АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ | ГӘЫРӶЬАРЫЛА АЖӘАБЖЬ ҲӘАЛА
Абиблиа зурҵо урыцхраала Иегова игәамԥхо аусқәа рааныжьра
Иегова иҩызцәахар зылшо ацқьара зыхьчо мацара роуп (1 Пиотр 1:14—16). Абиблиа зҵо ауаҩы иҽеим ашьцыларақәа каижьыр, иҭаацәаратә ԥсҭазаареи игәабзиареи еиӷьитәыр илшоит, насгьы ирҳауа аԥара баша инихлаӡом.
Ауаҩы изеиҭаҳәала Иегова ишьақәиргылаз анормақәа, насгьы урҭ зышьақәиргылаз. Иара убас иеилыркаала Иегова ииҳәо аҟаҵара зыбзиоу. Абиблиа зурҵо ихәыцшьеи ихымҩаԥгашьеи аԥсахра уицхраала (Еф. 4:22—24). Агәра иргала илаҽны иҟоу ашьцыларақәа Иегова ицхыраарала дыриааир шилшо (Флп. 4:13). Игәаларшәала ииашам ак аҟаҵара агәаҳәара аниоулак, ацхырааразы иаразнак Иегова диҳәалар шилшо. Иҽеим ак изырҟаҵар алшо аҭагылазаашьақәа заа ргәаҭашьа ирҵала. Иҽеим ашьцыларақәа хәарҭа изаазгар алшо ак ала иԥсахларц игәазҭаҵала. Абиблиа зурҵо Иегова ицхыраарала иҽшиԥсахуа анубало агәырӷьара уоулоит.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО ШӘРЫЦХРААЛА ИЕГОВА ИГӘАМԤХО АУСҚӘА РААНЫЖЬРА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Ишԥалызныҟәеи Џьеид аизара аиҳабацәеи Нитеи?
Дышԥалыцхрааи Нита Џьеид?
Дышԥашьҭаз Џьеид Иегова ицхыраара?