амыругақәа еиӷьны рхархәашьа ҳҵацыԥхьаӡа, ажәабжьҳәареи арҵареи иаҳзаарго агәырӷьара еиҳа-еиҳа еизҳалоит.
17. Иарбан зылԥхарақәоу иҳауа ишахәҭоу еиԥш ҳмаҵзура анынаҳагӡо?
17 «Ҳарҭ — Анцәа иусзуцәа ҳакәны ҳаҟоуп», уи ҳаҭыр дууп! (1 Кор. 3:9). Ҳара еиҳарак ихадоу еилкааны Анцәа имаҵ аура ҳхы азаҳашьҭуазар, Иегова имаҵ аураҿы агәырӷьара ҳцәыӡӡом (Флп. 1:10; Аԥсал. 100:2). Анцәа имаҵзуҩцәа реиԥш ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, Анцәа имаҵ ауразы иаҳҭаху амч шҳаиҭало (2 Кор. 4:1, 7; 6:4). Ҳара амаҵзураҿы иҟаҳҵо рацәазаргьы имаҷзаргьы, гәыкала иҳалшо зегь аныҟаҳҵо агәырӷьара ҳамазаауеит (Гал. 6:4). Амаҵзураҿы иҳалшо зегь аныҟаҳҵо Иегова иахьгьы, иаҳзааигәоу рахьгьы абзиабара ааҳарԥшуеит. Убас ала ҳара ҳахгьы иаҳзыӡырҩуагьы еиқәҳархоит (1 Тим. 4:16).
АШӘА 58 Ищите друзей мира
a Иисус Аҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа рзеиҭаҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи ҳадиҵеит. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ҳармыхәаԥшӡакәа, Анцәа имаҵ аураҿы ахамеигӡара аарԥшра шҳалшо. Иара убас еилаҳкаауеит ажәабжьҳәаратә ус аҿы ҳҟазара аиӷьтәреи еиҳаны агәырӷьара аиуреи шҳалшо.
b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Ҳқьырсиантә маҵзура иаҵанакуа ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәареи аҵабырг дырҵареи мацара акәӡам. Уи иара убас иаҵанакуеит Иегова имаҵ ахьаҳуа ахыбрақәа рыргылареи рхылаԥшреи, аԥсабаратә рыцҳарақәа ирықәшәаз рыцхраареи (2 Кор. 5:18, 19; 8:4).
c Шәахәаԥш аброшиура «Абиблиа. Ишԥеиқәхеи уи иахьа уажәраанӡа?» (bw572) аҿы арамка «Аԥсҭазаара шырмариатәу», адаҟьа 12.
d АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: аизара «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» аҿы аиаҳәшьа анаҩстәи аицәажәара шыҟаҵатәу узырбо адҵа лыманы дықәгылоит. Анаҩс аизара ахантәаҩы алабжьара лиҭоит, лара уи лыброшиура «Уҟазара еиӷьтәла» ианылҵоит. Ԥыҭрак ашьҭахь аԥсшьара мшқәа раан лара аизараҿы еилылкааз амаҵзураҿы лхы иалырхәоит.