Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 ииуль ад. 2—7
  • Ишәыдышәкылома аҵаҩцәа разыҟаҵара ааԥхьара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишәыдышәкылома аҵаҩцәа разыҟаҵара ааԥхьара?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИИСУС АЖӘАБЖЬҲӘАРАГЬЫ АРҴАРАГЬЫ ҲАДИҴЕИТ
  • АБЗИАБАРОУП АҴАҨЦӘА РАЗЫҞАҴАРА ҲГӘАЗҬАЗҴО
  • ЕГЬЫРҬ АУАДАҨРАҚӘА РИААИРА ИҲАЦХРААУА
  • АҴАҨЦӘА РАЗЫҞАҴАРА ШӘАЛАГӘЫРӶЬАЛА
  • Аҵаҩцәа азыҟашәҵала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • «Убри аҟынтә шәца... аҵаҩцәа азыҟашәҵала»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • «Шәца... аҵаҩцәа азыҟашәҵала»
    «Усышьҭаланы уаала»
  • Ҳашԥарыцхраари егьырҭ Христос иԥҟарақәа рынагӡара?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 ииуль ад. 2—7

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 26

Ишәыдышәкылома аҵаҩцәа разыҟаҵара ааԥхьара?

«Анцәа... игәы ишақәшәо ала агәаҳәара шәиҭоит, ииҭаху шәирҟаҵоит» (ФЛП. 2:13).

АШӘА 64 Ҳгәырӷьаҵәа ҭагалара аус ҳалахәуп

АХҲӘААa

1. Иҟаиҵазеи Иегова уара узы?

УШԤАҞАЛЕИ уара Иегова ишаҳаҭ уакәны? Раԥхьа уара Абиблиа иану ажәабжь бзиа уаҳаит. Иҟалап уи уҭаацәа, аус уцызуа, аҵара уцызҵо, ма ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь зҳәоз Иегова ишаҳаҭцәа рҟынтә иуаҳазар (Марк 13:10). Абиблиа узырҵоз иаамҭеи имчқәеи дреигӡомызт. Абиблиатә ҵара Иегова бзиа ибара иуцхрааит. Иаргьы хаҭала уара бзиа ушибо уеилнаркааит. Иегова аҵабырг аԥшӡара зегь уирбеит. Анаҩс Христос иҵаҩ уакәны уаныҟала наӡаӡа анхаразы агәыӷра уоуит (Иоанн 6:44). Ҳәарада уара Иегова иҭабуп ҳәа иоуҳәоит, аӡәы Абиблиа уирҵаларц игәы ахьазҭеиҵаз, насгьы имаҵзуҩы уакәны аҟалара ахьулиршаз.

2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 Уажәшьҭа ҳара аҵабырг ҳдыруеит, наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь ҳназго амҩагьы ҳануп. Иегова аҳаҭыр ду ҳаҭәеишьеит егьырҭгьы уи амҩа анылара ҳрыцхрааларц. Шьоукы ирзымариазар ауеит ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь аҳәара, аха аӡәы Абиблиа аҵара идгалара, насгьы уи амҩаԥгара рцәыцәгьазар алшоит. Шәаргьы урҭ шәреиуоума? Ааи акәзар ари астатиа шәыцхраар алшоит. Ҳара еилаҳкаауеит аҵаҩцәа разыҟаҵара аус аҽалархәра ҳгәазырԥхо, иара убас шьоукы Абиблиа аҵара амҩаԥгара зырзымгәаӷьуа, насгьы урҭ ирыцхраар алшо ҳазхәыцуеит. Аха раԥхьа шәааи еилҳаргап ҳжәабжьҳәаҩцәаны адагьы, ҳарҵаҩцәаны ҳаҟазар зҳахәҭоу.

ИИСУС АЖӘАБЖЬҲӘАРАГЬЫ АРҴАРАГЬЫ ҲАДИҴЕИТ

3. Избан ҳара ажәабжь заҳҳәо?

3 Иисус иҵаҩцәа ириҭаз адҵа ҩ-ганк амоуп. Актәи, иара иҵаҩцәа иреиҳәеит Аҳра иазку ажәабжь ауаа ирзеиҭарҳәаларц, насгьы уи шыҟаҵалатәу дирбеит (Матф. 10:7; Лука 8:1). Убри аамҭазгьы уи ажәабжь згәамԥхо шыҟалогьы реиҳәеит (Лука 9:2—5). Иара убас Иисус иҳәеит ишьҭанеицәа уи ажәабжь адунеи зегь аҿы ишрыладырҵәо, насгьы ажәларқәа зегь ишраҳауа (Матф. 24:14; Аус. 1:8). Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь ауаа ирыдыркыларгьы, ирыдрымкыларгьы Иисус иҵаҩцәа ирыхәҭанАҳра иҟанаҵо ауаа ирзеиҭарҳәалар.

4. Иҟаҳҵалар акәзеи ҳара еиҭа, Аҳра иазку ажәабжь аҳәара ада, Матфеи 28:18—20 иану инақәыршәаны?

4 Иарбану Иисус идҵа аҩбатәи аган? Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит ажәабжь иазыӡырҩуа ауаа «идшәырҵала ишәыдысҵаз зегьы ирықәныҟәаларазы» ҳәа. Шьоукы ргәы иаанагоит Иисус уи адҵа зиҭаз актәи ашәышықәсазы инхоз иҵаҩцәа мацара роуп ҳәа, аха уи ус акәӡам. Иисус иҳәеит ажәабжь аҳәареи, аҵаҩцәа разыҟаҵара ауси ҳаамҭақәа рҟынӡа, «ари адунеи аҿҳәара ԥҵәаанӡа» ишынагӡалатәу. (Шәаԥхьа Матфеи 28:18—20.) Иҟалап, Иисус ари адҵа «хәышәҩык иреиҳаз аишьцәа» данрызцәырҵ акәзар ианриҭаз (1 Кор. 15:6). Иара убас Аатра ашәҟәы ишаҳнарбо еиԥш, Иисус иҵаҩцәа зегьы егьырҭ ауаа Иегова иеилкаара ирыцхраалароуп (Аат. 22:17).

5. Иарбан ҿырԥштәу Павел 1 Коринфаа рахь 3:6—9 аҿы иааигаз, ажәабжь аҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи шеидҳәалоу ааирԥшырц азы?

5 Апостол Павел аҵаҩцәа разыҟаҵара аус аарыхра иаҿирԥшит. Ари аҿырԥштәы иаҳнарбоит ажәла алаҵара мацара шазымхо. «Сара еиҭасҳауан, Аполлос аӡы аҵеиҭәон» ҳәа аниҳәа, Павел ихи Аполлоси амхаҿы аус зуа ирыҿирԥшит, коринфаа амхурсҭақәа ирыҿирԥшит. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 3:6—9.) Анцәа аус ицызуа раҳасабала ажәабжь анаҳҳәо ажәла алаҵара адагьы, ауаа Абиблиа аныдҳарҵо, урҭ ажәлақәа аӡы рыҵаҳҭәоит (Иоанн 4:35). Убри аамҭазгьы ҳара еилаҳкаауеит Иегова шиакәу ауаа иара иахь иаазыԥхьо, насгьы аҵабырг ажәлақәа еиззырҳауа.

6. Иарбан ҭакԥхықәроу арҵаҩцәа реиԥш иҳаду?

6 Ҳара наӡаӡатәи аԥсҭазаара узҭо аҵабырг адкылара иазхиоу ауаа ҳрышьҭоуп (Аус. 13:48). Урҭ Иисус иҵаҩцәаны иҟаларц азы ҳрыцхраароуп Абиблиа иану 1) аилкаара, 2) адкылара, 3) ахархәара (Иоанн 17:3; Кәал. 2:6, 7; 1 Фес. 2:13). Аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегьы Абиблиа зҵо доуҳала аизҳара ирыцхраалар рылшоит. Урҭ аизарақәа рахь ианаауа гәыкала аԥсшәа раҳҳәалар, насгьы бзиа ишаҳбо дҳарбалар ҳалшоит (Иоанн 13:35). Абиблиа зҵо ииашам игәаанагарақәа иԥсахырц, ма ишьцыларақәа аанижьырц азы Абиблиа изырҵо имаҷымкәа аамҭеи амчи иҭаххар ауеит (2 Кор. 10:4, 5). Ауаҩы аӡӡаахра дазхиахаанӡа амзақәа рацәаны ицар ауеит, аха аџьабаа абара иаԥсоуп.

АБЗИАБАРОУП АҴАҨЦӘА РАЗЫҞАҴАРА ҲГӘАЗҬАЗҴО

7. Ҳгәазҭазҵозеи ажәабжь аҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи?

7 Ҳгәазҭазҵозеи ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи? Раԥхьаӡа иргыланы Иегова иахь абзиабара. Ажәабжь аҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи рзы ишәылшо зегь ҟашәҵозар, Анцәа бзиа дшыжәбо аашәырԥшуеит (1 Иоанн 5:3). Ишәгәалашәыршәа Иегова иахь абзиабара ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара шәгәы шазҭанаҵаз. Ишәзымариазма уи? Иҟалап ишәзымариамызҭгьы. Ишәгәалашәома ажәабжьҳәараҿы раԥхьаӡа акәны ашә шәасыр анакәыз? Шәгәы хыҭ-хыҭуазма? Ҳәарада. Аха шәара еилышәкаауан уи адҵа Иисус ишшәиҭаз, убри аҟынтә ииҳәаз ҟашәҵеит. Убасала хәыҷы-хәыҷла ажәабжь аҳәара шәзымариахеит. Аха шәышԥазыҟоу аҵаҩцәа разыҟаҵара аус? Шәшәома Абиблиа аҵара амҩаԥгара? Иҟалап шәшәозар. Ус акәзар Абиблиа аҵара ауаа ирыдыжәгалаларц азы Иегова ацхырааразы шәиҳәала. Убасҟан Иегова аҵаҩцәа разыҟаҵара аус бзиа абара, насгьы аҽалархәра дшәыцхраауеит.

8. Ҳгәазҭазҵозеи еиҭа Марк 6:34 иану инақәыршәаны, ауаа аҵабырг дырҵара?

8 Иара убас ҳара ауаа бзиа иаҳбоит. Иаҳгәалаҳаршәап Иисус иҵаҩцәеи иареи зны изықәшәаз ахҭыс. Аҽнынтәарак ажәабжь ҳәаны ианалга рыԥсы ршьарц рыӡбеит. Аха рыԥсы ршьарц иахьнеиз ажәлар еизаны ирзыԥшын. Иисус урҭ аниба, ирыцҳашьаны «акыр дырҵара далагеит». (Шәаԥхьа Марк 6:34.) Иисус ахамеигӡара ааирԥшит. Аха избан? Иара урҭ рҭыԥаҿы ихы иргылеит. Иисус ибеит ауаа шаҟа ирыцҳаз, агәыӷра шырҭахыз, убри аҟынтә дрыцхраарц иҭаххеит. Иахьагьы убас ауп ишыҟоу. Ауаа анасыԥ рымоушәа жәбозаргьы уи шәамжьааит. Дара ацхыраара зҭаху ахьча дызмам ауасақәа ирҩызоуп. Апостол Павел иҩит урҭ ауаа Анцәа дышрымам, гәыӷрада ишынхо (Еф. 2:12). Дара аԥсрахьы иназго амҩа иануп (Матф. 7:13). Шәҭыԥ аҿы инхо ауаа Анцәа иӡбахә раҳар шаҟа ихадоу шәазхәыцлар, агәрыцҳашьареи абзиабареи урҭ рыцхраара шәгәазҭанаҵоит. Зегь раасҭа еиҳау ацхыраара Абиблиа аҵара рыдгалара ауп.

9. Дшәыцхраар шԥаилшо Иегова, Филиппаа рахь 2:13 иану инақәыршәаны?

9 Иҟалап шәара аӡәы Абиблиа аҵара идгалара шәзымгәаӷьуазар, избанзар уи амҩаԥгареи аҽазыҟаҵареи аамҭа рацәаны ишаҭаххоеилышәкаауеит. Шәаанызкыло уи акәзар, иаартны Иегова изеиҭашәҳәа. Иегова шәиҳәала Абиблиа аҵара зҭаху ауаҩы иԥшаара шәҭаххарц. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 2:13.) Апостол Иоанн иҩит Анцәа игәаԥхара иақәшәо ҳаҳәарақәа шиаҳауа (1 Иоанн 5:14, 15). Убри аҟынтә агәра ганы шәыҟаз: аҵаҩцәа разыҟаҵара аус аҽалархәразы Иегова агәаҳәара шәиҭоит.

ЕГЬЫРҬ АУАДАҨРАҚӘА РИААИРА ИҲАЦХРААУА

10, 11. Избан шьоукы абиблиатә ҵара амҩаԥгара зырзымгәаӷьуа?

10 Ҳара абиблиатә ҵабырг ауаа дырҵаразы иҳаду адҵа ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит. Аха уи ишаҳҭаху аҽалархәразы иаҳԥырхагоу рацәоуп. Шәааи еилҳаргап уадаҩрақәак, насгьы урҭ ҳариааир шҳалшо.

11 Имариам аҭагылазаашьақәа. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы рықәрахь инеихьеит, ма ргәабзиара ҽеиӡам. Шәаргьы урҭ шәрыҵанакуазар, апандемиа COVID-19 иаҳнарҵаз шәазхәыц. Уи аамҭа иаҳнарбеит Абиблиа аҵара онлаин амҩаԥгарагьы шҳалшо. Ус анакәха аҩны ҳдәылымҵӡакәа Абиблиа аҵара алагареи, амҩаԥгареи ҳалшоит. Абар даҽа ганкгьы. Шьоукы Абиблиа аҵара рҭахуп, аха ҳара ажәабжь анаҳҳәо аамҭа дара ирнаалаӡом. Урҭ ашьыжь шаанӡа, ма уахынла ауп ианырзыманшәалоу. Ишәылшома шәара уи аамҭа шәҽақәшәыршәар? Иаҳҳәап, Иисус Никодим уахынла акәын ианиирҵоз, избанзар Никодим убасҟан изыманшәалан (Иоанн 3:1, 2).

12. Ишәыцхраар алшозеи арҵаҩратә ҟазара шәызхаӡом ҳәа шәгәы иаанагозар?

12 Арҵаҩратә ҟазара ҳазхаӡом ҳәа ҳгәы ианаанаго. Шьоукы ргәы иаанагоит егьырҭ иддырҵаларц азы рхаҭа адыррақәеи аԥышәеи еиздырҳароуп ҳәа. Шәаргьы ус шәгәы иаанагозар шәгәы шьҭызхыр алшо абарҭ х-зхәыцрак шәгәалашәыршәала. Актәи, Иегова егьырҭ рырҵара шәылшоит ҳәа иԥхьаӡоит (2 Кор. 3:5). Аҩбатәи, ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы амчра зегь змоу Иисус иоуп уи адҵа шәызҭаз (Матф. 28:18). Ахԥатәи, Иеговеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхыраара шәақәгәыӷлар ауеит. Иегова Иисус ауаа ираҳәатәыз, насгьы идырҵатәыз иеиҳәеит. Ҳаргьы уи шыҟаҵатәу ҳирҵоит (Иоанн 8:28; 12:49). Иара убас Абиблиа аҵара ишалагатәу, насгьы ишымҩаԥгалатәу шәыҵаиҳәар ауеит шәахьныҟәо ажәабжьҳәаратә гәыԥ мҩаԥызго аизара аиҳабы, аԥышәа змоу ажәабжьҳәаҩ, мамзаргьы апионер. Шәԥышәа еизшәырҳарц азы урҭ абиблиатә ҵарахьы ааԥхьара шәырҭаларц шәрыҳәала.

13. Избан иҿыцу аметодқәа ҳрышьцылалар зҳахәҭоу?

13 Ҳзышьцылам аметодқәеи амыругақәеи. Абиблиа аҵара амҩаԥгаразы иҳамаз азнеишьа аҽаԥсахит. Уажәшьҭа арҵаразы мыруга хадас иҳамоу ашәҟәы «Радуйтесь жизни сейчас и вечно!» ауп. Уи ашәҟәы ҳхы иархәаны ҳара даҽакала абиблиатә ҵара ҳҽазыҟаҳҵоит, насгьы даҽакала имҩаԥаҳгоит. Аурокқәа анеилҳарго, ҳара атема ахцәажәара еиҳа аамҭа азаҳкуеит абзацқәа рыԥхьара аасҭа. Уажәы абиблиатә ҵара анымҩаԥаҳго лассы-лассы ҳхы иаҳархәоит авидеонҵамҭақәеи, ҳсаит аҿы иаагоу аматериалқәеи, насгьы апрограмма JW Library®. Урҭ амыругақәа шәырмышьцылацзар, аӡәы ацхырааразы шәиҳәа. Иҿыцу ак ашьцылара мариам, аха Иеговеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыцхыраара абзоурала уи шәылшоит, насгьы иҿыцу аметод ала Абиблиа аҵара амҩаԥгара шәгәаԥхоит. Пионерс амаҵ зуа аӡәы излеиҳәаз ала, Абиблиа аҵара мҩаԥызго изгьы уи зҵо изгьы арҵара еиҳа аинтерес аманы иҟалеит.

14. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи ҳҭыԥ аҿы ауаа аҵабырг иазымӡырҩуазар, насгьы ҳгәы шԥашьҭнахуеи 1 Коринфаа рахь 3:6, 7 иану?

14 Ауаа анаҳзымӡырҩуа. Иҟалап шәахьынхо аҭыԥ аҿы ауаа ажәабжь бзиа иазымӡырҩуазар, ма уи иаҿагылозар. Ишԥаҳалшо агәырӷьара ахьчара? Ишәхашәмыршҭлан ари адунеи аҿы зегьы ирласны рыҽшырыԥсахуа, ауаа рҭагылазаашьақәагьы. Убри аҟынтә уаанӡа аҵабырг азыӡырҩра зҭахымыз аинтерес рызцәырҵыр ауеит (Матф. 5:3). Ҳпубликациақәа ахаан изымгоз ауаагьы Абиблиа аҵара ианақәшаҳаҭхо ыҟоуп. Уи адагьы, ҳара иаҳдыруеит Иегова аҽаҩра дшаԥшәымоу (Матф. 9:38). Иара иҳаиҳәоит аҵабырг ажәла лаҳҵаларц, насгьы аӡы аҵаҳҭәаларц, аха еиззырҳауа ихаҭа иоуп (1 Кор. 3:6, 7). Абиблиа аҵара алагара макьана иаҳзалымҵуазаргьы, Иегова ҳҽазышәарақәа рзы дахьаҳзылԥхо ҳгәы ҟанаҵоитb!

АҴАҨЦӘА РАЗЫҞАҴАРА ШӘАЛАГӘЫРӶЬАЛА

Шәахәаԥш ауаа ажәабжь ахьырзеиҭаҳҳәо, насгьы аҵабырг ахьыдҳарҵо рыԥсҭазаара шаԥсахуа. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15—17.)c

15. Дышԥазыҟоу Иегова ауаҩы Абиблиа аҵара данақәшаҳаҭхо, насгьы еиликаауа ихы иаирхәо даналаго?

15 Иегова деигәырӷьоит ауаҩы аҵабырг анидикыло, насгьы егьырҭ уи рзеиҭаҳәара даналаго (Ажәам. 23:15, 16). Шәазхәыц, Иегова ижәлар данрыхәаԥшуа шаҟа дгәырӷьо! 2020 шықәсазы апандемиа акоронавирус шыҟазгьы, 7 705 765-ҩык Абиблиа рҵон. Урҭ рҟынтә 241 994-ҩык Иегова иҽизкны аӡы рыҽӡаархит. Урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы абиблиатә ҵарақәа мҩаԥыргалоит, иҿыцу аҵаҩцәа азыҟарҵаларц азы (Лука 6:40). Агәра ганы шәыҟаз аҵаҩцәа разыҟаҵара аус шәҽахьалашәырхәуа Иегова дшаргәырӷьо.

16. Иарбан хықәку иқәҳаргылар ҳалшо?

16 Иегова бзиа ибара, насгьы Христос иҵаҩны аҟалара ауаҩы ицхраара имариам усуп. Аха Иегова цхыраарада ҳаанижьӡом. Ишәылшома аӡәы идамзаргьы Абиблиа ирҵара хықәкыс иқәшәыргылар? Алшара шааҳаулак еиԥш ауаа Абиблиа аҵара рыдаҳгалалар ҳшақәымгәыӷуа абиблиатә ҵара ҳаԥшаар ҳалшоит. Усҟан Иегова ҳџьабаа дазылԥхоит.

17. Иарбан цәаныррақәоу иҳауа абиблиатә ҵара анымҩаԥаҳго?

17 Ажәабжь аҳәареи, ауаа аҵабырг дырҵареи ҳаҭыр дууп! Уи аус аҽалархәра агәырӷьара ду ҳнаҭоит. Апостол Павел Фессалоника инхоз аӡәырҩы Христос иҵаҩцәаны аҟалара дрыцхрааит. Абар иара ииҳәаз: «Дызусҭада гәыӷырҭас, гәырӷьарас иҳамоу, ҳабзырӡы иагәыргьыну? Шәара шәакәӡами ус еиԥш иҟоу Иҳақәиҭу Иисус Христос илбаамҭазы? Избанзар шәарҭ — хьӡы-ԥшас, ргәырӷьагас шәҳамоуп» (1 Фес. 2:19, 20; Аус. 17:1—4). Иахьа аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы уи иқәшаҳаҭуп. Стефани лхаҵеи лареи Иегова ишаҳаҭны аҟалара аӡәырҩы ирыцхрааит. Лара илҳәоит: «Ауаҩы иԥсҭазаара Иегова изкра уаницхраауа иуоуа агәырӷьара акы иузадкылом».

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәареи дырҵареи зҳахәҭоу?

  • Ҳгәазҭазҵозеи аҵаҩцәа разыҟаҵара?

  • Иҳацхраауазеи ауадаҩрақәа ҳариааины абиблиатә ҵара алагара?

АШӘА 57 Ауаа зегьы ажәабжь рзеиҭаҳҳәоит

a Иегова ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәара адагьы Иисус иԥҟарақәа зегьы рынагӡашьа дҳарҵаларцгьы ҳадиҵеит. Иаҳгәазырԥхар алшозеи ауаа Абиблиа дырҵара? Иарбан уадаҩрақәоу ажәабжьҳәаратә уси аҵаҩцәа разыҟаҵара ауси рынагӡара иаҳԥырхагахар алшо, насгьы иҳацхраауазеи урҭ ауадаҩрақәа риааира? Арҭ азҵаарақәа ари астатиаҿы еилҳаргоит.

b Ҳара аҵаҩцәа разыҟаҵара аус аҿы инаҳагӡо ароль атәы аҳәоит 2021 шықәса, март мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «Ишԥарылшо аизараҿы зегьы Абиблиа зҵо ауаҩы доуҳала аизҳара ицхраар?» аҟны.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Абиблиа аҵара абзоурала ахаҵа иԥсҭазаара аҽаԥсахуеит. Иегова данизымдыруаз иԥсҭазаара ҵакыдан. Анаҩс Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа аҵара идыргалеит, уи дақәшаҳаҭхеит. Иоуз адыррақәа Иегова иҽизкреи аӡӡаахреи игәазҭарҵеит. Аамҭак ашьҭахь ихаҭагьы даҽа хаҵак Абиблиа ирҵара далагеит. Урҭ џьанаҭ дгьыл аҿы еицгәырӷьоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра