Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb25 сентиабр ад. 8—9
  • Сентиабр 29 — октиабр 5

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Сентиабр 29 — октиабр 5
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
mwb25 сентиабр ад. 8—9

СЕНТИАБР 29 — ОКТИАБР 5

ЕККЛЕЗИАСТ 3, 4

Ашәа 93, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

Хаҵеи-ԥҳәыси ҿаԥха-ҿаччо Абиблиа еицаԥхьоит.

Аамҭа еицышәхыжәгала, Иеговеи шәареи шәеиҩызарагьы шәырӷәӷәала

1. Шәҭаацәалазаара хԥаны еикәыршоу ашаха еиԥш иӷәӷәазааит

(10 мин.)

Шәхатәҩызеи шәареи гәаартыла шәеицәажәаларц азы аамҭа алшәхла (Ек 3:1; ijwhf-U астатиа 10, абз. 2—8).

Ирацәаны аамҭа еицышәхыжәгаларц азы иҟашәҵо аусқәа еицыҟашәҵала (Ек 4:9; w23.05 23—24, абз. 12—14).

Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәала (Ек 4:12; w23.05 20, абз. 3).


ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Иҟалар алшои схатәҩызеи сареи акыраамҭа ҳаибамбозар, иаҳҳәап хаз-хазы ԥсшьара ҳцозар, ма аусура џьара ҳцозар? Ианыԥшыр шԥалшо уи ҳаизыҟазаашьақәа?»

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Ек 3:8. Ари ажәеинраалаҿы абзиабаразы аамҭа шыҟоу, ацәымӷразгьы аамҭа шыҟоу ануп. Иарбан ҭагылазаашьақәоу абзиабара ианаамҭам? (it-U «Любовь», абз. 39).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Лк 5:27—39 (th аурок 2).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. 2025 шықәсазтәи «Ахьчаратә бааш» № 1 ухы иархәаны ацәажәара уалага. Ауаҩы даҽа темак интересс ишимоу аниҳәалак, уи уҽақәыршәа (lmd аурок 2, апункт 5).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Уаанӡатәи шәеицәажәара аан 2025 шықәсазтәи «Ахьчаратә бааш» № 1 згаз ауаҩы Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 9, апункт 4).

6. Ажәахә

(5 мин.) lmd Ацҵа А, апункт 12. Атема: «Анцәа диашоуп, иара ауаа еилихӡом» (th аурок 19).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 131

7. Шәхатәҩызеи шәареи шәыбжьара ауадаҩрақәа анцәырҵуа Иегова дышәхашәмыршҭлан

(15 мин.). Ахцәажәара.

Иегова аҭаацәара иалоу ақьырсианцәа зегьы насыԥ рымазарц азы иаҭаху зегь риҭеит. Аха зны-зынла дара ауадаҩрақәа ирықәшәоит (1Кр 7:28). Урҭ ауадаҩрақәа ианаамҭоу ирмыӡбалар, еиҳагьы еиҳахалоит. Аамҭак ашьҭахь хаҵеи-ԥҳәыси аилыҵра иазхәыцуа аҟынӡагьы инеир алшоит. Иҟашәҵар шәылшои уи аҩыза шәақәшәазар?

Авидеонҵамҭа «Что такое настоящая любовь?» аҿы ауадаҩра ӷәӷәақәа ирықәшәаз иқәыԥшу хаҵеи-ԥҳәыси рыӡбахә ҳәоуп. Ишәгәалашәома аб иԥҳа илеиҳәаз, лара Иегова игәаанагара дазымхәыцкәа аӡбара анлыдылкылоз?

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Что такое настоящая любовь?» (отрывок). Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Избан хаҵеи-ԥҳәыси рыбжьара ауадаҩрақәа анцәырҵуа, Иегова иҳаиҭо алабжьарақәа рықәныҟәара зхадоу? (Иса 48:17; Мф 19:6).

Шәхатәҩызеи шәареи шәыбжьара ауадаҩрақәа цәырҵзар, Иеговеи шәареи шәеизыҟазаашьа бзиақәа шәыхьчарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала — Анцәа шәиҳәала, ақьырсиантә еизарақәа бжьашәмыжьлан, Абиблиа ҭышәҵаала, ажәабжь шәҳәала. Шәзықәшәаз ауадаҩрақәа абиблиатә принципқәа шәхы иархәаны ишәыӡбарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала, шәҭагылазаашьа Иегова ихәаԥшышьала шәахәаԥшырц азы ҳлитература ҭышәҵаала. Убасала шәара иаашәырԥшуеит Иегова ицхыраареи изылԥхареи рыда ԥсыхәа шшәымам (Ажәм 10:22; Иса 41:10).

Авидеонҵамҭа «Адунеи ишәыднагало аҭынчра шәамжьааит. Даррели Дебореи Фрисингер» аҟынтә асахьа. Аинсценировка: аиаҳәшьа Фрисингер (данқәыԥшыз) аиарҭа дықәтәаны апатреҭ кны дахәаԥшуеит.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Адунеи ишәыднагало аҭынчра шәамжьааит. Даррели Дебореи Фрисингер». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Иднарҵои аиашьеи аиаҳәшьеи Фрисингераа рҭоурых зҭаацәалазаараҿы ауадаҩра ӷәӷәақәа ирықәшәаз хаҵеи-ԥҳәыси?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) lfb аурок 22, 5-тәи ахәҭа алагалажәа, иара убас аурок 23

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 51, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра