АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Иегова ижәлар алихуеит
Ҳара Иегова изакәанқәа зегьы ҳрықәныҟәалароуп (Алев. 20:22, 23; w04-U 15/10 11, абз. 12).
Иегова ижәлар аҳамҭа шриҭо иақәиргәыӷуеит (Алев. 20:24; it-U «Наследство», абз. 1).
Иегова иҭахуп имҵахырхәо имаҵзуҩцәа зегь рыла ицқьазарц (Алев. 20:25, 26; it-U «Птицы», абз. 7).
Иегова ҩызас дызмоу дрыцхраауеит. Иара анаҩсгьы даҳзыразызарц азы, ицқьам адунеи аусқәа ҳарцәыхаразароуп.
УХЫ УАЗҴАА: «Иарбан медицинатә хәышәтәышьақәоу ҳҽызцәыҳахьчалар ҳахәҭоу, Иегова игәы иаҳмырхьырц азы?»