Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 маи ад. 20—25
  • Иегова шәирӷәӷәоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова шәирӷәӷәоит
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА АЖӘАБЖЬҲӘАРАЗЫ АМЧ ҲАИҬОИТ
  • ИЕГОВА АМЧ ҲАИҬОИТ АԤЫШӘАРАҚӘА РААН ҲИЗИАШАНЫ ҲААНХАРЦ АЗЫ
  • Ишәылшо зегь ҟашәҵома шәара Анцәа имаҵ аураҿы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Иегова амч шәиҭоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • «Аӡәи-аӡәи... шәеибарӷәӷәала»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Иегова шәыхә ҳаракны ишьоит!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 маи ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 21

Иегова шәирӷәӷәоит

«Санымчыдоу ауп сара саныӷәӷәоу» (2 КОР. 12:10).

АШӘА 73 Иҳаҭ агәымшәара

АХҲӘААa

1, 2. Иарбан уадаҩрақәоу Иегова имаҵзуҩцәа зықәшәо?

АПОСТОЛ Павел Тимофеи игәазҭеиҵон амаҵзураҿы ихы дамеигӡаларц. Уи алабжьара ҳаргьы иҳаҵанакуеит (2 Тим. 4:5). Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит Павел илабжьара ҳақәныҟәаларц азы. Аха зны-зынла уи мариам. Аӡәырҩы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжь рҳәаларц азы агәымшәара рҭахуп (2 Тим. 4:2). Иаҳҳәап, ажәабжьҳәаратә ус закәанла иахьышьақәырӷәӷәам, мамзаргьы мап ахьацәку атәылақәа рҿы инхо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжь ахьырҳәо азы абахҭа иҭаркыр ауеит.

2 Иегова имаҵзуҩцәа ргәы казыжьыр алшо ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Шьоукы рҭаацәа зда ԥсыхәа ыҟам рымазарц азы ирацәаны аус руеит. Дара еиҳаны ажәабжь рҳәаларц рҭахуп, аха аусура рымчқәа зегь рымнахуеит. Даҽа шьоукы агәабзиара рымаӡам, ма рықәра цахьеит, аҩны издәылымҵуагьы ыҟоуп. Убри аҟынтә шаҟа рҭаху ажәабжь рызҳәаӡом. Иҟоуп акгьы иаԥсамшәа зхы збогьы. Мрагылара Ааигәа инхо аиаҳәшьа Мариаb илҳәоит: «Сара угәы казыжьуа ахәыцрақәа сыриааирц азы ирацәаны схы аус адызулоит. Уи даара саркароит, саамҭеи сымчи сымнахуеит. Уи зегьы ажәабжь аҳәара исԥырхагоуп аҟынтә схы ахара адысҵоит».

3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы Иегова урҭ рыхгаразы амч ҳаиҭоит, насгьы ишҳалшо ала ажәабжьҳәара дҳацхраауеит. Ҳара еилаҳкаауеит Иегова дҳацхраар шилшо, аха шәааи зны иаҳгәалаҳаршәап Павели Тимофеии ауадаҩрақәа ишрықәшәозгьы Иегова анаҩсгьы ажәабжь рҳәаларц дышрыцхраауаз.

ИЕГОВА АЖӘАБЖЬҲӘАРАЗЫ АМЧ ҲАИҬОИТ

4. Иарбан ԥышәарақәоу Павел имаз?

4 Павел аԥышәарақәа рацәаны иман. Иара дрыпҟон, абахҭа дҭаркуан, дыршьыргьы рҭахын. Уи аамҭақәа раан еиҳарак ацхыраара иҭахын (2 Кор. 11:23—25). Павел иҵәахӡомызт игәы казыжьуаз ахәыцрақәа шизцәырҵуаз (Рим. 7:18, 19, 24). Уи адагьы иҟалап, Павел ашҳам иаҿирԥшыз ахьаа изаазгоз ачымазара имазҭгьы. Иара Анцәа диҳәон уи ачымазара ихгарц (2 Кор. 12:7, 8).

Ицхраауази Павел еснагь ажәабжьҳәара? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5, 6.)c

5. Иҟаиҵазеи Павел ауадаҩрақәа шимазгьы?

5 Павел ауадаҩрақәа дышрықәшәозгьы Иегова уи амч ииҭон, анаҩсгьы имаҵзура наигӡаларц азы. Иаҳҳәап, иара аҩны дыздәылымҵуа Рим данҭакыз ажәабжь рзеиҭеиҳәон акыр зылшоз аиудеицәеи ачынуааи (Аус. 28:17; Флп. 4:21, 22). Уи адагьы римтәи аруааи ибара инеиуази ажәабжь рзеиҭеиҳәон (Аус. 28:30, 31; Флп. 1:13). Убасҟан ауп иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала иахьа уажәраанӡа ақьырсианцәа ирыцхраауа асаламшәҟәқәа аниҩыз. Уи адагьы, Павел иҿырԥшы Рим инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭнахит. Уи гәымшәарала Анцәа Иажәа ауаа рылаҳәара ирыцхрааит (Флп. 1:14). Павел иҭагылазаашьақәа еснагь ишеиԥшымызгьы илшоз зегь ҟаиҵон. Имаз ауадаҩрақәа ауаа ажәабжь рыларҵәара еиҳагьы иацхрааит (Флп. 1:12).

6. Ицхраауази Павел Анцәа иус анагӡара, 2 Коринфаа рахь 12:9, 10 иану инақәыршәаны?

6 Павел еиликаауан Иегова имаҵ аураҿы иҟаиҵоз зегьы иара иакәымкәа, Анцәа имч шакәыз изыбзоураз. Иара игәалашәон «сымч-сылшара ахьаасырԥшуа аԥсыҽраҿ ауп» ҳәа иҳәаз Анцәа иажәақәа. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 12:9, 10.) Павел ашьҭашәарыцарақәа данрықәшәозгьы, абахҭа данҭакызгьы, егьырҭ аԥышәарақәа данрықәшәозгьы Иегова иус анагӡаразы иԥшьоу адоуҳа ииҭон.

Ицхраауази Тимофеи еснагь ажәабжьҳәара? (Шәахәаԥш абзац 7.)d

7. Иарбан уадаҩрақәоу Тимофеи амаҵзураҿы ихигоз?

7 Павел амаҵ ицызуаз Тимофеигьы амаҵзураҿы Анцәа имч дақәгәыӷлар ихәҭан. Тимофеи Павел амиссионертә ныҟәарақәа раан дицын. Уи адагьы, Павел Тимофеи идиҵеит аизарақәа рҭаареи ргәы ашьҭыхреи (1 Кор. 4:17). Иҟалап, Тимофеи уи имч ақәымхошәа ибозҭгьы, убри аҟынтә Павел иеиҳәеит: «Уахьҿоу, уахьқәыԥшу азы аӡәы иԥышә уқәимҵааит» (1 Тим. 4:12). Уи адагьы, Тимофеи лассы-лассы игәы бзиамызт (1 Тим. 5:23). Аха иара идыруан ажәабжь иҳәаларц, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи дрыцхрааларц азы Иегова иԥшьоу идоуҳа амч шинаҭало (2 Тим. 1:7).

ИЕГОВА АМЧ ҲАИҬОИТ АԤЫШӘАРАҚӘА РААН ҲИЗИАШАНЫ ҲААНХАРЦ АЗЫ

8. Ишԥаирӷәӷәо иахьа Иегова имаҵзуҩцәа?

8 Иахьа Иегова имаҵзуҩцәа ауаҩы имоу амч аасҭа еиҳау амч риҭоит, анаҩсгьы изиашаны имаҵ руларц азы (2 Кор. 4:7). Шәааи еилҳаргап, Иегова анцәаиҳәареи, Абиблиеи, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, ажәабжьҳәареи рыла ҳаширӷәӷәо, насгьы ҳизиашаны аанхара дышҳацхраауа.

Иегова амч ҳаиҭоит анцәаиҳәарала (Шәахәаԥш абзац 9.)

9. Ишԥаҳацхраауеи анцәаиҳәара?

9 Анцәаиҳәара. Ефесаа рахь 6:18 аҿы Павел ҳгәазҭеиҵоит еснагь Анцәа ҳиҳәаларц. Убасҟан Иегова амч ҳаиҭоит. Боливиа инхо Џьонни ауадаҩрақәа данрықәшәа уи ихатә ԥышәала еиликааит. Иара ихатә ҩызеи иҭаацәеи еицычмазаҩхеит. Урҭ рыхҩыкгьы рбара Џьонни даара ицәыцәгьан. Илахьеиқәҵагоуп, аха Џьонни иан дыԥсит, ихатә ҩызеи иаби ракәзар акыраамҭа ргәабзиара шьақәгыломызт. Уи аамҭа иазкны Џьонни иҳәоит: «Сара еиҳараӡак ианысцәыцәгьаз Иегова сгәы иҵхоз аартны изеиҭасҳәон. Уи есымша исыцхраауан». Иегова Џьонни аԥышәарақәа рыхгара дицхрааит. Боливиа инхо, аизара аиҳабыс амаҵ зуа Роналд иан акьыба шлымаз еиликааит. Мызкы ашьҭахь лара дыԥсит. Ицхраазеи уи агәырҩа ахгара? Иара иҳәоит: «Сара Анцәа сиҳәон, сгәы иҭаз зегьы изеиҭасҳәон. Сара издыруеит схы анысзеилымкаауагьы, иара иеиԥш аӡәгьы сшизеилымкаауа». Зны-зынла Анцәа ҳзызиҳәаша ҳаздырӡом. Ауадаҩра ахгарагьы ҳалшаӡомҳәа ҳгәы иаанагозар ауеит. Аха ҳгәы иҵхо аҳәара анаҳцәыцәгьоугьы, Иегова ҳиҳәаларц ҳааиԥхьоит (Рим. 8:26, 27).

Иегова амч ҳаиҭоит Абиблиа ала (Шәахәаԥш абзац 10.)

10. Избан, Ауриацәа рахь 4:12 иану инақәыршәаны, Абиблиа аԥхьареи уи азхәыцреи зхадоу?

10 Абиблиа. Павел иеиԥш ҳаргьы Иԥшьоу Аҩыра амчи агәҭынчреи ҳнаҭар алшоит (Рим. 15:4). Анцәа Иажәа ҳанаԥхьо, насгьы ҳаназхәыцуа Иԥшьоу адоуҳа еилаҳкааз ҳаԥсҭазаараҿы ҳхы иаҳархәар шҳалшо ҳаилнаркаауеит. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 4:12.) Роналд иҳәоит: «Сара Анцәа Иажәа есыхәылбыҽха аԥхьара шьцыларас иахьышьҭысхыз даара исыхәеит. Иегова иҟазшьақәа, насгьы имаҵзуҩцәа бзиабарала дышреиҷаҳауа сазхәыцуеит. Уи амч снаҭоит».

11. Ишԥалыцхрааи Абиблиа еибахаз иаҳәшьак?

11 Анцәа Иажәа азхәыцра ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраауеит. Абар ааигәа зхатә ҩыза дыԥсыз иаҳәшьак Абиблиа шлыцхрааз. Лгәырҩа ахгара длыцхраарц азы аизара аиҳабык Иов ашәҟәы деиҭаԥхьарц леиҳәеит. Лара ус иагьыҟалҵеит, аха раԥхьа Иов диқәыӡбо далагеит. Лара гәаныла илҳәон: «Иов, аԥсҭазаараҿы цәгьарамзар бзиарак ыҟаӡам ҳәа ахәыцра иашаӡам!» Анаҩс лара еилылкааит лхаҭагьы ус дышхәыцуаз. Уи илгәаланаршәеит лыԥсҭазаараҿы абзиарақәагьы шыҟоу, насгьы Иеговеи иҳамоу агәыӷреи еиҳа дрызхәыцуа далагеит. Уи лгәырҩа ахгаразы амч лнаҭеит.

Иегова амч ҳаиҭоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла (Шәахәаԥш абзац 12.)

12. Ҳашԥаирӷәӷәо Иегова аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла?

12 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Иегова аишьцәеи аиҳәшьцәеи рылагьы ҳирӷәӷәоит. Апостол Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирзиҩуан: «Акрааҵуеит шәбара сазхьуеижьҭеи... убри ала наҟ-ааҟ ҳагәқәа еибажьжьаразы» (Рим. 1:11, 12). Хыхь зыӡбахә ҳәаз Мариа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыҿцәажәара ахә ҳаракны илшьоит. Абар лара илҳәо: «Исымоу ауадаҩрақәа рыӡбахә ззымдыруа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рылагьы Иегова дсыцхраауеит. Знакымкәа дара ианысҭахыз аамҭазы сгәы ҟазҵоз ажәақәа сарҳәон, мамзаргьы асаламшәҟәы ианҵаны исзаарышьҭуан. Уи адагьы, сыуадаҩрақәа рҩыза змаз аиҳәшьцәа срацәажәоит, насгьы урҭ рыхгара ирыцхрааз еилыскаауеит. Аизара аиҳабацәагьы аизараҿы зегьы бзиа сшырбо сарҳәоит».

13. Ишԥаҳалшо аизарақәа рҿы ҳгәы шьҭибахлар?

13 Аизарақәа рҿы ҳара ҳгәы шьҭибахларц азы алшарақәа рацәаны иҳамоуп. Иаҳҳәап, аизара алагаанӡа, ма ианынҵәалак ашьҭахь аишьцәеи аиҳәшьцәеи ираҳҳәалар ҳалшоит бзиа ишаҳбо, насгьы иҟарҵо ахә ҳаракны ишаҳшьо. Питер зыхьӡу аизара аиҳабы фҩык ахәыҷқәа зааӡо, насгьы Иегова ишаҳаҭым ахатә ҩыза дызмоу иаҳәшьак илеиҳәеит: «Бхаҿгьы ибзаагом ббара шаҟа ҳаигәырӷьо! Бхәыҷқәа еснагь еиҿкааны еилаҳәоуп, аизараҿы аҭак аҟаҵарагьы иазхиоуп». Лара лылаӷырӡқәа аахажжылан, ус лҳәеит: «Ишԥасҭахыз иахьа абас агәышьҭыхра!»

Иегова амч ҳаиҭоит ажәабжьҳәарала (Шәахәаԥш абзац 14.)

14. Ишԥаҳацхраауеи ажәабжьҳәара?

14 Ажәабжьҳәара. Уи амч ҳнаҭоит, ауаа ҳзыӡырҩуазаргьы иаҳзымӡырҩуазаргьы (Ажәам. 11:25). Уи ус шакәу Стеиси зыхьӡу аиаҳәшьа агәра лгеит. Лыуак аизара даналырца лхы ахьылгара лзымдыруа дгәырҩон, лыхгьы дазҵаауан: «Исылшоз зегь ҟасҵама уи сицхраарц азы?» Стеиси уии акәын еснагь дзызхәыцуаз. Илыцхраазеи лара? Ажәабжьҳәара! Ажәабжь анылҳәоз лара дзызхәыцуаз лцәаныррақәа ракәымкәа, ауаа дышрыцхрааша акәын. Стеиси илҳәоит: «Убри аамҭазы ԥҳәыск Абиблиа лырҵара салагеит. Лара ирласны доуҳала илызҳауан. Уи Иегова иҟынтә ҳамҭан. Ажәабжьҳәарада уи ауадаҩра сзаиааиуамызт».

15. Ишәдырҵозеи Мариа лажәақәа?

15 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы ргәы иаанагоит рҭагылазаашьақәа амаҵзураҿы ирацәаны аҟаҵара рылдыршаӡом ҳәа. Иҟалап шәаргьы ус шәгәы иаанагозар. Аха ижәдыруаз, Иегова деигәырӷьоит ишәылшо зегь аныҟашәҵо. Даҳгәалаҳаршәап хыхь зыӡбахә ҳәаз Мариа. Лара даҽа бызшәак ала иахьцәажәо аҭыԥ ахь нхара даниас ажәабжьҳәараҿы рацәак лзыҟаҵом ҳәа лгәы иаанагон. Мариа илҳәоит: «Раԥхьа сара исылшоз икьаҿу аҭак аҭара, абиблиатә жәеинраала аԥхьара, ма абуклет адгалара мацара акәын». Уи абызшәала ибзианы ицәажәоз лхы анрыҿлырԥшуаз лгәы каҳауан. Аха ԥыҭрак ашьҭахь лгәаанагара лыԥсахит. Мариа еилылкааит Иегова лхы даирхәар шилшо абызшәа рацәак ишылзымдыруагьы. Лара илҳәоит: «Ауаа рыԥсҭазаара аԥсахра ирыцхраауа имариоу абиблиатә ҵабырг ауп».

16. Ирызҭозеи амч аҩны издәылымҵуа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи?

16 Агәамбзиара иахҟьаны аҩны ҳаздәылымҵуазаргьы Иегова имаҵ аура шаҳҭаху ибоит, уи ахәгьы ишьоит. Иаҳҳәап, иара алшара ҳаиҭоит иҳацхраауа ауааи, аҳақьымцәеи, амедиаҳәшьцәеи ажәабжь рзеиҭаҳәаразы. Ҳара уаанӡа ажәабжь шаҳҳәози уажәы ишаҳҳәои анеиҿҳарԥшуа ҳгәы каҳауазар ауеит. Аха Иегова дышҳацхраауа гәаҳҭозар ауадаҩрақәа рыхгаразы амч ҳауеит, агәырӷьарагьы ҳцәыӡӡом.

17. Избан ҳмаҵзура алҵшәа аанагаӡом ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы ажәабжьҳәара ҳаҟәымҵлар зҳахәҭоу, Екклезиаст 11:6 иану инақәыршәаны?

17 Ҳара илаҳҵо аҵабырг ажәла адац ахьашьҭуа, насгьы ианазҳауа ҳаздырӡом. (Шәаԥхьа Екклезиаст 11:6.) 80 шықәса ирҭысхьоу Барбара лҿырԥштәы уи шьақәнарӷәӷәоит. Лара ҭелла, насгьы асаламшәҟәқәа рыла ажәабжь лҳәоит. Зны лара илзымдырӡакәа аизара иалцаз хаҵеи-ԥҳәыси асаламшәҟәы рзылышьҭит. Асаламшәҟәы иагәылалҵеит «Ахьчаратә бааш» март 1, 2014 шықәсатәи аҭыжьымҭа (аурыс). Уа ианыз астатиа иахьӡын: «Что для вас сделал Бог». Хаҵеи-ԥҳәыси уи ажурнал зныкымкәа иаԥхьеит. Ахаҵа иҳәеит, Иегова хаҭала иара диацәажәозшәа игәы ишабоз. Дара аизарақәа рахь имныҟәоижьҭеи 27 шықәса ҵуан. Аха уи ашьҭахь ҿыц Иегова имаҵ аура иалагеит. Шәхаҿы иаажәг, Барбара илҩыз асаламшәҟәы иаанагаз алҵшәа анылба шаҟа деигәырӷьаз. Уи даара лгәы шьҭнахит!

Иегова амч ҳаиҭоит: 1) анцәаиҳәарала, 2) Абиблиа ала, 3) аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла, насгьы 4) ажәабжьҳәарала (Шәрыхәаԥш абзацқәа 9, 10, 12, 14.)

18. Иҟаҳҵалар акәзеи Иегова ҳирӷәӷәаларц азы?

18 Ари астатиаҿы ишеилаҳкааз еиԥш Иегова еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла ҳирӷәӷәар илшоит. Иара уи азы ихы иаирхәоит анцәаиҳәара, Абиблиа, аишьцәеи аиҳәшьцәеи, насгьы ажәабжьҳәара. Ҳара уи ицхыраара ҳадаҳкылозар ҳирӷәӷәар шилшо, насгьы игәра шаҳго ааҳарԥшуеит. Шәааи, жәҩантәи Ҳаб ҳиқәгәыӷлап, гәык-ԥсыкала изыҟоу рыцхрааразы имч ааирԥшырц азы (2 Аш. 16:9).

ИШԤАҲАИҬО ИЕГОВА АМЧ:

  • анцәаиҳәареи Абиблиа аԥхьареи рыла?

  • аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла?

  • ажәабжьҳәарала?

АШӘА 61 Ԥхьаҟа, Ашаҳаҭцәа!

a Ҳара аамҭа цәгьақәа раан ҳанхоит, аха Иегова ауадаҩрақәа рыхгара дҳацхраауеит. Ари астатиаҿы еилҳаргоит, апостол Павели Тимофеии ауадаҩрақәа ишрықәшәозгьы рмаҵзура анаҩсгьы инарыгӡаларц азы Иегова дышрыцхраауаз. Иара убас еилаҳкаауеит Иегова дҳацхраарц азы иахьа ихы иаирхәо ԥшь-знеишьак.

b Ахьӡ ԥсахуп.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Павел аҩны дыздәылымҵуа Рим данҭаку аамҭазы, аизарақәа рзы асаламшәҟәқәа иҩуеит, насгьы ибара инеиуа ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәоит.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Тимофеи аизарақәа дырҭаауеит аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭихырц азы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра