АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Ухы мацара уақәымгәыӷлан, иумоу узырхала
Анцәа иԥааимбар аҳ Иеровоам гәыҭбаарыла ииҭоз аҳамҭақәа идимкылаӡеит (1 Аҳ. 13:7—10; w08-U 15/8 8, абз. 4).
Ԥыҭрак ашьҭахь Анцәа иԥааимбар еилыкка иҟаз Иегова имҩақәҵара дазымӡырҩӡеит (1 Аҳ. 13:14—19; w08-U 15/8 11, абз. 15).
Аԥааимбар иааирԥшыз азымӡырҩра дҭанархеит (1 Аҳ. 13:20—22; w08-U 15/8 9, абз. 10).
Иҳамоу ҳазҳархозар, насгьы ӡбарак анҳадаҳкыло есымша Иегова игәаанагара ҳазхәыцуазар, ирацәаны ауадаҩрақәа ҳҽырцәыҳахьчоит (1 Тим. 6:8—10).
УХЫ УАЗҴАА: «Излоубарҭахозеи исымоу шсызсырхо? Иаасырԥшыр шԥасылшо схы мацара сшақәымгәыӷуа, ӡбарак сыдыскылар ансыхәҭоу?» (Ажәам. 3:5; 11:2).