АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ | ГӘЫРӶЬАРЫЛА АЖӘАБЖЬ ҲӘАЛА
Азҵаарақәа рыҭала
Иегова насыԥ змоу Нцәоуп, иара иҭахуп амаҵзура агәырӷьара ҳзаанагаларц (1 Тим. 1:11). Еиҳа еиӷьны ажәабжь ҳҳәацыԥхьаӡа, убриаҟара агәырӷьарагьы ҳауеит. Ауаҩы дхәыцырц азы ибзиоуп азҵаара иаҳҭар. Азҵаарақәа ауаҩы ицхраауеит ахәыцреи алкаақәа рыҟаҵареи (Матф. 22:41—45). Ауаҩы азҵаара иҭаны аҭак ҳаназыӡырҩуа, игәаанагара ҳара ҳзы ишхадоу ааҳарԥшуеит (Иак. 1:19). Аҭак ҳацхраауеит ҳаицәажәара ахьырхатәу аилкаара.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АҴАҨЦӘА РАЗЫҞАҴАРА ИАҲЗААНАГО АГӘЫРӶЬАРА. АМАҴЗУРАҾЫ ИШӘЫМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬЫШӘТӘЛА: АЗҴААРАҚӘА РЫШӘҬАЛА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иарбан ҟазшьа бзиақәоу Џьеид илымаз?
Ишԥаалырԥши Нита Џьеид лахь аинтерес?
Лхы ишԥалырхәеи Нита азҵаарақәа, Џьеид абиблиатә қәыргәыӷрақәа рахь аинтерес лызцәырылгарц азы?
Ишԥалылшеи Нита азҵаарақәа рыла Џьеид ахәыцра лгәазҭаҵара?