АХЫ 4
Избан амчра пату зақәҵалатәу?
«Зегьы ирыхәҭоу аҳаҭыр рықәшәҵала» (1 ПИОТР 2:17).
1, 2. а) Ҳзықәшәозеи зны-зынла ҳара амчра пату ақәҵара анҳахәҭоу? б) Иарбан зҵаарақәоу ҳара ҳаззааҭгыло?
ИУБАХЬОУМА уара ахәыҷы ихы шымҩаԥиго, ииҭахым акы ҟаиҵарц ианиҳәо? Аҷкәын хәыҷы ихы-иҿы ианыԥшуеит уи аҟаҵара шаҟа иҭахым. Иара ибзиаӡан иаҳауеит иҭаацәа ирҳәо, насгьы еиликаауеит дырзыӡырҩлар шихәҭоу. Аха уажәы иара уи аҟаҵара иҭахӡам. Зны-зынла ҳара абри ахәыҷы ҳаиҩызоуп, иаҳҭахым акы аҟаҵара анҳақәшәо.
2 Амчра пату ақәҵара анымариам ыҟоуп. Иуцәыцәгьоума уара амчраҿ иуеиҳау пату рықәҵара? Ааи акәзар, ухала уакәӡам ари аҩыза ацәаныррақәа змоу. Иахьа убри аҩыза аамҭоуп, амчра зынӡа пату анақәрымҵо. Аха Абиблиа иаҳәоит амчраҿ иҳаиҳау пату рықәаҳҵалар шахәҭоу (Ажәамаанақәа 24:21). Убри аҟынтә ҳара ус ҟаҳҵозар, Анцәа ибзиабараҿ ҳаҟазаауеит. Убри инадҳәаланы зҵаарақәак цәырҵуеит. Избан зны-зынла амчра пату ақәҵара зыцәгьоу? Избан Иегова уи ҳара ҳҟынтә изиҭаху, насгьы иҳацхраауазеи уи аҭахра анагӡараҿы? Аҵыхәтәаны, ишԥаҳахәҭоу ҳара амчра пату ақәҵара?
ИЗБАН АРИ АБАС ИЗУАДАҨУ
3, 4. Иабантәаауеи агәнаҳаи анамӡареи, насгьы избан изаҳцәыцәгьоу иҳациз агәнаҳа иахырҟьаны, амчра пату ақәҵара?
3 Уааи иааркьаҿны ҳрыхәаԥшып ҩ-мзызк, избан изымариам амчра змоу ауаа пату рықәҵара. Актәи, ҳара ҳнаӡаӡам, аҩбатәи, инаӡаӡам ҳара зымчра аҵаҟа ҳаҟоу. Ауаа рыгәнаҳаи рынамӡареи Едемтәи абаҳча аҟынтәи иаауеит, Адами Евеи Анцәа имчра ианаҿагыла инаркны. Убриала, аҿагылара агәнаҳарахь инанагеит. Ҳара ҳааиижьҭеи аҿагыларахь ҳхы хоуп (Аҟазаара 2:15—17; 3:1—7; Ԥсалом 51:5; Римаа 5:12).
4 Иаҳҭынхаз агәнаҳа иахҟьаны, лассы-лассы иааҳарԥшуеит аԥагьареи ахышьҭыхреи, аха ахынраалара ҳазхаӡом, насгьы уи аизырҳареи ахьчареи ҳцәыцәгьоуп. Ҳара Анцәа ҳизиашаны шықәсырацәала имаҵ ҳуазаргьы, аҳәатәхамҵареи аԥагьареи ҳалалар ауеит. Иаҳҳәап, Кореи, даара агәаҟрақәеи арыцҳарақәеи Иегова ижәлар ирыцызхызгахьаз, амчра еиҳаны имазарц иҭаххеит, убри аҟынтә игәаӷьны абунтшьҭыхраҿ аԥхьагылара аарԥшуа, убри аамҭазы зегь раасҭа иҭынчыз ауаҩы Моисеи диҿагылеит (Ахыԥхьаӡарақәа 12:3; 16:1—3). Уизхәыц насгьы Озиа, Иегова иуахәама ԥагьарала иҩналаз, аԥшьаҩцәа рымацара инарыгӡашаз амаҵура наигӡарц (2 Ашықәсынҵа 26:16—21). Арҭ ауаа иаадырԥшыз аҿагылара иахҟьаны, рыԥсҭазаара рцәыӡит. Ааи, урҭ иҽеим рҿырԥштәқәа гәҽанҵара бзиоуп ҳара ҳзы. Ҳара амчрахь апатуқәҵара аарԥшраҿы иаҳԥырхагоу аԥагьара ҳаҿагылалароуп.
5. Рхы ишԥадырхәо амчра цәгьашақә инаӡам ауаа?
5 Убри адагьы, амчра змоу инаӡам ауаа амчра иақәу апату рхала ибжьырхуеит. Шьоукы гәымбылџьбарала адеспотцәа реиԥш рхы мҩаԥыргон. Иара ауаатәыҩса рҭоурыхгьы иаанарԥшуеит ауаа амчра цәгьашақә рхы ишадырхәо. Иаҳҳәап, Иегова Саул аҳас даналихыз, уи зхы ӡырзымгоз уаҩ бзиан. (Уаԥхьа Екклезиаст 8:9.) Аха, аԥагьареи аҵашьыцреи дхырхит аҟнытә, Анцәа ицәшәоз Давид дишьҭашәарыцо далагеит (1 Самуил 9:20, 21; 10:20—22; 18:7—11). Уи ашьҭахь Давид Израил аҭоурых аҟны, аҳцәа зегь раасҭа иреиӷьыз аҳны дҟалеит, аха иара имаз амчра цәгьашақә ихы иаирхәеит, акгьы зхараӡамыз ахеттеи Уриа мцҳәарыла аибашьра ахьеилашуаз дышьҭны, иԥҳәыс иара данига (2 Самуил 11:1—17). Ииашаҵәҟьаны, анамӡара иахҟьаны, ауаа рымчра ииашаны ахархәара рцәыцәгьоуп. Амчра змоу ауаа Иегова пату аниқәрымҵо, уи еиҳагьы еицәоуп. Акатоликатә уахәама абацәа ашьҭашәарыцара ишалагаз атәы далацәажәо, англыз ҳәынҭқарратә усзуҩык иҳәеит: «Амчра уԥхасҭанатәыр алшоит, инагӡоу амчра уԥхасҭанатәуеит зынӡаск». Абри угәаларшәо, уааи ҳахәаԥшып азҵаара: избан ҳара амчра пату зақәҳҵалар акәу?
ИЗБАН АМЧРА ПАТУ ЗАҚӘҴАЛАТӘУ?
6, 7. а) Ҳгәы зызҭанаҵозеи ҳара Иегова иахь абзиабара, насгьы избан? б) Иаҵанакуазеи азыӡырҩра, насгьы ишԥаҳалшо ҳара уи аарԥшра?
6 Амчра пату ақәҵаларазы ихадоу амзыз абзиабара ауп — абзиабара Иегова иахь, иаҳзааигәоу рахь, иара убас ҳхахьы. Ҳара Иегова зегь раасҭа бзиа даҳбоит аҟынтә, иаҳҭахуп дҳаргәырӷьаларц. (Урыԥхьа Ажәамаанақәа 27:11; Марк 12:29, 30.) Ҳара иаҳдыруеит Едем иҟалаз аҿагылара инаркны, амҿхакра, Адунеизегь анапхгара аҭара азин, шимаркуа, насгьы еиҳараҩык ауаа инапхгара мап ацәкны, Аҩсҭаа иган шааныркылаз. Ҳара ҳакәзар, гәырӷьарала Иегова иган аанаҳкылеит. Ҳара ухы-угәаҿы иаанхо Аатра 4:11 аҟны иану ажәақәа ҳанрыԥхьо, урҭ ҳгәы аадыртуеит. Ҳара иаҳбоит Иегова азин шимоу Адунеизегь анапхгара аҭара. Ҳара Иегова имҿхакра азхаҳҵоит, есыҽнытәи ҳаԥсҭазаараҿы имчра ҳанадгыло.
7 Ари аҩыза апатуқәҵара азыӡырҩра аасҭа еиҳауп. Ҳара Иегова гәахәарыла ҳаизыӡырҩуеит, избанзар бзиа даҳбоит. Аха, хымԥада, иҟалоит убри аҩыза аамҭа азыӡырҩра аарԥшра даараӡа ианаҳцәыцәгьахо. Усҟан ҳара, ахы алагамҭаҿы зыӡбахә ҳәоу аҷкәын хәыҷы иеиԥш, азыӡырҩышьа ҳҵалар акәхоит. Ҳара иаҳгәалашәоит Иисус иаб игәҭакы шынаигӡоз, уи даараӡа иуадаҩуп ҳәа ианыԥхьаӡазгьы. «Сара исҭаху ала акәымкәа, Уара угәаԥхарала иӡбахааит»,— иҳәеит иара Иаб иахь ихы рханы (Лука 22:42).
8. а) Изыдҳәалоузеи лассы-лассы Иегова имчра адгылара, насгьы дышԥазыҟоу уи Иегова? б) Иҳацхраауазеи ҳара абжьагара азыӡырҩреи амҩақәҵара адкылареи рҟны? (Уахәаԥш арамка «Уазыӡырҩла абжьагара, иудкылала амҩақәҵара».)
8 Ҳәарада, иахьатәи аамҭазы Иегова хаҭала аӡәгьы диацәажәаӡом, аха уи ажәабжь рхьигӡоит иара Иажәеи адгьылаҿтәи ихаҭарнакцәеи рыла. Убри аҟынтә лассы-лассы ҳара иааҳарԥшуеит Иегова имчра ҳшадгыло, иара иалихыз, насгьы иаҳхаиргылаз ауаа рахь апатуқәҵара ааҳарԥшуазар. Аха абарҭ ауаа ҳарҿагылазҭгьы, иаҳҳәап, Абиблиа шьаҭас иҟаҵаны иҳарҭо абжьагарақәеи амҩақәҵарақәеи мап рыцәкуа, усҟан ҳара Анцәа дҳаргәаауан. Израилаа Моисеи иахь ианыгәрымуаз, насгьы ианиҿагылоз, Иегова иара ихаҭа иҿагылозшәа иԥхьаӡон (Ахыԥхьаӡарақәа 14:26, 27).
9. Ҳгәы шԥазҭанаҵо иаҳзааигәоу рахь абзиабара амчра пату ақәҵара? Иаага аҿырԥшы.
9 Убри адагьы ҳара амчрахь апатуқәҵара ааҳарԥшуеит, иаҳзааигәоу бзиа иахьаҳбо аҟынтә. Изла? Ухаҿы иааг уара усолдаҭушәа. Лассы-лассы ар рықәҿиара, дара рхаҭа рыҟазаара асолдаҭцәа русеицуреи, адҵақәа рынагӡареи, иреиҳабу рахь апатуқәҵареи ирхьыԥшуп. Уара узымӡырҩрала ари аиҿкаара аԥҟарақәа еилоугозҭгьы, егьырҭ асолдаҭцәа ашәарҭара иҭагылон. Рыцҳарас иҟалаз, ауаатәыҩсатә ар ацәгьара маҷымкәа иааргоит. Аха Иегова имоуп ар, ма аибашьцәа, абзиара мацара ҟазҵо. Абиблиаҿы даара акырынтә иаҳԥылоит абри аҩыза ажәаҳәахьа «Иегова ар реиҳабы» (1 Самуил 1:3). Уи напхгара риҭоит зхыԥхьаӡара рацәоу, амч ду змоу адоуҳатә шамҭа дуӡӡақәа. Зны-зынла Иегова адгьылаҿтәи имаҵуҩцәа аибашьцәа ирҿирԥшуеит (Ԥсалом 68:11; Иезекиил 37:1—10). Ҳара Иегова амчра зиҭаз ауаа ҳарҿагылазҭгьы, иҭаҳмыргылаӡози ашәарҭара адоуҳатә еибашьраҿы иҳацу? Ақьырсиан иалху аизара аиҳабацәа данырҿагыла, уи аизараҿы егьырҭ аԥырхага рзаанагар ауеит (1 Коринфаа 12:14, 25, 26). Ахәыҷы абунт анышьҭихуа, аҭаацәа зегьы аргәаҟуеит. Ҳара иаҳзааигәоу рахь абзиабара ааҳарԥшыр ауеит, аусеицура азхиареи апатуқәҵареи еизырҳауа.
10, 11. Избан иаҳҳәарц зҳалшо амчрахь апатуқәҵара ахәарҭа ҳзаанагоит ҳәа?
10 Ҳара амчра змоу пату рықәаҳҵоит, избанзар еилаҳкаауеит уи ҳинтерес шаҵоу. Иегова амчрахь апатуқәҵара ааҳарԥшырц данҳаҳәо, уи лассы-лассы иаҳирбоит ахәарҭа шаҳзаанаго. Иаҳҳәап, уи ахәыҷқәа ргәазҭеиҵоит рҭаацәа ирзыӡырҩларц, лыԥха рыманы, ақәра-нҵыра рыманы инхаларц азы (Ҩынтәзакәан 5:16; Ефесаа 6:2, 3). Иара иҳаиҳәоит аизара аиҳабацәа пату рықәаҳҵаларц, мамзар уи ҳара адоуҳатә ԥырхага ҳнаҭоит (Ауриацәа 13:7, 17). Иара убас иара иҳадиҵоит аҳәынҭқарратә мчрақәа ҳарзыӡырҩларц, ҳара иҳахәарц азы (Римаа 13:4).
11 Уақәшаҳаҭума уара, Иегова ҳара ҳҟынтә азыӡырҩра зиҭаху анаҳдыруа, амчра пату ақәҵара шаҳзымариоу? Уааи ҳахәаԥшып апатуқәҵара ааҳарԥшлар шҳалшо ҳаԥсҭазаара ихадоу х-ганк рҿы.
АҬААЦӘАРАҾЫ АПАТУҚӘҴАРА
12. Иарбан рольу Иегова идиҵаз ахаҵа, аб, насгьы ишԥаилшо уи анагӡара?
12 Иегова — аҭаацәара аԥҵаҩы иоуп. Иара — зегь еиҿызкаауа Нцәоуп, иара аҭаацәара убас иаԥиҵеит, аҭынчреи аиҿкаареи ыҟазарц (1 Коринфаа 14:33). Иегова ииҭоит ахаҵа, аб амчра, аҭаацәара дхаданы дамазарц. Ахаҵа апатуқәҵара ааирԥшуеит Ихада, Иисус Христос иахь, уи Иисус аизара хадара шазиуа даҿыԥшуазар (Ефесаа 5:23). Абасала, ахаҵа аҭаацәараҿы уалс иду ихы ахимгалароуп, аха лакҩакрада инаигӡалароуп; уи ддеспотымзароуп, дыхжәамзароуп, аха абзиабара, ақьиара, аҟәышра илазароуп. Ахаҵа игәалашәозароуп аҭаацәараҿы иара имчра еиҳау шыҟоу: уи ахаангьы Иегова имчра аасҭа еиҳахаӡом.
Аб Христос диҿыԥшуеит, ахадара шынаигӡо аҿы
13. Ишԥалылшо ан, аԥҳәыс Иегова игәы иахәо ҟаҵо, аҭаацәараҿы лроль анагӡара?
13 Аԥҳәыс, ан — лхаҵа дицхрааҩуп, лара уи дхалырҭәаауеит. Ларгьы аҭаацәараҿы амчра лыҭоуп, Абиблиаҿгьы иаҳәоит «уан лзакәан» аанумыжьын ҳәа (Ажәамаанақәа 1:8). Ҳәарада, лара лымчра аҳәаа амоуп: лара лхаҵа иҳәатәы дахыԥаӡом. Ақьырсианԥҳәыс лхаҵа имчра пату ақәылҵоит, иара аҭаацәараҿы иду ауал анагӡара дицхраауа. Лара длалырҟәӡом, анапхгара лнапахьы иаалгарц дашьҭалаӡом, аиҳабыра ималкӡом. Ус акәымкәа, лара иусқәа зегьы дрыдгылоит. Иӡбарақәа анылгәамԥхогьы, лара лгәаанагара патуқәҵарала илҳәар лылшоит, аха уеизгьы иҳәатәы дацныҟәоит. Ақьырсианԥҳәыс лхаҵа лхаҵара лыцеиҩимшозар, лара еиуеиԥшым ауадаҩрақәа дрықәшәозар ауеит; аха лара иҿырԥшыгоу лхымҩаԥгашьа ала, иҟалап, лхаҵа Иегова иахь днеиртә игәазҭалҵар. (Уаԥхьа 1 Пиотр 3:1.)
14. Ишԥарылшо ахәыҷқәа рҭаацәеи Иеговеи рыргәырӷьара?
14 Ахәыҷқәа Иегова ддыргәырӷьоит, рани раби ианырзыӡырҩуа. Дара рҭаацәа ҳаҭыр рықәырҵоит, насгьы агәырӷьара рзааргоит (Ажәамаанақәа 10:1). Ахәыҷқәа еиҳагьы азыӡырҩра аадырԥшлароуп ан, ма аб рымацара ианырааӡо, изааӡо дара рыцхыраареи рыдгылареи шырҭаху еилкаауа. Аҭаацәараҿы досу Анцәа ирыдиҵаз ррольқәа анынарыгӡо, аҭынчреи агәырӷьареи ҟалоит. Ари аҭаацәара Аԥҵаҩы, Анцәа Иегова, дҳаранакуеит (Ефесаа 3:14, 15).
АИЗАРАҾЫ АПАТУЕИҚӘҴАРА
15. а) Ишԥааҳарԥшуеи ҳара аизараҿы Иегова имчра пату шақәаҳҵо? б) Иарбан принципқәоу иҳацхраауа анапхгара зхахьы изго ҳарзыӡырҩларц азы? (Уахәаԥш арамка «Шәнапхгаҩцәа шәырзыӡырҩла».)
15 Иегова Иԥа ақьырсиантә еизара Хадас далихит (Кәаласаа 1:13). Иисус, иара иганахьала, «игәрагоу, иҟәышу атәы» адгьыл аҿы Анцәа ижәлар рдоуҳатә ҭахрақәа дреиҷаҳаларц идиҵеит (Матфеи 24:45—47). Игәрагоу, иҟәышу атәы — Иегова ишаҳаҭцәа Рнапхгаратә еилазаара ауп. Актәи ашәышықәсазы ақьырсианцәа реизарақәа рҿы еиԥш, аизара аиҳабацәа ироуеит амҩақәҵарақәеи анапхгареи Анапхгаратә еилазаара, ма уи ахаҭарнакцәа, иаҳҳәап, аизарақәа ирҭаауа ахылаԥшыҩцәа рыла. Аизара аиҳабацәа рымчра пату ақәҵо, дарбанзаалак ҳара ҳҟынтә Иегова иахь азыӡырҩра ааҳарԥшуеит. (Урыԥхьа 1 Фессалоникаа 5:12; Ауриацәа 13:17.)
16. Ишԥеилкаатәу аизара аиҳабацәа иԥшьоу доуҳала иахьалху?
16 Аизара аиҳабацәеи амаҵзуратә цхырааҩцәеи наӡам. Ҳара ҳеиԥш, даргьы агхақәа рымоуп. Аха ус акәзаргьы, аизара аиҳабацәа — «ауаа ҳамҭақәа» роуп, аизара доуҳала иӷәӷәаны иаанхарц иацхраауа (Ефесаа 4:8). Аизара аиҳабацәа иԥшьоу доуҳала иалхуп (Аусқәа 20:28). Избан ус ҳҳәар залшо? Избанзар, раԥхьаӡа иргыланы, дара Анцәа идоуҳа злоу Иажәа иану аҭахрақәа ирықәшәозароуп (1 Тимофеи 3:1—7, 12; Тит 1:5—9). Иара убасгьы, аизара аиҳабацәа ҳашьа абиблиатә ҭахрақәа дрықәшәоу, дрықәымшәоу ангәарҭо, дара гәык-ԥсыкала Иегова иҳәоит иԥшьоу адоуҳа анапхгара риҭарц.
17. Избан ақьырсианҳәсақәа зны-зынла рхы зхырҩо, аизара иадҳәалоу усқәак анынарыгӡо?
17 Иҟалоит аизараҿы аизара аиҳабацәеи амаҵзуратә цхырааҩцәеи инарыгӡо адҵақәа ҟазҵаша аныҟам, иаҳҳәап, ажәабжьҳәара иазку аиқәшәара мҩаԥызго. Усҟан урҭ адҵақәа нарыгӡар ауеит иӡааху егьырҭ аишьцәа. Ус еиԥш иҟоу аишьцәа ыҟамзар, урҭ адҵақәа нарыгӡар ауеит ианаало аиҳәшьцәа. Аха аԥҳәыс иӡааху ақьырсиан иду аусқәа аныналыгӡо, уи лхы хылҩалароуп (1 Коринфаа 11:3—10)a. Ари аҭахра аҳәса ланарҟәӡом. Аха, Иегова ишьақәиргылаз ахадарахьы апатуқәҵара аалырԥшыртә аҭагылазаашьа лнаҭоит, аҭаацәараҿы еиԥш аизараҿгьы.
ИАԤУ АМЧРАҚӘА ПАТУ РЫҚӘҴАРА
18, 19. а) Ишԥадеилуркаарыз Римаа рахь 13:1—7 иану апринцип? б) Ишԥааҳарԥшуеи апатуқәҵара аҳәынҭқарратә мчрақәа рахь?
18 Ииашоу ақьырсианцәа ламысцқьарала Римаа рахь 13:1—7 иану апринцип иқәныҟәоит. (Уаԥхьа.) Ари ацыԥҵәаха уанаԥхьо, иазгәоуҭар ауеит «иаԥу амчра» иаанаго, аҳәынҭқарратә мчрақәа шракәу. Иегова арҭ амчрақәа рыҟазаара ахьынӡалиршо, урҭ акрызҵазкуа афункциа нарыгӡоит, хәыҷык иадымзаргьы еиҿкаауа, зда ҳхәарҭам ацхыраара ҳаҭо. Ҳара амчрақәа рахь апатуқәҵара ааҳарԥшуеит, азакәанқәа ҳанрықәныҟәо. Ҳара хымԥада, ишахәҭоу еиԥш иаҳшәоит аҳәынҭқарра иҳаднагало ашәахтәқәа зегьы, ииашаны ихаҳарҭәаауеит абланкқәеи адокументқәеи, насгьы инаҳагӡоит ҳара иҳаҵанакуа, ҳҭаацәара, ҳусура, ҳмазара ирыҵанакуа азакәанқәа. Аха аҳәынқарратә мчрақәа Анцәа изакәан аилагара ҳадырҵозар, ирҳәо ҳазыӡырҩӡом, апостолцәа ражәақәа ирықәҿыҭуа: «Ҳара ауааԥсыра раасҭа Анцәа ҳаизыӡырҩуеит» (Аусқәа 5:28, 29; уахәаԥш арамка «Иарбан мчроу сара сыззыӡырҩларц сыхәҭоу?»).
19 Убри адагьы, амчра пату шақәаҳҵо ҳхымҩаԥгашьа шаҳаҭра ауеит. Зны-зынла ҳашиашоу аҳәынҭқарратә чынуаа рахь ҳнанагар ауеит. Апостол Павел аҳ Ирод Агриппа, анапхгаҩы Фест реиԥш иҟоу анапхгаҩцәа дрықәшәахьан. Арҭ ауаа агха дуқәа шрымазгьы, Павел патуқәҵарала дрызнеиуан (Аусқәа 26:2, 25). Ҳара напхгаҩ дук, ма амилициа усзуҩык ҳиацәажәома, Павел ҳаиҿыԥшуеит. Ашкол аҿы иқәыԥшу ақьырсианцәа апатуқәҵара аадырԥшуеит арҵаҩцәа рахь, ашкол аиҳабыра, нас егьырҭ аусзуҩцәа рахь. Ҳәарада, ари аҩыза апатуқәҵара ахьааҳарԥшуа ҳагәрагара ибзианы иазыҟоу рҿы мацара акәӡам, аха Иегова Ишаҳаҭцәа гәаӷшақә ирзыҟоу рахьгьы иааҳарԥшуеит. Ахаҵара змам реиҳараҩык ирнырлароуп ҳара ҳпатуқәҵара (Уаԥхьа Римаа рахь 12:17, 18; 1 Пиотр 3:15).
20, 21. Иарбан зылԥхарақәоу иаанаго амчра иахәҭоу апату анақәаҳҵо?
20 Уааи гәахәарала иааҳарԥшлап апатуқәҵара. Апостол Пиотр иҩуан: «Зегьы ирыхәҭоу аҳаҭыр рықәышәҵала» (1 Пиотр 2:17). Ауаа ирныруазар ҳара гәыкала пату шрықәаҳҵо, уи дара ргәаҵанӡа инеир алшоит. Ишәхашәмыршҭын ари аҟазшьа еиҳа-еиҳа имаҷны ишаадырԥшуа. Ҳара ауаа пату рықәаҳҵозар, Иисус иԥҟара ҳақәныҟәоит: «Убас шәара шәылашарагьы ауаа рҿаԥхьа илашалааит, шәус хирқәа рбарҭахаразы, Ижәҩантәу Шәаб ирдуразы» (Матфеи 5:16).
21 Алашьцара иагәылаку ари адунеиҿы, ауаа гәыразқәа еихоит адоуҳатә лашарахь. Убри аҟынтә, ҳара апатуқәҵара ҳҭаацәараҿы, аизараҿы, даҽа ҭыԥк аҿы ианааҳарԥшуа, аӡәы алашараҿы дҳацныҟәаларц иҭаххар ауеит. Ишԥассиру ари агәыӷра! Убри аҩыза ҟамларгьы, акы агәра ганы ҳаҟазароуп: ҳара ҳпатуқәҵара ауаа рахь Анцәа Иегова даргәырӷьоит, насгьы ибзиабараҿы аҟазаара иҳацхраауеит. Иҟоума нас абри аасҭа еиӷьу аҳамҭа?
a Ари апринцип ахархәашьа зныԥшуа ҿырԥштәқәак Ацҵа аҿы иаагоу астатиа «Ианбахәҭоу, насгьы избан изахәҭоу ахы ахҩара?» аҟны иазгәаҭоуп.