Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 ноиабр ад. 24—29
  • Шьҭахьҟа акәымкәа, ԥхьаҟа шәыԥшла!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шьҭахьҟа акәымкәа, ԥхьаҟа шәыԥшла!
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АНКЬА ИҞАЗ АГӘХЬААГАРА
  • АГӘААРА
  • МЫЦХӘЫ ҲХЫ АХАРА АНАДАҲҴО
  • АДУНЕИ ҾЫЦ ШӘХЫ АЗЫШӘЫШЬҬЛА
  • Иегова зегь иреиӷьу ахьишәҭо шәеигәырӷьала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Иегова угәнаҳақәа шуанаижьыз агәра га
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Иегова ауаа рыгхақәа раназыжьуа дрықәныҳәоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Шәеихьӡарақәа шәрылагәырӷьала!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 ноиабр ад. 24—29

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 48

Шьҭахьҟа акәымкәа, ԥхьаҟа шәыԥшла!

«Сашьцәа, урҭ срыхьӡахьоушәа схы сыԥхьаӡом, сышьҭахь сызхысхьоу схаршҭуа, саԥхьаҟа исзыԥшу сгәы-сыԥсы рзырхоуп» (ФЛП. 3:13).

АШӘА 77 Илашьцоу адунеи аҟны алашара

АХҲӘААa

1, 2. Ҳақәныҟәалар шԥаҳалшо Филиппаа рахь 3:14 иану алабжьара? Иаажәга аҿырԥштәы.

ШӘААИ ҭагылазаашьақәак ҳрызхәыцып. Зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа лыԥсҭазаараҿы иҟаз ахҭыс бзиақәа дрызхәыцуеит. Уажәы лыԥсҭазаара еиҳа ишыцәгьоугьы, Иегова изы илылшо зегь ҟалҵоит (1 Кор. 15:58). Есыҽны лара лхаҿы иаалгоит лҩызцәеи лареи адунеи ҿыц аҿы ианынхало шаҟа ибзиахо. Даҽа иаҳәшьак илгәалашәоит аизараҟынтә аӡәы даараӡа лгәы шылирхьыз. Аха лара уи лхалыршҭырц лыӡбеит (Кәал. 3:13). Аиашьа агха шихьыз игәалашәоит, аха уажәшьҭа иара Иегова дизиашазарц азы илшо зегь аҟаҵара дазхиоуп (Аԥсал. 51:10).

2 Излеиԥшузеи арҭ ақьырсианцәа? Дара иргәалашәоит рыԥсҭазаараҿы иҟаз, аха иааҟәымҵӡакәа уи иазхәыцӡом. Уи аҭыԥан дара ԥхьаҟа иԥшуеит. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 3:14.)

3. Избан ԥхьаҟа ҳаԥшлар зҳахәҭоу?

3 Изаҭахузеи ԥхьаҟа аԥшра? Ауаҩы дааҟәымҵӡакәа ишьҭахьҟа дыԥшлар, ԥхьаҟа дышзымцо еиԥш, ҳааҟәымҵӡакәа ииасхьоу ҳазхәыцлар, Иегова имаҵ аураҿы иҳалшо зегь ҳзыҟаҵом (Лука 9:62).

4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

4 Ари астатиаҿы еилҳаргоит ԥхьаҟа аԥшра иаҳԥырхагахар алшо х-шьацҳәак: 1) анкьа иҟаз агәхьаагара, 2) агәаара, 3) мыцхәы ҳхы ахара адҵара. Ҳара еилаҳкаауеит абиблиатә принципқәа ҳазхысхьоу ахаршҭра, насгьы ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу азхәыцра ишҳацхраауа (Флп. 3:13).

АНКЬА ИҞАЗ АГӘХЬААГАРА

Иаҳԥырхагахар алшозеи ԥхьаҟа аԥшра? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5, 9, 13.)f

5. Иҟаҳамҵалар ҳахәҭоузеи ҳара Екклезиаст 7:10 иану инақәыршәаны?

5 Шәаԥхьа Екклезиаст 7:10. Иазгәашәҭ, ари ажәеинраалаҿы ианӡам «Избан ииасхьоу амшқәа убас изыбзиаз?» ҳәа аҳәара иашаӡам ҳәа. Ҳгәы зырԥхо агәалашәарақәа Иегова иҟынтә ҳамҭоуп. Ажәеинраалаҿы иҳәоу «иумҳәан: „Избан ииасхьоу амшқәа арҭ раасҭа изеиӷьыз?“» ҳәа ауп. Даҽакала иуҳәозар, ҳара уажәы ҳшынхо уаанӡа ҳшынхоз иаҿҳарԥшуазар, насгьы уаанӡа еиҳа еиӷьны ҳанхон ҳәа ҳхәыцуазар, уи шәарҭоуп.

Иарбан гхоу израильаа ирыхьыз, мысратәи атәраҟынтә рхы ианақәиҭха ашьҭахь? (Шәахәаԥш абзац 6.)

6. Избан уажәы аасҭа уаанӡа еиҳа еиӷьны ҳанхон ҳәа ҳхәыцуазар зыбзиам? Иаажәга аҿырԥштәы.

6 Избан уажәы аасҭа уаанӡа еиҳа еиӷьны ҳанхон ҳәа ҳхәыцуазар зыбзиам? Анкьа иҟаз аныгәхьааҳго, ҳхахьы иааиуа ибзиаз мацара ауп, аха иҳамаз ауадаҩрақәа ҳхашҭуеит. Ҳазхәыцып израильаа ирыхьыз. Мысра ианалҵ ашьҭахь дара уа рыԥсҭазаара шаҟа ицәгьаз ирласны ирхашҭит. Иргәалашәоз уа иргәаԥхоз афатә ахьырфоз ауп. Дара ирҳәеит: «Ҳара иаҳгәалашәоит Мысра амалаҳәа иаҳфоз ԥсыӡи, анашеи, акарпыжәи, апрасқьиеи, аџьымшьи, аџыши!» (Ахыԥхь. 11:5). Аха амалаҳәа ирфаҵәҟьозма уи? Мап. Уи иахыршәаауаз ахә даараӡа иҳаракын. Дара гәымбылџьбарала изызныҟәоз атәцәа ракәын (Ақәҵ. 1:13, 14; 3:6—9). Ус шакәызгьы, дара уи рхашҭит, насгьы уатәи аԥсҭазаара гәхьаарго иалагеит. Израильаа Иегова ирзыҟаиҵоз абзиарақәа рызхәыцра аҭыԥан, «ажәытә аамҭа бзиақәа» ирызхәыцларц рыӡбеит. Иегова уи дамыргәырӷьаӡеит (Ахыԥхь. 11:10).

7. Илыцхраазеи иаҳәшьак ииасхьаз мыцхәы агәхьаамгара?

7 Иҳацхраауазеи уаанӡа ҳшынхоз мыцхәы агәхьаамгара? Ҳахәаԥшып 1945 шықәсазы бруклинтәи Вефиль аҿы амаҵ аура иалагаз иаҳәшьак лҿырԥштәы. Шықәсқәак рышьҭахь Вефиль аҿы амаҵ зуаз аиашьеи лареи еибагеит. Акыршықәса дара уа амаҵ еицыруан. Аха 1976 шықәсазы иара дычмазаҩхеит. Лара илҳәеит иара иаарласны дшыԥсуаз анеиликаа, уи ахгара илыцхраашаз алабжьарақәа шлиҭаз. Абар илеиҳәаз: «Ҳара ҳҭаацәалазаара насыԥ ҳзаанагон. Уи закәу ззымдыруа даараӡа ирацәаҩуп». Анаҩс иациҵеит: «Ҳара еицыҟаҳҵоз зегьы ахашҭра былшом, аха бааҟәымҵӡакәа уи базымхәыцлан. Хәыҷы-хәыҷла аамҭа бахәышәтәуеит. Бгәы кабмыжьлан, быхгьы рыцҳабымшьалан. Арҭ азылԥхарақәа ахьбымаз беигәырӷьала. [...] Ҳгәы зырԥхо агәалашәарақәа Анцәа иҟынтә ҳамҭоуп». Ааи, ари лабжьара бзиан.

8. Хәарҭас илзаанагазеи ҳаҳәшьа ииасхьаз мыцхәы дахьазымхәыцуаз?

8 Аиаҳәшьа илоуз алабжьара лыдылкылеит. Лара лыԥсы ахьынӡаҭаз Иегова имаҵ луан. Аиаҳәшьа 92 шықәса анылхыҵуаз дыԥсит. Дыԥсаанӡа шықәсқәак шыбжьаз лара илҳәеит: «Иегова имаҵ аура иазыскыз 63 шықәса санрызхәыцуа, сыԥсҭазаара насыԥла иҭәын ҳәа сҳәар сылшоит». Анаҩс иацылҵеит: «Ҳаԥсҭазаара насыԥла изырҭәыҵәҟьо зеиԥшыҟам ҳаиашьара ауп, насгьы наунагӡа џьанаҭ дгьыл аҿы анхаразы иҳамоу агәыӷра ауп. Уа дареи ҳареи ҳаивагыланы ииашаҵәҟьоу, иаӡәыку, Ҳазшаз Анцәа Иегова наунагӡа имаҵ ҳаулоит»b. Иегова иқәыргәыӷрақәа ирызхәыцуаз ари аиаҳәшьа аҿырԥш бзиа ҳалҭеит!

АГӘААРА

9. Ианбаҳцәыцәгьахар алшо ҳгәы ҳзырхьыз ианажьра, Алевит 19:18 иану инақәыршәаны?

9 Шәаԥхьа Алевит 19:18. Ҳзыргәааз ҳҩыза гәакьа, ҳауа, ма аизара аҟынтә аӡә иакәзар, ианажьра ҳцәыцәгьазар алшоит. Абар иаҳәшьак дзықәшәаз. Аизара аҟынтә иаҳәшьак аԥара сцәыбӷьычит ҳәа лалҳәеит. Аамҭак ашьҭахь лара дышҩашьаз еилылкааит, насгьы аҭамзаара шьҭалҵеит. Аха ацәгьа ззылҳәаз аиаҳәшьа уи даараӡа лгәы лнархьит, насгьы уи лхы иҭыҵуамызт. Ишәызцәырҵхьоума шәара ас еиԥш иҟоу ацәаныррақәа? Аиаҳәшьа дзықәшәаз аҩызаҵәҟьа ҳақәымшәацзаргьы, аӡәы ҳиргәаахьазар ауеит. Иҟалап ҳгәы ҳзырхьыз ианажьра ахаан иҳалшом ҳәа ҳхәыцуазҭгьы.

10. Иҳацхаар алшозеи аӡәы ҳиргәаазар?

10 Иҳацхраар алшозеи аӡәы ҳиргәаазар? Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп Иегова зегь шибо. Иара ҳзықәшәо зегь идыруеит, ииашамкәа ианҳазныҟәогьы ибоит (Аур. 4:13). Ҳара ҳангәаҟуа, иаргьы дгәаҟуеит (Ис. 63:9). Уи инеиҳангьы, иара ҳзықәшәаз аиашамра иаҳзаанагаз ахьаа шаҳхаиршҭуа ҳақәиргәыӷуеит (Аат. 21:3, 4).

11. Хәарҭас иаҳзаанагозеи ҳзыргәааз ианранаҳажьуа?

11 Иара убас ҳара иаҳхаҳмыршҭуазароуп ҳзыргәааз ианианаҳажьуа, ҳара ишаҳзеиӷьу. Уи еилылкааит хыхь зыӡбахә ҳәаз аиаҳәшьагьы. Аамҭак ашьҭахь лара дзыргәааз аиаҳәшьа иланалыжьит. Илыцхраазеи уи аҟаҵара? Лара еилылкааит ҳара егьырҭ иранаҳажьуазар, Иеговагьы ишҳанаижьло (Матф. 6:14). Ҳәарада, лара илдыруан уи аиаҳәшьа ииашамкәа дышлызныҟәаз, аха уеизгьы иланалыжьит. Уи абзоурала агәырӷьара лоуит, насгьы Иегова имаҵ аура лхы азылышьҭит.

МЫЦХӘЫ ҲХЫ АХАРА АНАДАҲҴО

12. Иҳаилдыркаауазеи 1 Иоанн 3:19, 20 иану ажәақәа?

12 Шәаԥхьа 1 Иоанн 3:19, 20c. Зны-зынла ҳара зегьы ҳхы ахара адаҳҵоит. Иаҳҳәап, шьоукы аҵабырг еилыркаанӡа рхы шымҩаԥыргоз азы рхы ахара адырҵоит. Егьырҭ рхы ахара адырҵоит аӡы рҽанӡаарх ашьҭахь иҟарҵаз агхақәа рзы (Рим. 3:23). Ҳәарада, ҳара ииашаны ҳхы мҩаԥаҳгалар ҳҭахуп, аха «зегьы агәнаҳарақәа маҷымкәа иҟаҳҵоит» (Иак. 3:2; Рим. 7:21—23). Ҳхы ахара анадаҳҵо ҳзыргәырӷьо маҷуп, аха уи ахәарҭа ҳзаанагар алшоит. Уи аҽыриашара, насгьы ҳагхақәа уаҳа рыҟамҵара ҳгәазҭанаҵар ҟалоит (Аур. 12:12, 13).

13. Избан мыцхәы ҳхы ахара адҳамҵалар зҳахәҭоу?

13 Аха зны-зынла мыцхәы ҳхы ахара адаҳҵоит. Ҳагәнаҳақәа ҳанрыхьхәлак, насгьы Иегова ианҳанаижьлак ашьҭахьгьы ҳгәы ҭынчымзар ауеит. Уи ҳԥырхагахар алшоит (Аԥсал. 31:10; 38:3, 4). Избан? Абар анкьа иҟалҵоз агәнаҳақәа рзы зхы ахара адызҵоз иаҳәшьак лҿырԥштәы. Лара илҳәеит: «Сара сгәы иаанагон уажәшьҭа уеизгьы аиқәырхара соуӡом аҟынтә, Иегова имаҵ аураҿы агәацԥыҳәара аасмырԥшларгьы ҟалоит ҳәа». Аӡәырҩы абас еиԥш иҟоу ацәаныррақәа ҳазцәырҵуеит. Аха ҳара урҭ ҳаҽраҳамҭалароуп. Избан? Избанзар Иегова мап шаҳцәимкызгьы, ҳгәы кажьны имаҵ аура ҳаҟәыҵыр, Аҩсҭаа дҳаргәырӷьоит. (Иаҿшәырԥш 2 Коринфаа рахь 2:5—7, 11).

14. Излеилаҳкаарызеи Иегова ҳагха шҳанаижьыз?

14 Ус шакәугьы, ҳхы ҳазҵаауазар ҟалоит: «Излеилыскаарызеи Иегова ишсанаижьыз?» Ари азҵаара ҳхы иаҳҭозар, Иегова иҳанаижьхьеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Акыршықәса раԥхьа иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы ианын: «[Иҟалап] шәара убриаҟара ишәылаҽит ҳәа шәыззымхәыцуаз, уаанӡа ишәымаз шьцылара бааԥск иахҟьаны зныкымкәа шәшьацәхныслозар. Аха шәгәы кашәмыжьын. Иегова ишәанеимыжьуа агәнаҳа ҟашәҵеит ҳәа шәымхәыцлан. Аҩсҭаа убас ахәыцра шәалагарц ауп ииҭаху. Иҟашәҵаз агха шәгәы ахьканажьуа шәышуаҩыцәгьам, насгьы Иегова ишәанаижьыр шалшо шьақәнарӷәӷәоит. Ахынраалара аарԥшны анаҩсгьы Анцәа шәиҳәала шәыгхақәа шәанаижьырц, шәгәы ирҭынчырц, насгьы уи ашьцылара аиааира дшәыцхраарц. Ахәыҷы уадаҩрак иоуцыԥхьаӡа иаб иахь дшыҩуа еиԥш, Иегова ацхырааразы иҳәара шәаҟәымҵлан, уи агха акырынтә иҟашәҵахьазаргьы. Усҟан Иегова ҳзыԥсам ақьиара аарԥшны дшәыцхраауеит»d.

15, 16. Иарбан цәаныррақәоу ирызцәырнаго ақьырсианцәа шьоукы Иегова рыгәнаҳа шранаижьыз ахьырдыруа?

15 Иегова имаҵзуҩцәа аӡәырҩы ргәы арԥхоит иара урҭ рыгәнаҳа шранаижьыз ахьырдыруа. Иаҳҳәап, шықәсқәак раԥхьа иашьак игәаҵанӡа инеит «Абиблиа ауаа рыԥсҭазаашьа аԥсахуеит» аҟәшаҿы иаагоу астатиа. Уи астатиаҿы аиаҳәшьа еиҭалҳәон уаанӡа иҟалҵоз агхақәа ирыхҟьаны Анцәа бзиа дибар шилшо агәра агара шылцәыцәгьаз. Аӡы лҽанӡаалх ашьҭахьгьы, акыршықәса рыҩныҵҟа, урҭ ацәаныррақәа дзыриааиуамызт. Аха Иисус иԥсхҭынҵара инарҵауланы дахьазхәыцуаз абзоурала, Иегова бзиа дшибо агәра лгеитe.

16 Ишԥаиныри аиашьа уи аиаҳәшьа лыхҭыс? Иара иҩит: «Санқәыԥшыз апорнографиа ахәаԥшра шьцыларас исыман. Ааигәа уи еиҭах сахәаԥшит. Сара аизара аиҳабацәа ацхырааразы срыҳәеит, насгьы уи ауадаҩра аиааира исыцхраауаз ашьаҿақәа ҟасҵеит. Аизара аиҳабацәа агәра сдыргеит Анцәа бзиа сшибо, насгьы сара сахь агәшаҭара шааирԥшуа. Аха уеизгьы зны-зынла акгьы саԥсамшәа схы збоит, насгьы Иегова бзиа сибом ҳәа ахәыцра салагоит. Сара даара исыцхрааит [уи аиаҳәшьа] лыхҭыс. Уажәы еилыскаауеит Иегова санажьра илшом ҳәа схәыцуазар, Иԥа иԥсхҭынҵара сыгәнаҳақәа хнаҩар алшом ҳәа сҳәозшәа ишаҩызо. Сара уи астатиа агәылысхит акгьы саԥсамшәа анызбо сеиҭаԥхьаларц, насгьы сазхәыцларц азы».

17. Ицхраазеи Павел мыцхәы ихы ахара адымҵара?

17 Апостол Павелгьы дқьырсианхаанӡа агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵон. Иара урҭ ихамшҭӡеит, аха мыцхәы дрызхәыцуамызт (1 Тим. 1:12—15). Павел Иисус иԥсхҭынҵара Анцәа хаҭала иара ииҭаз ҳамҭаны иԥхьаӡон (Гал. 2:20). Убри аҟынтә мыцхәы ихы ахара адиҵомызт, насгьы Иегова имаҵ аураҿы илшоз зегь ҟаиҵон.

АДУНЕИ ҾЫЦ ШӘХЫ АЗЫШӘЫШЬҬЛА

Шәааи шьҭахьҟа акәымкәа, ԥхьаҟа ҳаԥшлап. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 18, 19.)g

18. Еилаҳкаазеи ари астатиаҟынтә?

18 Еилаҳкаазеи ари астатиаҟынтә? 1) Ҳгәы зырԥхо агәалашәарақәа Иегова иҟынтә ҳамҭоуп, аха анкьа ҳаԥсҭазаара даараӡа ибзиан ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы, ҳаԥхьаҟа, адунеи ҿыц аҿы, уи акырӡа еиӷьхоит. 2) Ауаа ҳдыргәаалар ҟалоит, аха урҭ иранаҳажьлар, Иегова имаҵ аура ҳхы азаҳашьҭлар ҳалшоит. 3) Мыцхәы ҳхы ахара адаҳҵалар, Иегова имаҵ аураҿы агәырӷьара ҳцәыӡыр ҟалоит. Убри аҟынтә, Павел иеиԥш Иегова ҳагхақәа шҳанаижьыз агәра ҳгалароуп.

19. Иабантәиҳдыруеи адунеи ҿыц аҿы ҳалахь еиқәызҵо агәалашәарақәа уаҳа ишыҟамло?

19 Ҳара наӡаӡатәи аԥсҭаазара ҳзыԥшуп. Адунеи ҿыц аҿы ҳанынхало, ҳалахь еиқәызҵо агәалашәарақәа уаҳа иҳазцәырҵлаӡом. Уи аамҭа иазкны Абиблиаҿы иануп: «Уаанӡатәи уаҳа иргәалашәалаӡом» (Ис. 65:17). Шәхаҿы иаажәг, Иегова имаҵ аура зыԥсҭазаара зегь азызкыз зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҩаԥхьа иҿахоит (Иов 33:25). Убри аҟынтә шәааи ииасхьоу мыцхәы ҳазымхәыцлап, аха ԥхьаҟа ҳаԥшлап, насгьы адунеи ҿыц аҿы ҳҟаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап!

ИҲАЦХРААР АЛШОЗЕИ...

  • анкьа иҟаз агәхьаамгара?

  • ҳзыргәааз ауаҩы ианажьра?

  • мыцхәы ҳхы ахара адымҵара?

АШӘА 142 Ҳгәыӷра ахаангьы иаҳхашҭӡом

a Ҳаԥсҭазаараҿы ҳзықәшәахьоу ҳгәалашәозар цәгьаӡам. Аха уи мыцхәы ҳазхәыцлар, уажәы Иегова изы иҳалшо зегь аҟаҵара ҳцәыцәгьахар алшоит. Мамзаргьы Иегова ҳзықәиргәыӷуа џьанаҭ дгьыл аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо ҳхаҿы аагара ҳалымшар ауеит. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит ԥхьаҟа аԥшра иаҳԥырхагахар алшо х-шьацҳәак. Насгьы еилаҳкаауеит Абиблиеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿырԥштәқәеи урҭ ашьацҳәақәа рҽырцәыхьчара иҳацхраар шалшо.

b Шәахәаԥш ииуль 1, 2004 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьақәа 23—29 (аурыс).

c 1 Иоанн 3:19, 20, АдҾ: «Убас ала еилаҳкаауеит ҳара аҵабырг ҳшатәу, насгьы иара дшаҳзыразу ҳгәы агәра аҳаргоит уи аказы иҳақәыӡбозаргьы, избанзар Анцәа ҳара ҳгәы аҵкыс деиҳауп, насгьы зегь идыруеит».

d Шәахәаԥш декабр 1, 1995 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьа 11 (аурыс).

e Шәахәаԥш август 1, 2011 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьақәа 20—21 (аурыс).

f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: анкьа иҟаз гәхьааҳгозар, аӡәы ҳицәгәааны ҳаҟазар, ма мыцхәы ҳхы ахара адаҳҵозар, аԥсҭазааратә мҩала ацара иаҳԥырхагоу аидара хьанҭа ҳаҵоушәа иаҩызоуп.

g АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: ҳгәы казыжьуа ацәаныррақәа ауҳашьҭыр, ҳзырааԥсо аидара аанҳажьуеит, насгьы анасыԥи амчқәеи ҳауеит. Усҟан ԥхьаҟа аԥшра ҳалшоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра