АҴАРАЗЫ АСТАТИА 38
АШӘА 120 Христос ихынраалара шәаҿыԥшла
Зегьы пату рықәышәҵала
«Апату ахьи араӡни раасҭа еиӷьуп» (АЖӘАМ. 22:1).
ЕИЛАҲКААУА
Егьырҭ пату рықәҵара даара изхадоу, ианымариамгьы уи шаарԥшлатәу.
1. Избан пату анҳақәырҵо заҳгәаԥхо? (Ажәамаанақәа 22:1).
АУАА зегьы пату анрықәырҵо ргәаԥхоит. Уи ҳара зегьы иҳалоу ҭахроуп. Пату анҳақәырҵо ҳашәҭуеит. Уамашәа иубартә иҟаӡам Абиблиаҿы абас ахьаҳәо: «Апату ахьи араӡни раасҭа еиӷьуп»! (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 22:1.)
2, 3. Избан зны-зынла апатуқәҵара аарԥшра зымариам?
2 Зны-зынла апатуқәҵара аарԥшра мариаӡам. Избан? Избанзар егьырҭ рыгхақәа иаразнак иубарҭоуп. Уи адагьы, иахьатәи аамҭазы ауаа пату рықәымҵара нормахеит. Аха ҳара даҽа нормақәак ҳрықәныҟәоит — Иегова иҭахуп ауаа зегьы ҳаҭыр рықәаҳҵаларц (1 Пиотр 2:17).
3 Ари астатиаҿы ҳара ҳалацәажәоит апатуқәҵара иаанаго, насгьы уи ааҳарԥшлар шҳалшо: 1) ҳҭынхацәа рахь, 2) аизара аҟны ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь, 3) макьана Иегова имаҵ зымуа рахь. Ҳара еилаҳкаауеит апатуқәҵара аарԥшра анымариамгьы уи шыҟаҵалатәу.
ИААНАГОЗЕИ ЕГЬЫРҬ ПАТУ РЫҚӘҴАРА?
4. Иаанагозеи егьырҭ пату рықәҵара?
4 Ишԥеилышәкаауеи, изакәузеи апатуқәҵара? Бызшәақәак рҿы апатуқәҵареи аҳаҭыри еидҳәалоуп. Ауаҩы ҳшизыҟоу иаанарԥшуеит пату иқәаҳҵо-иқәҳамҵо. Ауаҩы пату иқәаҳҵозар алшоит аус бзиақәа ҟаиҵозар, иҟазшьа бзиазар, ҳаҭыр иқәзар, ма аҭыԥ бзиа ааникылозар. Аха ауаҩы ҳгәаҿы пату иқәҵара мацара азхаӡом. Уи ҳусқәа рыла иааҳарԥшлароуп (Матф. 15:8).
5. Иҳацхраауазеи егьырҭ пату рықәҵара?
5 Иегова зегь пату рықәаҳҵалар иҭахуп. Иаҳҳәап, напхгара ҳзызуа аиҳабыра пату рықәаҳҵалароуп (Рим. 13:1, 7). Аха аӡәы иҳәар ауеит: «Сара ауаҩы пату иқәысҵоит иара уи даԥсазар». Ииашоума ус ахәыцра? Мап. Ауаҩы ихымҩаԥгашьа ҳахәаԥшны акәӡам пату шиқәаҳҵалаша. Ҳара ауаҩы пату иқәаҳҵоит, избанзар Иегова ҳара ҳҟынтә уи дазыԥшуп. Ҳара Анцәа иргәырӷьара ҳҭахуп (Иис. Н. 4:14; 1 Пиотр 3:15).
6. Иҳалшома пату ҳақәзымҵо ауаҩы пату иқәаҳҵалар? Иҳаилшәыркаа. (Шәахәаԥш ацәаҿы .)
6 Иҳалшома ҳара пату ҳақәзымҵо ауаҩы пату иқәҵара? Ааи. Абар ҿырԥштәқәак. Аҳ Саул зегьы ишраҳауаз иԥа Ионафан длаирҟәит (1 Сам. 20:30—34). Аха Ионафан иаб пату иқәиҵон, иԥсы ахьынӡаҭазгьы дивагыланы деибашьуан (Ақәҵ. 20:12; 2 Сам. 1:23). Аԥшьаҩ хада Или Анна ижәны иԥшьоу ақьалахь бааит ҳәа леиҳәеит (1 Сам. 1:12—14). Анна Израиль инхоз зегь реиԥш, иара игхақәагьы лдыруан. Или иԥацәа иҽеимкәа рхы мҩаԥыргон, аха иара уи шидыруазгьы, акгьы реиҳәаӡомызт. Ус ишыҟазгьы, Анна Или пату иқәҵаны дцәажәеит (1 Сам. 1:15—18; 2:22—24). Афинаа апостол Павел «абарбарҩы» ҳәа изырҳәеит (Аус. 17:18). Аха Павел урҭ патуқәҵарала драцәажәон (Аус. 17:22). Арҭ аҿырԥштәқәа иаҳдырбоит Иегова иахь иҳамоу абзиабареи игәы иҳархьыр ҳәа иҳамоу ашәареи ҳгәы шазҭарҵо егьырҭ пату рықәҵара, уи анымариамгьы. Уажәы ҳрылацәажәоит пату зқәаҳҵалар ҳахәҭоу х-гәыԥк ауаа, насгьы еилаҳкаауеит уи аҟаҵара зхадоу.
Саул иҷкәын Ионафан пату иқәымҵаӡакәа дихцәажәеит. Аха Ионафан уеизгьы Саул иаҳра дадгылон, аибашьраҿгьы иаб дихьчон. (Шәахәаԥш абзац 6.)
ШӘҬЫНХАЦӘА ПАТУ РЫҚӘЫШӘҴАЛА
7. Иаҳԥырхагахар алшои зны-зынла ҳҭынхацәа пату рықәҵара?
7 Иаҳԥырхагоузеи зны-зынла апатуқәҵара аарԥшра? Ҳара ҳҭынхацәа аамҭа рацәаны ирыцаҳхаҳгоит. Убри аҟынтә рыцәгьагьы рыбзиагьы ҳдыруеит. Ҳҭаацәараҿы аӡәы ӷәӷәала дычмазҩызар, ма амцхә агәҭынчымра ааирԥшуазар, уи ҳарааԥсар алшоит. Иҟалоит ҳҭаацәа ҳандыргәаауа, ма ииашамкәа ианҳазныҟәо. Аха дара реиԥш ҳхы мҩаԥаҳгалар, ҳҭаацәараҿы аҭынчра ыӡуеит. Уи аҩыза аҭагылазаашьаҿы акзаара зыҟалаӡом. Абаҩхьаа ҳҟәартәрақәа шарчмазаҩуа еиԥш, аҭаацәараҿы апатуқәҵара аныҟам, уи акзаара иаԥырхагоуп. Аха иҳамоу абаҩхьаа ахәышәтәра ҳалымшозаргьы, апатуқәҵара аганахьала ак ҟаҳҵар ҳалшоит. Апатуқәымҵара ҳҭаацәеи ҳареи ҳаилнамхырц азы уи аҵыхәтәа ԥаҳҵәар ауеит.
8. Избан ҳҭынхацәа рахь апатуқәҵара аарԥшра зхадоу? (1 Тимофеи 5:4, 8).
8 Избан апатуқәҵара аарԥшра заҭаху? (Шәаԥхьа 1 Тимофеи 5:4, 8.) Павел Тимофеи иахь ииҩыз Актәи асаламшәҟәаҿы иҳәеит аҭаацәараҿы зегьы еихылаԥшлар шрыхәҭоу. Уи ус иахәҭоуп ҳәа акәӡам изыҟаҳҵо, уи зыҟаҳҵо Анцәа гәыкала бзиа дахьаҳбо азоуп. Ҳҭынхацәа реиҷаҳара Иегова имҵахырхәара иахәҭакуп. Урҭ пату анрықәаҳҵо, аҭаацәара аԥызҵаз Иегова иахь апатуқәҵара ааҳарԥшуеит (Еф. 3:14, 15; шәахәаԥш «Учебная Библия» аҿы 1 Тимофеи 5:4 ахь иаагоу акомментари, англ.). Уи ҳҭынхацәа пату рықәҵаразы ихадоу мзызуп.
9. Ишԥарылшо хаҵеи-ԥҳәыси пату еиқәырҵалар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
9 Ишԥаарԥшлатәу апатуқәҵара? Зыԥҳәыс пату лықәызҵо ахаҵа ҳаҭырла длызныҟәоит. Егьырҭ ианырбогьы, рхала ианыҟоугьы, лыхә ҳаракны ишишьо ааирԥшуеит (Ажәам. 31:28; 1 Пиотр 3:7). Иара ахаангьы лара лахь инапы шьҭихӡом, длаирҟәӡом, мамзаргьы бзиа сибаӡом ҳәа дзырхәыцша акгьы ҟаиҵаӡом. Аргентина инхо Арие́льa зыхьӡу аиашьа иҳәоит: «Сыԥҳәыс лчымазара иахҟьаны зны-зынла сгәы сзырхьуа ажәақәа лҳәоит. Усҟан сара исгәаласыршәоит лара убас дшымхәыцуа. Аҭагылазаашьа еицәахошәа анызбо, 1 Коринфаа 13:5 аҟны иану ажәақәа сгәаласыршәоит. Сара агәыԥжәара сҽамҭакәа, хаала лацәажәара сҽазысшәоит» (Ажәам. 19:11). Аԥҳәыс лхаҵа пату шиқәылҵо аалырԥшуеит егьырҭ ианраҳауа ибзианы дихцәажәозар (Еф. 5:33). Лара еилылкаауеит аҵәалаҵареи, ахыччареи, арџьареи аҭаацәара ԥхасҭазтәуа ажьакца ишаҩызоу. Убри аҟынтә лара ахаангьы ус дцәажәаӡом (Ажәам. 14:1). Абар агәҭынчымра иаргәаҟуа ахаҵа дызмо, Италиа инхо аиаҳәшьа илҳәо: «Зны-зынла сгәы иаанагоит схаҵа иахирҟьацәошәа. Уаанӡа сгәыԥжәара сҵәахӡомызт, уи схы-сҿи сцәажәашьеи ирнубаалон. Уажәы егьырҭ ибзианы ирыхцәажәо ҩызцәас исымоуп. Урҭ еиҳа аамҭа ахьрыцысхызго абзоурала схаҵа еиҳа пату иқәҵашьа сҵеит».
Ҳауацәеи ҳҭынхацәеи пату анрықәаҳҵо, Иегова иахьгьы апатуқәҵара ааҳарԥшуеит. (Шәахәаԥш абзац 9.)
10. Ишԥарылшо ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рҭаацәа пату шрықәырҵо аарԥшра?
10 Ахәыҷқәеи ахбыџқәеи, ишԥашәылшо шәҭаацәа пату шрықәышәҵо аашәырԥшыр? Ишьақәдыргыло аԥҟарақәа шәрықәныҟәала (Еф. 6:1—3). Шәани шәаби пату рықәҵаны шәцәажәала (Ақәҵ. 21:17). Рықәра цацыԥхьаӡа, еиҳагьы шәыцхыраара рҭаххоит. Излашәылшо ала шәырхылаԥшла. Абар Мариа лҿырԥшы. Лара лаб Иегова ишаҳаҭ иакәӡам. Иара данычмазаҩха, ихымҩаԥгашьа иахҟьаны ихылаԥшра лцәыцәгьахеит. Лара илҳәоит: «Анцәа сиҳәон саб пату шиқәысҵо аус аҿы аарԥшра дсыцхраарц. Иегова сҭаацәа пату рықәысҵаларц сеиҳәозар, уи сылшарц амчгьы сиҭоит. Аамҭак ашьҭахь сара еилыскааит саб иҽиԥсахаанӡа ҳәа аԥшра шахәҭам, уажәнатә иара иахь апатуқәҵара аасырԥшлар шсылшо». Ҳҭаацәа ирыгу ҳахәамԥшыкәа пату рықәаҳҵозар, уи ала иааҳарԥшуеит аҭаацәара аԥызҵаз Иегова пату шиқәаҳҵо.
АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ПАТУ РЫҚӘЫШӘҴАЛА
11. Избан аишьцәеи аиҳәшьцәеи пату рықәҵара ҳцәыцәгьахар залшо?
11 Иаҳԥырхагоузеи зны-зынла апатуқәҵара аарԥшра? Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи абиблиатә нормақәа рыла инхоит. Аха зны-зынла урҭ рахьтә аӡәы ақьиара аамырԥшӡакәа, ҳазлаҟам ала дҳахцәажәаны ҳгәы ԥижәар ауеит. Уи азы ҳгәаар, насгьы пату иқәҵара ҳцәыцәгьахар ауеит (Кол. 3:13). Иҳацхраауазеи убасҟан?
12. Избан аишьцәеи аиҳәшьцәеи пату рықәаҳҵалар зхадоу? (2 Пиотр 2:9—12).
12 Избан апатуқәҵара аарԥшра заҭаху? (Шәаԥхьа 2 Пиотр 2:9—12.) Апостол Пиотр иҩуан актәи ашәышықәсазы ақьырсианцәа шьоукы «Анцәа аҳаҭыр заҭәаишьаз», даҽакала иуҳәозар, аизара ахылаԥшыҩцәа иакәым шырхырҳәаауаз. Уи амаалықьцәа ирбон. Аха иахырҳәааи уи дара? Урҭ ақьырсианцәа рҽырԥагьаны рҳәатәы иадыргарц ишашьҭазгьы, амаалықьцәа «Иегова пату ахьиқәырҵо азы» дара ирызкны жәа кьынаакгьы рымҳәеит. Шәазхәыц, инаӡаз амаалықьцәа урҭ ақьырсианцәа рзы иҽеимыз ак аҳәара иаламгаӡеит. Дара еилыркаауан Анцәа заҵәык шиакәу ауаа рықәыӡбара азин змоу (Рим. 14:10—12; иаҿшәырԥш Иуда 9). Иаҳнарҵозеи амаалықьцәа рҿырԥшы? Дара Иегова иҿагылоз ауаагьы пату рықәымҵаӡакәа рыхцәажәара рхы иаҭәаршьаӡомызт. Ус анакәха, Иегова бзиа дызбо аишьцәеи аиҳәшьцәеи пату рықәымҵаӡакәа ҳархымцәажәалароуп. Ҳара ҳаҭыр анбасықәырҵо ҳәа ҳамԥшыкәа, ҳхаҭа егьырҭ ҳаҭыр рықәаҳҵалароуп (Рим. 12:10). Убас Иегова пату шиқәаҳҵо ааҳарԥшуеит.
13, 14. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь апатуқәҵара? Иаажәга аҿырԥштәқәа. (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
13 Ишԥаарԥшлатәу апатуқәҵара? Аизара ахылаԥшыҩцәа, абзиабара аарԥшны егьырҭ аҵара дшәырҵала (Флм. 8, 9). Аӡәы ииашамкәа ихы шымҩаԥиго жәбозар, шәгәы ԥжәаны алабжьара ишәымҭан. Шәыҽшәырҭынч, нас хаала уи ҟашәҵа. Аиҳәшьцәа, аизараҿы аҭынчреи апатуқәҵареи ыҟазарц азы шәара иҟашәҵар шәылшо рацәоуп. Убри азы уҳәан-сҳәани ацәгьаҳәареи ахаангьы шәыҽрылашәымгалалан (Тит 2:3—5). Ҳара зегьы аизара ахылаԥшыҩцәа пату шрықәаҳҵо ааҳарԥшуеит ҳрыцхраауазар, насгьы ирбо аџьабаазы ҭабуп ҳәа раҳҳәозар. Дара аизарақәа мҩаԥыргоит, ажәабжьҳәаратә ус еиҿыркаауеит, иара убас «ииашам ашьаҿа» ҟазҵаз ирыцхраауеит (Гал. 6:1; 1 Тим. 5:17).
14 Роси́о зыхьӡу аиаҳәшьа алабжьара лызҭаз аизара ахылаԥшҩы пату иқәҵара лцәыцәгьан. Лара илҳәоит: «Сара исгәамԥхаӡеит дышсацәажәоз, иаҳа ирхааны дцәажәаргьы ауан. Исырбар сҭахӡамызт, аха имотивқәа ииашаӡам ҳәа сыԥхьаӡеит, исиҭаз алабжьарагьы сыдсымкылаӡеит. Аҩны саннеи, акритика изура салагеит». Илыцхрааи Росио лгәаанагара аԥсахра? Лара илҳәоит: «Абиблиа санаԥхьоз 1 Фессалоникаа 5:12, 13 аҿы ианыз ажәақәа сдырхәыцит. Сара еилыскааит аиашьа пату шиқәсымҵоз, сыламысгьы саргәаҟуа иалагеит. Сара Иегова сиҳәон, насгьы ҳлитератураҿы схәыцшьа аԥсахра исыцхраашаз алабжьарақәа срышьҭан. Аҵыхәтәаны еилыскааит аус злаз аиашьа шиакәмыз, аха исылаз аԥагьара шакәыз. Уажәшьҭа ибзиаҵәҟьаны еилыскаауеит ахынраалареи егьырҭ рахь апатуқәҵара аарԥшреи шеидҳәалоу. Ҳәарада, иахьа уажәраанӡагьы схы аус адызулоит. Егьырҭ рахь апатуқәҵара аарԥшра сҽаназысшәо, Иегова уи ахә ҳаракны ишишьо збоит».
Ҳара аизара ахылаԥшыҩцәа пату шрықәаҳҵо ааҳарԥшуеит урҭ рҳәатәы ҳақәныҟәозар, насгьы ирбо аџьабаазы ҭабуп ҳәа раҳҳәозар. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.)
МАКЬАНА ИЕГОВА ИМАҴ ЗЫМУА ПАТУ РЫҚӘШӘҴАЛА
15. Избан Иегова ишаҳаҭым рахь апатуқәҵара аарԥшра ҳцәыцәгьазар залшо?
15 Иаҳԥырхагоузеи зны-зынла апатуқәҵара аарԥшра? Ажәабжьҳәараҿы лассы-лассы Анцәеи Абиблиеи рыӡбахә заҳар зҭахым ауаа ҳақәшәоит (Еф. 4:18). Шьоукы ус ирааӡеит. Мамзаргьы иҟалап аусураҿы ҳаиҳабы илеишәа цәгьазар, ма згәы аҟаҵара цәгьоу арҵаҩы дҳамазар. Даҽа шьоукы аус рыцызуа, ма аҵара рыцызҵои дареи рҳәоу еиқәшәаӡом. Иааҳакәыршаны иҟоу ауаа рхымҩаԥгашьа иахҟьаны дара рахь иҳамоу апатуқәҵара ҳцәыӡыр алшоит. Усҟан иаҳцәыцәгьахоит урҭ рахь ахаара аарԥшра.
16. Избан макьана Иегова имаҵ зымуа ауаа рахь апатуқәҵара аарԥшра зхадоу? (1 Пиотр 2:12; 3:15).
16 Избан апатуқәҵара аарԥшра заҭаху? Иегова изы даара ихадоуп макьана имаҵ зымуа ҳшырзыҟоу. Апостол Пиотр ақьырсианцәа иргәалаиршәеит рхымҩаԥгашьа бзиа иабзоураны аӡәы Анцәа ирҳаракра далагар шалшо. Убри азоуп зыгәра рго ауаа ианырзеиҭарҳәо, уи «хаала, ҳаҭырқәҵарала» иҟарҵаларц зрабжьеигаз. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 2:12; 3:15.) Ҳзацәажәо дазусҭазаалак, дыӡбаҩума, дчынуаҩума, иаабац уаҩума, Иегова убра дҳадгылоушәа ҳиацәажәар ауп. Ҳара иаҳдыруеит: Анцәа иаҳҳәо иаҳауеит, уи шаҳҳәогьы ибоит. Уи Иегова ишаҳаҭым рахь апатуқәҵара аарԥшразы ихадоу мзызуп.
17. Ишԥаҳалшо Иегова ишаҳаҭым пату рықәҵара?
17 Ишԥаарԥшлатәу апатуқәҵара? Ажәабжьҳәараҿы лассы-лассы Абиблиа иану уиаҟара иззымдыруа ауаа ҳақәшәоит. Аха убри иахҟьаны дара раасҭа ҳаиӷьушәа ҳхы даҳмырбар ауп. Егьырҭ ҳара ҳаасҭа еиӷьуп ҳәа ҳаԥхьаӡалароуп, насгьы Иегова изы дара ахьы ишаҩызоу ҳхаҳмыршҭлароуп (Агг. 2:7; Флп. 2:3). Зны-зынла зыгәра ҳго иахҟьаны ҳладырҟәуеит. Убасҟан ауаҩы иҭыԥ дықәҳартәарц азы ҳҽырҟәышны ма аҵәы алаҵаны ацәажәара ҳҭаххар ауеит. Ус аҟаҵара иашахом (1 Пиотр 2:23). Аха уеизгьы шәыҽшәызнымкылакәа ииашам ак шышәҳәаз жәбазар, иаразнак аҭамзаара шьҭашәҵа. Ишԥаҳалшо аусураҿы аҳаҭырқәҵара аарԥшра? Гәыкала аџьабаа жәбала, насгьы аус зцыжәуеи зҿы аус жәуеи ирылоу абзирақәа гәашәҭала (Тит 2:9, 10). Ламысцқьарала ижәбо аџьабаа ауаа пату ақәрымҵозаргьы, хьаас иҟашәымҵан, Иегова уи ахә ҳаракны ишьоит (Кол. 3:22, 23).
18. Избан егьырҭ пату рықәаҳҵаларц, насгьы уи ҳусқәа рыла иааҳарԥшлар зҳахәҭоу?
18 Излаҳбаз ала, егьырҭ пату рықәҵаразы, насгьы уи ҳусқәа рыла аарԥшразы амзызқәа рацәаны иҳамоуп. Иаҳҳәап, ҳҭынхацәа пату анрықәаҳҵо, аҭаацәара аԥызҵаз зыбзоуроу Иегова ҳаҭыр шиқәаҳҵо ааҳарԥшуеит. Аизара аҟны аишьцәеи аиҳәшьцәеи пату анрықәаҳҵо, жәҩантәи Ҳаб ҳаҭыр шиқәаҳҵо ааҳарԥшуеит. Макьана Иегова имаҵ зымуагьы ҳаҭыр шрықәаҳҵо анырбо, уи иҳавагыланы Ҳанцәа ду ихьӡ арҳаракра ргәазҭанаҵар ауеит. Егьырҭ пату ҳақәрымҵозаргьы, ҳгәы каҳмыжьлароуп. Избан? Избанзар Иегова даҳзылԥхоит. Иара ҳақәиргәыӷуеит: «Сара ҳаҭыр сықәызҵо ҳаҭыр иқәысҵоит» (1 Сам. 2:30).
АШӘА 129 Ахачҳара ааҳарԥшлап
a Хьыӡқәак ԥсахуп.