Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • lv ахы 12, ад. 133—143
  • Иҳәала «уаҩы хәарҭа изҭаша, игәрахаҵара зырҵаулаша»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иҳәала «уаҩы хәарҭа изҭаша, игәрахаҵара зырҵаулаша»
  • «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЗБАН ИЗАХӘҬОУ ҲАЖӘАҲӘА АЦКЛАԤШРА
  • УГӘЫ КАЗЫЖЬУА АЖӘАҲӘА
  • АРӶӘӶӘАРАЗЫ ИХӘАРҬОУ АЖӘАҚӘА
  • Шәцәажәашьа ҿырԥшыгоума?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Шәажәақәа ауаа ахәарҭа рзаанагалааит
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Ишԥашәылшо шәажәақәеи шәцәажәашьеи рыла Иегова иргәырӷьара?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
«Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
lv ахы 12, ад. 133—143
Капли воды на листьях дерева

АХЫ 12

Иҳәала «уаҩы хәарҭа изҭаша, игәрахаҵара зырҵаулаша»

«Иаԥсам ажәа ҟьашь, ажәа хәаԥса хархәара азыжәымун: шәцәажәала уаҩы хәарҭа изҭаша, игәрахаҵара зырҵаулаша... гәцаракны» (ЕФЕСАА 4:29).

1—3. а) Иарбан ҳамҭоу Иегова иҳаиҭаз, насгьы ишԥалшо уи ииашамкәа ахархәара? б) Ҳхы ишԥаҳархәалар акәу ажәаҳәа аҳамҭа Анцәа ибзиабараҿ ҳаанхаларц азы?

ИАРБАН цәаныррақәоу иузцәырҵуаз, бзиа иубо ауаҩы иуҭаз аҳамҭа ишидыруа ииашамкәа ихы иаирхәазҭгьы? Иаҳҳәап, уара аӡәы амашьына ҳамҭас иуҭеит, анаҩс иуаҳаит уи амашьына ишабалак иахьныҟәицоз иахҟьаны, егьырҭ аԥырхага шриҭаз. Угәы иалымсӡози уи уара?

2 Ацәажәара алшара — ари Иегова, «аҳамҭа ҳалалқәа, аҳамҭа наӡақәа зегьы» ҳазҭаз, иҳамҭоуп (Иаков 1:17). Ауааи аԥстәқәеи злеиҩудыраауа убри аҳамҭа иабзоураны, ҳара иҳалшоит егьырҭ ауаа ҳхәыцрақәа рыдагьы, ҳцәаныррақәагьы рыцеиҩаҳшаларц. Хыхь зыӡбахә ҳәаз амашьына еиԥш, ари аҳамҭа ииашамкәа ахархәара азузар ауеит. Шаҟа игәы инархьуазеи Иегова, аӡәы дымхәыцӡакәа иажәаҳәа ихы ианаирхәо, егьырҭ ахьаа рзааго!

3 Анцәа ибзиабараҿ ҳаанхаларц азы, ҳара иаҳҭахуп ацәажәара аҳамҭа Ҳазшаз ишазалихыз еиԥш ҳхы иаҳархәаларц. Иегова еилыкка иаҳирбоит иарбан цәажәашьоу игәы иахәо. Абиблиаҿ иануп: «Иаԥсам ажәа ҟьашь, ажәа хәаԥса хархәара азыжәымун: шәцәажәала уаҩы хәарҭа изҭаша, игәрахаҵара зырҵаулаша... гәцаракны» (Ефесаа 4:29). Уааи еилҳаргап избан ҳажәаҳәа ҳзацклаԥшлар акәу, иарбан цәажәашьоу зхы ацәыхьчатәу, насгьы «хәарҭа узҭаша, угәрахаҵара зырҵаулаша» шҳәатәу.

ИЗБАН ИЗАХӘҬОУ ҲАЖӘАҲӘА АЦКЛАԤШРА

4, 5. Ишԥаҵшьу абиблиатә ажәамаанақәак рҿы ажәақәа ирымоу амч?

