Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/12 ад. 18—22
  • Шәажәақәа ауаа ахәарҭа рзаанагалааит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәажәақәа ауаа ахәарҭа рзаанагалааит
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИАНҲӘАТӘУ
  • ИҲӘАТӘУ
  • ИШҲӘАТӘУ
  • Иҳәала «уаҩы хәарҭа изҭаша, игәрахаҵара зырҵаулаша»
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Ишԥашәылшо шәажәақәеи шәцәажәашьеи рыла Иегова иргәырӷьара?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Шәцәажәашьа ҿырԥшыгоума?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/12 ад. 18—22

Шәажәақәа ауаа ахәарҭа рзаанагалааит

«Сажәақәеи сыгәҭахәыцрақәеи уара агәахәара узааргалааит, о Иегова» (АԤСАЛОМ 19:14, АдҾ)

АШӘАҚӘА: 82, 77

ИШԤАҲАЦХРААУЕИ ИИСУС ИҾЫРԤШЫ...

  • ...ианахәҭоу ацәажәара?

  • ...ииашаны ажәақәа ралхра?

  • ...ҳаҭырқәҵарала ацәажәара?

1, 2. Избан Абиблиаҿы абз амца изаҿырԥшу?

ОКТИАБР алагамҭазы 1871 шықәсазы аштат Висконсин аҩада-мрагылараҿы абна ӷәӷәала амца анакы, Еиду Аштатқәа рҿы уаанӡа еиԥшымкәа даараӡа ауаа рацәаҩны иҭахеит. Амца иалаблит 1 200-ҩык инареиҳаны ауаа, 2 миллиардк аҵлақәа блит. Аинтерес зҵоу убри ауп, ари амцакра зыхҟьаз имҩасны ицоз адәыӷба ацыԥхьқәа ракәзар ауан. Шаҟа ииашоузеи Иаков 3:5 иану ажәақәа: «Иумбои ацыԥхь хәыҷы заҟа еибанаркуа-иццышәнатәуа». Аха избан Абиблиаҿы арҭ ажәақәа заагоу?

2 Христос иҵаҩы Иаков лабҿабатәи ари аҿырԥшы анаҩс, 6-тәи ажәеинраалаҿы иҳаилиркааит: «Абызгьы — мцоуп». Амца еиԥш, ҳабзгьы, ма ҳцәажәашьа, зны-зынла аԥырхага ӷәӷәа ҟанаҵар алшоит. Ажәамаанақәа 18:21 аҿы иануп: «Аԥсреи аԥсҭазаареи абз амчраҿы иҟоуп». Ҳәарада, аӡәгьы даҳмыргәаарц азы есымша ҿымҭӡакәа ҳтәом. Ҳара амца ҳхы иаҳархәоит, аԥырхага ҳнаҭар шалшо шаҳдыруагьы. Зегь раасҭа ихадоу — ҳцәажәашьа ацклаԥшра ауп. Амца ҳацклаԥшуазар, уи афатә аҟаҵаразы, аҩны арԥхаразы, насгьы уахынла алашара ҳнаҭарц азы ҳхы иаҳархәалар ҳалшоит. Убас еиԥшҵәҟьа ҳцәажәашьа ҳацклаԥшуазар, уи Анцәа дҳаранаклоит, насгьы егьырҭ арӷәӷәалоит (Аԥсалом 18:15 [19:14, АдҾ]).

3. Иарбан ҳцәажәашьа иадҳәалоу х-ганку еилҳарго?

3 Ҳцәаныррақәеи ҳхәыцрақәеи раарԥшразы иҳамоу алшара — ари иссиру Анцәа иҳамҭа ауп, иаабац бызшәала ҳцәажәозаргьы, ма абыжьҭыгарадатәи абызшәала ҳцәажәозаргьы. Ишԥаҳалшо ари аҳамҭа ауаа ргәы акажьразы акәымкәа, рырӷәӷәаразы ҳхы иаҳархәалар? (Шәаԥхьа Иаков 3:9, 10.) Ҳара еилҳаргоит ҳцәажәашьа иадҳәалоу ихадоу х-ганк: ианҳәатәу, иҳәатәу, ишҳәатәу.

ИАНҲӘАТӘУ

4. Иаажәга «аҿымҭра аамҭа» аныҟоу аҿырԥштәқәа.

4 Ҳара есҽны ауаа ҳрацәажәоит, аха уи иаанагаӡом ҿааихак ҟамҵакәа ҳцәажәалароуп ҳәа. Абиблиаҿы иҳәоуп «аҿымҭра аамҭа» шыҟоу (Екклезиаст 3:7). Егьырҭ анцәажәо ҳрыцымцәажәозар, дара рахь апатуқәҵара ааҳарԥшуеит (Иов 6:24). Иаҳҳәо ҳацклаԥшны имаӡоу аинформациа аӡәгьы ианиаҳамҳәо, уи иунарбоит аҟәышреи аилкаареи шҳамоу (Ажәамаанақәа 20:19). Иара убас ҳара аҟәыӷара ааҳарԥшуеит аӡәы ҳгәы ԥижәарц данашьҭоу, ҳабз аанаҳкылозар (Аԥсалом 4:5 [4:4, АдҾ]).

5. Ишԥаҳалшо ацәажәара аҳамҭазы Анцәа аџьшьара иаҳҭар?

5 Аха Абиблиаҿы иара убас иҳәоуп ишыҟоу «ацәажәара аамҭа» (Екклезиаст 3:7). Иаҳҳәап, шәҩыза даараӡа иԥшӡоу ҳамҭак шәиҭеит. Ишәҵәахрызма шәара уи? Иҟалап, уи ахархәашьа иаразнак ишәыԥшаар, убасала шәара ахә ҳаракны ишышәшьо аашәырԥшуеит. Иегова ацәажәара аҳамҭа ахьҳаиҭаз азы аџьшьара ааҳарԥшуеит, уи ҟәыӷарала ҳхы иаҳархәалар. Иаҳҳәап, ҳара иҳалшоит ҳцәаныррақәа, насгьы ҳгәы иҭыхо ҳҳәалар, егьырҭ ргәы шьҭаҳхлар, иара убас Анцәа дҳарҽхәалар (Аԥсалом 50:17 [51:15, АдҾ]). Ишԥеилкаатәу «ацәажәара аамҭа» анааиуа?

6. Ишԥаҵшьу Абиблиаҿы ацәажәаразы ианаало аамҭа шазалхлатәу?

6 Избан изхадоу ацәажәаразы ианаало аамҭа алхра? Ажәамаанақәа 25:11 аҿы иануп: «Ианаамҭоу иҳәоу ажәа, иҭаԥҟаны иҟоу араӡнытә маҭәар иҭоу ахьтәы ҵәақәа ирҩызоуп». Ахьтәы ҵәақәа даара иԥшӡоуп. Аха урҭ иҭаԥҟаны иҟоу араӡнытә маҭәар иҭоуҵар, рыԥшӡара еиҳагьы иацырҵоит. Убас еиԥшҵәҟьа, ацәажәара еиҳа ианеиӷьу аамҭа ҳазхәыцуазар, усҟан ҳажәақәа еиҳа ауаа ргәы иахәоит, насгьы амч роуеит. Аха ишԥаҟаҵатәу уи?

7, 8. Ишԥалырхи Иисус иҿыԥшны Иапониа инхо аишьцәа аԥсҭалара иазку ажәабжь анеиҭаҳәатәу аамҭа?

7 Иҟалап иаҳҳәарц иаҳҭаху ауаҩы ихәаша ак акәзар. Ах уи ианаамҭам иҟаҳҵар, ҳажәақәа рхықәкы рзынамыгӡар алшоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 15:23.) Убас, март 2011 шықәсазы иҟалаз адгьылҵысра, насгьы ацунами Иапониа мрагылараҿы қалақьқәак зынӡа иқәнахит. 15 000-ҩык инареиҳаны ауаа ҭахеит. Уи аҭыԥ аҿы инхоз Иегова ишаҳаҭцәа ауадаҩрақәа ишрықәшәазгьы, дара ирыӡбеит иарбан лшаразаалак рхы иархәаны, арыцҳара иақәшәаз ауаа ргәы зырҭынчуа ажәабжь рзеиҭарҳәарц. Уа инхо ауаа реиҳараҩык абуддизм ныҟәыргоит, насгьы Абиблиа иазкны ирдыруа маҷуп, убри аҟынтә аишьцәа ирыӡбеит ааигәа зҭынхацәа зцәыԥсыз ауаа аԥсҭалара иазку агәыӷра атәы рзеиҭаҳәара уажәы иаамҭам ҳәа. Дара ирыӡбеит ацәажәара аҳамҭа ирзааигәоу ргәы шьҭырхырц азы рхы иадырхәарц, насгьы Абиблиа ала ирзеиҭарҳәарц ауаа бзиақәа агәаҟрақәа изрықәшәо.

8 Иисус даараӡа ибзианы идыруан аҿымҭра ианаамҭоу, аха иара убасгьы идыруан ацәажәара ианаамҭоу (Иоанн 18:33—37; 19:8—11). Зны иара иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Иҵегьы ишәасҳәаша рацәаны исымоуп, аха шьҭа уаҳа шәылаӡауам» (Иоанн 16:12). Иапониа мрагылараҿы инхоз Иегова ишаҳаҭцәа Иисус иҿырԥшы иқәныҟәон. Ацунами ашьҭахь ҩышықәсеи бжаки анҵы, дара Аҳра иазку ажәабжь № 38 «Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?» захьӡу абуклет аларҵәаразы адунеизегьтәи акампаниа рҽаладырхәит. Уи аамҭазы ауаа еиҳа иазхиан аԥсҭалара иазку угәы зырҭынчуа ажәабжь азыӡырҩра, убри аҟынтә аӡәырҩы игәырӷьаҵәа абуклет ргеит. Ҳәарада, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы акультуреи адинхаҵаратә хәаԥшышьақәеи зынӡа еиԥшымзар ауеит, убри аҟынтә ацәажәаразы аамҭа аналҳхуа, агәеилых бзиа ааҳарԥшлароуп.

9. Иарбан ҭагылазаашьақәоу еиҭа иҟоу ҳажәақәа рзы ииашоу аамҭа аналхтәу?

9 Иҟоуп даҽа ҭагылазаашьақәак ацәажәаразы аамҭа ииашаны ианалхлатәу. Иаҳҳәап, аӡәы изгәамҭаӡакәа ҳгәы ҳзырхьыз ажәақәа иҳәеит. Иҟәышрахон раԥхьа ҳазхәыцыр: аҭагылазаашьа убриаҟара ицәгьоума, ҳгәы ҳзырхьыз убри аганахь ала ҳнеины ҳаимацәажәар ада ԥсыхәа ыҟамкәа? Уи аҟаҵара ҳаӡбазаргьы, еиӷьхон ҳгәы ԥжәаны ҳшыҟоу, ак ҳамхаҳәар аналшо ҳаимацәажәар. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 15:28.) Убасҵәҟьа агәеилых бзиа ааҳарԥшлароуп, Иегова ишаҳаҭым ҳауацәа аҵабырг анырзеиҭаҳҳәо. Ҳәарада, ҳара иаҳҭахуп даргьы Иегова деилыркаарц, аха ачҳара ааҳарԥшлароуп. Ииашаны иалху ажәақәа ианаамҭоу иҳәазар, уи ҳауацәа ргәаҵанӡа инеир ауеит.

ИҲӘАТӘУ

10. а) Избан ҳара агәҽанызаара зааҳарԥшлар акәу, иаҳҳәаша ажәақәа аналҳхуа? б) Иаҵанакуазеи улазырҟәуа ажәақәа рахь?

10 Ажәақәа урхәыр, ма урхәышәтәыр ауеит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 12:18.) Аҩсҭаа идунеи аҿы ауаа ргәы рзырхьуа ажәақәа рхархәара изышьцылахьоу акоуп. Акино, насгьы ателехәаԥшра ауаа ргәазҭанаҵоит «ажәа шҳам» рхы иадырхәаларц, насгьы «аҳәа еиԥш» рыбз дырцҳафырларц (Аԥсалом 63:4 [64:3, АдҾ]). Ақьырсианцәа уи аҩыза ишәарҭоу агәазыҟашьа рҽацәырыхьчалароуп. «Ажәа шҳам» ахь иаҵанакуеит иаҳҳәап, асарказм, аҵәылхрақәа, урҭ аӡәы иларҟәра, мамзаргьы ҽԥныҳәа иҭаразы рхархәара. Лассы-лассы асарказм алаф еиԥш иаадырԥшуеит, аха урҭ ирласны узыргәаауа, патуқәҵара знымԥшуа ажәақәа рахь ииасыр рылшоит. Ашҳам злоу асарказм — ари улазырҟәуа ажәақәа роуп, ақьырсианцәа урҭ мап рцәырклар рыхәҭоуп. Ҳәарада, алаф ҳажәақәа арԥшӡоит, аха ҳара ауаа ҳарччарц азы аҵәылхрақәеи аӡәы игәы изырхьуа, ма длазырҟәуа ажәақәа ҳҭакқәа рҿы ҳхы иаҳархәаӡом. Абиблиа ҳаанаԥхьоит: «Иаԥсам ажәа ҟьашь, ажәа хәаԥса хархәара азыжәымун: шәцәажәала уаҩы хәарҭа изҭаша, игәрахаҵара зырҵаулаша, ишәзыӡырҩуа лыԥха злашәырҭаша гәцаракны» (Ефесаа 4:29, 31).

11. Ишԥаныруеи ҳгәы иалҳхуа ажәақәа?

11 Иисус иҳәеит «агәы иҭоу ауп аҿы иаҳәараны иҟоу» ҳәа (Матфеи 12:34). Убри аҟынтә иалҳхуа ажәақәа ҳгәы иҭоу ауп иаадырԥшуа. Ҳажәақәа иаадырԥшуеит иаҳзааигәоу ҳшырзыҟаҵәҟьоу. Ҳгәы бзиабаралеи гәрыцҳашьаралеи иҭәызар, усҟан ҳажәақәагьы ауаа ргәы иахәалоит, иарӷәӷәалоит.

12. Иҳацхраауазеи ажәақәа еиҳа еиӷьны ралхра?

12 Ианаало ажәақәа алаҳхларц азы иаҭахуп аџьабаа абара, насгьы агәеилых бзиа аарԥшра. Иҟәыӷоу аҳ Соломонгьы «дхәыцуан, еиҳа инарҵауланы иҭиҵаауан», «угәы иахәо ажәақәа» иԥшаарц азы, «ииашоу аҵабырг ажәақәа» аниҵаларц азы (Екклезиаст 12:9, 10). Ишәцәыцәгьоума шәара зны-зынла «угәы иахәо ажәақәа» рыԥшаара? Ааи акәзар, ишәыцхраар алшозеи, ишәҳәаша шәдыруазарц азы? Ацхыраара ҳнаҭар ауеит Абиблиаҿы, насгьы ҳпубликациақәа рҿы рхы иадырхәо ажәақәа азгәаҳҭозар. Иҭышәҵаала ишәзымдыруа ажәақәа рҵакы. Аха зегь раасҭа ихадоу, шәажәақәа рыла егьырҭ рырӷәӷәашьа шәҵала. Абар Анцәа ихшаазаҵәу Иԥеи иареи реизыҟазаашьақәа ирызкны Исаиа 50:4 аҿы иану: «Иегова исиҭеит [Иисус ииҭеит] иазыҟаҵаз рыбз, иааԥсаны иҟоу дызласырӷәӷәаша ажәа здыруазарц азы». Ҳара иаҳҳәаша заа ҳазхәыцуазар, усҟан иаҳҳәарц иаҳҭаху ииашаны аҳәара ҳалшоит (Иаков 1:19). Ҳхы ҳазҵаар ауеит: «Иаадырԥшуама сажәақәа исҳәарц исҭахыҵәҟьоу? Ишԥаидикыло урҭ сзацәажәо ауаҩы?»

13. Избан иаҳҳәо еилыкка иҟазар захәҭоу?

13 Ажәытә Израиль аҿы ажәлар еизыргарц, ақьалақәа рахь иоурыжьырц, насгьы ар еибашьра ирышьҭырц азы абыкь рхы иадырхәон. Абиблиаҿы абыкь абжьы еилыкка иҟоу ацәажәашьа иаҿырԥшуп. Ажәылара зҽазыҟазҵоз ар рзы абыкь абжьы еилыкка имгозҭгьы, уи алҵшәа бааԥс аанагар алшон. Убас еиԥш, иаҳҳәо еилырганы иҳамҳәозар, уи ҳзацәажәо дарҩашьар ауеит. Ҳәарада, ҳажәақәа еилыкка иҟазарц ҳанашьҭоу, ҳара иаҳҭахуп урҭ хжәамзарц, насгьы ахаара рныԥшуазарц. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 14:8, 9.)

14. Иаажәга аҿырԥшы Иисус имариоу, еилукаартә иҟоу ажәақәа ихы ишаирхәоз.

14 Иисус ажәақәа ралхраҿы аҿырԥш бзиа ҳирбеит. Иаҳгәалаҳаршәап Матфеи ахқәа 5—7 рҿы иану иажәахә. Уи дуӡам, аха даара амч амоуп. Иисус иажәақәа реилкаара мариан, ҩ-ҵакык рымамызт. Иара убас урҭ хжәамызт, насгьы удыргәаауамызт. Иисус имариоу, еилыкка иҟоу, ауаа ргәаҵанӡа инеиуаз ажәақәа ихы иаирхәон. Иаҳҳәап, ауаа зда ԥсыхәа рымам ача мыцхәы иашьҭамзарц азы, иара Иегова ажәҩан иалоу аԥсаатә дышреиҷаҳауа иазхьаирԥшит. Анаҩс изыӡырҩцәа аԥсаатә ирҿырԥшны, дразҵааит: «Убарҭ реиҳа шәеиӷьӡами шәара?» (Матфеи 6:26). Шаҟа абзиабара рыҵоузеи угәаҵанӡа инеиуа, имариоу, еилыкка иҟоу арҭ ажәақәа! Уажәшьҭа ҳахәаԥшып ҳцәажәашьа иадҳәалоу ахԥатәи аган.

ИШҲӘАТӘУ

15. Избан ҳажәақәа ауаа ргәы иахәо изыҟазар акәу?

15 Иаҳҳәо аасҭа, ишаҳҳәо еиҳа ихадазар ауеит. Иисус иахьизҳаз ақалақь Назарет асинагогаҿы ианыдирҵоз, ауаа «иҿы иҭыҵуаз алыԥхажәақәа џьаршьауан» (Лука 4:22). Ҳаҭырқәҵара зныԥшуа ацәажәашьа еснагь ауаа ргәы иахәоит, насгьы иаҳҳәо ажәақәа рхәарҭа армаҷӡом. Ииашаҵәҟьаны угәы иахәо ажәақәа ҳажәабжь ауаа еиҳа агәра ргартә иҟарҵоит (Ажәамаанақәа 25:15). Ҳара Иисус ҳаиҿыԥшуеит, ақьиареи апатуқәҵареи ааҳарԥшуазар, насгьы егьырҭ рцәаныррақәа ҳрызҿлымҳазар. Зны Иисус изыӡырҩырц азы еизаз ауаа шаҟа аџьабаа рбаз аниба, ирыцҳаишьеит, насгьы «акыр дырҵара... далагеит» (Марк 6:34). Иисус даныладырҟәуазгьы, иара уаҩ длаирҟәуамызт (1 Пиотр 2:23).

16, 17. а) Ишԥаҳалшо Иисус иҿыԥшра, аизараҿы иҟоу ҳҩызцәа гәакьақәеи ҳҭынхацәеи ҳанрацәажәо? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Иаажәга хаала иҳәоу ажәақәа алҵшәа бзиақәа шааргаз узырбо аҿырԥшы.

16 Ибзианы иаҳдыруа ауаа, иаҳҳәап, ҳҭаацәара иалахәу, ма аизараҿы иҟоу ҳҩызцәа гәакьақәа, ахаареи аҳаҭырбареи аарԥшны рацәажәара еснагь имариам. Ҳара ҳгәы иаанагар алшоит урҭ ҳанрацәажәо, ҳажәақәа мыцхәы ҳарзымхәыцлар ҟалоит ҳәа. Аха иԥхьаӡозма Иисус иҵаҩцәеи иареи еиҩызцәазар, ихжәаны драцәажәалар азин имоуп ҳәа? Ҳәарада, мап! Иисус зегь раасҭа изааигәаз иҵаҩцәа рыбжьара иреиҳау дарбану ҳәа аимак анцәырҵ, ақьиара аарԥшны ириашеит, насгьы ахәыҷы ҿырԥшыс дааигеит (Марк 9:33—37). Аизара аиҳабацәа Иисус иҿыԥшлар рылшоит, ҽԥныҳәада алабжьарақәа анрырҭо (Галаҭаа 6:1).

17 Аӡәы ҳгәы ҳзырхьуа ак ҳаиҳәозаргьы, хаала, ҳаҭырқәҵарала аҭак аныҟаҳҵо, уи алҵшәа бзиақәа аанагар алшоит (Ажәамаанақәа 15:1). Иаҳҳәап, иаҳәшьак лхала илааӡоз лԥа ҩ-ԥсҭазаашьак мҩаԥигон. Даҽа иаҳәшьак цәгьарак аҵамҵакәа ус лалҳәеит: «Илахьеиқәҵагоуп бхәыҷы ибзианы дахьбзымааӡаз». Ан маҷк даахәыцын, аҭак ҟалҵеит: «Ҳәарада, иахьа зегь бзианы ицом, аха ааӡара макьана ихыркәшам. Бааи ари атема Армагеддон ашьҭахь ҳалацәажәап, усҟан зегь убарҭахоит». Абас еиԥш хаала иҟаҵаз аҭак аиаҳәшьцәа аҭынчра ахьчара ирыцхрааит, иара убас ари заҳауаз аԥа игәы шьҭнахит. Иара еиликааит иан уаҳа ак илҵуам ҳәа шылмыԥхьаӡоз. Ари аҷкәын игәазҭанаҵеит иҽеимыз иҩызцәа рааныжьра. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь иара аӡы иҽӡааихит, анаҩс Вефиль амаҵ иуан. Ҳахьыҟазаалакгьы — ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳрыцума, ҳҭаацәа ҳрыцума, ма иаҳзымдыруа ауаа ҳрыцума — ҳажәақәа еснагь «баҩ рылаз, ихәарҭаз, ихатәраз» (Кәаласаа 4:6).

18. Ишԥаҳалшо ҳанцәажәо Иисус иҿыԥшра? Иарбан хәарҭоу уи иаанаго?

18 Ҳхәыцрақәеи ҳцәаныррақәеи ажәала раарԥшра алшара — ари ииашаҵәҟьаны иџьашьахәуп. Шәааи анаҩсгьы Иисус ҳаиҿыԥшлап ацәажәаразы аамҭеи ианаало ажәақәеи алхуа, иара убас аҳаҭырқәҵара аарԥшуа. Усҟан ҳажәақәа ауаа ахәышәтәлоит, насгьы зыхә ҳараку ацәажәара аҳамҭа ҳазҭаз Иегова игәы иахәалоит.

ШӘАЖӘАҚӘА АУАА АХӘАРҬА РЗААНАГАЛАРТӘ ШӘХЫ ИАШӘЫРХӘАЛА

  • ИАНҲӘАТӘУ Ианаало аамҭа алшәхла

  • ИҲӘАТӘУ Ианаало ажәақәа шәыԥшаала

  • ИШҲӘАТӘУ Аҳаҭырқәҵара аашәырԥшла

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра