Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/2 ад. 27—30
  • Ажәабжьҳәараҿы агәацԥыҳәара аашәырԥшла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ажәабжьҳәараҿы агәацԥыҳәара аашәырԥшла
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ШӘРЫЦХРААЛА АԤЫШӘА МАҶНЫ ИЗМОУ
  • ШӘИАЦӘАЖӘАЛА АЖӘАБЖЬҲӘАРАҾЫ ИШӘЫЦУ
  • АНЦӘА ИАЖӘА ШӘГӘЫ АҚӘКНЫ ИҬЫШӘҴААЛА
  • АЛАБЖЬАРАҚӘА ШӘЫРЗЫӠЫРҨЛА
  • ИҚӘШӘЫРГЫЛАЛА АҞӘЫӶАРА ЗҴОУ АХЫҚӘКҚӘА
  • Ишәылшо зегь ҟашәҵома шәара Анцәа имаҵ аураҿы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ажәабжьҳәараҿы агәырӷьара шәмырӡлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Гәацԥыҳәарала ажәабжь бзиа зҳәоз Иисус шәиҿыԥшла
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Аҿыцқәа рырҵара шахәҭоу
    Иԥшьоу ҳмаҵзура 2015
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/2 ад. 27—30
Ажәабжьҳәаҩ амаҵзураҿы дрықәшәоит анаҩстәи аҭагылазаашьақәа: 1. Аҩны аӡәгьы дыҟаӡам. 2. Аԥшәма ажәабжь бзиахь аинтерес ааирԥшуам. 3. Аԥшәма аҿагылара ааирԥшуеит

Ажәабжьҳәараҿы агәацԥыҳәара аашәырԥшла

АДГЬЫЛ аҿы имҩаԥысуа аусқәа зегь раасҭа ихадоу,— ари ажәабжь бзиа рылаҳәара ауп. Шәара Иегова ишаҳаҭцәа ахьшәакәу азы, ҳәарада аҵаҩцәа разыҟаҵара ахә ҳаракны ишәшьоит. Аха шәақәшаҳаҭзар акәхап зны-зынла ажәабжьҳәаҩцәеи апионерцәеи амаҵзураҿы агәацԥыҳәара аарԥшра ирԥырхагоу ауадаҩрақәа ишрықәшәо.

Аиаҳәшьа амаҵзураҿы дгәырӷьаҵәа ашә дасуеит

Ишәыцхраауазеи ажәабжьҳәараҿы агәацԥыҳәара аарԥшра?

Ԥыҭҩык ажәабжьҳәаҩцәа ҩнаҭацыԥхьаӡа амаҵзура ианаҿу, изацәажәаша ауаа анрықәшәо маҷуп. Иахьа ауаа аҩны рықәшәара уадаҩуп. Аҩны уанрықәшәогьы, зны-зынла урҭ Аҳра иазку ажәабжь аинтерес рымаӡам, ма иаҿагылоит. Даҽа шьоукы ргәы каҳар алшоит ажәабжьҳәаразы ирыду атерриториа ахьдуу азы, уа инхо ауаа ажәабжь бзиа гәыкала ишазыӡырҩуагьы. Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ргәы иаанагар алшоит ари аус анагӡара дара ирылшом ҳәа. Егьырҭ ргәы канажьуеит дара ажәабжьҳәара акыр шықәса иахьаҿу, аха ари ицқьам адунеи аҵыхәтәа ахьымааиуа.

Иџьаҳшьалар аума Иегова имаҵзуҩцәа зегьы ажәабжьаҳәараҿы ирымоу агәазцара зырԥсыҽыр алшо ауадаҩрақәа иахьрықәшәо? Ҳәарада, мап. Ҳара ҳақәгәыӷӡом уеиқәзырхо Анцәа иҟынтә ажәабжь рылаҳәара мариахоит ҳәа, избанзар адунеи зегь «Ацәгьа инапаҵаҟа иҟоуп». Уи Аҩсҭаа Аџьныш иоуп (1 Иоан. 5:19, АдҾ).

Агәра ганы шәыҟаз иарбан ԥынгылазаалакгьы амаҵзураҿы шәзықәшәо, Иегова урҭ риааира дышшәыцхраауа. Аха иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳара зегьы, ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәараҿы еиҳа агәацԥыҳәара ааҳарԥшларц азы? Еилҳаргап хәарҭа ҳазҭо лабжьарақәак.

ШӘРЫЦХРААЛА АԤЫШӘА МАҶНЫ ИЗМОУ

Аԥышәа змоу ажәабжьҳәаҩ амаҵзураҿы аԥышәа змам дицхраауеит

Есышықәса зқьҩыла ауаа Иегова ишаҳаҭцәа рыҽрыдыркылоит, аӡы рыҽӡаахуа. Шәара ааигәа аӡӡаахрала шәыԥсҭазаара Анцәа изышәкзар, ҳәарада ахә ҳаракны ишәшьоит еиҳа аԥышәа змоу ажәабжьҳәаҩцәа ишәырҭо ацхыраара. Аха шәара ажәабжьҳәара шәаҿуижьҭеи акраамҭа ҵуазар, ишәылымшаӡои ишәымоу аԥышәа ҿыц иалагаз рыцеиҩшара? Агәра ганы шәыҟаз егьырҭ шәанрыцхраауа агәырӷьара дуӡӡа шшәоуа.

Иисус идыруан иҵаҩцәа иақәнагоу анапхгара рмоур ибзианы ажәабжьҳәашьа шырзымҵоз. Убри азы иара ихатә ҿырԥшала идирбон уи шыҟаҵатәыз (Лука 8:1). Убас еиԥш иахьагьы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи амаҵзураҿы ақәҿиара роурц азы, ажәабжьҳәашьа дырҵалатәуп.

Ҳгәы иаанамгароуп иҿыцу ажәабжьҳәаҩ ажәабжьҳәара дахьалахәу иабзоураны иаҭаху ашьцыларақәа рхала изцәырҵуеит ҳәа. Ҳәарада ус еиԥш иҟоу аиашьа, мамзаргьы аиаҳәшьа ирҭахуп иқьиоу, насгьы игәцараку амҩақәҵаҩ иҟынтә алабжьареи ацхыраареи. Ари арҵара хықәкыс иамоу — аԥышәа маҷны измоу ажәабжьҳәаҩ ирбара: 1) адгалара архиареи аҽазыҟаҵареи шаҭаху; 2) ацәажәара ишалагатәу ҩнаҭацыԥхьаӡа, мамзаргьы адәахьы; 3) апубликациақәа шрыдгалатәу; 4) иаадырԥшыз аинтерес шеизырҳатәу, насгьы 5) абиблиатә ҵарақәа́ ишрылагатәу. Еиҳа имаҷны аԥышәа змоу ажәабжьҳәаҩ егьырҭ еиҳаны аԥышәа змоу аишьцәа, ма аиаҳәшьцәа ажәабжь шырҳәо данацклаԥшуа, имаҵзураҿы деиӷьхар илшоит (Лука 6:40). Ажәабжьҳәаҩ ҿыц ҳәарада игәаԥхоит ажәабжьҳәараҿы ацхыраара иҭаххар ицхраауа аҩыза дахьицу. Уи адагьы, аԥышәа маҷны измоу аиашьа, ма аиаҳәшьа арҽхәареи алабжьара хааи рҭахуп (Еккл. 4:9, 10).

ШӘИАЦӘАЖӘАЛА АЖӘАБЖЬҲӘАРАҾЫ ИШӘЫЦУ

Аиаҳәша амаҵзураҿы илыцу длацәажәоит

Ажәабжьҳәараҿы аӡәы ибзианы иацәажәара ҳаҽшазаҳшәогьы, зны-зынла иҳацу ҳҩыза ида уаҳа аӡәгьы ибзианы ҳазиацәажәаӡом. Ишаҳгәалашәо еиԥш, Иисус иҵаҩцәа ажәабжьҳәара «ҩыџьа-ҩыџьа» еицҵаны ишьҭуан (Лука 10:1). Аус анеицыруаз, дара-дара ргәы шьҭибахуан, еибарӷәӷәон. Убри аҟынтә ҳашьа, ма ҳаҳәшьа ҳрыцны ажәабжь анаҳҳәо, ҳара иҳамоуп зеиԥшыҟам алшара «наҟ-ааҟ ҳагәқәа еибажьжьаразы» (Рим. 1:12).

Шәызлацәажәар шәылшозеи? Шәақәшәахьоума шәара шәгәы шьҭызхуа хҭыск? Иҟалап хаҭала Абиблиа анҭышәҵаауаз, мамзаргьы аҭаацәаратә мҵахырхәара анымҩаԥыжәгоз аинтерес зҵоу зхәыцрак шәыԥшаазар? Мамзаргьы аизараҿы ишәаҳаз шәарӷәӷәазар? Зны-зынла ҳара ажәабжьҳәара ҳиццар ҳалшоит рацәак иаҳзымдыруа ажәабжьҳәаҩ. Ижәдыруама шәара шәҩыза аиаша шеиликааз? Агәра изыргазеи иара Иегова иорганизациа шиԥшааз? Иарбан дҵақәоу иара инаигӡоз Анцәа имаҵзураҿы? Иара убас шәара шәыԥсҭазаара шәалацәажәар шәылшоит. Ауаа ирзеиҭоуҳәо ажәабжь ишазыӡырҩуазаалакгьы, аиашьа, ма аиаҳәшьа урыцны ажәабжьҳәара — ари зеиԥшыҟам лшароуп ҳара-ҳара ҳаибарӷәӷәаларц азы (1 Фес. 5:11).

АНЦӘА ИАЖӘА ШӘГӘЫ АҚӘКНЫ ИҬЫШӘҴААЛА

Аҳра ажәабжьҳәаҩ ихатә ҭҵаара мҩаԥигоит

Амаҵзура еснагь гәацԥыҳәарыла ҳазыҟазарц азы, ихадоуп Анцәа Иажәа аҭҵаара шьцыларас иҳамазар. «Игәрагоу, иҟәышу» атәы иҳаиҭоит еиуеиԥшым атемақәа зну адоуҳатә фатәы (Матф. 24:45). Убри аҟынтә аҭҵааразы алхра ду ҳамоуп. Иаҳҳәап, иҭаҳҵаар ҳалшоит азҵаара: «Избан изхадоу Аҳра иазку ажәабжь аиҭаҳәара аҽалархәра?» Мзызқәак аагоуп ари астатиаҿы иҟоу арамкақәа руак аҿы.

Ари арамка аҟынтә азхәыцрақәа шәыцхраауеит гәацԥыҳәарыла ажәабжьҳәара аҽалархәра. Шәхатә ҭҵаара аан шәрызхәыцыр шәылшоит ажәабжьҳәара шәгәазҭазҵо егьырҭ абиблиатә мзызқәа. Уи ҳәарада, ажәабжьҳәарахь ишәымоу агәазыҳәара арӷәӷәоит.

АЛАБЖЬАРАҚӘА ШӘЫРЗЫӠЫРҨЛА

Ҩыџьа аиаҳәшьцәа амаҵзурахьы ицаанӡа адгалара рҽазыҟарҵоит

Иегова иорганизациаҿы ҳара еснагь иҳауеит амаҵзура аганахьала ихархәагоу алабжьарақәа. Ҳара ажәабжьҳәара ҳалшоит ҩнаҭацыԥхьаӡа адагьы, асаламшәҟәқәа рыла, ҭелла, адәахьы, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы, аусурҭа ҭыԥқәа рҿы, иформалтәым ажәабжьҳәарала, убас иҵегьы. Иԥаҳшәар ҳалшоит ажәабжь маҷны иахьырҳәо аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара.

Шәышԥарзыҟоу шәара арҭ алабжьарақәа? Ишәылшама шәара урҭ рҟынтә акы ахархәара? Урҭ зхы иазырхәаз аӡәырҩы азылԥхарақәа роуит. Еилҳаргап х-ҿырԥштәык.

Раԥхьатәи аҿырԥштәы адҳәалоуп «Ҳаҳратә маҵзура» аҿы иаагаз Абиблиа аҵара ишалагатәу иазку алабжьара. Уа ианыз алабжьара лхы иархәаны, Еиприл захьӡу аиаҳәшьа аус лыцызуа хҩык Абиблиа аҵара рыдылгалеит. Даара лгәы ҟанаҵеит, иагьџьалшьеит дара зегь Абиблиа аҵара ианақәшаҳаҭха, насгьы аизарахь аныҟәара ианалага.

Аҩбатәи аҿырԥштәы ажурналқәа рыларҵәара иазкуп. Ҳара алабжьара ҳаҭан, ауаа ҳпубликациақәа рҟынтә еиҳарак зинтерес рымоу астатиақәа алаҳхларц. Еиду Аштатқәа рҟынтә раионтә хылаԥшҩык еиҭеиҳәон ажурнал «Шәҿыха!» аҟынтә амашьына агьежьхарԥа иазку астатиа уи ахьырҭиуаз адәқьанқәа зегь рҿы ишрыдигалоз. Иара убас иԥҳәыси иареи ртеократиатә раион аҿы иҟаз 100 инареиҳаны аҳақьымцәа ирзыршеит ажурналқәа «Пату ақәышәҵала аҳақьымцәа рџьабаа» ҳәа темас измаз. Аиашьа иҳәеит: «Уи абзоурала ирацәаны ауаа ҳпубликациақәа еиӷьны аилкаара рылшеит. Ҳара урҭ ауаа ҳарҩызцәахеит, аамҭа-аамҭала ҳарҭаауеит».

Ахԥатәи аҿырԥштәы адҳәалоуп аҭел ала ажәабжьҳәара. Џьуди захьӡу аиаҳәшьа илҩит асаламшәҟәы адунеизегьтәи ихадоу анапхгарахь, уа ҭабуп ҳәа анылҵеит ҭелла ажәабжьҳәаразы алабжьара ахьлоуз. Лара илҩит згәабзиара ҽеим 86 шықәса зхыҵуа лан иааиԥмырҟьаӡакәа иԥшьоу уи амаҵзура ахкы дшалахәу. Лара агәырӷьара ду лзаанагоит 92 шықәса зхыҵуа аԥҳәыс ҭелла Абиблиа ахьыллырҵо!

Ааи, ҳпубликациақәа рҟынтә алабжьарақәа алҵшәа ааргоит. Шәхы иашәырхәала урҭ! Уа иану алабжьарақәа рыбзоурала, шәара амаҵзураҿы ишәымазаауеит агәырӷьареи агәацԥыҳәареи.

ИҚӘШӘЫРГЫЛАЛА АҞӘЫӶАРА ЗҴОУ АХЫҚӘКҚӘА

Ҳара ажәабжьҳәараҿы шаҟа публикациа рылаҳарҵәо, шаҟа библиатә ҵара мҩаԥаҳго, насгьы шаҟаҩы ауаа Иегова имаҵ аура алагара ҳрыцхрааз ракәӡам иаазырԥшуа ақәҿиара ҳамоу-иҳамаму. Шәазхәыц, дзыцхраада Нои Иегова имаҵзуҩцәас аҟалара иҭаацәа рыда? Ус шакәызгьы, ажәабжьҳәараҿы иџьабаа мыӡит. Иегова изы зегь раасҭа ихадоу — шаҟа ҳизиашаны имаҵ ҳуа ауп (1 Кор. 4:2).

Аӡәырҩы ажәабжьҳәаҩцәа ишазгәарҭаз ала, гәацԥыҳәарыла ажәабжь уҳәаларц азы, иаҭахуп аҟәыӷара зҵоу ахықәкқәа рықәыргылара. Иарбану урҭ? Хықәкқәак аагоуп ари астатиаҿы иҟоу арамкаҿы.

Иегова ицхыраара шәақәгәыӷла, насгьы шәазхәыцла, ишԥашәылшо шәмаҵзура еиҳа агәырӷьареи алҵшәеи шәзаанагартә аҟаҵара. Иқәшәыргылаз ахықәкқәа анынашәыгӡо, шәара агәырӷьареи агәахәара дуӡӡеи шәоуеит, ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәаразы ишәылшо зегь ахьыҟашәҵаз.

Ииашаҵәҟьаны, ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәара еснагь имариам. Аха иаҭаху шьаҿақәак ҟаҳҵар, ҳара гәацԥыҳәарыла Аҳра иазку ажәабжь ауаа ирылаҳҳәалоит. Шәҩызеи шәареи инашәыгӡо амаҵзура шәҩыџьагьы шәзы игәышьҭыхгазааит. Шьцыларас ишәымаз инарҵауланы Анцәа Иажәа аҭҵаара, насгьы уи ақәныҟәара. Шәхы иашәырхәала зыгәрагоу атәы илабжьарақәа, насгьы иқәшәыргылала аҟәыӷара зҵоу ахықәкқәа. Аха ишәхашәмыршҭлан: Анцәа изку ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәара, насгьы иара ишаҳаҭ уакәны аҟалара — ари ак иеиԥшым ҳаҭыруп (Ис. 43:10). Ааи, ҳмаҵзураҿы агәацԥыҳәара ааҳарԥшлар, уи агәырӷьара дуӡӡа ҳзаанагоит!

ГӘАЦԤЫҲӘАРЫЛА АЖӘАБЖЬҲӘАРАЗЫ АМЗЫЗҚӘА

  • Ажәабжьҳәарала ҳара инаҳагӡоит абиблиатә ԥааимбаражәа (Мар. 13:10).

  • Аҵаҩцәа разыҟаҵара аус аҿы ҳҽаналаҳархәуа, ҳара аҳәатәхаҵара ааҳарԥшуеит (Матф. 28:19, 20).

  • Иегова иҭахуп ауаа цәгьақәа заа ираҳәазарц рхымҩаԥгашьа иалҵшәахо (Иез. 3:19).

  • Ҳара еилаҳкаауеит ажәабжь бзиа ауаа рзеиҭаҳәара шаҳуалу (Аус. 20:26, 27; Рим. 1:14, 15).

  • Ажәабжьҳәара аҽалархәра ҳахьчоит ашьакаҭәара ахара ҳадымларц (Иез. 3:18).

  • Абиблиа иану аиаша егьырҭ идҳарҵалароуп, уи ҳаргьы ҳаиқәнархоит, егьырҭ ауаагьы ахьчоит (1 Тим. 4:16).

  • Иегова ихьӡ арҳаракра, насгьы иара иӡбахә егьырҭ раҳәара — ҳамҵахырхәараҿы ихадоу хәҭоуп (Аур. 13:15).

  • Ажәабжьҳәара гәыкала ҳҽаналаҳархәуа, ҳара Иеговеи Иисуси рахь абзиабара ааҳарԥшуеит (Иоан. 14:15; 1 Иоан. 5:3).

  • Ҳара ҳмаҵзурала иааҳарԥшуеит Иегова изкны Аҩсҭаа ирылаирҵәо амц ҳшаҿагыло (Ис. 43:10—12; 2 Кор. 4:4).

ИҚӘШӘЫРГЫЛАЛА АҞӘЫӶАРА ЗҴОУ АХЫҚӘКҚӘА

  • Ишьақәшәыргыл есымчыбжьатәи амаҵзура аграфик, насгьы уи шәықәныҟәала.

  • Ирыдыжәгалала ауаа Абиблиа аҵара, алшара шәоуцыԥхьаӡа.

  • Иалшозар, ажәабжьҳәараҿы ауаҩы шәаниацәажәо, шәҽазышәшәала Аҩыра аҟынтә ҭыԥк иадамзаргьы аԥхьара.

  • Шәазхәыц еиҳаны ажурналқәа шышәшаша.

  • Шәеиҭарҭаала Аҳра иазку ажәабжь ахь аинтерес аазырԥшыз зегьы.

  • Шәыҽрылашәырхәла еиуеиԥшым амаҵзуратә хкқәа.

  • Шәҽалашәырхәла иформалтәым ажәабжьҳәара.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра