Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb25 сентиабр ад. 14—15
  • Октиабр 20—26

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Октиабр 20—26
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
mwb25 сентиабр ад. 14—15

ОКТИАБР 20—26

ЕККЛЕЗИАСТ 9, 10

Ашәа 30, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Ауадаҩрақәа рахь ишәымоу шәхәаԥшышьа иашаз

(10 мин.)

Ауадаҩрақәа ҳрықәшәозар, уи иаанагаӡом Иегова иразра ҳцәыӡит ҳәа (Ек 9:11; w13-U 15/8 14, абз. 20, 21).

Ҳара иаҳдыруеит Аҩсҭаа идунеи аҿы аиашара шыҟамло (Ек 10:7; w19.09 5, абз. 10).

Ауадаҩрақәа ҳанрықәшәогьы, Иегова иаҳзыҟаиҵо абзиарақәа ҳрылагәырӷьаларц азы алшарақәа ҳаԥшаалароуп (Ек 9:7, 10; w11-U 15/10 8, абз. 1, 2).

Аԥҳәыс амшын дхықәгыланы ажәҩан ахь дыԥшуеит.

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Ек 10:12—14. Ишԥаҳацхраауеи арҭ ажәеинраалақәа уҳәан-сҳәан злашәарҭоу аилкаара? (it-U «Сплетни, клевета», абз. 4, 8).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Лк 6:32—49 (th аурок 11).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Зылахь еиқәу ауаҩы иацәажәара (lmd аурок 3, апункт 4).

5. Ацәажәара шәалага

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Аекономикатә ҭагылазаашьа згәы иҵхо ауаҩы иацәажәара. Аброшиура «Ауаа бзиа ижәбала» аҿы иаагоу Ацҵа А «Зыӡбахә аҳәара ҳгәаԥхо аҵабыргқәа» аҟынтә зхәыцрак ирба (lmd аурок 4, апункт 4).

6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

(5 мин.) lff аурок 17, арамкақәа «Ихадоу азхәыцра», «Аиҭахысра», насгьы «Ахықәкқәа» (lmd аурок 12, апункт 3).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 47

7. Арыцҳарақәа раан Иегова дҳацуп

(15 мин.). Ахцәажәара.

Ҳара есыҽны еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ҳрықәшәоит. Аха уадаҩрақәак иаалырҟьаны ҳрықәшәоит, даарагьы ихьанҭоуп. Урҭ ҳемоциатә гәабзиара ианыруеит, ҳамч ҳалырхуеит, Анцәа имаҵ аураҿгьы агәырӷьара ҳацәдырӡуеит. Гәаҟрак ҳақәшәазар, ҳзықәгәыӷлар ҳалшода, насгьы иҳацхраауеи уи ахгара?

Ҳаԥсҭазаараҿы ҳзықәшәозаалакгьы еснагь Иегова ҳиқәгәыӷлар ҳалшоит (Иса 33:6). Аха уи азы аҟәышреи ахӡырымгареи ааҳарԥшлароуп (Ажәм 11:2). Гәаҟрак шәанақәшәо хыма-ԥсыма ак аӡбара шәаламган. Ишәзааигәоу ауаа ишреиҷаҳалатәу, шәыхгьы шәеиҷаҳар шшәыхәҭоу шәхашәмыршҭлан. Агәырҩареи аҵәыуареи шәацәыԥхамшьан, уи азы шәхы аамҭа ашәҭ (Ек 4:6).

Иегова ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыла ҳгәы ирҭынчуеит. Убри аҟынтә шәыԥхамшьалан урҭ ацхырааразы рыҳәара, ианшәыдыргалогьы уи адкылара. Ишәхашәмыршҭлан: аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа шәырбоит, ишәыцхраарцгьы рҭахуп.

Аӡырҩцәа 2 Коринфаа 4:7—9 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:

  • Избан иахьынӡаҳалшо аизарақәа рҭаареи, Абиблиа аԥхьареи, ажәабжьҳәареи зхадоу, уи мариамзаргьы?

Авидеонҵамҭа «Иегова близок к удручённым сердцем» аҟынтә асахьа. Аиашьеи аиаҳәшьеи Септераа рхәыҷы дахьыԥсыз иахҟьаны игәырҩоит.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Иегова близок к удручённым сердцем». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Дышԥарыцхраауаз Иегова Гарии Бети Септер?

  • Ишԥарыцхраауаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи урҭ хаҵеи-ԥҳәыси?

  • Ишәнарҵои аиашьеи аиаҳәшьеи Септераа рҿырԥшы?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) lfb аурок 28, 6-тәи ахәҭа алагалажәа, иара убас аурок 29

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 28, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра