АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Уҭаацәалазаара хьчала
Аҭаацәалазаара иазку аҿаҭахьа Иегова изы даара ихадоуп, иара иҭахуп хаҵеи-ԥҳәыси рыԥсы ахьынӡаҭоу еицынхаларц (Матф. 19:5, 6). Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа рҿы ирацәоуп аҭаацәара ӷәӷәақәа. Аха акгьы згым аҭаацәарақәа ыҟаӡам. Ауадаҩрақәа ҟамлар залшом. Ҳара ауаа ирымоу агәаанагара ҳақәымныҟәалароуп. Хазы анхареи аилыҵреи аҭаацәалазаараҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа зыӡбо ак еиԥш ҳамыхәаԥшлароуп. Ишԥаилшо ақьырсиан иҭаацәалазаара ахьчара?
Еилҳаргап ихадоу хә-лабжьарак.
Угәы хьчала. Уи азы уҭаацәалазаара зырԥсыҽыр алшо зегьы уҽырцәыхьчала, иаҳҳәап, афлирти асексуалтә ламысдара иадҳәалоу агәырҿыхагақәеи (Матф. 5:28; 2 Пиотр 2:14).
Анцәеи уареи шәеиҩызара рӷәӷәала, насгьы уҭаацәалазаара даргәырӷьаларц азы иулшо зегь ҟаҵала (Аԥсал. 97:10).
Ухаҭара еиҭарҿыцла. Ухатә ҩыза иахь амаҷ аҿгьы ақьиара аарԥшла, иԥсҭазаара агәырӷьара инаҭаларц азы (Кәал. 3:8—10, 12—14).
Апатуқәҵара аарԥшны уцәажәала. Уҽазышәала шәеицәажәара хәарҭа шәзаанагаларц (Кәал. 4:6).
Ацәеижьтә еизааигәахара аан ахаареи абзиабареи аарԥшла (1 Кор. 7:3, 4; 10:24).
Аҭаацәалазаара пату ақәызҵо ақьырсиан аҭаацәалазаара Аԥызҵаз Иегова иахь апатуқәҵара ааирԥшуеит.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ҲАРА „АХАЧҲАРА ААРԤШНЫ“ ҲАҨУА ҲЦАЛАРОУП. АԤҞАРАҚӘА ШӘРЫҚӘНЫҞӘАЛА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иарбан уадаҩрақәоу аҭаацәалазаараҿы ицәырҵыр алшо, раԥхьа зегь шыбзиазгьы?
Ирыцхраар шԥарылшо хаҵеи-ԥҳәыси абиблиатә принципқәа, рҭаацәалазаараҿы абзиабара ыҟаӡам ҳәа рыԥхьаӡозар?
Аҭаацәалазаараҿы насыԥ шәымазарц азы абиблиатә принципқәа шәрықәныҟәала
Иарбан ԥҟарақәоу хаҵеи-ԥҳәыси рзы Иегова ишьақәиргылаз?
Иҟарҵалар акәзеи хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәалазаараҿы насыԥ рымазарц азы?