АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ | ГӘЫРӶЬАРЫЛА АЖӘАБЖЬ ҲӘАЛА
Иегова ицхыраара удкылала. Анцәаиҳәара
Иегова ибзоуралоуп ауаҩы игәаҿы аҵабырг ажәла адацқәа шашьҭуа, насгьы ишеизҳауа (1 Кор. 3:6—9). Убри аҟынтә ҳмаҵзура алҵшәа аанагаларц азы Иегова ҳаргьы Абиблиа зҳарҵогьы дрыцхрааларц ҳиҳәалароуп.
Иегова уиҳәала Абиблиа зурҵо дзықәшәо аҿагыларақәеи ауадаҩрақәеи риааира дицхрааларц (Флп. 1:9, 10). Узызиҳәо алкааны иҳәала. Иегова уиҳәала Абиблиа зурҵо уицхраарц азы иҳәатәу, ма иҟаҵатәу иԥшьоу идоуҳала уақәиршәаларц (Лука 11:13). Абиблиа зурҵо Анцәа иҳәашьа ирҵа, насгьы лассы-лассы Иегова диҳәаларц игәазҭаҵала. Анцәа уициҳәала, насгьы ихьӡ ҳәаны иара изгьы уиҳәала.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АҴАҨЦӘА РАЗЫҞАҴАРА ИАҲЗААНАГО АГӘЫРӶЬАРА. ИЕГОВА ИЦХЫРААРА ШӘЫДЫШӘКЫЛАЛА: АНЦӘАИҲӘАРА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иарбан уадаҩроу Нита илызцәырҵыз Џьеид Абиблиа аныллырҵоз?
Ишԥалыцхрааи Нита 1 Коринфаа рахь 3:6 аҿы иану?
Илыцхраазеи Нита ауадаҩра аиааира?