АҴАРАЗЫ АСТАТИА 16
Иегова зегь иреиӷьу ахьишәҭо шәеигәырӷьала
«Доусы инапы злаку иусқәа рыла ихы гәеиҭалааит» (ГАЛ. 6:4).
АШӘА 37 Гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ ула
АХҲӘААa
1. Иаҳзаазгозеи агәырӷьара ду?
ИЕГОВА анасыԥ ҳамазарц иҭахуп. Убри азоуп агәырӷьара ҳамазарц азы иԥшьоу идоуҳа зҳаиҭо (Гал. 5:22). Ҳара Анцәа гәыкала имаҵ анаҳуа, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳанрыцхраауа ҳгәырӷьоит, избанзар «аӡәы ак ануиҭо аасҭа, наҟ ак аниуҭо — еиҳа инасыԥуп, еиҳа игәахәоуп» (Аус. 20:35).
2, 3. а) Иҳазҭозеи Иегова имаҵ аураҿы агәырӷьара, Галаҭаа рахь 6:4 иану инақәыршәаны? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Галаҭаа рахь 6:4 иану инақәыршәаны, Иегова имаҵ аураҿы агәырӷьара ҳамазарц азы ҩ-ганк ҳрызхәыцроуп (шәаԥхьа). Раԥхьаӡа иргыланы ҳара иҳамоу аҟынтә иреиӷьу Иегова иаҳҭалароуп. Ҳара иҳалшо зегь иара изы иҟаҳҵозар, анасыԥ ҳамазаауеит (Матф. 22:36—38). Иара убас егьырҭ ҳхы рыҿҳмырԥшлароуп. Иҳамоу аихьӡарақәа зегьы Иегова иоуп изыбзоуроу. Агәабзиара ҳамазаргьы, ҟазарак еизҳарҳазаргьы, ма уи шҳалоу ҳизар, уи зегь Иегова иоуп иҳазҭо. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи акы ҳара ҳаасҭа еиӷьны ирзалҵуазар, уи ҳаигәырӷьалароуп. Избанзар рҟазара рхы акәымкәа, Иегова ирҳаракразы рхы иадырхәоит. Урҭ рацлабра аҭыԥан, шәааи ҳарҿыԥшлап.
3 Ҳара Иегова имаҵ аураҿы рацәак ҳзыҟамҵозаргьы акгьы ҳаԥсамшәа ҳхы ҳамбалароуп. Ари астатиа уи аҿы иҳацхраауеит. Уи адагьы иҳаилнаркаауеит иҳамоу алшарақәа зегь ҳхы иаҳархәалар шҳалшо, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳарҿыԥшлар ахьҳалшо.
ИҲАЛШО АНЫРАЦӘАМ
Ҳҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуагьы Иегова зегь иреиӷьу иаҳҭозар, уи игәы ҟанаҵоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 4—6.)b
4. Ҳгәы казыжьлар алшозеи? Иаажәга аҿырԥштәы.
4 Иегова имаҵзуҩцәа шьоукы рықәра, ма ргәамбзиара иахҟьаны амаҵзураҿы рацәак ахьырзыҟамҵо ргәы канажьуеит. Керол урҭ дреиуоуп. Уаанӡа лара Иегова ишаҳаҭцәа ахьмаҷыз аҭыԥ аҿы амаҵ луан. Лара 35 библиатә ҵара мҩаԥылгон. Абиблиа злырҵоз рҟынтә шьоукы рыԥсҭазаара Иегова изыркит, насгьы рыҽӡаархит. Керол лмаҵзура алҵшәа бзиақәа аанагон! Аха аамҭак ашьҭахь лара лгәабзиара хәыҷы-хәыҷла еицәахо иалагеит. Уи иахҟьаны, шамахамзар ада, аҩны дыздәылымҵуа дҟалеит. Лара илҳәоит: «Сара еилыскаауеит рацәак ахьысзыҟамҵо сгәамбзиара иахҟьаны шакәу, аха уеизгьы шаҟа сҭаху аҟара ахьысзыҟамҵо сгәы канажьуеит». Керол Иегова изы илылшо зегь ҟалҵоит. Лара арҽхәара даԥсоуп! Ҳәарада, агәрыцҳашьара злоу Ҳанцәа Керол деиликаауеит.
5. а) Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи уаанӡа иҟаҳҵоз аҟара ҳзыҟамҵозар? б) Шәрыхәаԥш асахьақәа. Избан иаҳҳәар зҳалшо аиашьа данқәыԥшыз инаркны уажәраанӡа Иегова зегь иреиӷьу ииҭон ҳәа?
5 Шәықәра, ма шәгәамбзиара иахҟьаны ажәабжьҳәараҿы уаанӡа иҟашәҵоз аҟара шәзыҟамҵозар, шәхы шәазҵаа: «Дыззыԥшузеи Иегова сара сҟынтә?» Иегова ииҭаху уажәтәи шәҭагылазаашьақәа рҿы зегь иреиӷьу ишәҭаларц ауп. Ҳазхәыцып абри аҩыза аҭагылазаашьа: 80 шықәса ирҭысхьоу аиаҳәшьа 40 шықәса анылхыҵуаз иҟалҵоз аҟара ахьылзыҟамҵо лгәы канажьуеит. Лара илылшо зегь шыҟалҵогьы, Иегова имаҵ аураҿы имаҷны иҟалҵошәа лгәы иабоит. Аха ус акәҵәҟьоума уи? Шәааи ҳазхәыцып: 40 шықәса анылхыҵуаз лара Иегова зегь иреиӷьу илҭон. Уажәы, 80 шықәса данырҭысхьоугьы, Иегова зегь иреиӷьу илҭоит. Ус анакәха, лара уаанӡагьы илылшоз зегь ҟалҵон, уажәгьы илылшо ҟалҵоит. Шәара Иегова имаҵ аураҿы имаҷны иҟашәҵошәа шәгәы иабозар ишәхашәмыршҭлан, Иегова дзыргәырӷьо зыӡбо ҳара ҳакәӡам. Шәара ишәылшо зегь ҟашәҵозар, Иегова абас шәеиҳәоит: «Аферым!» (Иаҿшәырԥш Матфеи 25:20—23.)
6. Иаҳнарҵозеи Мариа лҿырԥшы?
6 Ажәабжьҳәараҿы агәырӷьара ҳцәымӡырц азы иҳалымшо акәымкәа иҳалшо ҳхы азыҳашьҭлароуп. Мариа зыхьӡу аиаҳәшьа уи ус шакәу еилылкааит. Лгәамбзиара иахҟьаны лара шаҟа лҭаху лзыҟаҵаӡом. Раԥхьа уи даара лгәы канажьуан. Лара хәарҭа лыламшәа лгәы иаанаго далагеит. Аха нас Мариа илыӡбеит леизара аҟынтә аиарҭа иамоу иаҳәшьак длыцхрааларц. Мариа еиҭалҳәоит: «Ҳара иҳаӡбеит ҭелла ажәабжь ҳҳәаларц, насгьы асаламшәҟәқәа ҳаҩларц. Ажәабжь анеицаҳҳәоз агәырӷьара ду соуан. Саҳәшьа сахьлыцхраауаз даара сгәы ҟанаҵон». Ҳаргьы иҳалымшо акәымкәа иҳалшо ҳазхәыцлар, еиҳа анасыԥ ҳамазаауеит. Аха иҟаҵатәузеи еиҳаны аҟаҵара ҳалшозар, ма амаҵзураҿы акы ибзианы иаҳзалҵуазар?
АҞАЗАРА ШӘЫЛАЗАР, ШӘХЫ ИАШӘЫРХӘАЛА
7. Иарбан лабжьароу апостол Пиотр ақьырсианцәа ириҭаз?
7 Апостол Пиотр раԥхьатәи исаламшәҟәаҿы ақьырсианцәа ргәазҭеиҵон ирылоу аҟазарақәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхрааларц азы рхы иадырхәаларц. Иара иҳәеит: «Шәара зегьы ҳамҭак-ҳамҭак шәоуит. Убри аҟынтә ишәоуз аҳамҭа шәхы иархәаны, Анцәа агәыҭбаара аарԥшны еиуеиԥшым аҳамҭақәа зиҭаз имаҵзуҩцәа реиԥш шәымаҵ еибаула» (1 Пиотр 4:10, АдҾ). Ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳаҵашьыцлар, ма дара акгьы иаԥсамшәа рхы рбалар ҳәа ҳшәаны иҳалоу аҟазара ҳхы иаҳмырхәозар иашаӡам. Иегова зегь иреиӷьу иаҳҭаларц ҳҭахызар иҳалоу аҟазара ҳхы иаҳархәалароуп.
8. Избан акы ибзианы иаҳзалҵуазар, уи ҳахымыҽхәалар зҳахәҭоу? (1 Коринфаа рахь 4:6, 7).
8 Аха убри аамҭазгьы акы ибзианы иузалҵуазар, уи уахымыҽхәалароуп. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 4:6, 7.) Иҟалап, уара абиблиатә ҵарақәа рылагара ибзианы иузалҵуазар. Уи ҟазароуп, насгьы ухы иаурхәалароуп. Аха уи иаанагаӡом уи иахыҽхәалатәуп ҳәа. Иаҳҳәап, уара ажәабжьҳәараҿы ауаҩы ибзианы уиацәажәеит, насгьы уи Абиблиа аҵара дақәшаҳаҭхеит. Уара угәыԥ иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи уи рзеиҭоуҳәарц уҭахуп. Шәанеиқәшәа иаҳәшьак ауаҩы ажурнал шилҭаз еиҭалҳәоит. Лара ауаҩы ажурнал илҭеит, уара абиблиатә ҵара уалагеит! Иҟауҵои уажәшьҭа? Ҳәарада, абиблиатә ҵара ушалагаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирзеиҭоуҳәар, ргәы шьҭнахуеит. Аха уи ахҭыс даҽазны еиҭоуҳәар еиҳа еиӷьхоит, мамзар уи аиаҳәшьа усҟак ақәҿиара лымамшәа лгәы иаанагар ауеит. Лцәаныррақәа урызхәыцыр ақьиара ааурԥшуеит. Аха ауаа абиблиатә ҵара рыдгалара уаҟәымҵын. Уара аҟазара улоуп, уи ухы иархәала!
9. Ҳхы иаҳархәалар шԥаҳахәҭоу иҳалоу аҟазара?
9 Иҳалоу аҟазара Иегова иҳаиҭаз аҳамҭа шакәу ҳхаҳмыршҭлароуп. Уи аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхразы ҳхы иаҳархәалароуп, ҳхы арҳаракра азы акәымкәа (Флп. 2:3). Ҳамчқәеи ҳҟазареи Иегова игәаԥхара анагӡаразы ҳхы иаҳархәозар, агәырӷьара ҳамазаауеит. Избанзар урҭ ҳхы изаҳархәо егьырҭ ҳашреиӷьу ааҳарԥшырц азы акәӡам, аха Иегова ихьӡ ҳараҳкларц азы ауп.
10. Избан егьырҭ ҳхы рыҿҳмырԥшлар зҳахәҭоу?
10 Ҳара ҳгәаҳҽанымзар иҳалоу аҟазара аҩыза злам аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳхы рыҿҳарԥшуа ҳалагар ауеит. Ҿырԥшыс иааҳгап ҩыџьа аишьцәа. Руаӡәк ибзианы ажәахәқәа иманы дықәгылоит. Уи ҟазарас илоуп. Иара игәы иаанагоит уи усҟак ибзианы иззалымҵуа аиашьа диеиӷьушәа. Аха иара ибаӡом ихы зыҿирԥшуа аиашьа асасдкылара бзиа шааирԥшуа, аҭаацәара ахада бзиа шиакәу, насгьы гәыкала ажәабжь шиҳәо. Ари аҿырԥштәы иаҳнарбоит егьырҭ ҳхы рыҿҳмырԥшлар зҳахәҭоу. Шаҟа ибзиоузеи аҟазара злоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рацәаҩны иахьҳамоу, насгьы дара рҟазара Иегова имаҵ ауреи егьырҭ рыцхраареи рзы рхы иахьадырхәо.
ЕГЬЫРҬ ШӘЫРҾЫԤШЛА
11. Избан ҳара Иисус ҳзиҿыԥшуа?
11 Ҳара егьырҭ ҳхы рыҿҳарԥшӡом, аха уи иаанагаӡом акгьы рҿаҳамҵаалароуп ҳәа. Иаҳҳәап, инаӡаз Иисус ҳхы иҿҳарԥшӡом, аха иҟазшьақәеи иусқәеи ҳарҿыԥшуеит (1 Пиотр 2:21). Иисус ишьҭа ҳхыланы шаҟа еиӷьны ҳцало аҟара, убриаҟара Иегова имаҵ ибзианы иҳаулоит, насгьы ажәабжьҳәараҿы ақәҿиара ҳамазаауеит.
12, 13. Иҿаҳҵаар ҳалшозеи аҳ Давид?
12 Абиблиа аҿы иануп гәыкала Анцәа имаҵ зуаз ахацәеи аҳәсеи рҿырԥштәқәа рацәаны. Урҭ шынаӡамызгьы ҳарҿыԥшлар ҳалшоит (Аур. 6:12). Иаҳҳәап, аҳ Давид. Аусқәа 13:22 аҿы Иегова Давид «абри ауаҩ Сара сгәы дақәшәоит» ҳәа изиҳәеит. Давид днаӡаӡамызт, агха ӷәӷәақәагьы ҟаиҵеит, аха иара уеизгьы ҳаиҿыԥшлар ҳалшоит. Избан? Избанзар Иегова уи агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз аниеиҳәоз ихы ариашара далагаӡомызт. Уи аҭыԥан алабжьара идкыланы, иҟаиҵаз гәыкала дахьхәуан. Убри аҟынтә Иегова ианаижьуан (Аԥсал. 51:3, 4, 10—12).
13 Ишәҭахума шәаргьы Давид Иегова иҿаԥхьа имаз ахьӡ аҩыза шәымазарц? Ус акәзар шәхы шәазҵаа: «Схы шԥамҩаԥызго алабжьара ансырҭо? Агха шсыхьыз сақәшаҳаҭхоу, мамзаргьы схы ариашара салагоу? Иҟасҵаз даҽаӡәы ихараҵара салагома? Схы аус адызулома даҽазны уи аҩыза агха смыхьырц азы?» Арҭ рҩызцәа азҵаарақәа ҳхы иаҳҭалар ҳалшоит гәыкала Анцәа имаҵ зуаз егьырҭ ахацәеи аҳәсеи рыӡбахәгьы Абиблиаҿы ҳанаԥхьо. Иҟалап, урҭ шәара шәызҭагылоу аҩыза иҭагылазҭгьы. Иарбан ҟазшьақәоу дара иаадырԥшуаз? Ишәылшома урҭ шәырҿыԥшлар? Иегова гәыкала имаҵ зуаз аӡәы иӡбахә шәаԥхьацыԥхьаӡа, шәхы шәазҵаала: «Ишԥасылшо уи сиҿыԥшлар?»
14. Избан ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳарҿыԥшлар зыбзиоу?
14 Уи адагьы, ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳарҿыԥшлар бзиоуп, урҭ қәыԥшзаргьы рықәрахь инеихьазаргьы. Шәазхәыц, дыҟоума шәеизараҿы аԥышәара ӷәӷәа иақәшәаз аӡәы? Иҟалап иара аҵара ицызҵо иқәыӷәӷәозар, иҭаацәараҿы иҿагылозар, мамзаргьы агәамбзиара даргәаҟуазар? Иарбан ҟазшьақәоу уи аиашьа, ма аиаҳәшьа иаадырԥшуа? Ишәылшома урҭ шәырҿыԥшлар? Урҭ рҿырԥшы шәазхәыцлар, шәара шәхаҭа шәзықәшәо аԥышәарақәа рыхгара ишәыцхраар алшо еилышәкаауеит. Иегова ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит ус еиԥш агәрахаҵара змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рацәаҩны иахьҳамоу! (Аур. 13:7; Иак. 1:2, 3).
ИЕГОВА ИМАҴ АУРА АГӘЫРӶЬАРА ШӘЗААНАГАЛААИТ!
15. Иарбан апостол Павел ииҳәаз ажәақәоу анаҩсгьы ҳгәырӷьаҵәа Иегова имаҵ аура иҳацхраало?
15 Аизараҿы аҭынчреи аӡәкреи ыҟазарц азы ҳара зегьы иҳалшо ҟаҳҵалароуп. Иаҳгәалаҳаршәап актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа. Дара еиуеиԥшым аҟазареи адҵақәеи рыман (1 Кор. 12:4, 7—11). Аха урҭ еицлабӡомызт. Убри аҟынтә аӡәкра рыбжьан. Апостол Павел Ефес иҟаз аизара ирзиҩит: «Ацәеижь ахәҭақәа зегьы еиҿкааны аус аныруа ацәеижь еизҳа-зыӷьоит, избанзар бзиабарала ихыш-хыҵәоит» (Еф. 4:1—3, 11, 12, 16, АдҾ). Арҭ ажәақәа рыла апостол Павел ақьырсианцәа ргәазҭеиҵон ирымоу аҟазара рхы иархәаны дара-дара хеибарҭәааларц, насгьы аизара дырӷәӷәаларц. Ари алабжьара иахьықәныҟәаз абзоурала, аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҭынчреи аӡәкреи рыман. Иахьагьы ақьырсианцәа рыбжьара убасҵәҟьа иҟоуп.
16. Иҟаҳҵалар акәзеи? (Ауриацәа рахь 6:10).
16 Егьырҭ шәхы рыҿшәмырԥшлан. Иисус шәиҿыԥшла. Иара иааирԥшуаз аҟазшьақәа рҩызцәа еизшәырҳала. Ажәытәан инхоз Иегова имаҵзуҩцәеи ҳаамҭазы инхо аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәырҿыԥшла. Анцәа зегь иреиӷьу ишәҭозар, агәра ганы шәыҟаз: «Уи шәџьабаақәа... ихашҭны дыҟаӡам». (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 6:10.) Шәгәы камыжьӡакәа Иегова имаҵ жәула, насгьы иара дшәыргәырӷьаларц азы гәыкала ижәбо аџьабаа ахә шишьо шәхашәмыршҭлан.
АШӘА 65 Уеихала, нас, ԥхьаҟа!
a Ҳара-ҳара ҳаиҿыԥшны иаҳҵар ҳалшо рацәоуп. Аха егьырҭ ҳхы рыҿҳмырԥшлароуп. Избанзар усҟан ҳԥагьахар алшоит, мамзаргьы уи ҳгәы канажьыр ауеит. Ҳара еилаҳкаауеит ус ҳмыхьырц азы иҟаҵалатәу, насгьы агәырӷьара шмырӡлатәу.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиашьа данқәыԥшыз Вефиль аҿы амаҵ иуан. Нас, ԥҳәыс данига, рҩыџьагьы пионерцәас амаҵ руан. Ахәыҷқәа аниоу урҭ ажәабжьҳәара игон. Уажәы иара иқәрахь днеихьеит, аха зегь иреиӷьу Иегова ииҭоит, насгьы асаламшәҟәқәа рыла ажәабжь иҳәоит.