АҴАРАЗЫ АСТАТИА 45
Ҳашԥарыцхраари егьырҭ Христос иԥҟарақәа рынагӡара?
«Шәца... исҵаҩцәаны иҟашәҵа... идшәырҵала ишәыдысҵаз зегьы ирықәныҟәаларазы» (МАТФ. 28:19, 20).
АШӘА 89 Аӡырҩра азылԥхарақәа аанагоит
АХҲӘААa
1. Иарбан дҵоу Иисус иҵаҩцәа ириҭаз, Матфеи 28:18—20 иану инақәыршәаны?
ИИСУС иԥсы анҭала ашьҭахь Галилеиа еизаз иҵаҩцәеи иареи еиқәшәеит. Иара урҭ ихадоу ак реиҳәарц иҭахын. Иажәақәа ҳаԥшаар ҳалшоит Матфеи 28:18—20, АҾ (шәаԥхьа) аҿы.
2. Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?
2 Иахьа Анцәа имаҵ зуа дарбанзаалак Иисус идҵа наигӡалароуп. Убри аҟынтә шәааи Иисус иҳаиҭаз уи адҵа иадҳәалоу х-зҵаарак еилҳаргап. Актәи, иазхома иҿыцу аҵаҩцәа Анцәа иԥҟарақәа дырҵара мацара? Аҩбатәи, ишԥарылшо аизараҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи Абиблиа зҵо доуҳала аизҳара ирыцхраар? Ахԥатәи, иҟаҳҵар ҳалшозеи аизарақәа рҭаареи ажәабжь аҳәареи иаҟәыҵыз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҩаԥхьа аҵаҩцәа разыҟаҵара аус аҽалархәра ҳрыцхраарц азы?
ИИСУС ИԤҞАРАҚӘА РЫНАГӠАШЬА ДШӘЫРҴАЛА
3. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи Иисус идҵа анынаҳагӡо?
3 Иисус идҵа еилыкка иҟоуп: иара иҳадиҵаз зегьы ауаа идҳарҵалароуп. Аха иаҳхаҳмыршҭлароуп ихадоу акы: Иисус ииҳәаз «идшәырҵала ишәыдысҵаз зегьы» ҳәа акәӡам, аха «идшәырҵала ишәыдысҵаз зегьы ирықәныҟәаларазы» ҳәа ауп. Ари адҵа наҳагӡаларц азы ауаҩы Абиблиа иану аҵабырг ирҵара мацара адагьы, иоуа адыррақәа ихы ишаирхәалаша иҳарбалароуп. Избан уи зхадоу?
4. Ҳрыцхраар шԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо Христос идҵа анагӡара? Иаажәга аҿырԥштәы.
4 Иаанагозеи Христос идҵа анагӡашьа егьырҭ дырҵара? Шәааи уи ҳаилзыркаауа ҿырԥштәык еилҳаргап. Ишԥадирҵо аԥҟарақәа рықәныҟәашьа амашьынаныҟәцашьа ауаа идзырҵо ауаҩы? Зны ирзеиҭеиҳәоит амашьына уанақәтәо изықәныҟәалатәу аԥҟарақәа. Аха дара урҭ ишрықәныҟәалатәу еилыркаарц азы иҵегьы ак ҟаиҵароуп. Иара урҭ амашьына иақәиртәоит, насгьы ирҵаз аԥҟарақәа рхархәара дрыцхраауеит. Иҳаилнаркаауазеи ари аҿырԥштәы?
5. а) Идҳарҵалар ҳахәҭоузеи Абиблиа зҳарҵо ауаа, Иоанн 14:15, насгьы 1 Иоанн 2:3 иану инақәыршәаны? б) Ҳрыцхраар шԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо уи иану апринципқәа рыла анхара? Иаажәга аҿырԥштәы.
5 Ауаа Абиблиа андҳарҵо идеилҳаркаауеит Анцәа дара рҟынтә дыззыԥшу. Аха уи мацара азхаӡом. Абиблиа зҳарҵо еилыркааз есыҽны рхы ишадырхәалаша дҳарҵалароуп. (Шәаԥхьа Иоанн 14:15; 1 Иоанн 2:3.) Ҳара ҳхатә ҿырԥшала идҳарбалароуп ихадоу абиблиатә принципқәа рхы ишадырхәалаша ашкол аҿы, аусураҿы, рыԥсы аныршьогьы. Ҳара ирзеиҭаҳҳәар ҳалшоит Анцәа Иажәа иану алабжьарақәа шәарҭарак ҳшацәырыхьчаз, ма ииашоу алхра аҟаҵара ишҳацхрааз. Иара убас дара ишраҳауа Иегова ҳиҳәалар ҳалшоит иԥшьоу адоуҳа риҭаларц азы (Иоанн 16:13).
6. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи иҵегьы Иисус идҵа анагӡашьа егьырҭ идҳарҵаларц азы?
6 Иҟаҳҵалар ҳахәҭозеи ҳара иҵегьы егьырҭ Иисус иԥҟарақәа рынагӡашьа дҳарҵалац азы? Иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп Абиблиа зҳарҵо аҵаҩцәа разыҟаҵара аус ргәаҳарԥхарц азы. Шьоукы ажәабжь аҳәара даара иацәшәоит. Убри аҟынтә ҳара ачҳара аарԥшны Абиблиа иану аҵабырг еиҳа еиӷьны аилкаара ҳрыцхраалароуп. Уи ргәаҵанӡа ианнеилак, рхаҭа ажәабжь аҳәара рҭаххоит. Аха иҟаҳҵалар ҳалшозеи ҳара ажәабжь бзиа егьырҭ рзеиҭаҳәара ргәаҳарԥхарц азы?
7. Иргәаҳарԥхар шԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо ажәабжь бзиа аиҭаҳәара?
7 Ҳара иҳалшоит Абиблиа зҳарҵо абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа раҳҭар: аҽшԥаԥсахи шәыԥсҭазаара Абиблиа аҵара шәаналага ашьҭахь? Шәгәы ишԥаанаго, ираҳар аума ажәабжь бзиа егьырҭ ауаа? Шәрыцхраар шԥашәылшо урҭ? (Ажәам. 3:27; Матф. 9:37, 38). Иаҳҳәап, шәара ишәылшоит арҵаразы иҳамоу амыругақәа рҟынтә абуклетқәа ишәырбар, насгьы иуацәа, иҩызцәа, ма аус ицызуа иргәаԥхар алшо алихырц шәиҳәар. Иалихуа абуклетқәа ишәҭ. Анаҩс абуклетқәа урҭ ирыдигалар шилшо ишәырба. Ҳәарада, Абиблиа зҳарҵо ауаҩы иӡаахым жәабжьҳәаҩыс даныҟало, ҳицхрааларц азы ажәабжьҳәара ҳиццалоит (Еккл. 4:9, 10; Лука 6:40).
ИШԤАРЫЛШО АИЗАРАҾЫ ЗЕГЬЫ АБИБЛИА ЗҴО ИРЫЦХРААЛАР?
8. Избан Абиблиа зҵо Анцәа иахь, насгьы ирзааигәоу рахь абзиабара ӷәӷәа еиздырҳар зрыхәҭоу? (Шәахәаԥш арамка «Абиблиа зҵо Анцәа иахь имоу абзиабара арӷәӷәара ҳицхраар шҳалшо».)
8 Ишәхашәмыршҭлан Иисус ишҳадиҵаз иԥҟарақәа зегьы рынагӡашьа егьырҭ идҳарҵаларц. Уахь иара убас иаҵанакуеит ихадоу ҩ-ԥҟарак — Анцәа бзиа ибара, насгьы иузааигәоу бзиа рбара. Арҭ аҩԥҟарак ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵара ауси ирыдҳәалоуп (Матф. 22:37—39). Ишԥа? Зегь раԥхьаӡа иргыланы ажәабжь аҳәара ҳгәазҭазҵо абзиабара ауп — абзиабара Иегова иахь, нас иаҳзааигәоу рахь. Ҳәарада, Абиблиа зҳарҵо шьоукы ажәабжь аҳәара ишәоит. Аха агәра дҳаргар ҳалшоит Иегова ицхыраарала, хәыҷы-хәыҷла ауаа рҿаԥхьа ашәара иаиааир шрылшо (Аԥсал. 18:1—3; Ажәам. 29:25). Ари астатиаҿы иаагоу арамка иҳаилнаркаауеит Абиблиа зҳарҵо Анцәа иахь имоу абзиабара аизырҳара ҳицхраар шҳалшо. Аха ирыцхраар шԥарылшо аизараҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи Абиблиа зҵо Анцәа иахь, насгьы ирзааигәоу рахь абзиабара аарԥшышьа аҵара?
9. Ицхраауазеи ҿыц амашьынаныҟәцашьа зҵо ауаҩы аԥҟарақәа дрықәныҟәалар шилшо аилкаара?
9 Иаҳгәалаҳаршәап амашьынаныҟәцашьа зҵо ауаҩы иҿырԥштәы. Амашьынаныҟәцашьа иҵарц азы иара амашьына данақәтәо, ирҵаҩы ииҳәо дазыӡырҩуеит. Аха уи адагьы, егьырҭ амашьына шныҟәырцо дацклаԥшуеит. Иаҳҳәап, арҵаҩы иирбар ауеит амашьына ныҟәызцо аӡәы даҽаӡәы амҩа шииҭаз, мамзаргьы егьырҭ дырԥырхагамхарц азы хара иузырбо алашарбагақәа аҿыхны, ааигәа иузырбо шаҿеикыз. Убас ала, иара еиликаауеит аԥҟарақәа ишрықәныҟәалатәу.
10. Ицхраауазеи Абиблиа зҳарҵо ауаҩы доуҳала аизҳара?
10 Убас еиԥшҵәҟьа аԥсҭазаара мҩа ианыло ауаҩы доуҳала аизҳара ицхраауа иҳарҵо мацара акәӡам, аха егьырҭ Иегова ишаҳаҭцәа рхымҩаԥгашьа бзиагьы ауп. Ус анакәха, иҟаиҵалар акәзеи уи ауаҩы? Аизарақәа рахь дныҟәалароуп. Избан? Избанзар урҭ ицхраауеит Абиблиа еиҳа еиӷьны аилкаара, игәрахаҵара арӷәӷәара, насгьы Анцәа еиҳагьы бзиа ибара (Аус. 15:30—32). Иара убас Аҳратә зал аҿы Абиблиа зҳарҵо ауаҩы иабаҳардырыр ауеит иара иҭагылазаашьа аҩыза змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Ицхраар шԥалшо урҭ рҿырԥштәы?
11. Изабадырыр рылшода Абиблиа зҵо ауаа Аҳратә зал аҿы, насгьы ишԥарныруеи уи дара?
11 Шәааи ҿырԥштәқәак еилҳаргап. Иаҳҳәап, зхала ахәыҷқәа зааӡо Абиблиа зҵо аԥҳәыс аизараҿы дылбоит лҭагылазаашьа аҩыза змоу аиаҳәшьа. Лара илбоит аиаҳәшьа аизарахь лхәыҷқәа налгаларц азы шаҟа џьабаа лбо, уи лгәаҵанӡагьы инеиуеит. Аҭаҭын ахара зызкамыжьуа ауаҩы аизараҿы диабадыруеит уи аҩыза ауадаҩра иаиааиз ҳашьа. Иара еиликаауеит уи аиашьа Иегова иахь абзиабара анеизирҳа, иԥҟарақәа рықәныҟәаразы амч шиоуз (2 Кор. 4:7; 7:1). Уажәшьҭа аиашьа ауаҩы уаргьы иулшоит аҭаҭын ахара каужьыр ҳәа аниеиҳәо, иара уи агәра игоит. Абиблиа ҭызҵаауа аҭыԥҳа аизараҿы дылбоит лара илықәло Иегова имаҵ аура иалагәырӷьо аиаҳәшьа. Уи аҭыԥҳа еилылкаарц лҭаххоит аиаҳәшьа еснагь агәырӷьара злалылшо.
12. Избан иаҳҳәар зҳалшо ҳара зегьы Абиблиа зҵо ҳицхраар ҳалшоит ҳәа?
12 Абиблиа зҵо ауаҩы еиуеиԥшым аишьцәеи аиҳәшьцәеи драбадыруазар, урҭ рҿырԥштә бзиа аҟынтә еиликаауеит Христос иҳаиҭаз адҵа — Анцәа бзиа ибара, насгьы иузааигәоу бзиа рбара — шынагӡалатәу (Иоанн 13:35; 1 Тим. 4:12). Иара убас хыхь ишҳәаз еиԥш, драбадыруеит иара имоу аҩыза ауадаҩрақәа змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Урҭ рҿырԥштәқәа рҟынтә иара еиликаауеит Христос иҵаҩ иакәны дҟаларц азы аҽыԥсахра шилшо (Ҩынтә. 30:11). Излаҳбаз ала, аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегьы ирылшоит Абиблиа зҵо ауаҩы доуҳала аизҳара ицхраар (Матф. 5:16). Иҟашәҵозеи шәара хаҭала, аизарахь инеиуа Абиблиа зҵо ауаа ргәы шьҭышәхларц азы?
ШӘРЫЦХРАА ИХЬШӘАШӘАЗ ҨАԤХЬА АЖӘАБЖЬ АҲӘАРА
13, 14. Дышԥарызныҟәеи Иисус згәы каҳаз иапостолцәа?
13 Ҳара ихьшәашәаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҩаԥхьа аҵаҩцәа разыҟаҵара аус аҽалархәра ҳрыцхраар ҳҭахуп. Иисус згәы каҳаз иапостолцәа дышрызныҟәаз иҳаилнаркаауеит урҭ ҳрыцхраарц азы иҟаҳҵар ҳалшо.
14 Иисус имаҵзура аҵыхәтәаны, иԥсра маҷк шагыз, иапостолцәа «дааныжьны зегьы ҩеибарҩит» (Марк 14:50; Иоанн 16:32). Дышԥарызныҟәеи Иисус згәы каҳаз иапостолцәа? Иԥсы анҭала ашьҭахь дук мырҵыкәа, иара иҵаҩцәа шьоукы иреиҳәеит: «Шәымшәан, шәцаны Сара сашьцәа ирашәҳәа Галилеиаҟа ицаразы, уаҟа Сара сырбоит» (Матф. 28:10). Иисус иапостолцәа игәы рхымшәаӡеит. Дара дааныжьны ишыбналазгьы, «сашьцәа» ҳәа рзиҳәон. Иегова иеиԥш иара урҭ рахь агәшаҭара ааирԥшит, рыгхагьы ранаижьит (2 Аҳ. 13:23).
15. Ҳашԥарзыҟоу ажәабжьҳәара иаҟәыҵыз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи?
15 Ҳара даараӡа ҳгәы иҵхоит ажәабжьҳәара иаҟәыҵыз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи. Урҭ ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи роуп, убри аҟынтә бзиа иаҳбоит! Ҳара иаҳхамышҭӡеит урҭ, шьоукы жәашықәсалагьы, Иегова изы шаҟа џьабаа рбоз (Аур. 6:10). Ҳара урҭ даара игәхьааҳгоит (Лука 15:4—7). Ишԥаҳалшо Иисус ҳаиҿыԥшны урҭ хьаас ишҳамоу дҳарбар?
16. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ихьшәашәаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳгәы ишыҵхо?
16 Гәык-ԥсыкала аизарахь иаашәыԥхьала. Иисус згәы каҳаз иапостолцәа ргәы шьҭихырц азы иареи дареи еиқәшәарц азы ааԥхьара риҭеит (Матф. 28:10б; 1 Кор. 15:6). Убас еиԥш иахьагьы аизарақәа рахь аныҟәара иаҟәыҵыз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аизарахь иааҳаԥхьалар ҳалшоит. Ҳара еилаҳкаауеит урҭ иаразнак имаар шалшо. Ҳәара аҭахума, Иисус деигәырӷьеит иҵаҩцәа иааԥхьара ахьрыдыркылаз, ҳаргьы уи аҩыза агәырӷьара ҳаур ауеит. (Иаҿшәырԥш Матфеи 28:16, насгьы Лука 15:6.)
17. Ҳарԥылалар шԥаҳахәҭоу ихьшәашәаз аишьцәа ма аиҳәшьцәа аизарахь ианаауа?
17 Гәыкала шәырԥыл. Иисус иҵаҩцәеи иареи анеиқәшәа дара ицәыԥхамшьалартә еиԥш ихы мҩаԥигеит. Иара дара идгыланы иацәажәара ианалаго дазыԥшӡамызт, аха ихаҭа рацәажәара далагеит (Матф. 28:18). Ҳхы шԥамҩаԥаҳго ҳара аизарахь ихьшәашәаз ҳашьа ма ҳаҳәшьа данаауа? Иара ҳаизымԥшӡакәа, ҳнаидгыланы гәыкала аԥсшәа иаҳҳәар ауп. Азныказы, иаҳҳәо ҳҿамшәар ҳәа ҳшәар ауеит. Аха урҭ ҳмырԥхашьарц азы рбара ҳшеигәырӷьаз мацара раҳҳәар ҳалшоит.
18. Идҳарбар шԥаҳалшо ихьшәашәаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳашрывагыло?
18 Шәышрывагыло агәра дшәырга. Иҟалап Иисус иҵаҩцәа ргәы иаанагозҭгьы Иисус ишрыдиҵаз еиԥш адунеи ахьынӡанаӡааӡо ажәабжь бзиа аҳәара рылшом ҳәа. Аха Иисус урҭ иреиҳәеит: «Сара шәарҭ ари адунеи аҿҳәара нҵәаанӡа сшәыцҟоуп» (Матф. 28:20). Ирыхәама дара уи? Ҳәарада. Дук мырҵыкәа, дара гәацԥыҳәарала ауаа ажәабжь бзиа рыладырҵәон (Аус. 5:42). Иахьагьы ихьшәашәаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи агәышьҭыхра рҭахуп. Иҟалап дара ҩаԥхьа ажәабжьҳәара алагара ишәозар. Убри аҟынтә агәра дҳаргар ҳалшоит ианазхиахо, ажәабжьҳәара ҳашрыццо. Ҳәара аҭахума, дара уи аҩыза ацхыраара ахьраҳҭо еигәырӷьоит. Ажәабжь аҳәареи аизарақәа рҭаареи иаҟәыҵыз, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи реиԥш ҳарзыҟазар, ҩаԥхьа Иегова имаҵ аура ргәазҭаҳҵар ҳалшоит, уи аизара зегь азы гәырӷьара духоит.
ИҲАДУ АУС АҴЫХӘТӘАНЫНӠА ИНАҲАГӠАР ҲҬАХУП
19. Иаҳҭахузеи ҳара гәык-ԥсыкала, насгьы избан?
19 Ианбанӡанаҳагӡало ҳара аҵаҩцәа разыҟаҵара аус? Иисус иҳәеит «ари адунеи аҿҳәара нҵәаанӡа» ҳәа (Матф. 28:20). Иаҳзынагӡома Иисус идҵа? Ҳара гәыкала уи ҳазхиоуп! Ҳара ҳамчи, ҳаамҭеи, ҳԥареи ҳреигӡом «наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго аҵабырг аилкаара зҭах[у] ауаа» ҳаԥшаарц азы (Аус. 13:48, АдҾ). Убас аныҟаҳҵо ҳара Иисус ҳаиҿыԥшуеит. Иара иҳәеит: «Сара фатәыс исымоу Саазышьҭыз игәаԥхара аҟаҵареи иусқәа рынагӡареи ауп» (Иоанн 4:34; 17:4). Ҳаргьы гәык-ԥсыкала иаҳҭахуп иҳаду адҵа аҵыхәтәанынӡа инаҳагӡар (Иоанн 20:21). Ҳара иара убас иаҳҭахуп егьырҭгьы, ихьшәашәаз ҳашьцәеи ҳааҳәшьцәеи уахь иналаҵаны, ари аус аҿы иҳавагыларц (Матф. 24:13).
20. Избан 2 Коринфаа рахь 4:7 иану инақәыршәаны Иисус идҵа анагӡара зҳалшо?
20 Ҳәарада, Иисус идҵа анагӡара мариаӡам. Аха уи ҳара ҳамацара инаҳагӡаӡом. Иисус дышҳацхраало агәра ҳиргеит. Уи инеиҳангьы, ҳара Анцәа аус ицаҳуеит (1 Кор. 3:9). Ус анакәха, иҳаду адҵа наҳагӡар ҳалшоит. Шаҟа ҳаҭыр дуузеи, насгьы гәахәара дуузеи уи адҵа анагӡара, иара убас уи аҿы егьырҭ рыцхраара! (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 4:7.)
АШӘА 79 Урҭ ахачҳара аарԥшышьа дшәырҵала
a Иисус ишьҭанеицәа ирыдиҵеит аҵаҩцәа азыҟарҵаларц, насгьы урҭ иԥҟарақәа зегь рынагӡашьа ддырҵаларц. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Иисус иҳаиҭаз ари адҵа наҳагӡалар шҳалшо. Еилҳарго зхәыцрақәак аагоуп ииуль 1, 2004 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» иану астатиа аҟынтә, адаҟьақәа 14—19 (аурыс).
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: абиблиатә ҵара мҩаԥызго аиаҳәшьа Абиблиа злырҵо Иегова иахь илымоу абзиабара еизлырҳаларц азы иҟалҵалар лыхәҭоу лалҳәоит. Ԥыҭрак ашьҭахь аԥҳәыс илоуз х-лабжьарак лхы иалырхәоит.