Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb25 сентиабр ад. 12—13
  • Октиабр 13—19

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Октиабр 13—19
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
mwb25 сентиабр ад. 12—13

ОКТИАБР 13—19

ЕККЛЕЗИАСТ 7, 8

Ашәа 39, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Аҵәыуара ахьыҟоу аҩнахьы шәнеила

(10 мин.)

Агәырҩа змоу ргәы шәырҭынчларц азы шәаамҭа шәамеигӡалан (Ек 7:2; it-U «Скорбь», абз. 9).

Зҭынха дыԥсыз игәы шәырҭынчырц азы, иԥсыз ауаҩы илаз аҟазшьа бзиақәа изеиҭашәҳәа (Ек 7:1; w19.06 24, абз. 15).

Игәырҩо ауаҩы Анцәа шәициҳәала (w17.07 13, абз. 16).

Хаҵеи-ԥҳәыси зыԥҳәыс дыԥсыз аиашьа иахь сасра инеит. Урҭ апатреҭқәа еицрыхәаԥшуеит, аамҭа шеицырхыргозгьы ргәаладыршәоит.

ИШӘХАШӘМЫРШҬЫН: зҭынха дыԥсыз аԥсыжра ашьҭахьгьы игәы шьҭыхлатәуп (w17.07 13—14, абз. 17—19).

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Ек 7:20—22. Ишԥаҳацхраауеи арҭ ажәеинраалақәа ҳзыргәааз ауаҩы уи аганахь ала иацәажәара иаԥсоу-иаԥсаму аилкаара? (w23.03 31, абз. 18).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Лк 6:17—31 (th аурок 10).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(2 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Еилкаа ауаҩы интересс имоу атема, шәеицәажәара ианацышәҵашагьы еибышәҳәа (lmd аурок 2, апункт 4).

5. Ацәажәара шәалага

(2 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА (lmd аурок 2, апункт 3).

6. Аинтерес еизшәырҳала

(2 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы асаит jw.org аҟынтә статиак, видеонҵамҭак, ма даҽак ирба (lmd аурок 9, апункт 4).

7. Зыгәра жәго деилшәыркаала

(5 мин.) ijwfq-U, астатиа 50 шьаҭас измоу аицәажәара. Атема: «Как Свидетели Иеговы проводят похороны?» (th аурок 17).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 151

8. Аԥсҭалара шыҟало ала шәхаҵара шәырӷәӷәала

(15 мин.). Ахцәажәара.

Авидеонҵамҭа «Агәрахаҵара ӷәӷәа змаз аҳәса шәырҿыԥшла! Марфа» аҟынтә асахьа. Марфеи Мариеи гәырӷьаҵәа зыԥсы ҭалаз Лазарь иҩны иԥылоит.

Иегова иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо ажәа ҳаиҭеит. Уи зегь раасҭа зыхә ҳараку иҳамҭақәа иреиуоуп. Уи аҳамҭа Иегова илоу аҟазшьа бзиақәа ҳаилнаркаауеит — амч, аҟәыӷара, арыцҳашьара, иара убас хаҭа-хаҭала ҳара ҳахь имоу абзиабара (Ин 3:16).

Аԥсҭалара шыҟало ала иҳамоу ахаҵара ӷәӷәазар, ауадаҩрақәа ҳашрықәшәогьы ҳгәы камыжькәа ԥхьаҟа ҳцалоит (2Кр 4:16—18). Иара убас уи ҳгәы арҭынчуеит ашьҭашәарыцарақәеи ачымазарақәеи ҳанрықәшәо, ма иаҳзааигәоу аӡә данԥсуа (1Фс 4:13). Ауаҩы аԥсҭалара агәра имгозар, агәырӷьареи анасыԥи иоуӡом (1Кр 15:19). Хықәкыс иқәшәыргыл аԥсҭалара шыҟало ала шәхаҵара еиҳагьы арӷәӷәара!

Аӡырҩцәа Иоанн 11:21—24 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:

  • Иаҳзырбои Марфа аԥсҭалара шыҟало ала ахаҵара ӷәӷәа шлымаз?

  • Дышԥалзылԥхеи Иегова лхаҵаразы? (Ин 11:38—44).

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Агәрахаҵара ӷәӷәа змаз аҳәса шәырҿыԥшла! Марфа». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Избан аԥсҭаларахь ишәымоу агәыӷра ахә зышәшьо?

  • Ишԥашәылшо аԥсҭалара шыҟало аганахь ала шәхаҵара шәырӷәӷәалар?

9. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) lfb аурокқәа 26, 27

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 124, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра