АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ | ГӘЫРӶЬАРЫЛА АЖӘАБЖЬ ҲӘАЛА
Абиблиа зшәырҵо шәрыцхраала аизарақәа рҭаара
Аизарақәа Анцәа имҵахырхәара иахәҭакуп (Аԥсал. 22:22). Иегова имҵахырхәаразы аизарақәа рахь инеиуа зегьы агәырӷьара роуеит, насгьы Анцәа дрықәныҳәоит (Аԥсал. 65:4). Абиблиа зҵо аизарақәа рахь аныҟәара ианалаго, еиҳа ирласны доуҳала еизҳауеит.
Ҳрыцхраар шԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо аизарақәа рҭаара? Аизарақәа рахь лассы-лассы ааԥхьара рыҭала. Идырба авидеонҵамҭа «Иҟарҵозеи Аҳратә зал аҿы?». Ирзеиҭаҳәа уи хәарҭас ирзаанаго (lff-U аурок 10). Аизараҿы иуаҳаз зхәыцра бзиак рзеиҭаҳәа. Мамзаргьы иааиуа аиқәшәараҿы иҟало апрограмма шәалацәажәа. Абиблиа зурҵо аизараҿы шәызхысуа апубликациақәа иҭ, мамзаргьы апрограмма JW Library® аҿы агәылаҵа «Встречи» ирба. Уцхыраара идгал. Иҟалап, ауаҩы машьынала аизарахь дгатәызар. Абиблиа зшәырҵо аизарахь даннеилак, шәџьабаа шышәԥылаз еилышәкаауеит (1 Кор. 14:24, 25).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО ШӘРЫЦХРААЛА АИЗАРАҚӘА РҬААРА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Дышԥаалыԥхьеи Нита Џьеид аизарахь?
Избан Абиблиа зҵо аизарахь данааилак ҳзеигәырӷьо?
«Шәара Анцәа дшәыцуп!»
Ишԥалбеи Џьеид аизара уахь раԥхьаӡа даннеи?