АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иегова ишамҭақәа агәымшәара шаҳдырҵо
Иегова иҭахуп иара имоу аҟазшьақәа ҳаргьы иааҳарԥшларц. Уи азы иара ихы иаирхәоит Абиблиа, уа зыӡбахә ану аҳәсеи ахацәеи рҿырԥштәала ихадоу аурокқәа ҳаиҭоит. Аха иара даҽа рҵагакгьы имоуп — уи ашамҭақәа роуп (Иов 12:7, 8). Ишԥаҳдырҵо агәымшәара алымқәеи, аҽқәеи, амангустқәеи, аколибриқәеи, асланқәеи?
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АНЦӘА ИШАМҬАҚӘА АГӘЫМШӘАРА РҾЫШӘҴААЛА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Ишԥарыхьчо алымқәа-анацәа рхәыҷқәа?
Ишԥазыҟарҵо аҽқәа аибашьра?
Избан амангуст ашҳам змоу амаҭқәа изырцәымшәо?
Ишԥаадырԥшуеи агәымшәара аколибри хәыҷқәа?
Ишԥарыхьчо асланқәа егьырҭ асланқәа?
Ишԥаулшо уара агәымшәара аарԥшра арҭ аԥстәқәа урҿыԥшны?