«Агәымшәара умаз... уеиха»
«Агәымшәара умаз, уӷәӷәаз, уеиха. Умшәан, угәы каумыжьын, избанзар Анцәа Иегова... дуцуп» (1 АШ. 28:20).
1, 2. а) Иарбан ихадоу дҵоу Соломон иоуз? б) Избан Давид Соломон изы игәы зҭынчмыз?
СОЛОМОН иҷыдоу адҵа иҭан. Иегова иӡбеит уи аҭоурых аҿы зегь раасҭа ихадоу аргыларатә ус дахаиргыларц: Иерусалимтәи ауахәама аргылара. Уи «даара идуун», насгьы «аԥшӡара аӡбахә адгьылқәа зегьы ирхыҵәар акәын». Аха уи аҵкыс ихадоу, иргылатәын «ииашаз Анцәа Иегова иҩны» (1 Аш. 22:1, 5, 9—11).
2 Аҳ Давид агәра ганы дыҟан Иегова Соломон дышицхраауа. Аха уи макьана «дқәыԥшын, насгьы аԥышәа имамызт». Изхома Соломон агәымшәара, ауахәама аргылара далагарц азы? Иԥырхагахома уи иқәыԥшреи аԥышәа ахьимами? Уи адҵа анагӡаразы Соломон агәымшәара аарԥшны аусура далагар ихәҭан.
3. Еиликаазеи Соломон иаб иҟынтә агәымшәара иазкны?
3 Иҟалап Соломон агәымшәара иазкны Давид иҟынтә еиликааз рацәазар. Давид данқәыԥшыз иаб иуасақәа агыгшәыгқәа ирымфарц ихьчон (1 Сам. 17:34, 35). Иара адау даниҿагыла, зеиԥшыҟам агәымшәара ааирԥшит. Аха Анцәа диқәгәыӷны Давид ахаҳә ҟьаԥс ихы иархәаны Голиаф дииааит (1 Сам. 17:45, 49, 50).
4. Избан Соломон агәымшәара зиҭахыз?
4 Ишаҳбо еиԥш, Давид илшон Соломон агәымшәара аарԥшра игәазҭеиҵар, уи ауахәама аргылара далагарц азы. (Уаԥхьа 1 Ашықәсынҵа 28:20.) Соломон агәымшәара имамызҭгьы, дшәаны аргыларатә усқәа дрылагомызт. Уи аманшәаламхара аасҭа еицәахон.
5. Избан агәымшәара заҳҭаху?
5 Ҳаргьы Соломон иеиԥш агәымшәара аарԥшреи иҳамоу адҵақәа рынагӡареи рзы Иегова ицхыраара ҳҭахуп. Уи азы шәааи ҳахәаԥшып ажәытәан Иегова имаҵзуҩцәа шьоукы агәымшәара шаадырԥшуаз. Иара убас ҳазхәыцып ҳҭагылазаашьаҿы агәымшәара аарԥшра, насгьы ҳадҵақәа рынагӡара шҳалшо.
АГӘЫМШӘАРА АҾЫРԤШТӘҚӘА
6. Ишәгәаԥхозеи Иосиф агәымшәара шааирԥшыз аҿы?
6 Иаҳгәалаҳаршәап Иосиф ихы шымҩаԥигоз, Потифар иԥҳәыс уи дхылхырц анылҭахыз. Иҟалап иара идыруазҭгьы мап лцәикыр иҟалоз. Аха уеизгьы иара ашәара иҽаимҭеит. Иосиф гәымшәарыла, насгьы лак-ҩакрада ихы мҩаԥигон (Аҟаз. 39:10, 12).
7. Иаҳзеиҭашәҳәа Раав гәымшәарыла иҟалҵаз. (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
7 Раавгьы агәымшәара аалырԥшит. Иерихон лыҩныҟа израильтәи аԥшыхәыҩцәа аннеи, лара дшәаны дырмыцхраар лылшон. Аха Раав Иегова диқәгәыӷит. Лара урҭ аԥшыхәыҩцәа лҵәахит, насгьы абналара дрыцхрааит (Иис. Н. 2:4, 5, 9, 12—16). Раав агәра лгон Иегова — ииашоу Анцәа шиакәу, насгьы израильаа зықәиргәыӷыз адгьыл шриҭо. Лара ауаа, иара убас Иерихон аҳ имаҵуҩцәеи иареи уахь иналаҵаны, дрыцәшәартә аллмыршеит. Лара иҟалҵаз лҭынхацәеи лареи рыԥсҭазаара еиқәнархеит (Иис. Н. 6:22, 23).
8. Ишԥарныри апостолцәа Иисус игәымшәара?
8 Иисус изиашаз апостолцәагьы агәымшәара аарԥшраҿы зеиԥшыҟам аҿырԥштәы ҳарҭеит. Дара ирбон Иисус агәымшәара шааирԥшуаз, уи даргьы агәымшәара аизырҳара ирыцхрааит (Матф. 8:28—32; Иоанн 2:13—17; 18:3—5). Апостолцәа Иисус идирҵаз ауаа рзеиҭаҳәара иаҟәымҵӡеит, асаддукеицәа урҭ ианырҿагыла ашьҭахьгьы (Аус. 5:17, 18, 27—29).
9. Ишԥаҳацхраауеи 2 Тимофеи иахь 1:7 агәымшәара аԥшаара ахьҳалшо аилкаара?
9 Иосиф, Раав, Иисус, насгьы апостолцәа агәымшәара аадырԥшит, насгьы аус қьиақәа рыҟаҵара рҽазыршәон. Урҭ агәымшәара ахьаадырԥшуаз рхы иақәгәыӷцәон ҳәа узҳәомызт, избанзар Иегова иқәгәыӷуан. Ҳаԥсҭазаараҿгьы ицәырҵлар алшоит агәымшәара аарԥшра ахьаҭаххо аҭагылазаашьақәа. Усҟан ҳара ҳхы ақәгәыӷра аҭыԥан, Иегова ҳиқәгәыӷлароуп. (Уаԥхьа 2 Тимофеи иахь 1:7.) Шәааи ҳалацәажәап аҭаацәараҿы, насгьы ақьырсиантә еизараҿы агәымшәара аарԥшра шҳалшо.
АГӘЫМШӘАРА АХЬАҲҬАХУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА
10. Избан иқәыԥшу ақьырсианцәа агәымшәара аарԥшра зрыхәҭоу?
10 Иқәыԥшу ақьырсианцәа лассы-лассы агәымшәара аадырԥшлароуп, Иегова изиашаны иаанхаларц азы. Дара Соломон иҿыԥшлар рылшоит. Уи ауахәама аниргылоз, гәымшәарыла иҟәыӷоу аӡбарақәа идикылон. Ҳәарада, иқәыԥшу ақьырсианцәа рҭаацәа рҿы алабжьара рыԥшаалароуп, аха убри аамҭазгьы ихадоу аӡбарақәа дара рхала ирыдыркылалароуп (Ажәам. 27:11). Аҩызцәеи агәырҿыхагақәеи ииашаны ралхразы, насгьы гәаԥхашәала ацқьара ахьчаразы, иара убас аҽӡаахразы иаҭахуп агәымшәара аарԥшра. Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи ус аныҟарҵо, Анцәа ҽыԥныҳәа иҭара иашьҭоу Аҩсҭаа иҿагылоит.
11, 12. а) Ишԥааирԥши Моисеи агәымшәара? б) Ишԥарылшо иқәыԥшу ақьырсианцәа Моисеи иҿыԥшра?
11 Иқәыԥшу ақьырсианцәа инарыгӡарц ирҭаху ахықәкқәа алырхлароуп. Тәылақәак рҿы аҿар ргәазҭарҵоит аҵара ду иалгарц, насгьы аԥара рацәаны иахьыршәо аусурҭақәа рыԥшааларц. Аекономикатә ҭагылазаашьа ахьыцәгьоу атәылақәа рҿы иқәыԥшу ауаа ргәы иаанагоит рҭаацәа аԥара аганахь ала рыцхраара уалс ирыдуп ҳәа. Иарбан ҭагылазаашьоу ишәымазаалакгьы, шәазхәыцла Моисеи иҿырԥштәы. Иара афараон иԥҳа длааӡеит, убри аҟынтә иҳараку аҭыԥ, ма амал дашьҭалар илшон. Иҟалап Моисеи дзааӡоз иҭаацәа, ирҵаҩцәа, илабжьаҩцәа уи игәазҭарҵозҭгьы. Аха Моисеи урҭ дырзымӡырҩӡеит, иара иӡбеит иҵабыргу Анцәа иган ааникыларц. Мысра иоуаз алшарақәа мап рыцәкны, иара агәымшәара аарԥшны Анцәа диқәгәыӷит (Аур. 11:24—26). Иегова Моисеи азылԥхара дуқәа ииҭеит, ҳаԥхьаҟагьы иара еиҳаны азылԥхарақәа изыԥшуп.
12 Убас еиԥш Иегова дырзылԥхоит гәымшәарыла адоуҳатә хықәкқәа ықәыргыланы Анцәа Иаҳра зегь раԥхьа изыргыло иқәыԥшу ақьырсианцәагьы. Иара урҭ рҭаацәара рҭахрақәа реиҷаҳара дрыцхраауеит. Актәи ашәышықәсазы иқәыԥшыз ақьырсиан Тимофеи адоуҳатә усқәа ихы рзишьҭит. Шәаргьы уи иҿыԥшра шәылшоитa. (Уаԥхьа Филиппаа рахь 2:19—22.)
Шәазхиома шәыԥсҭазаараҿы еснагь агәымшәара аарԥшра? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13—17.)
13. Ишԥалыцхрааи иаҳәшьак агәымшәара иқәлыргылаз ахықәкқәа рынагӡара?
13 Албама (Еиду Аштатқәа) инхо иаҳәшьак иқәлыргылаз ахықәкқәа рынагӡаразы агәымшәара лҭаххеит. Лара илыҩуеит: «Сара саныхәыҷыз инаркны сыԥхашьаҩын. Сара Аҳратә зал ахь инеиуазгьы рацәажәара сцәыцәгьан, исзымдыруа ауаа рыҩнашә асра акәым». Аха лҭаацәеи аизараҿы илырҭоз ацхыраареи рыбзоурала, уи аиаҳәшьа лхықәкы анагӡара лылшеит — лара пионерс амаҵ аура далагеит. Абар илҳәо: «Аҩсҭаа идунеи агәра ҳнаргар аҭахуп аҵара ду, ахьӡ, аԥара, еснагь иҿыцу ак аиура — убри ауп ахықәкыҵәҟьа ҳәа. Аха лассы-лассы ус еиԥш иҟоу ахықәкқәа рынагӡара залшом, насгьы астресси агәкаҳареи рыда акгьы узаанагом. Иегова имаҵ аура акәзар, уи агәырӷьареи агәахәареи узаанагоит».
14. Ианбарҭаху аҭаацәа агәымшәара?
14 Ахәыҷқәа змоу ақьырсианцәагьы агәымшәара рҭахуп. Иаҳҳәап, шәусураҿы шәеиҳабы хәылбыҽхала, ма аԥсшьарамшқәа раан еиҳаны аус шәуларц шәеиҳәар ауеит, уи ақәшәар алшоит аҭаацәаратә мҵахырхәара аншәымоу, ажәабжь анышәҳәо, ма аизарақәа шәанырҭаауа. Аусураҿы аиҳабы мап ҳәа иаҳәаны ахәыҷқәа аҿырԥштә бзиа рыҭаразы иаҭахуп агәымшәара. Мамзаргьы иҟалап аизараҿы ҭаацәарак рхәыҷқәа азин рырҭозар шәхәыҷқәа иҟарҵар ишәҭахым. Урҭ аҭаацәа шәазҵаалар рылшоит шәхәыҷқәа дара рхәыҷқәа иҟарҵо зыҟарымҵозеи ҳәа. Патуқәҵарыла уи деилшәыркаарц азы агәымшәара аҭахуп.
15. Ишԥарыцхраауеи аҭаацәа Аԥсалом 36:25 (37:25, АдҾ), насгьы Ауриацәа рахь 13:5 ирну ажәақәа?
15 Адоуҳатә хықәкқәа рынагӡараҿы зхәыҷқәа ирыцхраауа аҭаацәа агәымшәара рҭахуп. Аҭаацәа шьоукы рхәыҷқәа ргәазҭарҵаӡом пионерс аҟалара, ажәабжьҳәаҩцәа ахьаҭаху аҭыԥқәа рахь аиасра, Вефиль ма атеократиатә ргыларақәа рҿы амаҵ аура. Иҟалап дара шәозар ианажәлак рхәыҷқәа урҭ рбара рылымшар ҳәа. Аха аҟәыӷара змоу аҭаацәа Иегова иқәыргәыӷрақәа рыгәра ргоит. (Урыԥхьа Аԥсалом 36:25 [37:25, АдҾ]; Ауриацәа рахь 13:5.) Агәымшәара аазырԥшуа, насгьы Иегова иқәгәыӷуа ақьырсианцәа рхәыҷқәа убас аҟаҵара ирыцхраауеит (1 Сам. 1:27, 28; 2 Тим. 3:14, 15).
16. Ишԥарыцхрааи ҭаацәак рхәыҷқәа адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылара, насгьы иарбан лҵшәақәоу уи иаанагаз?
16 Еиду Аштатқәа рҿы инхо хаҵеи-ԥҳәыси рхәыҷқәа адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылара ирыцхрааит. Абар уи аҭаацәара ахада еиҭеиҳәо: «Ҳхәыҷқәа аныҟәареи ацәажәареи иалагаанӡа, ҳара урҭ ирзеиҭаҳҳәон апионертә маҵзуреи аизараҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыцхраареи шаҟа агәырӷьара аанаго. Уажәшьҭа дара уи хықәкыс ирымоуп. Ахәыҷқәа адоуҳатә хықәкқәа анрымоу, уи Аҩсҭаа идунеи анырра аҿагылара, насгьы Иегова имаҵ аура ирыцхраауеит». Ҩыџьа ахәыҷқәа змоу даҽа иашьак иҩит: «Аӡәырҩы аҭаацәа ирацәаны аамҭеи аԥареи ақәдырӡуеит рхәыҷқәа аспорти, аҟазареи, аҵареи рҿы ақәҿиара рымазарц азы. Аха еиҳа иҟәыӷароуп ахәыҷқәа Иегова иҩызахара ирыцхраауа ахықәкқәа рықәыргылараҿы ацхыраара рыҭара. Ҳара агәырӷьара ҳаман, избанзар иаҳбоз ҳхәыҷқәа адоуҳатә хықәкқәа шынарыгӡоз мацара акәӡамызт, аха урҭ ахықәкқәа рынагӡараҿы ҳаргьы ҳрывагылан». Агәра ганы шәыҟазар шәылшоит: Иегова аҭаацәа дырзылԥхоит, урҭ рхәыҷқәа адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылареи рынагӡареи ирыцхраауазар.
АИЗАРАҾЫ АГӘЫМШӘАРА
17. Ианбаҭаху аизараҿы агәымшәара аарԥшра?
17 Аизараҿгьы агәымшәара аарԥшра аҭахуп. Иаҳҳәап, аизара аиҳабацәа агәымшәара аадырԥшлар ауп аӡбаратә зҵаарақәа анеилдырго, мамзаргьы амедицинатә цхыраара аҟаҵара ианахыццактәу. Аизара аиҳабацәа шьоукы абахҭахь ицоит уа иҭаку адоуҳатә цхыраара рырҭарц азы. Иаҳҳәар ҳалшозеи аҭаацәара иалам аиаҳәшьцәа рзы? Урҭ рахьтә аӡәырҩы Иегова имаҵ аураҿы еиҳаны аҟаҵара рыӡбоит, иаҳҳәап, апионертә маҵзура иалагоит, ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥқәа рахь ииасуеит, атеократиатә ргыларақәа рыҽрыладырхәуеит, насгьы Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол аҿы аҵара иахысуеит. Аиаҳәшьцәа шьоукы Галаад ашкол аҿы аҵара иахысыртә алшара рымоуп.
18. Ишԥарылшо зықәрахь инеихьоу агәымшәара аарԥшра?
18 Зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьцәа аизаразы зылԥхара дууп. Шаҟа бзиа иаҳбозеи ҳара акыр иаҳзаԥсоу урҭ аиаҳәшьцәа! Ҳәарада, урҭ рҟынтә шьоукы уаанӡа иҟарҵоз аҟара уажәы ирылшом, аха дара агәымшәара аарԥшны рымч зықәхо ҟарҵалар рылшоит. (Уаԥхьа Тит иахь 2:3—5.) Иаҳҳәап, зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа илыҳәар ауеит иқәыԥшу аиаҳәшьа лҭеиҭыԥш аганахь ала длацәажәарц. Ҳәарада, уи азы агәымшәара аҭахуп. Зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа иқәыԥшу аиаҳәшьа лыҽшеилалҳәо азы длаӷьӡом. Уи аҭыԥан лара уи аиаҳәшьа леилаҳәашьа егьырҭ ишырныруа азхәыцра длыцхраауеит (1 Тим. 2:9, 10). Уи аҩыза абзиабара алҵшәа бзиақәа аанагар алшоит.
19. а) Ишԥарылшо иӡааху аишьцәа агәымшәара аарԥшра? б) Ишԥарыцхраар алшо аишьцәа агәымшәара аарԥшра Филиппаа рахь 2:13, насгьы 2 Коринфаа рахь 4:7 ирну ажәақәа?
19 Иӡааху аишьцәагьы агәымшәара аарԥшны иаҭаху аҟаҵара иазхиазар ауп. Еиҳаны аҭакԥхықәра агара иазхиоу агәымшәара аазырԥшуа аишьцәа аиазаразы зылԥхароуп (1 Тим. 3:1). Аха шьоукы лак-ҩакуеит. Иҟалап урҭ рахьтә аӡәы зны гхак ҟаиҵазар, убри аҟынтә уажәы маҵзуратә цхырааҩыс ма аизара еиҳабыс амаҵ аура даԥсам ҳәа иԥхьаӡоит. Даҽаӡәы игәы иаанагозар ауеит уи аҩыза аҭакԥхықәра анагӡара иара илшом ҳәа. Шәаргьы убас шәгәы иаанагозар, Иегова агәымшәара аизырҳара дшәыцхраауеит. (Урыԥхьа Филиппаа рахь 2:13; 2 Коринфаа рахь 4:7.) Ишәгәалашәоз, Моисеигьы раԥхьа Иегова ииҭаз адҵа изынагӡом ҳәа иԥхьаӡон (Ақәҵ. 3:11). Аха уи Иегова дицхрааит, ԥыҭрак ашьҭахь Моисеи идыз адҵа анагӡаразы агәымшәара аизырҳара илшеит. Иӡааху аиашьа агәымшәара аарԥшра илшоит, гәык-ԥсык ала Иегова дицхраарц диҳәозар, насгьы есыҽны Абиблиа даԥхьозар. Иара убас уи агәымшәара аазырԥшуаз Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа дрызхәыцлар ауеит. Уи адагьы, аиашьа аизара аиҳабацәа дазыҟарҵаларц дрыҳәар илшоит, насгьы аизараҿы ацхыраара рыдигалалар ауеит. Аӡы иӡааху аишьцәа зегьы ааҳаԥхьоит агәымшәара аадырԥшларц, насгьы аизараҿы рхы иамеигӡакәа аџьабаа рбаларц!
«ИЕГОВА... ДУЦУП»
20, 21. а) Игәалаиршәазеи Давид Соломон? б) Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи ҳара?
20 Аҳ Давид Соломон игәалаиршәеит ауахәама аргылара хыркәшахаанӡа Иегова дышицзаауа (1 Аш. 28:20). Иаб иажәақәа Соломон игәи ихшыҩи ирнырит, убри аҟынтә иқәыԥшреи аԥышәа ахьимамызи ауахәама аргылара иаԥырхагахартә алимыршеит. Иара агәымшәара дуӡӡа ааирԥшит, аусура далагеит, насгьы Иегова ицхыраарала бжьы шықәсеи бжаки рыла ауахәама ду иргылеит.
21 Соломон дышицхрааз еиԥш, Иегова ҳаргьы агәымшәара аарԥшра, насгьы ҳҭаацәараҿы, иара убас аизараҿы иҳаду аҭакԥхықәрақәа рынагӡара дҳацхраауеит (Ис. 41:10, 13). Иегова имаҵ аураҿы агәымшәара ааҳарԥшуазар, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит иахьагьы ҳаԥхьаҟагьы азылԥхарақәа шҳаиҭо. Убри аҟынтә агәымшәара аашәырԥшла, шәеихала!
a Адоуҳатә хықәкқәа нашәыгӡар шшәылшо иазкны алабжьарақәа шәыԥшаар шәылшоит ииуль 15, 2004 шықәсазы иҭыҵыз ажурнал «Сторожевая башня» аҿы иаагаз астатиа «Пусть твои духовные цели прославляют Создателя» аҿы.