Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 сентиабр ад. 31
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Иеиԥшу аматериал
  • Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Насыԥ рымоуп Иегова иҿаԥхьа ицқьоу ауаа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Избан амчра пату зақәҵалатәу?
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 сентиабр ад. 31

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Екклезиаст 5:8 иану ауаатәыҩсатә напхгаҩцәа роума изызку, мамзаргьы уи Иеговагьы иҵанакуоу?

Ари ажәеинраалаҿы иҳәоуп: «Удгьыл аҿы амчра знапаҿы иҟоу аӡәы арыцҳа диргәаҟуазар, насгьы ауаа русқәа иашала аӡбара иҭахымзар, уи уамашәа иумбалан. Иара иаасҭа еиҳау уи дибоит, еиҳау иаасҭагьы еиҳақәоу ыҟоуп» (Еккл. 5:8).

Анцәа игәаанагара ҳазымхәыцуазар, ари ажәеинраалаҿы зыӡбахә ҳәоу ауаатәыҩсатә напхгаҩцәа роуп ҳәа ҳгәы иаанагар ауеит. Аха инарҵауланы ҳазхәыцыр, Иегова изкны ихадоу ак еилаҳкаар ҳалшоит, уи ҳгәы шьҭнахуеит, амчгьы ҳнаҭоит.

Екклезиаст 5:8 аҿы арыцҳа дзыргәаҟуа, насгьы ауаа русқәа иашала аӡбара зҭахым анапхгаҩ иӡбахә ҳәоуп. Анапхгаҩы игәалашәозар ауп иара иеиҳау, мамзаргьы иара иаасҭа еиҳаны амчра змоу дшибо, иара убас уи иаасҭагьы еиҳау аҭыԥ аанызкыло аӡә дшыҟоу. Илахьеиқәҵагоуп, аха ачынуаа аԥара агара бзиа ирбоит, уи иахҟьаны ауаа имаҷымкәа агәаҟрақәа ирықәшәоит.

Аха ауадаҩрақәа ӡбашьак рымамшәа ҳбозаргьы, ҳара иаҳдыруеит Иегова амчра ду змоу ауаа дышреиҳау, иҟарҵо шибо, уи ҳгәы арҭынчуеит. Ҳара Анцәа дҳацхраарц ҳиҳәалар ҳалшоит, насгьы ҳауадаҩрақәа инапы ианаҳҵар ауеит (Аԥсал. 55:22; Флп. 4:6, 7). Ҳара иаҳдыруеит Иегова адгьыл зегь илаԥш шаху, «гәык-ԥсык ала изыҟоу рыцхрааразы имч ааирԥшырц азы» (2 Аш. 16:9).

Ҳара еилаҳкааит Екклезиаст 5:8 аҿы ишҳәоу ауаатәыҩсатә напхгараҿы еснагь аӡә иаасҭа еиҳаны амчра змоу дшыҟоу. Аха еиҳа ихадоу, ари ажәеинраала иаҳгәаланаршәоит зегь раасҭа амчра змоу Иегова шиакәу. Иахьа иара Аҳра Аҳас иахагылоу Иисус ила напхгара ҟаиҵоит. Зегьзымчу Анцәа зегь ибоит, еснагь диашоуп, убасҵәҟьа дыҟоуп Иԥагьы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра