Еиҳаны аԥышәа змоу ажәабжьҳәаҩцәа рҿы аҵара ҵала
Ҳара даараӡа рыхә ҳаракны иаҳшьоит ҳаизарақәа рҿы иҟоу аԥышәа змоу ажәабжьҳәаҩцәа. Шьоукы шықәсы рацәала Иегова изиашаны имаҵ руеит. Даҽа шьоукы амаҵзураҿы хәарҭа узҭо аҟазара роуижьҭеи маҷк ауп иҵуа. Урҭ ажәабжьҳәаҩцәа зегьы ирбоит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Иисус ақьырсиантә еизара напхгара шазиуа, ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи аус еизырҳауа (Матф. 28:19, 20). Ари амаҵзураҿы ауадаҩрақәеи аԥышәарақәеи ианрықәшәо дара ироуеит ирымоу амч еиҳау «амч-алшара» (2 Кор. 4:7). Аԥышәа змоу арҭ ажәабжьҳәаҩцәа ирҿаҳҵааша рацәоуп. Дара гәыкала иҳацеиҩыршоит ирымоу аԥышәа (Ԥс. 71:18). Убри аҟынтә ҳара урҭ акы рыҿҵаара ҳашьҭазароуп. Ишԥаҟаҵатәу уи?
Амаҵзураҿы. Иҿыцу, мамзаргьы аԥышәа маҷны измоу ажәабжьҳәаҩцәа амаҵзураҿы ақәҿиара роурц азы аҵара дырҵатәуп. Еиҳаны аԥышәа змоу ажәабжьҳәаҩцәа ажәабжь шырҳәо ҳацклаԥшуазар, урҭ ирҿаҳҵаауа рацәоуп. (Шәахә. аброшиура «Христос шәиҿыԥшла, ахынраалареи агәрыцҳашьареи аарԥшуа» [bw555], астатиа «Амаҵзураҿы ишәымоу агәацԥыҳәара аашәырԥшла», ахеиҵа «Шәрыцхраала аԥышәа маҷны измоу», абз. 3.) Ирҿуҵаазеи уара ус еиԥш иҟоу ажәабжьҳәаҩцәа ажәабжьҳәара уанрыцалахәыз?
Аԥышәа змоу ажәабжьҳәаҩ амаҵзурахьы уицны уцарц уиацәажәа. Уи ажәабжьҳәаҩ игәабзиара уашәшәыразар, иулшома уара зны-зынла Абиблиа аҵара иҩны амҩаԥгара? Абиблиа аҵара ашьҭахь ажәабжьҳәаҩ уиҳәа аҵара амҩаԥгашьа аганахь ала игәаанагара иҳәарц, насгьы алабжьара уиҭарц.
Аамҭа еицышәхыжәгала. Аԥышәа змоу ажәабжьҳәаҩцәа шәанрыцу, урҭ еиӷьны еилышәкаала. Руаӡәк аҭаацәаратә мҵахырхәарахь ааԥхьара иҭ, насгьы аинтервиу имх. Ажәабжьҳәаҩ игәабзиара уашәшәыразар, иулшома уара аҭаацәаратә мҵахырхәара иара иҩны амҩаԥгара? Уизҵаа аиаша шеиликааз. Иарбан зылԥхарақәоу иара иоуз? Иарбан еизҳароу иара иибоз шәахьынхо аҭыԥ аҿы? Гәырӷьарас изаанагазеи Иегова имаҵ аура?
Аилкаара аарԥшла, насгьы иара иҟынтә мыцхәы уазымԥшын. Ҳара зегьы ҳаиԥш, акыр шықәса амаҵзура иалахәу еиуеиԥшым абаҩхатәрақәа рымоуп (Рим. 12:6—8). Аԥышәа змоу аӡәырҩы ажәабжьҳәаҩцәа рықәрахь инеихьеит, убри аҟынтә ирацәаны аамҭа ҳацыхгара рылшаӡом. Ус шакәугьы, дара Иегова имаҵзураҿы аԥышәа рацәаны ирымоуп, убри азы ирҿаҳҵааша рацәоуп.