АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ноиабр мзазы иҷыдоу акампаниа. Ахықәкы — Анцәа Иаҳра аӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара
Иисус Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа рылеиҳәон (Лука 4:43). Иара убас, иара ауаа идирҵон Аҳра ааирц азы Анцәа ишиҳәалатәу (Матф. 6:9, 10). Ноиабр мзазы ҳара иаҳҭахуп, Анцәа Иаҳра аӡбахә иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа ирзеиҭаҳҳәарц (Матф. 24:14). Иулшарызма уара уеихшанҵаҿы ак уԥсахыр, акампаниа уҽалаурхәырц азы? Ари амзаҿы ицхырааҩу апионерцәа рхала иалырхыр рылшоит шаҟа аамҭа амаҵ руло — 30, ма 50 сааҭ.
Иалх Анцәа Иаҳра аӡбахә ахьаҳәо библиатә жәеинраалак, насгьы иулшо зегь ҟаҵа утерриториаҿы иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа уи атәы раҳарц азы. Ажәеинраала аналухуа ауаа рдинхаҵарақәа урызхәыцла. Ауаҩы раԥхьатәи шәеицәажәара аан аинтерес ааирԥшызар идгал «Ахьчаратә бааш» (№ 2 2020, аурыс). Уи ашьҭахь ирласны уи ауаҩы уиҭаа, насгьы амаҵзуразы иҟоу амыругақәа рҟынтә ианаало публикациак ала абиблиатә ҵара алагара уҽазышәа. Аамҭа маҷуп: иаарласны Анцәа Иаҳра Анцәа имчра иаҿагыло анапхгарақәа зегьы ықәнагоит (Дан. 2:44; 1 Кор. 15:24, 25). Убри аҟынтә шәааи, уи иҷыдоу акампаниа гәацԥыҳәарала ҳҽалаҳархәып — убас ала ҳара иааҳарԥшуеит Иеговеи иара Иаҳреи ҳашрызиашоу!
Анцәа Иаҳра адгьыл џьанаҭны иҟанаҵоит!