АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ | ГӘЫРӶЬАРЫЛА АЖӘАБЖЬ ҲӘАЛА
Абиблиа зшәырҵо ишәҳәо игәаҵанӡа инажәгала
Ауаҩы Анцәа дизыӡырҩларц азы гәыкала бзиа дибалароуп (Ажәам. 3:1). Убри аҟынтә Абиблиа зҳарҵо аҵабырг ргәаҵанӡа анагара ҳҽазаҳшәалароуп. Ишԥаҳалшо уи?
Ҳара хықәкыс иҳамоу ауаҩы аҵабырг изеиҭаҳәара мацара акәӡам, аха еиликаауа хәарҭас изаанагар алшо, насгьы Анцәа дшизааигәанатәуа еилыркаара ауп. Абиблиатә нормақәа Анцәа ибзиабареи, иқьиареи, ииашареи шырныԥшуа ишәырба. Шәызхысыз аматериал иазкны игәаанагара еилышәкаарц азы хаала, насгьы ҳаҭырбарала азҵаарақәа ишәҭала. Ииашам игәаанагарақәа иԥсахыр, насгьы иҽеим ашьцыларақәа аанижьыр иԥсҭазаара шеиӷьхо дазшәырхәыц. Абиблиа зурҵо ауаҩы гәык-ԥсыкала Иегова бзиа дшибо анубо акы иузадымкыло агәырӷьара уоуеит.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АҴАҨЦӘА РАЗЫҞАҴАРА ИАҲЗААНАГО АГӘЫРӶЬАРА. АМАҴЗУРАҾЫ ИШӘЫМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬЫШӘТӘЛА: АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО ИШӘҲӘО ИГӘАҴАНӠА ИНАЖӘГАЛА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Избан Нита Џьеид дызлазҵааз «Ашәахьа ҳазлацәажәоз базхәыцуазма?» ҳәа?
Ишԥаллырбеи Нита Џьеид Иегова бзиа дахьибо азы шакәу аԥҟарақәа зышьақәиргыло?
Абиблиа зҳарҵо ауаҩы аҵабырг игәаҵанӡа анагара ҳалшар, уи Иегова изааигәахаразы ашьаҿақәа рыҟаҵара далагоит
Дышԥалыцхрааи Нита Џьеид Анцәа иахь абзиабара шаарԥшлатәу аилкаара?