АҴАРАЗЫ АСТАТИА 20
Ажәабжьҳәараҿы агәырӷьара шәмырӡлан
«Ажәла лаҵала... унапы ԥсшьаха аумҭалан» (ЕККЛ. 11:6).
АШӘА 70 Иаԥсоу шәыԥшаала
АХҲӘААa
Иисус ажәҩан ахь данхала ашьҭахь иҵаҩцәа Иерусалими егьырҭ аҭыԥқәеи рҿы гәацԥыҳәарала ажәабжь рҳәон. (Шәахәаԥш абзац 1.)
1. Ажәабжь шԥеиҳәоз Иисус, насгьы иҿыԥшуазма иара иҵаҩцәа? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)
ИИСУС адгьыл аҿы даныҟаз агәырӷьара ахаан ирӡуамызт. Иара иҭахын иҵаҩцәагьы агәырӷьара рмырӡларц (Иоанн 4:35, 36). Иисус иҵаҩцәа рааигәа даныҟаз игәырӷьаҵәа ажәабжь рҳәон (Лука 10:1, 5—11, 17). Аха иара даныршь ашьҭахь ргәы каҳаит, амаҵзураҿы агәацԥыҳәарагьы рцәыӡит (Иоанн 16:32). Убри аҟынтә Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь урҭ ажәабжьҳәара рхы азырышьҭырц реиҳәеит. Иара ажәҩан ахь данца ашьҭахь дара гәацԥыҳәарала ажәабжь рҳәон. Убри аҟынтә раӷацәа ргәы ԥжәаны ирарҳәеит: «Шәара шәҵара аӡбахә Иерусалим зегьы иахьышәыгӡоит» (Аус. 5:28).
2. Дышԥарыцхраауеи Иегова ақьырсианцәа ажәабжьҳәараҿы?
2 Актәи ашәышықәсазы Иисус иҵаҩцәа инарыгӡоз ажәабжьҳәаратә ус напхгара азиуан. Иегова урҭ ақьырсианцәа дрыцхраауан, убри аҟынтә аӡәырҩы Аҳра иазку ажәабжь рыдыркылеит. Иаҳҳәап, Аҩынҩажәижәаба мшы 33 шықәса ҳ. ҳ. азы 3000-ҩык раҟара аӡы рыҽӡаархит (Аус. 2:41). Убасала аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа еизҳауан (Аус. 6:7). Аха Иисус иҳәахьан аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ажәабжьҳәаратә ус еиҳагьы аҽшарҭбаауа (Иоанн 14:12; Аус. 1:8).
3, 4. Избан ҭыԥқәак рҿы ажәабжьҳәара зыуадаҩу? Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Ҳара зегьы ажәабжьҳәараҿы агәырӷьара ҳамазарц ҳҭахуп. Тәылақәак рҿы уи мариоуп. Уа Абиблиа аҵара зҭаху убриаҟара ирацәаҩуп, аишьцәеи аиҳәшьцәеи урҭ рымҩаԥгара иахьӡаӡом. Аха егьырҭ атәылақәа рҿы ажәабжьҳәара мариам, избанзар ауаа шамахамзар аҩны иҟаӡам, иҟазаргьы Абиблиа аинтерес рымаӡам.
4 Шәара ажәабжьҳәара ахьымариам аҭыԥаҿы шәынхозар ари астатиаҿы иаагоу алабжьарақәа шәыхәар алшоит. Ҳара еилҳаргоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы еиҳа ирацәаҩны ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭарҳәарц азы иҟарҵо. Иара убас ҳара еилаҳкаауеит ажәабжь ззеиҭаҳҳәо ауаа ҳзыӡырҩуазаргьы, иаҳзымӡырҩуазаргьы агәырӷьара ҳмырӡлар шҳалшо.
АЖӘАБЖЬҲӘАРАҾЫ ИШӘЫҚӘШӘО АУАА МАҶЗАРГЬЫ АГӘЫРӶЬАРА ШӘМЫРӠЛАН
5. Иарбан уадаҩрақәоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы зықәшәо?
5 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы аҩны ауаа рықәшәара рцәыуадаҩуп. Ажәабжьҳәаҩцәа шьоукы нхоит ирыхьчо аҩнқәа рацәаны иахьыҟоу. Урҭ аҩнқәа рҿы инхо ааԥхьара урымҭазар аҩналара азин умаӡам. Егьырҭ ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара ахьымариоу аҭыԥқәа рҿы инхоит, аха ауаа шамахамзар аҩны иҟаӡам. Иҟоуп имаҷны ауаа ахьынхо аҭыԥқәа рҿы ажәабжь зҳәогьы. Лассы-лассы урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәызаҵәык идамзаргьы иацәажәарц азы даара ихараны ицоит, аха уигьы аҩны даныҟамлало ыҟоуп. Ҳара урҭ рҩызцәа ауадаҩрақәа ҳрықәшәозаргьы ҳгәы каҳмыжьлароуп. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи урҭ ҳариааирц, насгьы ҳмаҵзура алҵшәа ҳзаанагаларц азы?
6. Излареиԥшузеи ажәабжьҳәаҩцәа аԥсыӡкыҩцәа?
6 Иисус ажәабжьҳәаратә ус аԥсыӡкра иаҿирԥшит (Марк 1:17). Иҟалап аԥсыӡкҩы ҩымш, хымш рыбжьара акгьы изымкыр, аха уи игәы каижьӡом. Иара иԥсахуеит аамҭа, аҭыԥ, насгьы аԥсыӡкразы изнеишьа. Ҳаргьы ажәабжьҳәараҿы убас ҟаҳҵалар ҳалшоит. Ҳрыхцәажәап лабжьарақәак.
Ауаа аҩны рықәшәара уадаҩзар ажәабжь анышәҳәо аамҭеи, аҭыԥи, азнеишьақәеи шәыԥсахла (Шәрыхәаԥш абзацқәа 7—10.)c
7. Иалҵшәахар алшозеи ажәабжьҳәаразы еиуеиԥшым аамҭа аналаҳхуа?
7 Ажәабжьҳәаразы еиуеиԥшым аамҭа алшәхла. Ауаа еиҳарак аҩны ианыҟоу ажәабжь шәҳәалар, еиҳаны ауаа шәрықәшәоит. Дара аҩны ианыҟоу аамҭакгьы ыҟоуп. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы ҽынла, ма хәылбыҽхала ажәабжь рҳәоит, избанзар уи аамҭазы еиҳараҩык ауаа аҩны иҟоуп. Уи адагьы, ауаа уи аамҭазы ҳзыӡырҩра еиҳа иазхиоуп, избанзар џьаргьы иццакӡом. Иҟалап шәара Девид зыхьӡу аизара аиҳабы иҿырԥшы шәгәаԥхар. Иара ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь аниҳәо иқәымшәо рахь сааҭк, ма ҩ-сааҭк рышьҭахь деиҭахынҳәуеит. Иара иҳәоит: «Иџьоумшьар залшом ҳаныхынҳәуа шаҟаҩы ҳрықәшәо!»b
Ауаа аҩны рықәшәара уадаҩзар ажәабжь анышәҳәо аамҭа шәыԥсах (Шәрыхәаԥш абзацқәа 7, 8.)
8. Ишԥаҳацхраауеи Екклезиаст 11:6 иану ажәақәа ҳмаҵзураҿы?
8 Ҳара ҳгәы каҳмыжьлароуп. Уи ауп ари астатиа иазалху ажәеинраала иҳабжьнаго. (Шәаԥхьа Екклезиаст 11:6.) Девидгьы убас ҟаиҵоит. Абар иара дзықәшәаз ахҭыс. Иара ҩнык ахь зныкымкәа днеиуан, аха аӡәгьы диқәшәомызт. Зны уахь ҿыц даннеи хаҵак аҩнашә ааиртит. Уи ахаҵа дгәырӷьаҵәа Девид диацәажәеит, иагьиҳәеит: «Сара ара сынхоижьҭеи аа-шықәса ҵуеит, аха Иегова ишаҳаҭцәа зныкгьы имааиӡац!» Девид иҳәоит: «Сара игәасҭеит, шамахамзар иуқәымшәо ауаа ашә анаадыртуа, ҳажәабжь ибзианы ишақәҿырҭуа».
Ауаа аҩны рықәшәара уадаҩзар ажәабжь ахьышәҳәо аҭыԥ шәыԥсах (Шәахәаԥш абзац 9.)
9. Иҟарҵазеи Иегова ишаҳаҭцәа шьоукы аҩны ирықәымшәоз ауаа ажәабжь рзеиҭарҳәарц азы?
9 Еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы ажәабжь шәҳәала. Ажәабжьҳәаҩцәа шьоукы аҩны ирықәымшәоз ауаа ажәабжь рзеиҭарҳәарц азы егьырҭ аҭыԥқәа рҿы ажәабжь аҳәара иалагеит. Иаҳҳәап, дара амҩадуқәа рҿы, ма астендқәа рыла ажәабжь рҳәоит. Уи абзоурала аҩны ирықәымшәоз ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәара алшара роуит. Иаҳҳәап, ажәабжьҳәара ахьыҟамло аҩнқәа рҿы инхо ауаа. Иара убас аӡәырҩы аишьцәеи аиҳәшьцәеи игәарҭеит апаркқәеи, аџьармыкьақәеи ауаа аус ахьыруа аҭыԥқәеи рҿы еиҳа гәахәарыла ишҳацәажәо, ҳлитературагьы шырго. Боливиа, араионтә хылаԥшҩыс амаҵ зуа Флоиран иҳәоит: «Ҳара аџьармыкьақәеи адәқьанқәеи рҿы асааҭ акы инаркны хԥанӡа ажәабжь ҳҳәоит, усҟан аусуҩцәа еиҳа аамҭа рымоуп. Убасала ҳара ибзианы ҳрацәажәоит, абиблиатә ҵарақәагьы ҳрылагоит».
Ауаа аҩны рықәшәара уадаҩзар ажәабжь шышәҳәо азнеишьақәа шәыԥсах (Шәахәаԥш абзац 10.)
10. Иарбан знеишьақәоу еиҭа шәхы иашәырхәар шәылшо ажәабжь аҳәаразы?
10 Еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла ажәабжь шәҳәала. Иҟалап шәара зныкымкәа ауаҩы иҩныҟа шәнеихьазар, аха иара дшәықәымшәаӡеит. Даҽа аамҭак азгьы шәнеит, аха уеизгьы аҩны дыҟаӡамызт. Иҟоума ауаҩы ажәабжь изеиҭаҳәаразы даҽа лшарақәак? Абар Катарина илҳәо: «Сара аҩны исықәымшәо ауаа асаламшәҟәқәа рзысыҩуеит, уа ирасҳәарц исҭахыз анысҵоит». Иаҳнарҵозеи уи? Ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь анышәҳәо хаҭала зегьы ажәабжь рзеиҭашәҳәарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала.
АУАА ИАҲҲӘО АЖӘАБЖЬ АХЬ АИНТЕРЕС РЫМАМЗАРГЬЫ АГӘЫРӶЬАРА ШӘМЫРӠЛАН
11. Избан шьоукы иаҳҳәо ажәабжь ахь аинтерес зрымам?
11 Шьоукы иаҳҳәо ажәабжь ахь аинтерес рымаӡам. Дара Анцәагьы дырҭахым, Абиблиагьы рҭахым. Урҭ Анцәа игәра ргаӡом адунеи аҿы арыцҳарақәа ахьырацәоу азы. Иара убас адиннапхгаҩцәа русқәеи рхымҩаԥгашьеи ахьеиқәымшәо азы дара Абиблиа ахь аинтерес аадырԥшӡом. Иҟоуп аусура, аҭаацәара рҭахрақәа, насгьы зхатә уадаҩрақәа рыӡбара иахнагогьы. Дара Абиблиа рыцхраар алшоит ҳәагьы иҟаӡам. Ишԥаҳмырӡри агәырӷьара ауаа иаҳҳәо ажәабжь ианазымӡырҩуа?
12. Ишԥаҳацхраауеи Филиппаа рахь 2:4 иану ажәақәа ажәабжьҳәараҿы?
12 Ауаа рахь гәыкала аинтерес аашәырԥшла. Уаанӡа ажәабжь бзиа иазымӡырҩуаз аӡәырҩы ауаа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи дара рахь аинтерес шаадырԥшуа анырба иаҳҳәо ажәабжь азыӡырҩра иалагеит. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 2:4.) Хыхь зыӡбахә ҳәаз Девид иҳәоит: «Ажәабжьҳәараҿы ауаҩы иацәажәара ҳалагазар, аха иаҳҳәо ахь аинтерес шимам ҳаиҳәазар Абиблиеи ҳпубликациақәеи наҟ иԥхьакны ҳиазҵаауеит: „Избан аинтерес зшәымам?“» Ҳара ауаа рахь аинтерес ааҳарԥшуазар уи гәарымҭар залшом. Урҭ иаҳҳәаз рхашҭыр ауеит, аха ҳашрацәажәоз ахаан ирхашҭӡом. Ҳзацәажәо ауаҩы ажәак аҳәаха ҳаимҭозаргьы ҳхымҩаԥгашьа ҳшизыҟоу инарбоит.
13. Ишԥаҳалшо ҳзацәажәо ауаа рҭахрақәа рызхәыцра?
13 Ҳара ауаҩы иахь аинтерес ааҳарԥшлар ажәабжь анизеиҭаҳҳәо иҭахрақәа ҳрызхәыцлоит. Иаҳҳәап, аҭаацәараҿы ахәыҷы дшыҟоу гәаҳҭазар Абиблиа ахәыҷқәа рааӡараҿы ирыцхраар шалшо, мамзаргьы аҭаацәараҿы анасыԥ аиура ишрыцхраауа рзеиҭаҳҳәар ауеит. Ма, аҩнашә ацаԥхақәа рацәаны ишаҿоу ҳбазар, ҳалацәажәар ҳалшоит ацәгьоурақәа шырацәоу, ауаа ашәара ишҭагылоу, аха иаарласны урҭ ауадаҩрақәа рҵыхәтәа шыԥҵәахо. Шәызлацәажәозаалакгьы Абиблиа хаҭала ауаҩы ицхраар шалшо ишәырба. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Катарина илҳәоит: «Сара аҵабырг сыԥсҭазаара шаԥсахыз сгәаласыршәоит». Уи лара илыцхраауеит лажәақәа аԥсы рхаҵаны ацәажәара. Ауаа уи рызгәамҭар ауам.
14. Еицхыраалар шԥарылшо ажәабжь еицызҳәо, Ажәамаанақәа 27:17 иану инақәыршәаны?
14 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхыраара шәыдышәкылала. Апостол Павел Тимофеи иеилиркаауан ажәабжь шҳәалатәу, насгьы ауаа аҵабырг шдырҵалатәу. Иара убас Павел Тимофеи игәазҭеиҵон имаз адыррақәа егьырҭ ақьырсианцәа дрыцхрааларц азы ихы иаирхәаларц (1 Кор. 4:17). Ҳаргьы, Тимофеи иеиԥш, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирҿаҳҵаар ҳалшо рацәоуп. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 27:17.) Абар аиашьа Шон иҿырԥштәы. Иара аамҭак аҩныҵҟа қыҭак аҿы пионерс амаҵ иуан. Уа инхоз ауаа реиҳараҩык иргәаԥхоз рхатә динхаҵара рыман. Ицхраауазеи иара агәырӷьара амырӡра? Иара иҳәоит: «Сара аӡәы ажәабжь ицҳәаразы алшара саҩсыжьуамызт. Ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь аҳәаразы амҩа ҳанықәыз ҳара ҳарҵаратә ҟазара шеиӷьаҳтәыша ҳалацәажәон. Иаҳҳәап, аӡәы ҳаниацәажәалак ашьҭахь ҳазхәыцуан даҽазны уи аҩыза аҭагылазаашьа ҳақәшәар ҳаицәажәараҿы иҳаԥсахыр ҳалшоз».
15. Избан ажәабжьҳәара ҳанцо Анцәа ҳиҳәалар зхадоу?
15 Иегова ацхырааразы шәиҳәала. Ажәабжьҳәара шәанцо еснагь Анцәа шәиҳәала. Иегова иԥшьоу идоуҳа ацхыраарада ҳара ақәҿиара ҳауӡом (Аԥсал. 127:1; Лука 11:13). Иегова шәаниҳәо дшәыцхраарц ахьышәҭаху иалкааны иашәҳәа. Иаҳҳәап, Анцәа деилызкаарц зҭаху, насгьы шәзыӡырҩра иазхиоу ауаҩы дшәыԥшаарц шәиҳәала. Нас шәыҳәарақәа инарықәыршәаны шәхы мҩаԥыжәгала: ишәԥыло зегьы, аӡә даанмыжькәа, ажәабжь рзеиҭашәҳәала.
16. Избан ажәабжьҳәараҿы ақәҿиара ҳамазарц азы ҳхатә ҭҵаара ҳамазар зхадоу?
16 Шәхатә ҭҵааразы аамҭа алшәхла. Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит: «Анцәа игәаҳәарала шәыҽԥышәшәала уи аилкаара шәашьҭаз» (Рим. 12:2). Анцәа изку аҵабырг еиҳа еиӷьны еилаҳкаацыԥхьаӡа ауаа рацәажәара еиҳа иаҳзымариахоит. Катарина илҳәоит: «Сара еилыскааит ихадоу абиблиатә ҵарақәа рахь сыгәрахаҵара сырӷәӷәар шсыхәҭаз. Убри аҟынтә Ҳазшаз дшыҟоу, Абиблиа Анцәа Иажәа шакәу, насгьы Иегова аорганизациа шимоу ала ашьақәырӷәӷәарақәа ҭысҵааит». Лхатә ҭҵаара абзоурала Катарина лыгәрахаҵара еиҳа иӷәӷәахеит, насгьы ажәабжьҳәара еиҳа агәырӷьара лзаанаго иалагеит.
АЖӘАБЖЬҲӘАРАҾЫ АГӘЫРӶЬАРА ҲМЫРӠЛАР ЗХАДОУ
17. Избан Иисус ажәабжьҳәараҿы агәырӷьара зицәымӡуаз?
17 Иисус агәырӷьара ирӡуамызт. Иара иажәабжь иазымӡырҩуаз шыҟазгьы ажәабжьҳәара даҟәыҵуамызт. Ицхраауази иара? Иисус идыруан ауаа аҵабырг раҳар шакәыз, убри аҟынтә иахьынӡаилшоз ирацәаҩны ауаа дрыцхраар иҭахын. Уи адагьы иара еиликаауан иажәабжь иазымӡырҩуазгьы аҵыхәтәаны уи рыдыркылар шрылшоз. Иисус хышықәсеи бжаки ажәабжь иҳәон, аха иашьцәа рҟынтә аӡәгьы аҵабырг идимкылаӡеит (Иоанн 7:5). Аха иԥсы анҭала ашьҭахь Иисус игәра ргеит (Аус. 1:14).
18. Избан ажәабжьҳәара ҳзаҟәымҵуа?
18 Ҳара иҳаздырӡом еиҭаҳҳәо абиблиатә ҵабырг здызкыло. Шьоукы уи азы еиҳаны аамҭа рҭахуп егьырҭ раасҭа. Ҳзыӡырҩра зҭахымгьы ҳхымҩаԥгашьа бзиеи иҳамоу агәырӷьареи анырбо Иегова имаҵ аура рҭаххар ҟалоит (1 Пиотр 2:12)
19. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи, 1 Коринфаа рахь 3:6, 7 иану инақәыршәаны?
19 Шәааи иаҳхаҳмыршҭлап: ҳара аҵабырг ажәла шылаҳҵогьы, аӡы шаҵаҳҭәогьы еиззырҳауа Иегова иоуп. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 3:6, 7.) Абар Ефиопиа амаҵ зуа Гетахун ииҳәо: «20 шықәса инареиҳаны лассы-лассы ажәабжь ахьырымҳәо аҭыԥ аҿы Иегова ишаҳаҭс сара заҵәык сакәын иҟаз. Уажәы ара 14-ҩык ажәабжьҳәаҩцәа ыҟоуп. 13-ҩык аӡы рыҽӡаарххьеит, сыԥшәмеи х-ҩык схәыҷқәеи уахь иналаҵаны. Уажәы ҳаизараҿы 32-ҩык рҟынӡа еизоит». Гетахун даара деигәырӷьоит ажәабжь аҳәара дахьаҟәымҵыз, ачҳара аарԥшны гәыкала иҟоу ауаа Иегова ихаҭа иорганизациахь ианааиго дахьазыԥшыз (Иоанн 6:44).
20. Излеиԥшузеи ҳмаҵзура аиқәырхаратә ус?
20 Иегова изы ауаа зегь рыԥсҭазаара ахә ҳаракуп. Иара Иԥа амаҵ ицура аҳаҭыр ҳаҭәеишьеит — ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа ажәларқәа зегь рҟынтә ауаа реизгара (Агг. 2:7). Ҳмаҵзура аиқәырхаратә ус еиԥшуп. Ҳара ашахта ицәыҵахаз ауаа рыԥшааразы ирышьҭыз аиқәырхаҩцәа ҳреиԥшуп. Аиқәырхаҩцәа зегьы ауаа шырзымԥшаауагьы дара еидгыланы ирбо аџьабаа ахә ҳаракуп. Ҳмаҵзуразгьы убас ҳҳәар ҳалшоит. Ҳара иҳаздырӡом Аҩсҭаа идунеи аҟынтә еиҭа шаҟаҩы еиқәҳархар ҳалшо. Аха Иегова ауаа дрыцхраарц азы ҳара ҳҟынтә дарбанзаалак ихы даирхәар ауеит. Абар Боливиа инхо Андреас ииҳәо: «Сара агәра ганы сыҟоуп ауаҩы аҵабырг еилкааны иҽӡааихзар, уи ҳара зегь ҳџьабаа ишалҵшәахаз». Шәааи амаҵзураҿы агәырӷьара ҳмырӡлап. Убасҟан Иегова даҳзылԥхоит, ажәабжьҳәарагьы агәырӷьара ҳзаанагалоит!
АШӘА 66 Ирылаҳҳәоит ажәабжь бзиа
a Ишԥаҳалшо ажәабжьҳәараҿы агәырӷьара амырӡра аӡәырҩы ауаа аҩны иҳақәымшәозаргьы, насгьы иаҳҳәо ажәабжь иазымӡырҩуазаргьы? Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит амаҵзураҿы агәырӷьара амырӡра иҳацхраауа алабжьарақәа.
b Ажәабжьҳәаҩцәа ари астатиаҿы зыӡбахә ҳәоу амаҵзура хкқәа рҽанрыладырхәуа ртәылаҿы иҟоу ауаҩы изку аинформациа зыхьчо азакәан еиларымгалароуп.
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО (хыхьынтә ҵаҟа). Хаҵеи-ԥҳәыси ауаа аҩны рықәшәара ахьыуадаҩу аҭыԥ аҿы ажәабжь рҳәоит. Актәи аҩнаҿы инхо аусура дыҟоуп, аҩбатәи — ахәышәтәырҭаҿы, ахԥатәи — адәқьан аҿы. Хаҵеи-ԥҳәыси актәи аҩнаҿы инхо ауаҩ иахь ахәылбыҽха инеиуеит. Аҩбатәи аҩнаҿы инхо ахәышәтәырҭа ааигәара астенд ала ажәабжь анырҳәо ила́цәажәоит. Ахԥатәи аҩнаҿы инхо ҭелла иацәажәоит.