4 Актәи амзыз ҳажәаҳәа ацклаԥшра захәҭоу убри ауп, ажәақәа амч рымоуп. Ажәамаанақәа 15:4 аҿы иҳәоуп: «Абз аҭынчра — аԥсҭазаара иаҵлоуп, ибжьысу абз — адоуҳа ықәнахуеит»a. Аҩара иаҿу аҵла аӡы аԥсы шҭанаҵо еиԥш, иҭынчу ажәаҳәа иазыӡырҩуа рдоуҳа арлахҿыхуеит. Аха ибжьысу ажәаҳәа адоуҳа ықәнахыр ауеит. Ииашаҵәҟьаны, ҳара иаҳҳәо ажәақәа урхәыр, ма урхәышәтәыр рылшоит (Ажәамаанақәа 18:21).

5 Даҽа жәамаанак аҿы еилыкка иануп ажәақәа шаҟа амч рымоу: «Аӡәы дымхәыцӡакәа данцәажәо, а́ҳәа уахәызшәа уихәуеит» (Ажәамаанақәа 12:18). Урзымхәыцӡакәа уццакны иуҳәо ажәақәа иҵаулоу аемоциатә хәрақәа аанрыжьыр, аизыҟазаашьақәа бжьырхыр ауеит. Ихәхьоума аӡәыр уара угәы ажәала, а́ҳәа уахәызшәа? Аха иара убри ажәамаанаҿы иҳәоуп: «Иҟәыӷоу рыбз уахәышәтәуеит». Ираӡаны иҳәоу ауаҩы иажәақәа, Анцәа иҟәыӷара зҵоу, ихәу агәы рхәышәтәыр, аизыҟазаашьақәа шьақәдыргылар рылшоит. Иугәалашәома уара ихәышәтәыгоу ажәа бзиақәа рымч анунырыз? (Уаԥхьа Ажәамаанақәа 16:24.) Ажәақәа амч шрымоу ҳгәаларшәо, ҳара ҳажәақәа убас ҳхы иаҳархәаларц ҳҭахуп егьырҭ ауаа ҳамхәларц, аха иаҳхәышәтәларц.

Иҭынчу ажәаҳәа уарлахҿыхуеит

6. Избан изыцәгьоу абз аиааира?

6 Егьа ҳҽазаҳшәаларгьы, ҳара иҳалшаӡом инагӡаны ҳабз аиааира. Аҩбатәи амзыз ҳажәаҳәа изацклаԥшлатәу убри ауп, агәнаҳаи анамӡареи ҳгәазҭарҵоит ҳабз ииашамкәа ахархәара. Ажәақәа агәы аҟынтәи иаауеит, аха «агәы ацәгьарахь ихоуп» (Аҟазаара 8:21; Лука 6:45). Убри аҟынтә ҳабз аиааира даара иаҳцәыцәгьоуп. (Уаԥхьа Иаков 3:2—4.) Ҳабз аҵыхәтәанынӡа ишаҳзаанымкылогьы, ҳара ҳамч ақәхоит уи еиӷьны аус адулара. Аӡиас иаҿаланы аӡсара зцәыцәгьоу ауаҩы еиԥш, ҳара ҳаҿагылалароуп ҳагәнаҳатә ҟазшьа ҳабз ииашамкәа ахархәара.

7, 8. Иарбан ҭакԥхықәроу иҳаду ҳара Иегова иҿаԥхьа ҳажәақәа рзы?

7 Ахԥатәи амзыз ҳажәаҳәа изацклаԥшлатәу убри ауп, ҳажәақәа рзы Иегова аҭакҟаҵарахь ҳааиԥхьоит. Ҳара ҳабз ҳхы ишаҳархәо зныруа ауааи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рымацара ракәӡам, аха Иегова ҳара ҳзы игәы иаанагогьы ианыруеит. Иаков 1:26 аҿы иануп: «Агәрахаҵара зманы ҳәа зхы зыԥхьаӡауа, арахь зыбыз иазымиааиуа, згәаҳәара иацныҟәо ауаҩы ихы ижьоит, уи ицқьа-ԥшьара акымзарак аанагом»b. Ҳазхысыз ахы ишаҳнарбаз ала, ҳажәаҳәеи Анцәа имҵахырхәареи ӷәӷәала еидҳәалоуп. Ҳабз ҳазымиааиуазар,— даҽакала иуҳәозар ҳажәаҳәа уланарҟәуазар, ишҳамзар,— усҟан ҳқьырсиантә маҵура зегь Анцәа иҿаԥхьа акгьы иаԥсамкәа иҟалар алшоит. Шаҟа уарлахҿыхуазеи ари ахшыҩҵак! (Иаков 3:8—10).

8 Еилкаауп ҳара акрызҵазкуа амзызқәа шҳамоу, ҳажәаҳәа аҳамҭа зҿлымҳарала ииашаны ҳхы ишаҳархәо ҳацклаԥшларц. Ихәарҭоу, узырӷәӷәо ажәаҳәа иаҵанакуа гәаҳҭаанӡа, уааи ҳалацәажәап ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа рыԥсҭазаараҿы зынӡа ҭыԥ змам ажәаҳәа.

УГӘЫ КАЗЫЖЬУА АЖӘАҲӘА

9, 10. а) Иарбан иҟьашьу ажәаҳәа хкқәоу иахьа ҳаԥсҭазаара иахәҭаку? б) Избан иҟьашьу ажәаҳәа мап зацәаҳкыр акәу? (Уахәаԥш албаага.)

9 Иҟьашьу ажәаҳәа. Абзцәгьара, ацәҳара, насгьы егьырҭ ажәа ҟьашьқәа рыхкқәа аԥсҭазаара иахәҭакны иҟалеит. Шьоукы ажәа ҟьашьқәа рыла рцәажәашьа аемоциа андырԥшырц, насгьы ражәаҳәа дырҭбаарц рҭахуп. Алафҳәаҩцәа ауаа дырччарц азы, агмыграқәеи асекс иадҳәалоу ажәа ҟьашьқәеи рҳәоит. Аха иҟьашьу ажәаҳәа — узхыччо усым. 2 000 шықәса раԥхьа апостол Павел Кәаластәи аизара дрылабжьеит «абызбааԥсра, абызхәаԥсара» аанрыжьырц (Кәаласаа 3:8). Ефестәи аизараҿы Павел иҳәеит «ахыччаҵәылхрақәа» ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа рыбжьара иагьаламцәажәалароуп ҳәа (Ефесаа 5:3, 4).

10 Иҟьашьу ажәаҳәа Иегова дланарҟәуеит. Иара убас уи иланарҟәуеит иара бзиа дызбо. Ҳара иҟьашьу ажәаҳәа мап ацәаҳкуеит, избанзар Иегова бзиа даҳбоит. Павел «ацәеижь зҵоу агәнаҳарақәа» ирхиԥхьаӡалоит «мыцқьа-шьацқьала аҟамзаара», уи иаҵанакыр алшоит иҟьашьу ажәаҳәа (Галаҭаа 5:19—21). Уи аҵак ду амоуп. Ақьырсиан аизара далцахар ауеит изныкымкәа алабжьарақәа ширҭогьы дахьымхәуазар, уи иажәаҳәа шыҟаз инхазар, зынӡа иламысдаразар, иахәҭам ак акәзар, убжьнахуазарc.

11, 12. а) Изакәызеи уҳәан-сҳәан, насгьы ушԥақәнахыр алшо уи? б) Избан Иегова имҵахырхәаҩцәа аӡәы ацәгьа изҳәара рҽацәырыхьчалар захәҭоу?

11 Уқәызхуа уҳәан-сҳәан, аӡәы ацәгьа изҳәара. Уҳәан-сҳәан — ари ауаа, насгьы урҭ русқәа ирызкны иуаҳауа рыларҵәара ауп. Ибааԥсума еснагь ауаа рхатә усқәа ҳанрылацәажәо? Мап, уи цәгьара злам еицәажәаразар, ажәабжь бзиақәеи ихәарҭоу аинформациеи ахьеибаҳҳәо, иаҳҳәап ааигәа зыҽӡаазхыз, ма агәышьҭыхра зҭаху ртәы ҳҳәозар. Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа русқәа шцоз еизҵаауан, рхаҵара рыцеиҩызшоз ирызкны иақәнагаз аинформациа еибырҳәон (Ефесаа 6:21, 22; Кәаласаа 4:8, 9). Аха уқәызхуа уҳәан-сҳәан ҳәа рзуҳәар ауеит афактқәа еицакны, аӡәы ихатәы информациа анеиҭарҳәо. Зегь иреицәоу убри ауп, уи еснагь аԥырхага узаазго ацәгьа аҳәарахьы унанагар ауеит. Аӡәы ацәгьа изҳәара — ари «ишымцу дырны ирылаурҵәо аинформациа ауп». Иаҳҳәап афарисеицәа Иисус ихьӡ дырцәгьаразы, ацәымӷра зҵаз ацәгьа аҳәара рҽазыршәеит (Матфеи 9:32—34; 12:22—24). Аӡәы ацәгьа изҳәара лассы-лассы аимак ахь икылнагоит (Ажәамаанақәа 26:20).

12 Иегова хьырхәрада инижьӡом зажәаҳәа ииашамкәа зхы иархәаны егьырҭ ацәгьа рзызҳәо, ма урҭ реиҿырхара иашьҭоу. Иара ицәымӷуп «аишьцәа аимак рыбжьазҵо» (Ажәамаанақәа 6:16—19). Абырзен ажәа диа́болос, «ацәгьа зҳәо» ҳәа еиҭагоу, иара убасгьы Аҩсҭаа иҵанакуеит. Иара — ӷашақә Анцәа ацәгьа изызҳәо «Џьнышуп» (Аатра 12:9, 10). Мҩашьарада, ҳара ҳаџьнышны ҳҟазҵо ацәажәашьа ҳҽацәаҳахьчар ҳҭахуп. Аизараҿы аӡәы изы ицәгьоу аҳәара, «аимак-аиҿакқәеи» «аиҿыхарақәеи» рахь угәазҭазҵо, аҭыԥ амамзар ауп (Галаҭаа 5:19—21). Убри аҟынтә аӡәы изку ажәабжь еиҭауҳәаанӡа, ухы уазҵаа: «Ииашоума ари? Ибзианы иҟасҵома сара уи ахьеиҭасҳәо? Иаԥсоума иара зынӡа уи аинформациа рыларҵәара?» (Уаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 4:11.)

13, 14. а) Ишԥарныруеи улазырҟәуа ажәаҳәа заҳауа ауаа? б) Иаанагозеи аӡәы ажәа бааԥс иаҳәара, насгьы избан ажәа бааԥс зҳәо ихы ашәарҭара изҭаиргыло?

13 Узыргәаауа ацәажәашьа. Хыхь ишазгәаҭаз еиԥш, ажәақәа ахьаа ааргар алшоит. Ҳәарада, ҳанамӡара иахырҟьаны уажәы иаҳҳәо нас ҳахьхәыр ҳалшоит. Аха Абиблиа ҳгәаҳҽаннаҵоит абас еиԥш иҟоу ацәажәашьа зынӡа ҭыԥ шамам ақьырсианцәа рҩны, ма реизараҿ. Павел ақьырсианцәа ааиԥхьон: «Ацәгьоура, аԥсахеибакра, агәаӷ, аҭыӡшәа, аҩысҭаара, убас уаҩы игәы ԥызжәараны иҟоу зегьы хара ишәыҟәгазааит» (Ефесаа 4:31). Егьырҭ аиҭагақәа рҿы ажәақәа «уаҩы игәы ԥызжәараны иҟоу зегьы» еиҭагоуп «ажәа бааԥсқәа», «рыбз цәгьаны», насгьы «узыргәаауа ажәақәа» ҳәа. Узыргәаауа ацәажәашьа, улазырҟәуа ажәақәа, иааҟәымҵӡакәа ихжәаны акритика аҭара, рхы пату ақәҵара рымнахыр алшоит, акгьы иаԥсамшәа рхы рбо иалагоит. Иқәыԥшу агәрагара ззымариоу ахәыҷқәа ргәы еиҳарак иуашәшәыроуп, улазырҟәуа ажәақәа ахәыҷқәа ибааԥсны ирнырыр алшоит (Кәаласаа 3:21).

14 Абиблиа азин ҳнаҭаӡом аӡәы ажәа бааԥс иаҳәара, даҽакала иуҳәозар, узыргәаауа ажәақәа рыла рыларҟәра. Ус ицәажәо ауаҩы ашәарҭара иҽҭаиргылоит, избанзар егьырҭ ажәа бааԥсқәа разҳәо ауаҩы аизара далцахар ауеит, изныкымкәа ицхраарц азы алабжьарақәа ирҭо идимкылозар. Уи иҽимыриашар, иҟалап, Аҳра азылԥхарақәа ицәыӡыр (1 Коринфаа 5:11—13; 6:9, 10). Еилкаауп, ҳара Анцәа ибзиабараҿ аҟазаара шҳалымшо ҳажәаҳәа хырҳагамзар, имцызар, аразра аҵамзар. Ари аҩыза ажәаҳәа угәы канажьуеит.

АРӶӘӶӘАРАЗЫ ИХӘАРҬОУ АЖӘАҚӘА

15. Иарбан ажәаҳәоу арӷәӷәаразы ихәарҭоу?

15 Ҳхы ишԥаҳархәар акәу ажәаҳәа аҳамҭа Ҳазшаз игәҭакы инақәыршәаны? Иугәаларшәа Анцәа Иажәа ааԥхьара шҳанаҭо «уаҩы хәарҭа изҭаша, игәрахаҵара зырҵаулаша» аҳәара (Ефесаа 4:29). Иегова дгәырӷьоит ҳара егьырҭ ахәарҭа рзаазго, ргәы шьҭызхуа, изырӷәӷәо ажәақәа анаҳҳәо. Ус иҟоу ажәақәа ибзианы ирызхәыцтәуп. Абиблиа аҿырԥшы рхианы иаҳнаҭаӡом; иара убас ианҵам ахәарҭа злоу ацәажәашьа ҳәа иԥхьаӡалатәу (Тит 2:8). «Уаҩы хәарҭа изҭаша, игәрахаҵара зырҵаулаша» ҳҳәаларц азы, ҳара иаҳгәалашәалароуп ахәарҭа узаазго ацәажәашьа иамоу, имариоу, аха акрызҵазкуа х-ҷыдарак: иара хырҳагазароуп, ииашазароуп, аразра аҵазароуп. Убри аҟынтә уааи игәаҳҭап хәарҭа узаазго ажәаҳәа иалкаау аҿырԥштәқәа. (Уахәаԥш арамка «Иуҳәар алшома сцәажәашьа ахәарҭа узаанагоит ҳәа?».)

ИУҲӘАР АЛШОМА СЦӘАЖӘАШЬА АХӘАРҬА ААНАГОИТ ҲӘА?

Женщина по-доброму разговаривает с другой женщиной

Апринцип: «Шәажәақәа еснагь угәы иахәартә иҟазааит» (Кәаласаа 4:6, АдҾ).

Азхәыцразы азҵаарақәа

  • Аӡәыр дсырҽхәахьоума сара ааигәа иалкаау уск азы? (1 Коринфаа 11:2; Аатра 2:1—3).

  • Иаасырԥшуама сара егьырҭ рахь апатуқәҵара, «суҳәоит», «иҭабуп» ҳәауа? (Аҟазаара 13:14; Иоанн 11:41).

  • Сара егьырҭ санрацәажәо, схы мацара сахцәажәома, мамзаргьы егьырҭ рцәаныррақәеи рхәыцрақәеи ринтерес сымоу? (Филиппаа 2:3, 4; Иаков 1:19).

  • Схы иасырхәома сара егьырҭ ирызкны издыруа аинформациа, егьырҭ рырӷәӷәаразы, ма ргәы акажьразы? (Ажәамаанақәа 15:1, 2).

  • Сышԥазыҟоу сара абызцәгьара, ишԥаанарԥшуеи уи сшазыҟоу сара сгәы иҭоу? (Лука 6:45; Иаков 3:10, 11).

16, 17. а) Избан ҳара егьырҭ ҳарҽхәаларц зҳахәҭоу? б) Иарбан лшарақәоу иҳамоу егьырҭ рырҽхәара аизараҿы? аҭаацәараҿы?

16 Гәык-ԥсыкалатәи арҽхәара. Иеговеи Иисуси еилыркаауеит арҽхәара злоу ажәақәа шҳәалатәу (Матфеи 3:17; 25:19—23; Иоанн 1:47). Ақьырсианцәа иашақәа реиԥш ҳаргьы егьырҭ гәык-ԥсыкала иҳарҽхәалароуп. Избан? «Шаҟа ибзиоузеи ианаамҭоу иҳәоу ажәа!» — аҳәоит Ажәамаанақәа 15:23 аҟны. Ухы уазҵаа: «Иарбан цәаныррақәоу сара исызцәырҵуа, егьырҭ гәыкала сандырҽхәо? Сгәы шьҭнахуама, насгьы иарԥхома абри аҩыза арҽхәара?» Ииашаҵәҟьаны гәыкалатәи арҽхәара иуеилнаркаауеит уара ушгәарҭо, хьаас ушрымоу, уҽазышәарақәа пату шрықәырҵо. Ари аҩыза агәраргара еиҳа ухы уақәнаргәыӷуеит, насгьы уара уаԥхьаҟа еиҳаны аџьабаа убаларц угәазҭанаҵоит. Ҳәарада, уара иугәаԥхоит уандырҽхәо, нас ус акәзар иухәҭаӡами уара егьырҭ рырҽхәара? (Уаԥхьа Матфеи 7:12.)

17 Уҽазышәала егьырҭ рҟны ибзиоу агәаҭара, насгьы уи азы рырҽхәара. Аизараҿы уара иуаҳар улшоит ибзианы еиқәыршәоу ажәахә, дгәоуҭар ауеит адоуҳатә хықәкқәа заԥхьа иқәзыргыло иқәыԥшу ажәабжьҳәаҩ, мамзаргьы иааиԥмырҟьаӡакәа аизарақәа рахь инеиуа зықәрахь инеихьоу ақьырсиан. Урҭ рҩызцәа ауаа гәык-ԥсыкала ианурҽхәо, урҭ ажәақәа ргәаҵанӡа инеир, доуҳала иарӷәӷәар ауеит. Аҭаацәараҿы ахацәеи аҳәсеи дара-дара еибырҳәалароуп узырԥхо, аџьшьара аазго ажәақәа (Ажәамаанақәа 31:10, 28). Ахәыҷқәа гәырӷьоит дара шгәарҭо, рыхә ҳаракны ишыршьо анырбалак. Дара арҽхәара рҭахуп, аҵиаа амрахәагеи аӡи шаҭаху еиԥш. Аҭаацәа, ишәыԥшаала аҭагылазаашьа урҭ шәырҽхәаларц, иаадырԥшуа рҟазшьа бзиақәеи рҽазышәарақәеи рзы. Арҽхәара агәымшәареи агәрагареи рнаҭоит, ргәазыҟанаҵоит еиҳагьы гәцаракрала ииашоу аҟаҵара.

18, 19. Избан ҳамчқәа ҳзырмеигӡалар акәу ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ргәы шьҭаҳхларц азы, насгьы ишԥаҟаҵалатәу уи?

18 Агәырҭынчра. Иегова гәыкала дреиҷаҳауеит «ахынраалара змоу», насгьы «ӷәӷәала згәы каҳаз» ауаа (Исаиа 57:15). Иара Иажәа ҳара ҳгәазҭанаҵоит: «Аӡәи-аӡәи шәеизыӡырҩла, шәеилабжьала... ...Зыгәрахаҵара кәадоу — рхы-ргәы азыҟашәҵала» (1 Фессалоникаа 5:11, 14). Ҳара агәра ҳгар ҳалшоит Анцәа Иегова ҳашгәаиҭо, насгьы згәы каҳан иҟоу ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ргәышьҭыхраҿы, иааҳарԥшуа аҽазышәарақәа рыхә ҳаракны ишишьо.

Христианский старейшина ободряет супругов

Иегова дгәырӷьоит, ҳара егьырҭ зырӷәӷәо ажәақәа анаҳҳәо

19 Иуҳәарц иулшозеи уара згәы каҳаны иҟоу, акы иаргәаҟуа ақьырсиан игәы шьҭухырц азы? Угәы иаанамган уи имоу ауадаҩра аӡбара уара уалны иудуп ҳәа. Ишдыру еиԥш, иаабац ажәақәа роуп ахәарҭа узаазго. Агәра ирга згәы каҳаны иҟоу ауаҩы ушидгыло. Идгал шәыбжьы ҭганы Анцәа шәиҳәарц. Уара Иегова уиҳәар ауеит ари ақьырсиан егьырҭ шаҟа бзиа дырбо, насгьы Анцәа шаҟа бзиа дибо еилиркаарц (Иаков 5:14, 15). Иҳәа иара аизараҿ шаҟа дырҭаху, ихә ҳаракны ишыршьо (1 Коринфаа 12:12—26). Уаԥхьа игәы шьҭызхуа абиблиатә жәеинраала, Иегова хаҭала дышиеиҷаҳауа агәра иургарц азы (Ԥсалом 34:18; Матфеи 10:29—31). Уара «ажәа хаа» аҳәаразы аамҭа уамеигӡар, гәыкала ус иҟоу ауаҩы уиацәажәар, ари, ҳәарас иаҭахузеи, бзиа дшырбо, пату шиқәырҵо иеилнаркаауеит. (Уаԥхьа Ажәамаанақәа 12:25.)

20, 21. Иарбан факторқәоу алабжьара еиҳау ахәарҭа аанагарц иацхраауа?

