ФЕВРАЛЬ 23 — МАРТ 1
ИСАИА 38—40
Ашәа 4, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)
Ажәытәтәи Израиль аҿы ахьча асыс игәыдыҳәҳәаланы икуп
1. «Иара ахьча иеиԥш иԥсаса дырхылаԥшлоит»
(10 мин.)
Иегова ҳаиҩызахарц азы Иажәа, Абиблиа, ҳара ҳҟынӡа иааирц дахылаԥшит (Иса 40:8; w23.02 2—3, абз. 3, 4).
Иара ахаара аарԥшны даҳхылаԥшуеит (Иса 40:11; cl-U 70, абз. 7).
Иара доусу ҳзықәшәо ауадаҩрақәа идыруеит, урҭ рыхгарагьы дҳацхраауеит (Иса 40:26—29; w18.01 4, абз. 4—6).
АЗХӘЫЦРАЗЫ: Исаиа 40:11 аҿы Иегова ахьча иеиԥш даарԥшуп. Иарбан цәаныррақәоу уи ишәызцәырнаго?
2. Адоуҳатә бырлашқәа
(10 мин.)
Иса 40:3. Ишԥанаӡеи арҭ ажәақәа актәи ашәышықәса ҳ. ҳ. азы? (ip-1-U 400, абз. 7).
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?
3. Абиблиа аԥхьара
(4 мин.) Лк 13:1—17 (th аурок 11).
4. Ацәажәара шәалага
(2 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Узацәажәо ауаҩы ааигәа имҩаԥысыз аизараҿы еилукааз зхәыцрак изеиҭаҳәа (lmd аурок 4, апункт 3).
5. Ацәажәара шәалага
(2 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы уаниацәажәо иԥшаа алшара ауаа Абиблиа аҵара ушрыцхраауа иеилуркаарц азы (lmd аурок 4, апункт 4).
6. Аинтерес еизшәырҳала
(2 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА (lmd аурок 7, апункт 5).
7. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала
(5 мин.) lff аурок 18, арамкақәа «Ихадоу азхәыцра», «Аиҭахысра», насгьы «Ахықәкқәа». Арамка «Иҵегь шәахәаԥш» аҟынтә статиак ма видеонҵамҭак ухы иархәаны, Абиблиа зурҵо иеилыркаа Иегова ишаҳаҭцәа еидызкыло абзиабараҵәҟьа шакәу (lmd аурок 11, апункт 3).
Ашәа 160
8. Ажәабжьҳәара иазку есышықәсатәи аҳасабырба
(15 мин.) Ахцәажәара.
Уаԥхьа амаҵзура иазку аҳасабырба зну афилиал аҟынтә асаламшәҟәы. Анаҩс аӡырҩцәа ирыдгал «2025-тәи амаҵзуратә шықәса иазку Иегова ишаҳаҭцәа адунеизегьтәи рҳасабырба» аҟынтә иргәаԥхаз еиҭарҳәарц. Иара убас ажәабжьҳәаҩцәа урыҳәа (заа урацәажәа) иаҳхысыз ашықәс азы ажәабжьҳәараҿы изықәшәаз аинтерес зҵоу хҭысқәак еиҭарҳәарц.
Based on NASA/Visible Earth imagery
2025 шықәсазы Иегова ишаҳаҭцәа гәацԥыҳәарала ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь рҳәон, абиблиатә ҵарақәагьы мҩаԥыргон
Иарбан фактқәоу «2025-тәи амаҵзуратә шықәса иазку Иегова ишаҳаҭцәа адунеизегьтәи рҳасабырба» аҟынтә еиҳараӡак аинтерес шәызцәырызгаз?
9. Аизараҿы Абиблиа аҵара
(30 мин.) lfb аурокқәа 64, 65