Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Аҿыцқәа рырҵара шахәҭоу
Уи зхадоу. Иисус иҵаҩцәа ҿыцқәа ирыдиҵаз зегьы ақәныҟәашьа рҵалароуп, уи иаанагоит егьырҭ аиашара дырҵарагьы (Матф. 28:19, 20). Абиблиа зҵо аӡәырҩы Атеократиатә маҵзура ашкол иҭаҩуп, насгьы иҟалап иформалтәым аҭагылазаашьақәа рҿы рыуацәеи рҩызцәеи ажәабжь рзеиҭарҳәозар. Аха дара аиашарахь иаадырԥшуа аџьшьара еизҳацыԥхьаӡа, насгьы Анцәа ауаа зегь аиаша раҳар шиҭаху еилыркаацыԥхьаӡа, дара ажәабжьҳәара аҽалархәра агәаҳәара рызцәырҵыр рылшоит (Рим. 10:13, 14). Ихадоуп иҿыцу иӡаахым ажәабжьҳәаҩ ибзианы ирҵара, дымшәаӡакәа ари ихадоу адоуҳатә еизҳара аетап дахысырц азы (Лука 6:40).
Ухы иархәа амза аҩныҵҟа абри алабжьара:
Абиблиа зурҵои уареи еибышәҳәа ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара ацара, мамзаргьы аӡәы ҿыц иҭаарахь, ма Абиблиа аҵарахьы дга. Абиблиа зурҵо думамзар, аԥышәа маҷны измоу ажәабжьҳәаҩ уицца.