20 Ихәарҭоу алабжьара. Ҳара зегьы ҳанамӡара иахҟьаны, зны-зынла алабжьарақәа ҳҭаххоит. Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит: «Уазыӡырҩла алабжьара, иудкылала амҩақәҵара, уаԥхьаҟа уҟәыӷахарц азы» (Ажәамаанақәа 19:20). Алабжьарақәа егьырҭ ирызҭалар зылшо аизара аиҳабацәа рымацара ракәӡам. Аҭаацәа рхәыҷқәа алабжьарақәа рырҭоит (Ефесаа 6:4). Зықәра шәхьоу аиаҳәшьцәа еиҳа иқәыԥшу ирылабжьалар ауеит (Тит 2:3—5). Ҳара абзиабара ҳгәазҭанаҵоит алабжьарақәа егьырҭ убас рыҭара, ргәы канамыжьыртә еиԥш. Иҳацхраауазеи ҳара убас иҟоу алабжьарақәа рыҭара? Игәаҳҭап х-факторк алабжьара ахәарҭа еиҳаны иаанагартә иҟазҵо: алабжьара узҭо игәазыҟашьеи имотивқәеи; алабжьара шьаҭас иамоу, насгьы уи шрыҭахо.

21 Алабжьара ахәарҭа узаанагарц азы, акраҵанакуеит иузҭо дазусҭоу. Ухы уазҵаа: «Ианбасзымариоу алабжьара адкылара?» Алабжьара адкылара мариоуп иузҭо хьаас ушимоу анудыруа, игәынамӡара анааимырԥшуа, иҵәаху амотивқәа анимам. Убри аҟынтә иухәҭаӡами уаргьы иумазарц убри аҩыза агәазыҟашьеи амотивқәеи, егьырҭ алабжьара анруҭо? Алабжьара бзиа Анцәа Иажәа шьаҭас иамоуп (2 Тимофеи 3:16). Ҳара Абиблиа ҳхы иаҳмырхәаргьы, ҳалабжьара уи еснагь шьаҭас иамазароуп. Абри мзызс иҟаҵаны аизара аиҳабацәа ргәаанагара егьырҭ мчыла ирыдрымгаларц, Аҩыра еицарымкырц рҽазыршәоит, аӡәы ихатә гәаанагара абиблиатә шьаҭа амоушәа иҟамларц азы. Жәа хаала иҳәоу алабжьара адкылара еиҳа имариоуп, уи аҩыза алабжьара ауаҩы илнаршоит ихы апату ақәҵара ахьчара (Кәаласаа 4:6).

22. Ишԥауҭаху уара уажәаҳәа аҳамҭа ухы иаурхәаларц?

22 Ҳәарас иаҭахузеи, ажәаҳәа — Анцәа иҟынтәи зыхә ҳараку ҳамҭоуп. Анцәа иахь абзиабара ҳгәазҭанаҵоит уи аҳамҭа ииашаны, ишақәнагоу ҳхы иаҳархәарц. Иаҳхаҳмыршҭлап ҳара иаҳҳәо ажәақәа егьырҭ шдырӷәӷәо, мамзаргьы ргәы шкарыжьуа. Уааи ари аҳамҭа ҳхы иаҳархәалап Ҳазшаз ишазиӡбаз еиԥш,— «агәрахаҵара арҵаулара» азы. Усҟан ҳара ҳажәаҳәа иааҳакәыршаны иҟоу ауаа рзы изылԥхарахоит, насгьы Анцәа ибзиабараҿ аанхара иҳацхраауеит.

a Ажәамаанақәа 15:4 аҟны ауриатә ажәа «ибжьысу» ҳәа еиҭагоу, иара убасгьы иаанагар ауеит «ихәахәоу, еицаку».

b Абырзен ажәа «акымзарак аанагом» ҳәа еиҭагоу, иара убас иаанагоит «ибашоуп», ма «ҵак змам» (1 Коринфаа 15:17; 1 Пиотр 1:18).

c Иԥшьоу Аҩыраҿы «амцқьара» аҵакы ҭбаауп, уи еиуеиԥшым агәнаҳарақәа аҵанакуеит. Амцқьара ахкқәа зегь рҿы азинтә уснагӡатәқәа шаҭахымгьы, ауаҩы аизара далцахар ауеит дахьымхәӡакәа амцқьара ӷәӷәа ҟаиҵозар (2 Коринфаа 12:21; Ефесаа 4:19; уахәаԥш «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа» 2006 шықәса ииуль 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә Бааш», урысшәала).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра