Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 апрель ад. 4—9
  • Шәцәажәашьа ҿырԥшыгоума?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәцәажәашьа ҿырԥшыгоума?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ҲАЗЛАЦӘАЖӘО, НАСГЬЫ ҲАШЦӘАЖӘО ИЕГОВА ИЗЫ АКРАҴАНАКУЕИТ
  • АЖӘАБЖЬҲӘАРА
  • АИЗАРАҚӘА
  • АБЖЬААԤНЫ АУАА ҲАНРАЦӘАЖӘО
  • Иҳәала «уаҩы хәарҭа изҭаша, игәрахаҵара зырҵаулаша»
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Ишԥашәылшо шәажәақәеи шәцәажәашьеи рыла Иегова иргәырӷьара?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Шәажәақәа ауаа ахәарҭа рзаанагалааит
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Дшәырҽхәала Иегова аизараҿы
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 апрель ад. 4—9

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 15

Шәцәажәашьа ҿырԥшыгоума?

«Иуҳәо аҿы... уҿырԥшыгазааит» (1 ТИМ. 4:12).

АШӘА 90 Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла

АХҲӘААa

1. Ҳамҭас иҳазҭада ҳара ацәажәара алшара?

АЦӘАЖӘАРА алшара — бзиа ҳазбо Анцәа иҳамҭа ауп. Раԥхьатәи ауаҩы, Адам, даншаз инаркны жәҩантәи Иаб диацәажәалар, насгьы дзызхәыцуаз ажәала иҳәалар илшон. Иара иҿыцу ажәақәа ихәыцларгьы ауан. Иаҳҳәап, Адам аԥстәқәа зегьы ахьӡқәа риҭон (Аҟаз. 2:19). Иара убас, ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит шаҟа игәы хыҭ-хыҭуаз, насгьы дгәырӷьоз иԥҳәыс лакәны иҟалаз аҭыԥҳа ԥшӡа Ева раԥхьаӡа акәны данлацәажәа! (Аҟаз. 2:22, 23).

2. Иаажәга аҿырԥштәқәа анкьа ауаа ацәажәара алшара ииашамкәа рхы ишадырхәоз, насгьы иахьа уи рхы ишадырхәо узырбо.

2 Аха иаарласны ацәажәара алшара ииашамкәа рхы иадырхәо иалагеит. Аҩсҭаа Ева дижьеит, уи иахҟьаны ауаа агәнаҳа иаҵалеит, насгьы анамӡара рҭынхеит (Аҟаз. 3:1—4). Уи ашьҭахь Адам ацәажәара алшара ииашамкәа ихы иаирхәеит игхақәа Евеи Иеговеи ианырхареиҵа (Аҟаз. 3:12). Каин иашьа Авель данишь ашьҭахь Иегова иҿаԥхьа амц иҳәеит (Аҟаз. 4:9). Ԥыҭрак ашьҭахь Каин ихылҵыз Ламех ажәеинраала ихәыцит, уи ажәеинраала иунарбоит усҟан ауаа рыцҳашьарак шрыламыз (Аҟаз. 4:23, 24). Аха иаҳҳәар ҳалшозеи ҳаамҭазы? Аҳәынҭқарцәа ԥхамшьаӡакәа, ауаа ишраҳауа ажәа ҟьашьқәа рҳәоит. Ажәа ҟьашьқәа ахьырымҳәо фильмк аԥшаара цәгьахеит. Аҵара зҵо ахәыҷқәа ажәа ҟьашьқәа ашкол аҿы ираҳауеит, адуцәа — аусураҿы. Уи аҩыза ацәажәашьа абас адунеи иахьалаҵәаз ауаа шаҟа иҟьашьыз унарбоит.

3. Избан ҳгәаҳҽанызар зҳахәҭоу, насгьы еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Ҳара агәҽанызаара ҳцәыӡыр есыҽны иҳаҳауа ажәа ҟьашьқәеи угәы узырхьуа ажәақәеи рҳәара ҳалагар ҳалшоит. Ҳәарада, ҳара уи ҳҭахӡам, избанзар ҳқьырсианцәоуп, насгьы Иегова дҳаргәырӷьалар ҳҭахуп. Аха уи азы ажәа ҟьашьқәа ҳамҳәалар мацара азхаӡом. Ҳара ацәажәара алшара Анцәа ирҳаракразы ҳхы иаҳархәалароуп. Шәааи еилҳаргап уи шыҟаҵалатәу: 1) ажәабжьҳәараҿы, 2) аизарақәа рҿы, насгьы 3) абжьааԥны ауаа ҳанрацәажәо. Аха раԥхьа шәааи еилҳаргап избан ҳазлацәажәо, насгьы ҳашцәажәо Иегова изы изхадоу.

ҲАЗЛАЦӘАЖӘО, НАСГЬЫ ҲАШЦӘАЖӘО ИЕГОВА ИЗЫ АКРАҴАНАКУЕИТ

Иаанарԥшуазеи ҳцәажәашьа? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 4, 5.)d

4. Избан ҳазлацәажәо Иегова изы акыр заҵанакуа, Малахиа 3:16 иану инақәыршәаны?

4 Шәаԥхьа Малахиа 3:16. Ари ажәеинраалаҿы ишҳәоу еиԥш, ауаа анеицәажәо Иегова урҭ зҿлымҳарыла дырзыӡырҩуеит, иара убас ицәшәо, насгьы ихьӡ иазхәыцуа рыхьӡқәа игәаларшәаратә шәҟәы ианиҵоит. Зныкыр шәазхәыцхьоума иара уи зыҟаиҵо? Ауаа злацәажәо изеиԥшраҵәҟьоу аанарԥшуеит. Иисус баша имҳәаӡеит: «Агәы злаҭәу ауп аҿы иаҳәараны иҟоу» (Матф. 12:34). Ҳажәақәа Иегова шаҟа бзиа даҳбо аадырԥшуеит. Иара бзиа дызбо адунеи ҿыц аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳамҭас ириҭоит.

5. а) Ишԥеидҳәалоу ҳамҵахырхәареи ҳцәажәашьеи? б) Шәахәаԥш асахьа. Иҟаҳамҵалар акәзеи ҳцәажәашьа ала Иегова дҳаргәырӷьаларц азы?

5 Ҳашцәажәо даара акраҵанакуеит, избанзар ҳцәажәашьа ҽеимзар Иегова ҳамҵахырхәара идикылаӡом (Иак. 1:26). Анцәа бзиа дзымбо шьоукы ауаа рыԥсахы еибакны, ихжәаны ицәажәоит, насгьы ражәақәа рыла егьырҭ ладырҟәуеит (2 Тим. 3:1—5). Ҳара урҭ ҳреиԥшымхароуп. Ҳара ҳажәақәа рыла Иегова дҳаргәырӷьалар ҳҭахуп. Аха даҳзыразхома Иегова аизарақәеи ажәабжьҳәареи рҿы ихааны ауаа ҳрацәажәозар, аха аӡәгьы ҳанимбо ҳҭынхацәа ихжәаны ҳрацәажәозар, насгьы аҽынкылара ааҳмырԥшуазар? (1 Пиотр 3:7).

6. Иарбан хәарҭоу иаанагаз Кимберли ацәажәара аҳамҭа ииашаны лхы иахьалырхәоз?

6 Ацәажәара аҳамҭа ииашаны ҳхы ианаҳархәо уи егьырҭ ауаа ҳрылнакаауеит. Дара ирбоит «Анцәа имаҵ зуеи изымуеи злеиԥшым» (Мал. 3:18). Абар Кимберлиb лҿырԥшы. Аиҳабыратә классқәа рҿы аҵара анылҵоз аҵара лыцызҵоз ӡӷабки лареи дҵак еицыҟарҵарц рыдырҵеит. Уи аӡӷаб игәалҭеит Кимберли егьырҭ аҵаҩцәа зынӡа дышреиԥшым. Лара уҳәан-сҳәан лҳәаӡомызт, зегьы дхааӡа драцәажәон, насгьы жәа бааԥск лҿы иҭшәомызт. Аҵара лыцызҵоз аӡӷаб уи даара иџьалшьеит, Абиблиа аҵарагьы лҭаххеит. Иегова даара игәы иахәоит ҳцәажәашьа ауаа аҵабырг аилкаара аныргәанарԥхо.

7. Шәхы иашәырхәалар шԥашәҭаху ацәажәара аҳамҭа?

7 Ҳара зегь иаҳҭахуп ҳцәажәашьа Иегова дҳаранакларц, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи ҳаиднакылаларц. Убри аҟынтә шәааи ҳцәажәашьа ҿырԥшыгазарц иҳацхраауа лабжьарақәак еилҳаргап.

АЖӘАБЖЬҲӘАРА

Ажәабжьҳәараҿы патуқәҵарала ауаа ҳанрацәажәо Иегова дҳаргәырӷьоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 9.)

8. Ишԥаҳацхраауеи Иисус иҿырԥшы ажәабжьҳәараҿы ацәажәара аҳамҭа ииашаны ҳхы архәара?

8 Шәгәы ԥыржәарц анырҭахугьы хаала, насгьы патуқәҵарала шәцәажәала. Иисус иааизырымҳәоз ак ыҟамызт. Иара «афара-ажәра бзиа избо ауаҩы, аҩыжәҩы» ҳәа изырҳәон, Аҩсҭааи иареи русқәа еивҵоушәа, асабша еилеигошәа, насгьы Анцәа дирџьошәа рҳәон (Матф. 11:19; 26:65; Лука 11:15; Иоанн 9:16). Аха Иисус даӷьны аҭак риҭомызт. Ҳаргьы ҳанладырҟәуа Иисус иеиԥш ҳхы мҩаԥаҳгалароуп (1 Пиотр 2:21—23). Ҳәарада, аҽынкылара еснагь имариаӡам (Иак. 3:2). Аха иҳацхраар алшозеи?

9. Иҳацхраауазеи ажәабжьҳәараҿы иаҳҳәо ацклаԥшра?

9 Ажәабжьҳәараҿы ихжәаны ианшәацәажәо шәымгәамҵлан. Абар Сем ииҳәо: «Сара абас ахәыцра салагоит: ауаҩы аҵабырг иаҳароуп, уи даԥсахыр алшоит». Зны-зынла ҳзацәажәо ауаҩы агәамҵра далагар ауеит данеилахаз аамҭазы ҳахьнеиз азы. Шәааи Лиусиа зыхьӡу аиаҳәшьа ҳалҿыԥшлап. Уи згәы ԥжәаны иҟоу ауаҩы данлықәшәо иааркьаҿны Иегова диҳәоит аҭынчра лиҭарц, насгьы лхаҭагьы агәамҵра даламгарц.

10. Иарбан хықәку иқәҳаргылар ҳалшо, 1 Тимофеи иахь 4:13 иану инақәыршәаны?

10 Шәырҵаратә ҟазара еиӷьышәтәла. Тимофеи ажәабжьҳәараҿы аԥышәа ду иман, аха уеизгьы иҟазара еиӷьитәлар акәын. (Шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 4:13.) Ишԥаҳалшо ҳаргьы ҳарҵаҩцәа бзиақәаны аҟалара? Ажәабжьҳәара ибзианы ҳҽазыҟаҳҵалароуп. Уи аҿы иҳацхраауеит аброшиура «Аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара еиӷьтәла», иара убас аусура амшқәа рзы аизараҿы ҳазхысуа аусуратә тетрад аҿы иаагоу аҟәша «Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит». Шәхы иашәырхәома арҭ, насгьы егьырҭ амыругақәа? Ажәабжьҳәара ибзианы ҳҽазыҟаҳҵалар, ҳамшәаӡакәа ҳцәажәалоит.

11. Иҳацхраар ҳалшозеи иҵегьы ҳарҵаратә ҟазара аиӷьтәра?

11 Уи адагьы, ҳарҵаратә ҟазара еиӷьаҳтәырц азы аԥышәа змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿы аҵара ҳҵалар бзиоуп. Сем аԥышәа змоу арҵаҩцәа рхы иадырхәо аметодқәа азгәеиҭоит, нас урҭ ажәабжьҳәараҿы ихы иаирхәоит. Татианагьы аԥышәа змоу аишьцәа ажәахәқәа анырҳәо ибзианы дырзыӡырҩуеит. Урҭ ажәабжьҳәараҿы ауаа лассы-лассы иҳарҭо азҵаарақәа рҭак шыҟаҵалатәу рҿылҵаауеит.

АИЗАРАҚӘА

Аизарақәа рҿы гәык-ԥсыкала ашәа анаҳҳәо Иегова дҳараҳкуеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12, 13.)

12. Ирцәыуадаҩузеи шьоукы?

12 Аизарақәа рҿгьы ҳцәажәашьа ҿырԥшыгахоит заа ҳҽыззыҟаҳҵаз аҭакқәа анаҳҭо, насгьы ашәа анаҳҳәо (Аԥсал. 22:22). Аха шьоукы аизарақәа рҿы аҭакқәа рыҟаҵареи ашәаҳәареи иацәыԥхашьоит. Шәаргьы урҭ шәреиуоума? Ус акәзар, егьырҭ уи ауадаҩра аиааира ирыцхраауа еилышәкаар, уи шәаргьы ишәыцхраар алшоит.

13. Иҳацхраауазеи аизарақәа рҿы гәыкала ашәаҳәара?

13 Гәыкала ашәа шәҳәала. Аҳра ашәақәа анаҳҳәо Иегова ирҳаракра ауп хықәкы хадас иҳамоу. Иаҳҳәап, Сара ашәа бзианы илҳәоит ҳәа лыԥхьаӡаӡом. Аха лара ашәала Иегова ирҳаракра лҭахуп. Убри аҟынтә аизарақәа лҽанырзыҟалҵо ашәақәагьы лҳәоит, насгьы урҭ апрограмма ишадҳәалоу дазхәыцуеит. Сара илҳәоит: «Уи ашәа аҵакы азхәыцра исыцхраауеит, ишысҳәо акәымкәа».

14. Иҳацхраауазеи ҳаԥхашьаҩызаргьы аизарақәа рҿы аҭакқәа рыҟаҵара?

14 Иааиԥмырҟьаӡакәа аизарақәа шәыҽрылашәырхәла. Уи ззымариам рацәаҩуп. Татиана илҳәоит: «Ауаа санрацәажәо даара сгәы хыҭ-хыҭуеит, уи сыбжьы ианымԥшуазаргьы. Убри аҟынтә аизараҿы аҭакқәа рыҟаҵара даараӡа исцәыцәгьоуп». Аха лара уи дааннакылаӡом. Татиана аизарақәа лҽанырзыҟалҵо азҵаара раԥхьатәи аҭак кьаҿзар шакәу лгәалалыршәоит. Абар лара илҳәо: «Иҟасҵо аҭак кьаҿзаргьы, уи ԥхашьараӡам. Убри аҩыза аҭак ауп аизара мҩаԥызго дыззыԥшугьы».

15. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи аизарақәа рҿы аҭак аҟаҵара иазкны?

15 Зны-зынла аизараҿы аҭак аҟаҵара иԥхашьаҩу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыдагьы, егьырҭгьы ианырцәыцәгьоу ыҟоуп. Избан? Џьулиет илҳәоит: «Сҭак мариацәоуп ҳәа снапы ашьҭыхра анысзымгәаӷьуагьы ыҟоуп». Аха иаҳхаҳмыршҭлароуп: Иегова ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу ауаҩы иимаҳац акәымкәа, иҳалшо аҟынтә зегь иреиӷьу аупc. Ҳара аизараҿы Иегова ирҳаракра ҳанашьҭоу, насгьы уи аҿы ашәара ҳԥырхагамхарц азы иҳалшо зегь аныҟаҳҵо игәы ҟаҳҵоит.

АБЖЬААԤНЫ АУАА ҲАНРАЦӘАЖӘО

16. Иарбан цәажәашьоу ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоу?

16 Улазырҟәуа ажәақәа шәымҳәалан (Еф. 4:31). Ари астатиаҿы ишаҳҳәахьоу еиԥш, ақьырсиан ажәа ҟьашьқәа имҳәалароуп. Аха иҟоуп цәгьарак аламшәа иубар алшо улазырҟәуа ажәақәагьы. Иаҳҳәап, даҽа культурак, ма милаҭк иатәу ауаа лазырҟәуа ажәақәа ҳамҳәаларц азы ҳхы ҳацклаԥшлароуп. Уи адагьы, ҳара егьырҭ ҵәылаҳхлар ҳҭахӡам. Иашьак иҳәоит: «Анкьа аӡәы аҵәы илхра цәгьарак аҵамшәа збон. Сгәы иаанагон уи баша лафҳәароуп ҳәа. Аха убас сара ауаа ргәы дсырхьуан. Сыԥҳәыс ҭабуп ҳәа ласҳәоит акыршықәса рыҩныҵҟа аҽыриашара дахьсыцхраауаз. Сцәажәашьала лара, ма даҽаӡәы игәы анисырхьуаз уи хазы нас исалҳәон».

17. Ишԥаҳалшо егьырҭ ргәы ашьҭыхра, Ефесаа рахь 4:29 иану инақәыршәаны?

17 Шәажәақәа рыла аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭышәхла. Еснагь агәынамӡара аарԥшра, ма егьырҭ акритика рзура аҭыԥан, ауаа шәырҽхәала. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 4:29.) Израильаа ҭабуп аҳәаразы амзызқәа рацәаны ирыман, аха еснагь акы иахашшаауан. Ҳара есымша агәынамӡара ааҳарԥшлар, изаҳауагьы убас агәынамӡара аарԥшра иалагар ауеит. Ишәгәалашәыршәа жәаҩык аԥшыхәыҩцәа угәы казыжьуаз ражәақәа ирыхҟьаны израильаа Моисеи иахь агәынамӡара аарԥшра ишалагаз (Ахыԥхь. 13:31—14:4). Аха арҽхәара акәзар, ауаҩы игәы шьҭнахуеит! Даҳгәалаҳаршәап Иеффаи иӡӷаб. Уи лҩызцәа дахьдырҽхәоз абзоурала дгәырӷьаҵәа Иегова имаҵ луан (Аӡб. 11:40). Хыхь зыӡбахә ҳҳәаз Сара илҳәоит: «Ауаҩы данҳарҽхәо Иеговеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа дшырбо агәра иҳаргоит». Убри аҟынтә гәыкала егьырҭ рырҽхәаразы алшарақәа шәыԥшаала.

18. Избан аиаша ҳҳәалар зҳахәҭоу, насгьы иаҵанакуазеи уахь? (Аԥсалом 15:1, 2).

18 Аиаша шәҳәала. Иегова мцла еибарку ауаа ицәымӷуп. Иара ицәымӷуп «амц зҳәо абз» (Ажәам. 6:16, 17). Иахьа ауаа амц умҳәар ауӡом ҳәа рыԥхьаӡоит, аха ҳара ҳзы ихадоу ауаа ргәаанагара акәымкәа, Иегова игәаанагара ауп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 15:1, 2.) Ҳәарада, ҳара амц ҳҳәаӡом, аха аӡәы ииашам агәаанагара изцәырҵыртә еиԥшгьы ҳхы мҩаԥаҳамгалароуп.

Уҳәан-сҳәан ҳҽаламгалакәа аицәажәара даҽакахьы ианиаҳго Иегова дҳаргәырӷьоит. (Шәахәаԥш абзац 19.)

19. Иарбан гәҽанҵароу иҵегьы иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоу?

19 Уҳәан-сҳәан шәҽацәышәыхьчала (Ажәам. 25:23; 2 Фес. 3:11). Џьулиет илҳәоит: «Аӡәы уҳәан-сҳәан аниҳәо, уи угәы канажьуеит. Игәра шԥоугари уи иҩыза ауаҩы? Уи саргьы сышьҭахь ацәгьа шысзиимҳәо иалыздыраауеи?» Аицәажәара уҳәан-сҳәанҳәарахь ишииасуа гәашәҭазар, уи даҽакахьы ииажәга (Кәал. 4:6).

20. Шәхы ишԥашәырхәало ацәажәара алшара?

20 Ари адунеи аҿы ауаа рыбз хәаԥсеит. Убри аҟынтә ҳцәажәашьала Анцәа дҳаргәырӷьаларц азы ирацәаны аџьабаа ҳбалароуп. Ишәхашәмыршҭлан ацәажәаразы алшара Иегова иҳамҭа шакәу, насгьы уи ҳхы ишаҳархәо иара изы акыр шаҵанакуа. Ҳцәажәашьа ҿырԥшыгазарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, ажәабжьҳәараҿы, аизарақәа рҿы, насгьы абжьааԥны ауаа ҳанрацәажәо Иегова ихьӡ арҳаракра дҳацхраалоит. Ари адунеи аҵыхәтәа анааилак Иегова ирҽхәара ҳзымариахоит (Иуда 15). Аха шәааи иахьагьы ҳажәақәа рыла Иегова дҳаргәырӷьалап (Аԥсал. 19:14).

ИШԤАҲАЛШО ҲЦӘАЖӘАШЬАЛА ҲҾЫРԤШЫГАЗАРЦ...

  • ажәабжьҳәараҿы?

  • аизарақәа рҿы?

  • абжьааԥны ауаа ҳанрацәажәо?

АШӘА 121 Ҳара аҽынкылара ҳҭахуп

a Иегова зеиԥшыҟам аҳамҭа ҳаиҭеит — ацәажәара алшара. Аха еиҳараҩык ауаа Иегова ишиҭаху еиԥш акәӡам уи аҳамҭа рхы ишадырхәо. Ари астатиаҿы ҳалацәажәоит урҭ рцәажәашьа рҿымҵаакәа ҳажәақәа рыла егьырҭ ргәы ашьҭыхра иҳацхраар алшо. Иара убас ҳара еилаҳкаауеит ҳцәажәашьала Иегова дҳаргәырӷьалар шҳалшо ажәабжьҳәараҿы, аизарақәа рҿы, насгьы абжьааԥны ауаа ҳанрацәажәо.

b Хьыӡқәак ԥсахуп.

c Аизарақәа рҿы иҟаҳҵо аҭакқәа зеиԥшразар ахәҭоу иазкны еиҳаны еилышәкаар шәылшоит 2019 шықәса, ианвар мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «Дшәырҽхәала Иегова аизараҿы» аҟынтә.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиашьа ажәабжьҳәараҿы зыԥсахы еибакыз ауаҩы даниқәшәа аҽынкылара изаамырԥшӡеит; ашәаҳәараан аиашьа игылашьа апатуқәҵара аныԥшӡом, ашәагьы аарлаҳәа иҳәоит; аиаҳәшьа ҭелла дахьцәажәо аӡәы ицәа ихыхра даҿуп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра