Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb26 ианвар ад. 12—13
  • Февраль 16—22

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Февраль 16—22
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2026
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2026
mwb26 ианвар ад. 12—13

ФЕВРАЛЬ 16—22

ИСАИА 36, 37

Ашәа 150, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. «Урцәымшәан иуаҳаз ажәақәа»

(10 мин.)

Рабсак Иегова ижәлар иршәарц азы Иерусалимҟа дааит (Иса 36:1, 2; it-U «Езекия», № 2, абз. 14).

Рабсак иҭахын ауриацәа акгьы рылымшошәа, аиааира агаразгьы гәыӷрак рымамшәа ргәы иаанагаларц (Иса 36:8; ip-1-U 387, абз. 10).

Иара урҭ дырхыччон Иеговеи раҳи иахьрызиашаз азы (Иса 36:7, 18—20; ip-1-U 388, абз. 13, 14).

Рабсак ақалақь аҭӡамц ааигәара аҽыуардын дангыланы Иерусалим зыхьчо ауаа ҿыҭны илаирҟәуеит. Ақалақь аҭӡамц иқәгылоу аибашьцәа ҿымҭӡакәа изыӡырҩуеит.

Иегова имаҵзуҩцәа рыршәара иашьҭоу ирцәымшәалароуп (Иса 37:6, 7)

АҬААЦӘАРАТӘ МҴАХЫРХӘАРАҾЫ ИҞАШӘҴАЛАР ШӘЫЛШО: шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА «О Иегова... ...На тебя я полагаюсь», насгьы ишәнарҵаз шәахцәажәа.

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Иса 37:29. Иаанагои Иегова аҳ Синаххериб изы ииҳәаз ажәақәа: «Сара... уҿы аӷәра аҿасҵоит»? (it-U «Узда, удила», абз. 4).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Лк 12:41—59 (th аурок 2).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы аброшиура «Ауаа бзиа ижәбала» аҿы иаагоу Ацҵа А аҟынтә ҵабыргк изеиҭаҳәа (lmd аурок 1, апункт 4).

5. Ацәажәара шәалага

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА (lmd аурок 3, апункт 5).

6. Зыгәра жәго деилшәыркаала

(5 мин.) ijwbq, астатиа 110, абз. 1—4 шьаҭас измоу аицәажәара. Атема: «Изакәызеи аӡӡаахра?» (th аурок 17).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 118

7. «Узықәгәыӷуада уара?»

(15 мин.) Ахцәажәара.

Аӡәы зыгәра жәго иашаӡам ҳәа шәеиҳәоит, ма Иегова ишаҳаҭс шәҟалар ахьышәҭаху, Анцәа дахьхашәҵо, насгьы Абиблиа шәахьаԥхьо азы дышәхыччоит. Шәақәшәахьоума уи аҩыза? Урҭ аҭагылазаашьақәа рҿы иуҳәо уҿамшәо уқәхар ауеит, зыгәра уго иашаҵәҟьоума ҳәа алакҩакра уалагаргьы алшоит. Иҟаҵатәуи уи аҩыза умыхьырц азы?

Аӡырҩцәа Исаиа 36:4, 5 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:

  • Избан зыгәра ҳго ашьаҭа ӷәӷәа амоу-иамаму гәаҳҭалар зхадоу?

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Ахбыџ иԥсҭазаара. Ҟәышроума Анцәа дхаҳҵозар?». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Ишԥадырӷәӷәеи Елибальдои Кристали рхаҵара Анцәеи Абиблиеи рахь?

  • Избан Анцәа дшыҟоу агәра зыжәго?

  • Иарбан библиатә жәеинраалақәоу агәра шәзырго...

    ...Иегова бзиа шәшибо?

    ...Иегова еснагь дышшәыцхраауа?

    ...Анцәа ижәлар амаҵ шрыцыжәуа?

Иқәыԥшу аиашьа аурок аҿы дхәыцуа дтәоуп. Арҵаҩы акласс зегьы рҿаԥхьа ауаҩы зҽызыԥсахыз ихыбаҩ кны дгылоуп. Арҵаҩы лызҵаара аҭак ҟазҵар зҭаху ԥыҭҩык аҵаҩцәа рнапқәа шьҭыхны иркуп.

Сара схаҵара сырӷәӷәар сҭахуп:

Ишәырӷәӷәар шԥашәылшо шәхаҵара?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) lfb аурокқәа 62, 63

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 9, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра