ОКТИАБР 6—12
ЕККЛЕЗИАСТ 5, 6
Ашәа 42, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)
Ауриацәа Анцәа изакәан реилзыркаауа аԥшьаҩы ибзианы изыӡырҩуеит
1. Анцәа патуқәҵарала ҳшизыҟоу ааҳарԥшлар шҳалшо
(10 мин.)
Анцәа патуқәҵарала ҳшизыҟоу ааҳарԥшуеит аизарақәа рҿы ибзианы апрограмма ҳазыӡырҩуазар, иара убас ҳҭеиҭыԥш ҳацклаԥшуазар (Ек 5:1; w08-U 15/8 15—16, абз. 17, 18).
Аизарақәа рҿы аизара зегь ахьӡ ала Анцәа ҳаниҳәо, ҳаҳәара заа ҳазхәыцны еиҿаҳкаароуп, аҳаҭырқәҵара аныԥшуазароуп, иара убас еиҵыхцәамзароуп (Ек 5:2; w09-U 15/11 11, абз. 21).
Анцәа ҳаԥсҭазаара анизаҳк иаҳҭаз ажәа инақәыршәаны ҳанхоит (Ек 5:4—6; w17.04 7, абз. 12).
2. Адоуҳатә бырлашқәа
(10 мин.)
Ек 5:8. Ҳгәы шԥарҭынчуеи ари ажәеинраала ииашамкәа ианҳазныҟәо? (w20.09 31, абз. 3—5).
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?
3. Абиблиа аԥхьара
(4 мин.) Лк 6:1—16 (th аурок 12).
4. Ацәажәара шәалага
(1 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ажәа умазкырц зҭаху ауаҩы иацәажәара (lmd аурок 4, апункт 5).
5. Ацәажәара шәалага
(2 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы аброшиура «Ауаа бзиа ижәбала» аҿы иаагоу Ацҵа А «Зыӡбахә аҳәара ҳгәаԥхо аҵабыргқәа» аҟынтә зхәыцрак изеиҭаҳәа (lmd аурок 1, апункт 3).
6. Аинтерес еизшәырҳала
(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы амаҵзуразы иҟоу амыругақәа рҟынтә видеонҵамҭак ирба (lmd аурок 7, апункт 3).
7. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала
Ашәа 160
8. Шәхы иашәырхәома Ацҵа «Зыӡбахә аҳәара ҳгәаԥхо аҵабыргқәа»?
(15 мин.). Ахцәажәара.
Аброшиура «Ауаа бзиа ижәбала. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала» ҳацхраауеит ауаа рацәажәараҿы ҳҟазара аиӷьтәра. Уи аброшиураҿы иаагоуп «Зыӡбахә аҳәара ҳгәаԥхо аҵабыргқәа» захьӡу Ацҵа А. Уи Ацҵа ҳацхраауеит Абиблиа аҟынтә имариоу зхәыцрақәак ауаа рзеиҭаҳәара (Аур 4:12). Урҭ аҵабыргқәа жә-темак рыла ишоуп. Ижәдыруама иарбан темақәоу?
Ишԥаҳалшо аицәажәара аан ианаало аамҭазы Абиблиа аҟынтә имариоу зхәыцрак аҳәара? (lmd Ацҵа А).
Иарбан темақәоу арҭ жә-темак рҟынтә ҳҭыԥ аҿы инхо ауаа еиҳа излацәажәо?
Иҟаҳҵар ҳалшои Ацҵа А аҿы иаагоу ажәеинраалақәа ибзианы игәнаҳкыларц азы?
Урҭ ажәеинраалақәа ажәабжьҳәараҿы шаҟа ҳхы иаҳархәо аҟара, ибзианы игәнаҳкылалоит. Аха уи азы ауаа рацәажәаразы алшарақәа ҳаԥшаалароуп.
Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Аихеи аихеи еибарҵаруеит. Еиҳа ирацәаҩны ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳҳәоит». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:
Иҟаҳҵар ҳалшои еиҳа ирацәаҩны ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳҳәаларц азы?
9. Аизараҿы Абиблиа аҵара
(30 мин.) lfb аурокқәа 24, 25