АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | АГӘҬЫНЧЫМРАҚӘА ИШЫРИААИЛАТӘУ
Ашәарҭара иадҳәалоу агәҭынчымра
«Асирена абжьы ансаҳауа, сгәы ҭыҵны ицоит, убри аҟынтә аблиндаж ахь сыҩуеит,— еиҭалҳәоит Алиона.— Аха уаҵәҟьагьы сгәы ҭынчӡам. Еиҳараӡак иахьшәарҭоу џьаргьы уҽахьузымҵәахуа адәаҿы ауп. Ҽнак асирена абжьы ансаҳа, сеиҵақьызқьызуа аҵәыуара салагеит. Сара сыԥсыԥ алагаҩагара сцәыцәгьахеит. Сааҭқәак рышьҭахь еиҳа сгәы ҭынчхеит, аха абар ҿыц асирена абжьы геит».
Алиона
Иахьа ауаа ашәара рызцәырызго аибашьра мацара акәӡам. Иаҳҳәап, шәыԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло ачымазара бааԥс шәыдырбалазар, ма ишәзааигәоу ауаҩы уи аҩыза ачымазара изцәырҵзар, абомбакажьраан ауаҩы ихы шибо еиԥш шәхы жәбозар ауеит. Џьоукы ԥхьаҟатәи рыԥсҭазаара ианазхәыцуа, ашәара рызцәырҵуазар ҟалоит. Урҭ ҭаха рнаҭом азҵаара: «Инхалар акәхома ҳхәыҷқәеи ҳмаҭацәеи аибашьреи, ақәымчрақәеи, аԥсабара аҟьашьреи, зҽызыԥсахуа аклимати, аепидемиақәеи ахьыҟоу адунеи аҿы?» Ишԥариааитәу абас еиԥш иҟоу агәҭынчымрақәа?
Аԥсҭазаараҿы зеиԥшҟамло акгьы ыҟам, убри аҟынтә «аԥхьаҟа ихәыцуа, арыцҳара анибалак, иҽиҵәахуеит» (Ажәамаанақәа 27:12). Ацәеижь аганахь ала ҳхы шыԥхьаҳкуа еиԥш, ҳара ҳаԥсихикатә, насгьы ҳемоциатә гәабзиара ахьчаразы ашьаҿақәа рыҟаҵара ҳалшоит. Игәымбылџьбароу агәырҿыхагақәа, насгьы телехәаԥшрала иҭыҵуа узыршәаӡыӡо ажәабжьқәа хәыҷи-дуи аҭынчра рымнахыр алшоит. Абарҭқәа зегьы ҳҽырцәаҳахьчозар, уаҩ ҳахьиимбо ҳхы ԥхьаҳкуеит аа́нагом. Ахшыҩ зҳаҭоу ахәыцра бааԥсқәа рзааҭгылара азы акәӡам. Уи аҭыԥан ҳахшыҩ «ииаша-ҵабыргу... ицқьа-шәқьоу, абзиабара иаԥсоу» ала иҳарҭәлар ауп. Ус ҟаҳҵалар, «ахирра Анцәа» аҭынчра ҳаиҭоит (Филиппаа 4:8, 9).
АНЦӘАИҲӘАРА ЗХАДОУ
Ииашаҵәҟьоу агәрахаҵара агәҭынчымра аиааира иҳацхраауеит. Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит «еснагь аныҳәара» ҳазхианы ҳаҟазарц (1 Пиотр 4:7). Ҳара Анцәа ҳиҳәалар ҳалшоит ацхыраареи, аҟәыӷареи, агәымшәареи ҳаиҭарц, ҳҭагылазаашьаҿы иҳалшо зегьы ҟаҳҵарц, «иаҳҳәо зегьы шиаҳауа... ҳазҳәозаалакь Иара иахьтә ишҳауа» агәра го (1 Иоанн 5:15).
Лхатә ҩыза Авии лареи
«Аԥсабара аҳ» ҳәа Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Анцәа иакәӡам, аха Аҩсҭаа иоуп, насгьы уа иануп «адунеи зегь Ацәгьа инапаҿы иҟоуп» ҳәа (Иоанн 12:31; 1 Иоанн 5:19, АдҾ). Еилкаауп Иисус анцәаиҳәашьа заҳирҵоз: «Цәгьарас иҟоу ҳарцәыхьча» (Матфеи 6:13). «Асирена абжьы ангалак, сара Иегова сгәы ирҭынчырц сиҳәоит,— лҳәоит Алиона.— Иара убасгьы сара схаҵа дысзасуеит, насгьы Анцәа ҳаициҳәоит. Анцәаиҳәара даара исыцхраауеит». Абиблиа иануп: «Иегова и́ҳәо зегьы дырзааигәоуп, дырзааигәоуп аҵабырг азы иҳәо зегьы» [«гәык-ԥсык ала», Иахьатәи аурыс еиҭага]» (Ԥсалом 145:18).
ԤХЬАҞАТӘИ ҲԤЕИԤШ ИАДҲӘАЛОУ АГӘЫӶРА
Ашьха ашьапаҿтәи иажәахә аҟны Иисус ишьҭанеицәа анцәаиҳәашьа дирҵон: «Иааиааит Уара Уԥсҳара» (Матфеи 6:10). Анцәа Иаҳра ихьанҭоу агәҭынчымрақәа рҵыхәтәа наӡаӡа иԥнаҵәоит. Иисус «Аҭынчра аҭауад» ила, Анцәа «иааникылоит аибашьрақәа адгьыл аҵыхәанӡа» (Исаиа 9:6; Ԥсалом 46:9). «Ажәлар рацәа рыбжьара иара [Анцәа] ӡбаҩыс дҟалоит... Ишьҭырхуам жәларк даҽа жәларк ахь аҳәа, уаҳагьы ирҵалаӡом аибашьышьа. ...Дара аӡәгьы иршәаӡом» (Михеи 4:3, 4). Абиблиа ишаҳәо еиԥш, насыԥ змоу аҭаацәарақәа «иагьдыргылоит аҩнқәа, иагьынхалоит уаҟа, аӡахәаҭрақәа рааӡалоит, насгьы урҭ ршәыр рфалоит» (Исаиа 65:21). «Дарбанзаалак инхо аӡәгьы иҳәаӡом: „Сара сычмазаҩуп“» ҳәа (Исаиа 33:24).
Иахьа иагьа ухы ԥхьоукуазаргьы, узқәымгәыӷуа аҭагылазаашьақәа урықәымшәар залшом. Зны-зынла ианаамҭам иахьаҭахым аҭыԥ аҿы ҳҟалар алшоит (Екклезиаст 9:11). Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа аибашьрақәеи, ақәымчрақәеи, ачымазарақәеи акгьы зхарам ауаа рыԥсҭазаара рымнахуеит. Иарбан гәыӷроу ирымоу арҭ ауаа?
Миллионҩыла ауаа рыԥсҭазаара рзыргьежьхоит — урҭ рхыԥхьаӡара здыруа Анцәа заҵәык иоуп. Аха макьана урҭ узықәгәыӷыртә иҟоу аҭыԥ аҿы — инаӡоу Анцәа игәаларшәараҿгьы иҟоуп, «адамрақәа ирҭоу зегьы Анцәа Иԥа ибжьы анраҳаша аамҭа» иазыԥшны (Иоанн 5:28, 29). Аԥсҭалара шыҟало зҳәо Абиблиа агәра ҳнаргоит: «Ари азхаҵара, азгәыӷра — ҳгәы-ҳаԥсы ԥырхага рызымҭо, изыхьчо аԥырсал иаҩызоуп» (Ауриацәа 6:19). Анцәа «ари абас шакәу ауаа идирбахьеит аԥсцәа рахьтә Уи [Иисус] игыларала» (Аусқәа 17:31).
Иахьа Анцәа игәаԥхара назыгӡарц зҭахугьы агәҭынчымрақәа рызцәырҵуеит. Зегь реиҳа еиӷьу ашьаҿақәа ҟаҵо, аҳәарақәа рыла Анцәа изааигәахо, насгьы ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазку абиблиатә қәыргәыӷрақәа рыла рыгәрагара рӷәӷәо, Пол, Џьанеҭ, насгьы Алиона қәҿиарала агәҭынчымрақәа ириааиуеит. Шәаргьы «агәыӷрақәа Рынцәа ишәымоу игәрахаҵара гәырӷьарала, хирла ихаирҭәааит» (Римаа 15:13).