АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Иегова иразра аиура шҳалшо
Аԥареи амаҭәеи нцәас иузыҟалартә алумыршан (Алев. 26:1; w08-U 15/4 4, абз. 8).
Иегова ишиҭаху еиԥш уимҵахырхәала (Алев. 26:2; it-U «Благоговение, трепет», абз. 6).
Изакәанқәа урықәныҟәала (Алев. 26:3, 12; w91-U 1/3 17, абз. 10).
Иегова изакәанқәа ирықәныҟәоз израильаа, Анцәеи дареи аҭынчра рыбжьан, ирацәаны егьырҭ азылԥхарақәагьы рыман.
Иеговеи уареи шәеизыҟазаашьа бзиақәа рыбзоурала, иарбан зылԥхарақәоу ҵаҟа еиқәыԥхьаӡоу рҟынтә иумоу?
- Абиблиа иану аҵабырг адырра 
- Агәҭынчра 
- Аҭаацәараҿы анасыԥ 
- Аԥсҭазаара бзиа шуоуа ала агәыӷра