Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 ноиабр ад. 30—31
  • «Иегова сихамышҭӡеит»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Иегова сихамышҭӡеит»
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 ноиабр ад. 30—31

АБИОГРАФИА

«Иегова сихамышҭӡеит»

ЕИҬЕИҲӘЕИТ МАРК ХЕРМАН

САРА сынхоит Гаиана (Аладатәи Америка) иҟоу Ореалла захьӡу аиндеицәа ахьынхо ақыҭа хәыҷ аҿы. Ара 2 000-ҩык раҟара нхоит. Ҳқыҭа даараӡа ихароуп. Арахь анышь ма аҳаирплан хәыҷ ала ауп уааир злаулшо.

Сара сиит 1983 шықәсазы. Раԥхьатәи ашықәсқәа рзы ахәыҷқәа зегь реиԥш сыҟан, аха 10 шықәса анысхыҵуаз ахьаа ӷәӷәақәа сызцәырҵит. Схы инаркны сшьапаҟынӡа зегь сыхьуан. Ҩышықәса рышьҭахь санааԥш сышзеиҭамҵуаз гәасҭеит. Сгыларц иақәыскит, аха иҟасҵалакгьы сшьапқәа сыхәомызт. Убри инаркны аныҟәара саҟәыҵит. Уи адагьы, счымазара иахҟьаны уаҳа сеизҳауамызт. Иахьа уажәраанӡагьы ахәыҷқәа реиԥш схәыҷуп.

Санычмазаҩха, насгьы аҩны адәылҵра санаҟәыҵ ашьҭахь мызқәак анҵуаз ҩыџьа Иегова ишаҳаҭцәа ҳаҩны иааит. Абжьааԥны исзымдыруаз ауаа анааиуаз сҽысҵәахуан, аха арҭ аҳәса сырзыӡырҩырц сыӡбеит. Џьанаҭ аӡбахә анысзеиҭарҳәоз, сара хәышықәса раҟара анысхыҵуаз исаҳахьаз сгәалашәеит. Усҟан Суринам инхоз Џьетро зыхьӡыз амиссионер мызкахьы знык ҳқыҭахь дааиуан, насгьы саб Абиблиа иирҵон. Иара даараӡа ибзианы дсызныҟәон, саргьы даара бзиа дызбон. Иара убас сандуи сабдуи ҳқыҭаҿы имҩаԥысуаз аизарақәа рахь ианцоз зны-зынла сыргон. Убри аҟынтә уи амш азы исҭааз урҭ Иегова ишаҳаҭцәа руаӡәк еиҳаны еилукаар уҭахума ҳәа дансазҵаа, ааи ҳәа ласҳәеит. Лара Флоренс лыхьӡын.

Даҽазны Флоренс лыԥшәма Џьастус длыманы дааит. Дара Абиблиа сырҵара иалагеит. Аԥхьашьа шысзымдыруаз анеилыркаа, уи сдырҵарц рыӡбеит. Ԥыҭрак ашьҭахь аԥхьашьа сҵеит. Ҽнак зны дара исарҳәеит Суринамҟа ишырышьҭыз, уа ажәабжь рҳәаларц азы. Илахьеиқәҵагоуп, аха Абиблиа сзырҵоз ҳәа уаҳа аӡәгьы дыҟамызт. Ус шакәызгьы, Иегова сихамышҭӡеит.

Дук мырҵыкәа Ореалла Флоид зыхьӡыз апионер дааит. Ҳқыҭаҿы игылаз аҩн хәыҷқәа рҿы ажәабжь аниҳәоз, иара ҳара ҳахьгьы дааит. Абиблиа аҵара ансыдигала сара сиҿаччеит. «Узырччозеи?» — дҵааит иара. Сара иасҳәеит аброшиура «Ииҭахузеи Анцәа ҳара ҳҟынтә?» ала Абиблиа аҵара сшалгахьаз, насгьы ашәҟәы «Наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго адырра»a ахь сшиасхьаз. Иара убас изеиҭасҳәеит аҵара сзаҟәыҵыз. Флоиди сареи иаанхаз ахқәа ҳархысит, аха нас иаргьы даҽаџьара дрышьҭит. Убри аҟынтә еиҭах арҵаҩ ида саанхеит.

Аха 2004 шықәсазы ҳқыҭахь Гранвилл, насгьы Џьошьуа зыхьӡыз иҷыдаз апионерцәа аарышьҭит. Даргьы ажәабжь анырҳәоз, ҳаҩны иаадгылеит. Абиблиа аҵара ансыдыргала, сара сырҿаччеит, насгьы срыҳәеит ашәҟәы «Адырра» ахаҟынтә сырҵара иалагарц. Сара игәасҭар сҭахын дара исдырҵо уаанӡа исдырҵоз еиԥшхоу-еиԥшымхоу. Гранвилл исеиҳәеит ҳқыҭаҿы аизарақәа шымҩаԥысуаз. Аҩны сдәылымҵижьҭеи 10 шықәса шыҵхьазгьы, аизарақәа рахь сцарц сҭаххеит. Убри аҟынтә Гранвилл сышьҭыхны аинвалидцәа рколиаска саныртәаланы уахь сигеит.

Ԥыҭрак ашьҭахь Гранвилл Атеократиатә маҵзура ашкол сыҽҭазҩырц сгәазҭеиҵеит. Иара иҳәеит: «Уара узныҟәаӡом, аха ацәажәара улшоит. Ҽнак зны иаарту ажәахә уманы уқәгылоит. Хымԥада уқәгылоит!» Иажәақәа сгәы дырӷәӷәеит.

Сара Гранвилл ажәабжьҳәара сиццо салагеит. Аха ҳамҩақәа ахьҽеимыз аҟынтә, колиаскала аныҟәара мариамызт. Убри аҟынтә Гранвилл агәаргәалеи саныртәаланы сигаларц сиҳәеит. Уи даара ҳарманшәалеит. Апрель 2005 шықәсазы сара аӡы сыҽӡаасхит. Дук мырҵыкәа, аишьцәа аизараҿы алитература, насгьы аппаратура ишахылаԥшлатәу сдырҵеит.

2007 шықәсазы ҳҭаацәара арыцҳара ду иақәшәеит. Саб анышь данақәтәаз машәырла дҭахеит. Уи ҳҭаацәаразы ааха дуун. Гранвилл Анцәа дҳациҳәон, насгьы ҳгәы шьҭызхуаз абиблиатә цыԥҵәахақәа дҳазрыԥхьон. Ҩышықәса рышьҭахь даҽа рыцҳара бааԥск ҳақәшәеит — Гранвиллгьы анышь данақәтәаз машәырла дҭахеит.

Ҳаизара хәыҷ даара игәырҩон. Аизара аиҳабацәа рыда ҳаанхеит, маҵзуратә цхырааҩык иакәын уажәшьҭа иҳамаз. Гранвилл иԥсра ахгара даараӡа исцәыцәгьан. Иара сара сзы дҩыза бзиан. Иара доуҳала адагьы, егьысгьы ацхыраара сиҭон. Гранвилл данԥсы ашьҭахь раԥхьатәи аизара анҳамаз сара «Ахьчаратә бааш» саԥхьарц исыҳәеит. Раԥхьатәи ҩ-бзацк срыԥхьеит, аха нас исзымычҳакәа аҵәыуара салагеит, сылаӷырӡқәа сзынкыломызт. Асценаҟынтә сылбаар акәхеит.

Даҽа еизарак аҟынтә аишьцәа ҳацхраарц азы ҳқыҭахь ианаа, маҷк сгәы шьҭыҵит. Уи адагьы, афилиал Коџьо зыхьӡыз иҷыдоу апионер даҳзаанашьҭит. Иара убас сани сашьеиҵби Абиблиа аҵара иалагеит, аӡгьы рыҽӡаархит. Сгәырӷьара ҳәаак амамызт. 2015 шықәсазы маҵзуратә цхырааҩыс сҟалеит. Ԥыҭрак ашьҭахь раԥхьатәи иаарту ажәахә сыманы сықәгылеит. Уи амш азы сара сагьгәырӷьон сагьҵәыуон, избанзар шықәсқәак раԥхьа Гранвиил исеиҳәаз ажәақәа сгәалашәеит: «Ҽнак зны иаарту ажәахә уманы уқәгылоит. Хымԥада уқәгылоит!».

JW Broadcasting® абзоурала сҭагылазаашьа аҩыза змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыӡбахә еилыскааит. Дара агәабзиара шрымамгьы, иҟарҵо рацәоуп, насыԥгьы рымоуп. Саргьы ак ҟасҵартә сыҟоуп. Сара Иегова изы исылшо зегь ҟасҵалар сҭахуп, убри аҟынтә пионерс амаҵ зуларц сыӡбеит. Сентиабр 2019 шықәсазы сызқәымгәыӷуаз жәабжь бзиак саҳаит — 40-ҩык раҟара ажәабжьҳәаҩцәа ахьыҟоу ҳаизараҿы аизара аиҳабыс сҟарҵеит.

Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа расҳәар сҭахуп Абиблиа сзырҵоз, насгьы Иегова имаҵ аура исыцхраауаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Аха зегь реиҳа иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп Иегова ахаан сахьихамышҭуаз азы.

a Иегова ишаҳаҭцәа иҭрыжьит, аха уаҳа иркьыԥхьӡом.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра