Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 апрель ад. 2—3
  • Агәҭынчымрақәа риааира иҳацхраар алшо

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Агәҭынчымрақәа риааира иҳацхраар алшо
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ДЫШԤАРИААИУАЗ ДАВИД АГӘҬЫНЧЫМРАҚӘА?
  • ДАВИД ШӘИҾЫԤШЛА
  • ИЕГОВА ЗЕГЬ АХГАРА ДШӘЫЦХРААУЕИТ
  • Шәыгәҭыхақәа зегьы Иегова изшәырха
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иегова шәгәы арҭынчра илшәырша
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ашәарҭара иадҳәалоу агәҭынчымра
    Ахьчаратә бааш 2015
  • «Иегова иқәгәыӷуа бзиарак рыгхараны иҟаӡам»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 апрель ад. 2—3

Агәҭынчымрақәа риааира иҳацхраар алшо

АГӘҬЫНЧЫМРА ауаҩы ҭаха инамҭалар ауеит (Ажәам. 12:25). Ишәызцәырҵхьоума шәара агәҭынчымра ӷәӷәа? Уаҳа шәылшом ҳәа зныкыр шәгәы иаанагахьоума? Ааи акәзар, шәхала шәакәӡам ус иҟоу. Ауаҩы агәҭынчымра изцәырызгар алшо рацәоуп. Иаҳҳәап, шьоукы ичмазаҩу рҭынха ихылаԥшуеит, даҽа шьоукы бзиа ирбоз ԥсит, егьырҭ аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны аԥхасҭа роуит. Аха иҳацхраар алшозеи агәҭынчымрақәа риааира?a

Агәҭынчымрақәа ишыриааилатәу иазкны аҳ Давид иҿырԥшы иаҳнарҵо рацәоуп. Иара зныкымкәа ауадаҩра ӷәӷәақәа дрықәшәахьан. Аԥсра абла данҭаԥшуазгьы ыҟан (1 Сам. 17:34, 35; 18:10, 11). Дышԥариааиуаз Давид игәҭынчымрақәа? Иаҳнарҵар алшозеи иҿырԥшы?

ДЫШԤАРИААИУАЗ ДАВИД АГӘҬЫНЧЫМРАҚӘА?

Давид зныкала аԥышәарақәа рацәаны данрықәшәозгьы ыҟан. Иаҳгәалаҳаршәап дызшьыр зҭахыз Саул иҟынтә иҽаниҵәахуаз иҟалаз. Давид ируааи иареи Циклаг ахь ианыхынҳә еилыркааит амаликаа рмал зегь шыргаз, рыҩнқәа шырблыз, насгьы рыҳәсеи рхәыҷқәеи тҟәаны ишыргаз. Давид ицызи иареи убриаҟара ргәы каҳаит, рымч рылӡаанӡа рыбжьы рдуны аҵәыуара иаҿын. Аха уи аҿы Давид игәаҟрақәа нымҵәаӡеит: иара ируаа — гәыкала изыҟаз иҩызцәа — ахаҳә дарганы дыршьыр рҭахын (1 Сам. 30:1—6). Убас, Давид зныкала х-ԥышәарак дрықәшәеит: иҭаацәа ашәарҭара иҭагылан, иҩызцәа дыршьыр рҭахын, аҳ Саулгьы дышишьҭац дишьҭан. Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит Давид шаҟа ицәыуадаҩыз!

Иара даараӡа ицәыцәгьан, аха Иегова амч ииҭеит. Иҟаиҵазеи Давид? Еснагь ишыҟаиҵоз еиԥш, иара Иегова ацхырааразы диҳәеит. Иара убас Давид уаанӡа Анцәа дышицхраауаз еснагь игәалаиршәон (1 Сам. 17:37; Аԥсал. 18:2, 6). Уи адагьы, иара еиликаауан Анцәа инапхгара дашьҭазар шихәҭаз. Убри аҟынтә Анцәа диҳәеит иҟаиҵаша иеиҳәарц. Иегова иҟынтә амҩақәҵарақәа аниоу иаразнак урҭ ихы иаирхәеит. Убас Иегова Давид ируааи иареи дрыцхрааит рҭаацәарақәа реиқәырхареи рмал архынҳәреи (1 Сам. 30:7—9, 18, 19). Игәашәҭама Давид иҟаиҵаз х-шьаҿак? Иара ацхырааразы Анцәа диҳәеит, уаанӡа дышицхраауаз игәалаиршәеит, анаҩс иара иҟынтә иоуз амҩақәҵарақәа ихы иаирхәеит. Ишԥаҳалшо ҳара Давид ҳаиҿыԥшлар? Шәааи урҭ х-знеишьак еиҳа инарҭбааны ҳрылацәажәап.

ДАВИД ШӘИҾЫԤШЛА

1. Анцәа шәиҳәала. Агәҭынчымра шәызцәырҵцыԥхьаӡа Иегова дшәыцхраарц, насгьы аҟәыӷара шәиҭарц шәиҳәала. Шәгәы змырҭынчуа изеиҭашәҳәа. Убасҟан агәҭынчра шшәоуа жәбоит. Шәгәы иҵхо зегь Иегова изеиҭаҳәаразы аамҭа шәымамзар, иааркьаҿны шәиҳәа. Давид иҳәеит: «Иегова сыцаҟьа иоуп, сбаагәара, сҿыхҩы. Сынцәа — ахра исзаҩызоу. Иара иҿы исыԥшаап аҽыҵәахырҭа» (Аԥсал. 18:2). Иегова ацхырааразы шәаниҳәо игәра шыжәго аашәырԥшуеит. Аха ишԥаҳацхраауеи анцәаиҳәара? Калиа зыхьӡу пионерс амаҵ зуа иаҳәшьак илҳәоит: «Иегова саниҳәалак ашьҭахь агәҭынчра соуеит. Анцәаиҳәара сыцхраауеит Иегова иеиԥш ахәыцра, насгьы игәра агара». Ииашаҵәҟьаны, анцәаиҳәара ахьаартәага иаҩызоуп. Уи Иегова иоуп иаҳзылызҩааз.

2. Ишәгәалашәыршәала. Ишәгәалашәыршәар шәылшома Иегова ицхыраара мацарала шәызиааиз ауадаҩрақәа? Иегова ҳара дышҳацхраауаз, насгьы ажәытәан имаҵзуҩцәа дышрыцхраауаз ҳаназхәыцуа еиҳагьы игәра ҳгалоит, насгьы амч ҳауеит (Аԥсал. 18:17—19). Џьошуа зыхьӡу аизара аиҳабы иҳәоит: «Сара Иегова зҭак ҟаиҵахьоу сыҳәарақәа ақьаад ианҵаны исымоуп. Уи Иегова сзызиҳәоз шсиҭоз сгәаланаршәоит». Ааи, Иегова дышҳацхраауаз анҳгәалаҳаршәо агәҭынчымрақәа риааиразы амч ҳауеит.

3. Шәхы иашәырхәала. Уадаҩрак шәанақәшәалак ак аҟаҵара шәалагаанӡа Анцәа Иажәа иану ҭышәҵаа. Уаҟа ауп зегь иреиӷьу анапхгара ҳаԥшаар ахьҳалшо (Аԥсал. 19:7, 11). Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы изларҳәо ала, библиатә жәеинраалак ҳаԥсҭазаараҿы ҳхы ишаҳархәаша еилаҳкаарц азы уи бзианы иҭҵаатәуп. Џьаррод зыхьӡу аизара аиҳабы иҳәоит: «Абиблиатә жәеинраалак аҭҵаара саналаго уи аҵакы еиҳа еиӷьны еилыскаауеит, насгьы Иегова исеиҳәарц ииҭаху еиҳа ибзианы избоит. Еилыскаауа сгәаҟынӡа инеиуеит, убри аҟынтә уи ақәныҟәара еиҳа исзымариахоит». Абиблиаҿы Иегова инапхгара ҳашьҭазар, насгьы уи ҳақәныҟәозар, агәҭынчымрақәа рҿагыларазы ҳахиоуп.

ИЕГОВА ЗЕГЬ АХГАРА ДШӘЫЦХРААУЕИТ

Давид еиликаауан Иегова ицхыраарада агәҭынчымрақәа риааира шилымшоз. Иегова ицхыраара ахә шишьоз ааирԥшырц азы иара абарҭ ажәақәа иҳәеит: «Сынцәа имчала аҭӡамц схалоит. Анцәа амч сиҭоит» (Аԥсал. 18:29, 32). Зны-зынла ауадаҩрақәа аҭӡамцқәа реиԥш ҳҿаԥхьа ицәырҵлар ауеит. Аха Иегова ҳара дҳацуп. Ус анакәха, урҭ зегьы ҳариааир ҳалшоит. Убри аҟынтә шәааи Иегова ацхырааразы ҳиҳәалап, дышҳацхраахьоу ҳгәалаҳаршәалап, насгьы Анцәа Иажәа иану ҳхы иаҳархәалап. Ари адунеи аҿы агәҭынчымрақәа ҳазцәырымҵлар ауӡом, аха Иегова иҳаиҭо амчи аҟәыӷареи рыцхыраарала агәырӷьареи агәҭынчреи ҳамазаауеит!

a Агәҭынчымра ӷәӷәа змоу ауаҩы аҳақьымцәа рыцхыраара иҭаххар алшоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра